АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА ИШЫРИААИЛАТӘУ
Аԥара иадҳәалоу агәҭынчымра
«Ҳтәылаҿы иаалырҟьаны иҟалаз аинфлиациа ашьҭахь, афатәқәа рыхә даара ихалеит, иҟазгьы зынӡаск аӡәгьы изхомызт,— иҳәоит Пол зыхьӡу ҩыџьа ахәыҷқәа раб.— Иҟан иахьа иаахәлаанӡа афатә аахәаразы ҳангылаз, аха лассы-лассы уи ҳара ҳшахәаԥшуаз инҵәон. Ауаа амлакра иахҟьаны ирыгхон, шьоукгьы рымч рылышәшәаны амҩақәа рҿы икаҳауан. Зда ԥсыхәа ыҟамыз афатәқәа рыхә амиллионқәа ирыԥсахеит, анаҩс амиллиардқәа рҟынӡагьы ихалеит. Аҵыхәтәаны аҭыԥантәи аԥара акгьы иаԥсамкәа иҟалеит. Сара исцәыӡит аԥгаԥса, атәанчахәы, насгьы абанк аҿы исзалаз аԥара».
Пол
Пол идыруан: иҭаацәа амла иаганы имԥсырц, «апрактикатә ҟәыӷара» рхы иадырхәалар ауп (Ажәамаанақәа 3:21). «Сара фымцеибыҭаҩс аус зуан, аха иарбан усзаалакгьы исыдыргалоз уи мап ацәыскуамызт исзыршәоз маҷзаргьы,— еиҭеиҳәоит иара.— Зны-зынла аԥара ацынхәрас афатә, ма анхамҩатә тауарқәа сырҭон. Ԥшь-ҟырак асапын ансырҭоз, ҩба ҭины, ҩба схазы инсыжьуан. Ус-ус ҩынҩажәа кәҷара аасхәеит. Урҭ ианрызҳа, иҭины даҽа хышә цыра аасхәеит. Анаҩс ҩынҩажәижәаба кәҷара ҩ-ааҵәак ашыла иаҭнысыԥсахлеит. Ари ашыла ҳареи егьырҭ аӡәык-ҩыџьак рҭаацәарақәеи акыраамҭа ҳабеит».
Пол иара убас идыруан зегь реиҳа еиӷьу ари аҩыза аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа иқәгәыӷра шакәу. Ҳара Анцәа ҳанизыӡырҩуа, дҳацхраауеит. Иисус Христос есҽнытәи ҳҭахрақәа рынагӡара иадҳәаланы иҳәеит: «Хьаас иҟашәымҵан... шәара Шәаб идыруеит урҭ шәаргьы ишышәҭаху» (Лука 12:29—31).
Рыцҳарас иҟалаз убри ауп, Анцәа иаӷа Аҩсҭаа ауаа реиҳараҩык аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу ацәеижьтә ҭахрақәа рынагӡара ауп ҳәа агәра диргеит. Ауаа раамҭа зегьы рхатә ҭахрақәа — ирҭахыҵәҟьоу, насгьы ирҭахуп ҳәа ирыԥхьаӡо — ирықәдырӡуеит, насгьы ахаан рхы иадмырхәо амаҭәарқәа раахәара рхы-рыԥсы зегь азыркуеит. Аӡәырҩы ауал иаҵалоит, рхатә ԥышәалагьы агәра ргоит «ауал зқәу ауал изҭо дышимаҵуҩхо» (Ажәамаанақәа 22:7).
Зны-зынла ауаа иахыццакны, иазымхәыцӡакәа агәхьаа рзаазго аӡбарақәа рыдыркылоит. «Ҳгәылацәа рыбжеиҳараҩык рҭаацәеи рҩызцәеи ааныжьны, даҽа ҳәынҭқаррақәак рахь ицеит аусура аԥшааразы,— еиҭеиҳәоит Пол.— Шьоукы азакәан еилаганы маӡала ицеит, убри аҟынтә џьаргьы аусура изаламгеит. Лассы-лассы аполициа аҟынтә рҽырҵәахуан, насгьы адәахьы ацәара рықәшәон. Дара Анцәа дреиҷаҳалартә алшара ирымҭеит. Аха ҳара ҳҭаацәараҿы иҳаӡбеит Анцәа ҳиқәгәыӷны ҳауадаҩрақәа еицаҳаӡбаларц».
АКРЫЗҴАЗКУА ИИСУС ХРИСТОС ИАБЖЬАГАРА
Пол иациҵоит: «Иисус иҳәеит: „Уаҵәтәи амш шәазымхьаан, избанзар уаҵәтәи амш аханатә иара ахы агәцаракуп: иарбан мшызаалакь иара ахьаа-баа амоуп“. Убри аҟынтә сара есыҽны Анцәа сиҳәон „иахьа зда ԥсыхәа ҳамам ача ҳаҭ“ ҳәа амла ҳамгарц. Ииашаҵәҟьаны Иисус ишиҳәаз еиԥш Анцәа дагьҳацхрааҵәҟьон. Ҳара иаҳгәаԥхо еснагь иҳауамызт. Ҽнак зны ирҭиуаз сзымдырӡакәа, ауаа ахьгылаз снеины рышьҭахь сгылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь еилыскааит аиогурт шакәыз ирҭиуаз. Сара уи бзиа избаӡом, аха уигьы фатәын, убри аҟынтә уи ауха ҳара аиогурт ҳфон. Сара Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит уи аамҭа хьанҭа аан ҳҭаацәа зныкгьы амла ишакуаз иахьышьҭамлазa.
Анцәа ҳақәиргәыӷуеит: «Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам» (Ауриацәа 13:5).
Уажәшьҭа ҳҭагылазаашьа еиӷьуп. Аха иаҳхаҳгаз зегь иаҳнарҵеит агәҭынчымра хәшәыс иамоу — Анцәа иқәгәыӷра шакәу. Ҳара еилаҳкааит анаҩсгьы Иеговаb игәаԥхара наҳагӡалар, ахаангьы ҳшаанимыжьуа. Ҳара Ԥсалом 34:8 иану ажәақәа аҵыхәтәанынӡа агәра ҳгеит: „Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова; насыԥ имоуп иара хыхьчарҭас дызмоу ауаҩы“. Убри аҟынтә ҳара иаҳдыруеит уи аҩыза аҭагылазаашьа ҿыц ҳақәшәаргьы зегь ахгара шҳалшо.
Анцәа изиашоу ауаа дрыцхраауеит «иахьа зда ԥсыхәа» ыҟам ача рымазарц
Ҳара еилаҳкааз убри ауп: ауаҩы иԥсы еиқәхарц азы ииҭаху аԥареи аусуреи ракәӡам, аха афатә ауп. Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аамҭа анынагӡахо: „Ибарақьаҭхоит ача адгьыл аҿы“. Аха макьана „ҳара ҳгәы-ҳаԥсы наӡаны ҳаҟазароуп — цәашәҵатәыки фатәыки ҳамазар“. Ҳара Абиблиа иану ажәақәа ҳгәы шьҭырхуеит: „Амазара арҳара-абеиахара хәыцырҭас-хьаас ишәымамыз, ишәымоу шәызшәырха, шәалаӡа. Избанзар Иара Ихаҭа иоуп изҳәаз: „угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам“. Убри азы ауп ҳамшәа-ҳмырҳа абас еиԥш заҳҳәо: „Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩԥсы исзиураны дыҟоузеи?“»c.
Пол иҭаацәеи иареи реиԥш Анцәа ицныҟәаразы гәык-ԥсык ала агәрахаҵара аарԥшлатәуп (Аҟазаара 6:9). Афинанстә уадаҩрақәа иахьа, мамзаргьы аԥхьаҟа ҳрықәшәар ауеит, убри аҟынтә Пол иааирԥшуаз агәрахаҵареи апрактикатә ҟәыӷареи ҳара ҳзы иҿырԥш бзиоуп.
Аха иҟаҵатәузеи, агәҭынчымра ҳазцәырызго аҭаацәаратә уадаҩрақәа ракәзар?
a Шәаԥхьа Абиблиаҿы Матфеи 6:11, 34.
b Абиблиа ишаҳәо ала, Иегова — ари Анцәа ихьӡ ауп.
c Шәрыԥхьа Абиблиаҿы Ԥсалом 72:162; 1 Тимофеи иахь 6:8; Ауриацәа рахь 13:5, 6.