Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/7 ад. 6—7
  • Аҭаацәара иадҳәалоу агәҭынчымра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәара иадҳәалоу агәҭынчымра
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘРАХАҴАРА АМАЗААРА ИААНАГО
  • Зехьынџьара агәҭынчымрақәа ыҟоуп
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Шәыгәҭыхақәа зегьы Иегова изшәырха
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ашәарҭара иадҳәалоу агәҭынчымра
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Анцәаиҳәара. Уи иаҳнаҭар алшо
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/7 ад. 6—7

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА ИШЫРИААИЛАТӘУ

Аҭаацәара иадҳәалоу агәҭынчымра

«Саб данԥсы ашьҭахь, хара имгакәа схатә ҩыза исеиҳәеит даҽа ԥҳәыск дышимоу,— еиҭалҳәоит Џьанеҭ.— Имаҭәақәа ааизганы, абзиараз ҳәа аӡәгьы иамҳәаӡакәа, ҩыџьа схәыҷқәеи сареи ҳааныжьны дцеит». Џьанеҭ аусурҭа лыԥшааит, аха илоуаз ауалафахәы лызхомызт. Илымаз ауадаҩрақәа аԥара мацара акәӡамызт изыдҳәалаз. «Сара аҭакԥхықәра ҿыцқәа сыбӷа иқәҳаит, урҭ сымацара сакәын уажәшьҭа издыз,— илгәалашәоит лара.— Аха уи сылымшошәа збон. Сара сааҟәымҵӡакәа ахара схы иадысҵон, избанзар егьырҭ аҭаацәа рхәыҷқәа ирырҭоз сара схәыҷқәа исызрыҭаӡомызт. Иахьа уажәраанӡагьы схәыҷқәеи сареи иаҳхырҳәаауазеи ҳәа схәыцуеит. Сҭаацәалазаара сыхьчарц азы исылшо зегь ҟасымҵеит ҳәа ргәы иаанагозар?»

Џьанеҭ

Џьанеҭ анцәаиҳәара лыгәҭынчымра армаҷра, насгьы Анцәеи лареи реиҩызара лхы азышьҭра илыцхраауеит. «Еиҳараӡак ианысцәыцәгьоу уахынла ауп, зехьынџьара ианҭынчрахо, насгьы схәыцрақәеи сареи ҳанеидхало. Ацәара исыцхраауа анцәаиҳәареи Абиблиа аԥхьареи роуп. Зегь раасҭа бзиа избоит ажәеинраалақәа Филиппаа рахь 4:6, 7: „Ак гәырҩажәымган, ак хьаашәымган, аха гәҭыхас ишәымоу, шәзыргәамҵуа шәныҳәарақәа раан Анцәа инапы ианышәҵала, шәиаҭабуны,— Убасҟан ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи шәгәы-шәыԥсы Христос Иисус иҿы иеиқәдырхоит“. Сара анцәаиҳәарала исхызгаз аҵхқәа рацәан, убри аҟынтә Иегова сгәы ширҭынчуаз збон».

Иисус анцәаиҳәара иазкыз Ашьха ашьапаҿы ииҳәаз ажәақәа еиуеиԥшым агәҭынчымрақәа ирыдуҳәалар ауеит: «Шәаб шәара шәзыргәаҟуа идыруеит, уи азыҳәан иҳәара шәалагаанӡагьы» (Матфеи 6:8). Аха а́ҳәара уеизгьы иҳахәҭоуп. Анцәаиҳәара — ари Анцәа изааигәахаразы ихадоу азнеишьақәа ируакуп. Изеиԥшрахозеи алҵшәа? «Усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит» (Иаков 4:8).

Ааи, анцәаиҳәара ус баша ҳгәы зырҭынчуа ак акәым. Иегова, «Аҳәарақәа ирзыӡырҩуа», гәрахаҵарала и́ҳәо зегьы ацхыраара риҭоит (Ԥсалом 65:2). Убри азоуп Иисус ишьҭанеицәа «урҭ еснагь ишныҳәалаша, ргәы шкармыжьлаша» зыдирҵоз (Лука 18:1). Анаҩсгьы Анцәа анапхгареи ацхыраареи ҳаиҭаларц азы, ҳиҳәалар ауп ҳаҳәара аҭак шыҟаиҵо агәра го. Ҳара еснагь дҳацхрааларц шиҭаху, насгьы уи азы алшара шимоу агәра ҳгалар ауп. Ҳааҟәымҵӡакәа иҟаҳҵо анцәаиҳәарақәа иаадырԥшуеит ҳара гәык-ԥсык ала агәрахаҵара шҳамоу (1 Фессалоникаа 5:17).

АГӘРАХАҴАРА АМАЗААРА ИААНАГО

Аха иаанагозеи агәрахаҵара амазаара? Ауаҩы ииашаҵәҟьаны агәрахаҵара имоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, Анцәа хаҭарак иеиԥш иҭҵаара дашьҭазар (Иоанн 17:3). Уи азы раԥхьаӡа иргыланы Абиблиа иану Анцәа ихәыцрақәа еилкаатәуп. Уа иануп Анцәа досу хаҭала дшибо, насгьы дҳацхраарц шиҭаху. Аха агәрахаҵараҵәҟьа иаҵанакуа Анцәа изкны дыррақәак амазаара мацара акәӡам. Агәрахаҵара Анцәа иҩызарада изыҟалом, насгьы уи апатуқәҵара шьаҭас иамазар ауп. Ауаа рыбжьара ишыҟоу еиԥш, ари аҩыза аиҩызара ҽнак ала ицәырҵӡом. Анцәа изкны ҳдыррақәа еизҳацыԥхьаӡа, ҳагәрахаҵара еиҳа еизҳалоит, «игәы иахәаша» ҟаҳҵалоит, насгьы ицхыраара ҳнырлоит (2 Коринфаа 10:15; Иоанн 8:29). Абас еиԥш иҟоу агәрахаҵара ауп Џьанеҭ лыгәҭынчымрақәа риааира илыцхраауа.

«Сшьаҿа еихызгацыԥхьаӡа, Иегова инапы ахьызбоз сыгәрахаҵара арӷәӷәара исыцхрааит,— лҳәоит Џьанеҭ.— Изныкымкәа ҳара зыхгара ҳалымшошәа иҟаз аиашамра ҳақәшәахьан. Сара Анцәа ирацәаны сиҳәон, насгьы Иегова еснагь схала сымч зқәымхоз азҵаарақәа рыӡбашьа сирбон. Иҭабуп ҳәа аниасҳәо, шаҟа абзиарақәа сзыҟаиҵо сгәаланаршәоит. Ҳара ацхыраара анаҳҭаху, иара еснагь ҳааигәара дыҟоуп. Иара ақьырсианцәа рыбжьара аҩызцәа бзиақәа сиҭеит. Дара еснагь ацхыраара сыҭара иазхиоуп, насгьы схәыҷқәа рзы урҭ ҿырԥш бзиақәоупa.

Сара издыруеит Малахиа 2:16 аҿы Иегова „сара аилыҵра сцәымӷуп“ зиҳәо. Акгьы зхарам ахатә ҩыза изы ари иреицәаӡоу чарҳәароуп. Схаҵа саанижьиижьҭеи акыр шықәса ҵхьеит, аха сара иахьа уажәраанӡагьы аамҭа-аамҭала схы заҵәны избоит. Убас еиԥш схы анызбо, егьырҭ рзы ак аҟаҵара сҽазысшәоит, уи сара еснагь исыцхраауеит». Абиблиатә принцип ауаа рҟынтә ахы ацәхьамкра Џьанеҭ лыгәҭынчымра армаҷра илыцхраауеит (Ажәамаанақәа 18:1)b.

Анцәа — «ахәыҷеибацәа драбуп, аҳәсеибацәа рыхьчаҩ иоуп» (Ԥсалом 67:6, Ҵакылатәи аиҭага [68:5, Адунеи ҿыц аиҭага])

Џьанеҭ иацылҵоит: «Еиҳараӡак сара сгәы зырҭынчуа Анцәа — „ахәыҷеибацәа драбуп, аҳәсеибацәа рыхьчаҩ иоуп“ ҳәа Абиблиа иану ахьыздыруа ауп. Уи ииашамхаз схаҵа иеиԥш ахаангьы скаижьуам» (Ԥсалом 67:6, Ҵакылатәи аиҭага [68:5, Адунеи ҿыц аиҭага]). «Анцәа цәгьаҟаҵарала... уаҩ дԥишәом», уи лара илдыруеит. Иара меигӡарахда иҳаиҭоит аҟәыӷара, насгьы иҳауа «амч-алшара зтәугьы ҳара ҳакәӡам — Анцәа иоуп», агәҭынчымрақәа ҳариааиларц азы (Иаков 1:5, 13; 2 Коринфаа 4:7).

Аха иҟаҵатәузеи, ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иахьҭагыло иахҟьаны агәҭынчымра ҳамазар?

a Шәахәаԥш 1 Коринфаа рахь 10:13; Ауриацәа рахь 4:16.

b Агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу иазку егьырҭ алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит ҳсаит аҿы иҟоу «Ишәылшома шәара шәыԥсҭазаара аконтроль азура?» захьӡу аброшиура раԥхьатәи астатиақәа рҿы (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра