Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 декабр ад. 19—23
  • Шәыгәҭыхақәа зегьы Иегова изшәырха

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәыгәҭыхақәа зегьы Иегова изшәырха
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «УУСҚУА ЗЕГЬЫ АНЦӘА ИНАПЫ ИАНҴА»
  • АНЦӘА ИАЖӘА АГӘҬЫНЧРА ҲНАҬОИТ
  • ИԤШЬОУ АДОУҲА ИАЛҴШӘОУ АҞАЗШЬАҚӘА
  • «УАҴӘТӘИ АМШ ШӘАЗЫМХЬААН»
  • ГӘААРТЫЛА АИЦӘАЖӘАРА
  • ЗЕГЬ РААСҬА АМЧ ҲАЗҬО АНЦӘЕИ ҲАРЕИ ҲАИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РОУП
  • Агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраар алшо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ашәарҭара иадҳәалоу агәҭынчымра
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Зехьынџьара агәҭынчымрақәа ыҟоуп
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Агәҭынчра шәыхьчала, Иеговагьы шәиқәгәыӷла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 декабр ад. 19—23

Шәыгәҭыхақәа зегьы Иегова изшәырха

«Шәыгәҭыхақәа, шәхьаақәа зегьы Иара [Иегова] изшәырха, Иара изышәк, избан акәзар Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 ПИОТР 5:7).

АШӘАҚӘА: 60, 23

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Ишԥаҳацхраауеи Анцәа Иажәа агәҭынчымрақәа риааира?

  • Ишԥаҳаур ҳалшо Анцәа иҭынчра?

  • Ишԥашәыцхраар алшо аизарақәа агәҭынчымрақәа риааира?

1, 2. а) Избан изџьашьатәым зны-зынла агәҭынчымра ахьҳазцәырҵуа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ҲАРА даара имариам аамҭазы ҳанхоит. Аҩсҭаа Аџьныш иԥсахы еибакны дыҟоуп, насгьы ҳакәша-мыкәша алым еиԥш дыцхлымуеит, ҳахьылбааидаша дашьҭоуп (1 Пиотр 5:8; Аат. 12:17). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам ҳара, Анцәа имаҵзуҩцәа, зны-зынла агәҭынчымра ахьҳазцәырҵуа. Ажәытәан инхоз, иаҳҳәап, аҳ Давид иеиԥш иҟаз Иегова имаҵзуҩцәагьы зны-зынла агәҭынчымра ӷәӷәа рызцәырҵуан (Аԥсал. 12:3 [13:2, АдҾ]). Апостол Павел иҩуан «ауахәамақәа зегьы рҭагылазаашьа сыгәхьаан» ҳәа (2 Кор. 11:28). Аха иҟаҵатәузеи агәҭынчымра ҳиааиуашәа ҳбозар?

2 Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ажәытәан имаҵзуҩцәа еснагь дрыцхраауан, иахьагьы иара ицхыраарала ҳагәҭынчымра аиааира еиҳа иаҳзымариахар алшоит. Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Шәыгәҭыхақәа, шәхьаақәа зегьы Иара изшәырха, Иара изышәк, избан акәзар Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7). Аха ишԥаҟаҵатәу уи? Шәааи ԥшь-шьаҿак еилҳаргап: гәык-ԥсык ала Анцәа иҳәара; Анцәа иажәа аԥхьара, насгьы уи азхәыцра; Иегова иԥшьоу идоуҳа ақәгәыӷра; зыгәра жәго ауаҩы шәгәы иҭоу изеиҭаҳәара. Арҭ ԥшь-шьаҿак анеилшәырго, хаҭала шәара иҟашәҵар акәу алкаара шәҽазышәшәа.

«УУСҚУА ЗЕГЬЫ АНЦӘА ИНАПЫ ИАНҴА»

3. Ишԥашәылшо анцәаиҳәарала шәусқәа зегьы Иегова инапы ианышәҵар?

3 Еилҳаргап актәи ашьаҿа — гәык-ԥсык ала Иегова иҳәара. Агәҭынчымреи ашәареи шәызцәырзго аҭагылазаашьақәа шәанрықәшәо, бзиа шәызбо жәҩантәи Шәаб изеиҭашәҳәа. Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид Иегова диҳәон: «С-Нцәа, иурҳа сматанеира». Уи аԥсалом аҿы Давид иара убас иҩуан: «Уусқәа зегьы Анцәа инапы ианҵа, Иара дуцхраауеит» (Аԥсал. 54:2, 23 [55:1, 22, АдҾ]). Ауадаҩра аӡбаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵазар, иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара ҳагәҭынчымрақәа раасҭа, гәык-ԥсыкала иҟаҳҵо аҳәара еиҳа ишҳацхраауа. Аха ишԥаҳацхраауеи Анцәа иҳәара иҽеим ахәыцрақәеи агәхьааи рыхгара? (Аԥсал. 93:18, 19 [94:18, 19, АдҾ]).

4. Избан агәҭынчымрақәа анҳазцәырҵуа Анцәа иҳәара зхадоу?

4 Уаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7. Иегова гәык-ԥсык ала, ҳааҟәымҵӡакәа ацхырааразы иҟаҳҵо аҳәарақәа рҭак ҟаиҵар илшоит. Аха ишԥа? Иара ҳахшыҩи ҳгәи ирҭоу иҽеим ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи риааира иҳацхраауа аҭынчра ҳаиҭоит. Аӡәырҩы уи агәра ргахьеит. Дара агәҭынчымра ӷәӷәа анрымаз, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ашәара анрызцәырнагоз, Иегова зеиԥшыҟам аҩныҵҟатәи аҭынчра аиура дрыцхрааит. Шәаргьы шәхатә ԥышәала уи агәра жәгар шәылшоит. Анцәа иҳаиҭо агәҭынчра ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегьы рыхгара иҳацхраауеит. Шәрызхәыц агәрыцҳашьара зныԥшуа Анцәа иажәақәа: «Умшәан, избанзар сара суцуп. [...] Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит» (Ис. [Ис.] 41:10).

АНЦӘА ИАЖӘА АГӘҬЫНЧРА ҲНАҬОИТ

5. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа Иажәа агәҭынчра аиура?

5 Агәҭынчра аиура иҳацхраауа аҩбатәи ашьаҿа — Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи ауп. Избан уи зхадоу? Абиблиаҿы агәҭынчымреи ашәареи рҽырцәыхьчара, ма рыхгара ишәыцхраауа аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа рацәоуп. Ахаангьы ишәхашәмыршҭлан Анцәа Иажәа шәыцхраар, ма агәҭынчра шәнаҭар шалшо, избанзар уа Ҳазшаз иҟәыӷоу ихәыцрақәа ануп. Уахынла ма ҽынла урҭ шәхы анырзышәышьҭуа, насгьы абиблиатә лабжьара шәхы ишашәырхәаша шәаназхәыцуа, шәзызгәаҟуа амч шәоуеит. Иегова Иисус Навин агәымшәара умаз, уӷәӷәаз, насгьы умшәан ҳәа аниеиҳәоз, Анцәа Иажәа аԥхьара шхадоу инаҵшьны иеиҳәеит (Иис. Н. [Иис. Н.] 1:7—9).

6. Ишԥашәнырыр алшо Иисус иажәақәа?

6 Анцәа Иажәаҿы ҳгәы зырҭынчуа Иисус иажәақәа ануп. Ауаа Иисус ииҳәози идирҵози ианазыӡырҩуаз, агәырҭынчраҵәҟьа роуан. Аӡәырҩы иара иацәажәареи изыӡырҩреи ргәаԥхон, избанзар игәаҟуаз, згәы каҳаны иҟаз, зымч кәадахаз зегьы ргәы шьҭихуан. (Уаԥхьа Матфеи 11:28—30.) Иара ауаа рдоуҳатә, ремоциатә, рцәеижьтә ҭахрақәа еиликаауан, насгьы бзиабарала дреиҷаҳауан (Марк 6:30—32). Иисус згәы каҳаны иҟоу ргәы шышьҭихло ала ииҳәаз ақәыргәыӷра иахьагьы амч амоуп. Уи Иисус ицыз апостолцәа реиԥш, шәаргьы ишәыҵанакуеит. Ҳәарада, уажәы иара дҳацӡам, аха ажәҩан аҿы иҟоу аҳ иеиԥш, иара ауаа рахь агәрыцҳашьара ааирԥшуеит. Шәара агәҭынчымрақәа шәиааиуашәа жәбозар, иара ианаамҭоу ацхыраара шәиҭар илшоит. Иисус иажәақәа агәҭынчымра аиааира ишәыцхраауеит, агәымшәареи агәыӷреи шәырҭоит (Аур. 2:17, 18; 4:16)

ИԤШЬОУ АДОУҲА ИАЛҴШӘОУ АҞАЗШЬАҚӘА

7. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иԥшьоу идоуҳа?

7 Иисус ҳақәирӷәыӷит жәҩантәи Ҳаб иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц азы ҳаҳәарақәа рҭак хымԥада ишыҟаиҵо (Лука 11:10—13). Ари агәҭынчымра аиааира иҳацхраауа ахԥатәи шьаҿоуп. Аус зуа Анцәа имч адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьа бзиақәа реизырҳара иҳацхраауеит. Арҭ аҟазшьақәа Зегьзымчу Анцәа иааирԥшуа роуп. (Уаԥхьа Галаҭаа рахь 5:22, 23; Кәал. 3:10.) Урҭ аҟазшьақәа аашәырԥшуазар, егьырҭи шәареи шәеизыҟазаашьақәа еиҳа еиӷьхоит, насгьы агәҭынчымра шәызцәырызго аҭагылазаашьақәа шәрықәымшәар алшоит. Шәааи иааркьаҿны еилҳаргап адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа шҳацхраауа.

8—12. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа агәҭынчымра аиааира, мамзаргьы уи цәырызго аҭагылазаашьақәа рҽырцәыхьчара?

8 «Абзиабара, агәырӷьара, амшхәыбзазара». Шәара ауаа рахь апатуқәҵара аарԥшра шәҽазышәшәозар, игәашәҭар ауеит иҽеим ацәаныррақәа риааира еиҳа ишшәылшо. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Шәара егьырҭ рахь аиашьаратә бзиабареи аҟазшьа бзиақәеи аашәырԥшуазар, насгьы ҳаҭыр рықәышәҵозар, агәҭынчымра цәырзго аҭагылазаашьақәа шәҽырцәышәыхьчар шәылшоит (Рим. 12:10).

9 «Нарха змоу ачҳара, аразра, агәыҳалалра». Егьырҭи шәареи шәыбжьара иҭынчу аизыҟазаашьақәа рыхьчара ишәыцхраауеит абри алабжьара: «Аӡәи-аӡәи гәыҭбаарала, гәыбылрала шәеизыҟаз, шәеизыразыз, шәрыцҳаибашьала, ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла» (Еф. 4:32). Убас шәара ауадаҩра ӷәӷәақәа шәҽырцәышәыхьчоит, насгьы ҳанамӡара иахҟьаны ицәырҵуа ауадаҩрақәа қәҿиарала риааира шәылшоит.

10 «Агәрагара». Ҳагәҭынчымрақәа лассы-лассы аԥареи амазареи ирыдҳәалоуп (Ажәам. [Прит.] 18:11). Шәара Иегова дышшәеиҷаҳало ӷәӷәала агәра жәгозар, урҭ агәҭынчымрақәа риааира, мамзаргьы зынӡа рҽырцәыхьчара шәылшоит. Ишԥа? Уи шәылшоит апостол Павел Анцәа идоуҳа ацхыраарала ииҩыз алабжьара шәықәныҟәозар: «Ишәымоу шәызшәырха, шәалаӡа». Анаҩс иациҵеит: «Избанзар Иара [Анцәа] Ихаҭа иоуп изҳәаз: „угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам“. Убри азы ауп ҳамшәа-ҳмырҳа абас еиԥш заҳҳәо: „Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩԥсы исзиураны иҟоузеи?“» (Аур. 13:5, 6).

11 «Ахаара-ҟәымшәышәра, аҽынкылара». Шәазхәыц шаҟа иҟәыӷароу абас еиԥш иҟоу аҟазшьақәа раарԥшра. Иҟалап урҭ рыбзоурала агәҭынчымра шәызцәырзго акгьы ҟашәымҵалар, насгьы шәыԥсҭазаараҿы «ацәгьуора, аԥсахеибакра, агәаӷ, аҭыӡшәа» реиԥш иҟоу иҽеим аҟазшьақәа уаҳа иаашәмырԥшлар (Еф. 4:31).

12 Ҳәарада, ҳара ахынраалара ҳҭахуп, избанзар Абиблиа ҳаанаԥхьоит «Анцәа инапымчхара аҵаҟа» ахынраалара ааҳарԥшларц, насгьы ҳагәҭыхақәа, ҳхьаақәа зегьы Иара изҳархаларц (1 Пиотр 5:6, 7). Ахынраалара еизшәырҳалар, Анцәа ицхыраареи иразреи шәоуеит (Мих. [Мих.] 6:8). Ишәылшои-ишәылымшои ибзианы еилышәкаауазар, агәҭынчымра шәызцәырҵӡом, насгьы Анцәа иқәгәыӷшьа шәҵоит.

«УАҴӘТӘИ АМШ ШӘАЗЫМХЬААН»

13. Ҵакыс ирымоузеи Иисус иажәақәа: «Уаҵәтәи амш шәазымхьаан»?

13 Матфеи 6:34 (уаԥхьа) аҿы акрызҵазкуа Иисус Христос илабжьара ануп: «Уаҵәтәи амш шәазымхьаан». Аха ари алабжьара ақәныҟәара мариам ҳәа ҳгәы иаанагар алшоит. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Ҳәарада, иара имҳәаӡеит Анцәа имаҵзуҩцәа хьаада-баада инхалоит ҳәа. Ҳара еилаҳкаахьеит уи аганахь ала Давиди Павели ирыҩуаз. Иисус иҭахын иара иҵаҩцәа еилыркаарц: мыцхәы агәҭынчымра аарԥшра ауадаҩра аӡбаӡом. Уаҵәтәи амш иҿыцу ауадаҩрақәа ҳзаанагоит, убри аҟынтә ақьырсианцәа ирымоу иахьатәи агәҭынчымрақәа уаанӡа ирымаз, мамзаргьы ирзыԥшу агәҭынчымрақәа ирыцрымҵалароуп. Ишԥаҳалшо Иисус илабжьара ҳақәныҟәо, ҳгәы иҵхо ахәыцрақәа риааира?

14. Ишԥаҳалшо уаанӡа иҟаҳҵахьаз агхақәа иҳазцәырырго агәҭынчымра аиааира?

14 Зны-зынла агәҭынчымрақәа зыхҟьо уаанӡа иҟашәҵахьаз агхақәа, мамзаргьы агәнаҳарақәа ракәзар ауеит. Аӡәы акыр шықәса раԥхьа иҟаиҵахьаз агәнаҳа ихамышҭуазар ҟалоит. Уи аҩыза зхызгахьаз аҳ Давид иҩуан: «Ақәнамга и́зуа схы аиҳагь еиҳахеит». Иара убас иҳәон: «Сыҳәҳәоит сгәы ахьаа анысзымычҳаӡалак» (Аԥсал. 37:4, 5, 9, 19 [38:3, 4, 8, 18, АдҾ]). Иҟаиҵар ихәҭази Давид урҭ аҭагылазаашьақәа рҿы? Иара аҟәыӷара аарԥшны зегьы Иегова инапы ианиҵеит. Уи Анцәа игәрыцҳашьареи ианажьреи дрықәгәыӷуан. Агәра ганы иара иҳәеит: «Лыԥха имоуп, Нцәа Ҳазшаз зыгәнаҳа иаҭеимҵаз ауаҩы». (Уаԥхьа Аԥсалом 31:1—3, 5 [32:1—3, 5, АдҾ].)

15. а) Избан уажәы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы агәҭынчымра аарԥшра захәҭам? б) Иҟаҳҵар ҳалшозеи агәҭынчымра ҳхаҳгарц азы? (Шәахәаԥш арамка «Агәҭынчымра ишаиааитәу».)

15 Зны-зынла имҩаԥысуа ахҭысқәа агәҭынчымрақәа ҳазцәырыргоит. Иаҳҳәап, Давид 55-тәи Аԥсалом аниҩуаз, иԥсҭазааразы ашәара иман (Аԥсал. 54:3—6 [55:2—5, АдҾ]). Аха агәҭынчымрақәа Иегова иахь имаз агәрагара дырԥсыҽыртә рылимыршеит. Давид игәҭынчымрақәа дыриааирц азы гәык-ԥсык ала Анцәа диҳәон, аха уи азы иаргьы илшо зегь ҟаиҵар шакәыз еиликаауан (2 Сам. [2 Сам.] 15:30—34). Шәаргьы Давид шәиҿыԥшла. Ашәара шәиааиртә алшәмыршан. Ауадаҩра аиааиразы ишәылшо зегь аныҟашәҵалак ашьҭахь, зегьы Иегова инапы ианышәҵа.

Агәҭынчымра ишаиааитәу

  • Зегь раасҭа ихадоу еилышәкаа

    ФИЛИППАА РАХЬ 1:10, 11

  • Аҭышәынтәалара аашәырԥшла

    ЕККЛЕЗИАСТ (ЭККЛЕЗИАСТ) 7:16

  • Есыҽны маҷк шәыԥсы шәшьарц азы аамҭа алшәхла

    МАТФЕИ 14:23

  • Иегова ишамҭақәа шәрылагәырӷьала

    АԤСАЛОМ 103:24, 25 (104:24, 25, АдҾ)

  • Алафҳәара шәхашәмыршҭлан

    АЖӘАМААНАҚӘА (ПРИТЧИ) 17:22

  • Абаҩрҵәыра ҟашәҵала

    1 ТИМОФЕИ ИАХЬ 4:8

  • Шәызхара шәыцәала

    ЕККЛЕЗИАСТ (ЭККЛЕЗИАСТ) 4:6

16. Ишԥарӷәӷәар алшо ҳагәрахаҵара Анцәа ихьӡ аҵакы азхәыцра?

16 Зны-зынла ақьырсиан шьаҭа змам агәҭынчымра изцәырҵуеит, иаԥхьаҟа иҟалар алшо мыцхәы игәнигозар. Аха уи ахьаагара ҳахәҭам. Избан? Избанзар лассы-лассы зегьы ҳгәы ишаанагоз еиԥш ицәгьахаӡом. Убри адагьы, Анцәа имч зқәымхо аҭагылазаашьақәа ыҟаӡам, ус анакәха ҳагәҭынчымрақәа зегьы инапы ианаҳҵар ҳалшоит. Иара ихьӡгьы «Иара иҟалартә иҟаиҵоит» аанагоит (Ақәҵ. [Исх.] 3:14). Иҵаулоу аҵакы змоу Анцәа ихьӡ ҳаназхәыцуа, агәра ганы ҳаҟоуп: иара имаҵзуҩцәа рганахь ала имоу игәҭакы анагӡаразы амч имоуп. Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа, хымԥада, аҳамҭа риҭоит, насгьы агәҭынчымрақәа зегьы риааира дрыцхраауеит, урҭ зыхҟьо уаанӡатәи агхақәа, уажәтәи аҭагылазаашьа, ма ԥхьаҟатәи аԥеиԥш акәзаргьы.

ГӘААРТЫЛА АИЦӘАЖӘАРА

17, 18. Ишԥауцхраауеи гәаартыла аицәажәара агәҭынчымра аиааира?

17 Агәҭынчра аиура иҳацхраауа аԥшьбатәи ашьаҿа — зыгәра ҳго ауаҩы ҳгәы иҭоу изеиҭаҳәара ауп. Шәара шәцәаныррақәа шәыԥшәма, шәҩыза гәакьа, ма аизара аиҳабы изеиҭашәҳәар шәылшоит. Уи шәгәы иҵхо ауадаҩра ишыҟаҵәҟьоу ахәаԥшра ишәыцхраауеит. Абиблиаҿы иануп: «Агәҭынчымра ауаҩы игәы канажьуеит, аха ажәа хаа ауаҩы игәы шьҭнахуеит» (Ажәам. [Прит.] 12:25). Гәаартыла аицәажәара шәцәаныррақәа еиӷьны реилкаареи риааиреи ишәыцхраауеит. Ажәамаанақәа (Притчи) 15:22 аҿы иануп: «Гәаартылатәи аицәажәара ахьыҟам, апланқәа хыбгалоит, абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит».

18 Есымчыбжьа имҩаԥысуа ҳаизарақәагьы агәҭынчымра аиааира иҳацхраауеит. Уа ҳара гәык-ԥсык ала бзиа ҳазбо, насгьы ҳгәы шьҭызхуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрацәажәар ҳалшоит (Аур. 10:24, 25). Ас еиԥш ҳагәқәа анышьҭибахуа, доуҳала ҳаӷәӷәахар ҳалшоит, насгьы иҽеим ацәаныррақәа риааира еиҳа иаҳзымариахоит (Рим. 1:12).

ЗЕГЬ РААСҬА АМЧ ҲАЗҬО АНЦӘЕИ ҲАРЕИ ҲАИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РОУП

19. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа амч шҳарҭо?

19 Еилҳаргап Канада инхо, аизара еиҳабыс амаҵ зуа аиашьа иҿырԥштәы. Иара еиликааит ҳагәҭынчымрақәа зегьы Иегова изырхара даара ишхадоу. Иусура амч рацәаны имнахуеит — иара дырҵаҩуп. Иара убас агәҭынчымра уззырҵысуа ачымазара имоуп. Ицхраауазеи ари аиашьа? Иара иҳәоит: «Зегь раԥхьа иргыланы сара еилыскааит аемоциатә уадаҩрақәа рҿагылараҿы зегь раасҭа амч сызҭо Анцәеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа шракәу, убри аҟынтә урҭ рырӷәӷәаразы исылшо зегь аҟаҵара сҽазысшәоит. Даараӡа сгәы каҳаны саныҟоу, исызиашоу сҩызцәеи сыгәрахаҵара сыцеиҩызшо сашьцәеи ацхыраара сырҭоит. Сара сгәы иҭоу зегьы схатә ҩыза илзеиҭасҳәоит. Егьырҭ аизара аиҳабацәеи араионтә хылаԥшҩи исеилдыркааз рацәоуп. Иара убасгьы сара аҳақьым сидҵаалеит, саамҭа ашьақәгәылашьа сыԥсахит, насгьы аԥсшьареи абаҩрҵәыреи иахәҭаз аамҭа азыскит. Хәыҷы-хәыҷла сара аҭышәынтәалара аарԥшра салагеит. Исзымԥсахуа аҭагылазаашьақәа рҿы зегьы Иегова инапы ианысҵоит».

20. а) Ишԥаҳалшо ҳагәҭынчымрақәа Иегова изҳархар? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

20 Абасала ҳара иаҳбеит ҳагәҭынчымрақәа зегьы Анцәа изҳархар шҳалшо гәык-ԥсык ала иара ҳаниҳәо, Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа. Иара убасгьы иаҳбеит иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа реизырҳареи зыгәра ҳго ауаҩы ҳгәы иҭоу изеиҭаҳәареи даара ишхадоу. Насгьы еилаҳкааит ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыҿцәажәара ҳгәы шышьҭнахуа. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит Иегова еиҭа ҳаширӷәӷәо: иара дшаҳзылԥхо ҳақәиргәыӷәуеит (Аур. 11:6).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра