АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА ИШЫРИААИЛАТӘУ
Зехьынџьара агәҭынчымрақәа ыҟоуп
«Сара адәқьан ахь афатә аасхәарц сцеит, аха уа ачарӡ мацара акәын иҟаз, иагьаԥсан иара уаанӡа аҵкыс 10 000-нтә еиҳаны! Адырҩаҽны аҭирҭақәа зынӡаск иҭацәит» (Пол, Зимбабве).
«Сыԥшәма днасыдтәалан, ҳкажьны дышцо сеиҳәеит. Ишԥасхызгари сара уи? Ирыԥсыхәозеи схәыҷқәа?» (Џьанеҭ, Еиду Аштатқәа).
«Асиренақәа аҵәаара ианрылаго, сара аҽыҵәахырҭахь сыҩны сцоит, аҭҟәацбыжьқәа гонаҵы, адашьмаҿы сышьҭоуп. Сааҭқәак анҵлак ашьҭахьгьы снапқәа ҵысуеит» (Алиона, Израиль).
Ҳара иахьа ҳанхоит агәҭынчымрақәа рыла иҭәу «ихьанҭоу» аамҭақәа раан (2 Тимофеи 3:1). Аӡәырҩы аҭынчра рцәыӡуеит аекономикатә кризис, аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, аибашьрақәа, иаалырҟьаны ицәырҵуа узго ачымазарақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа, насгьы амашәырқәа ирыхҟьаны. Уахь иацуп досу ихатәы гәҭынчымрақәа: «Иҟасҵозеи, исызцәырҵыз ачра акьыбачымазара акәзар?», мамзаргьы «Изеиԥшрахозеи смаҭацәа рхаан адунеи?»
Агәҭынчымра — ари еснагь ицәгьоу ак акәым. Иаҳҳәап, аԥышәарақәа ҳҭиаанӡа, џьара ҳақәгылаанӡа, мамзаргьы аусурахь ҳрыдыркыларц азы ҳрацәажәарц анаҳҭаху, ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуеит. Иара убас ашәарҭара аҿаԥхьа ашәара анҳазцәырҵуа, уи ҳара ҳахьчоит. Аха мыцхәы, мамзаргьы ҳааҟәымҵӡакәа агәҭынчымра анҳамоу, уи ашәарҭарахь ҳнанагоит. Ааигәа иҟаҵаз 68 000-ҩык инареиҳаны зықәра наӡоу ауаа злахәыз аҭҵаарақәа иаадырԥшит имаҷу агәҭынчымрагьы аԥсҭазаара ашәарҭара ишҭанаргыло. Иџьашьатәым Иисус ҽнак зны дахьҵааз: «Дарбан шәара шәахьтә, зхы гәцаркны измоу рыҟнытә, рак иадамзаргьы заура ацҵара зылшауа?» Ааи, агәҭынчымра аӡәгьы иԥсҭазаара иацнамҵаӡац. Убри аҟынтә Иисус иҳәеит ҳагәҭынчымрақәа аанҳажьырц (Матфеи 6:25, 27). Аха излаҳалшозеи уи?
Уи азы ҳхы иаҳархәалароуп аҟәыӷара, Анцәа иахь агәрахаҵараҵәҟьа еизҳарҳалароуп, насгьы иҳамоу ԥхьаҟатәи агәыӷра ҳарӷәӷәалароуп. Иахьа ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳамамзаргьы, урҭ ҳаԥхьаҟа иаҳԥылар ҟалоит. Убри аҟынтә шәааи ҳахәаԥшып арҭ х-шьаҿак Поли, Џьанеҭи, Алионеи рыгәҭынчымрақәа риааираҿы ишрыцхрааз.