АҴАРАЗЫ АСТАТИА 1
Агәҭынчра шәыхьчала, Иеговагьы шәиқәгәыӷла
2021-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АЖӘЕИНРААЛА: «Шәара мчыс ишәымоу иаашәырԥшуа аҭынчреи сара сахь ишәымоу агәрагареи роуп» (ИС. 30:15).
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
АХҲӘААa
1. Иарбан зҵаароу Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы ирызцәырҵыр алшо?
ҲАРА зегьы ҭынч ҳанхалар ҳҭахуп. Агәҭынчымрақәа згәаԥхо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ус шакәугьы, зны-зынла агәҭынчымрақәа ҳазцәырызго ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Иџьашьатәӡам Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы аҳ Давид изцәырҵыз азҵаара ахьрызцәырҵуа. Давид иҳәеит: «Шаҟаамҭа сдыргәаҟлозеи агәҭынчымрақәа, шаҟаамҭа саргәаҟлозеи есыҽны сгәы иҭоу ахьаа?» (Аԥсал. 13:2).
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ҳара агәҭынчымра ҳазцәырызго ауадаҩрақәа зегь ҳазрыцәцом, аха урҭ ҳаҽраҳамҭарц азы ак ҟаҳҵар ҳалшоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит агәҭынчымра ҳазцәырызго уадаҩрақәак, насгьы ҳрылацәажәоит агәҭынчра ахьчара иҳацхраауа ф-лабжьарак.
АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА ҲАЗЦӘЫРЫЗГО
3. Иарбан уадаҩрақәоу агәҭынчымра ҳазцәырызго, насгьы иҳалшома урҭ ҳҽырцәаҳахьчар?
3 Агәҭынчымра ҳазцәырызго ауадаҩрақәа рацәоуп. Уадаҩрақәак ҳамч рықәымхозар алшоит. Иаҳҳәап, афатәи, амаҭәеи, ашәахтәи рыхә иацлозар ауеит. Иара убас аус зцаҳуа ма аҵара зцаҳҵо амц ҳҳәарц, ма ламысдарала ҳхы мҩаԥаҳгарц ҳгәазҭарҵозар алшоит. Уи адагьы, ҳара ацәгьоурақәа ҳзаанкылом. Арҭ ауадаҩрақәа ҳазрықәшәо еиҳараҩык Анцәа изакәанқәа рыла иахьнымхо адунеи аҿы ҳахьынхо азы ауп. Аҩсҭаа идыруеит «аԥсҭазааратә ҟыба-ӡыба» ауаа Иегова имаҵ аура ирԥырхагахар шалшо (Матф. 13:22; 1 Иоанн 5:19). Иџьашьатәӡам адунеи агәҭынчымрақәа узцәырызго ауадаҩрақәа рыла иахьҭәу.
4. Иҟалар алшозеи агәҭынчымра ҳҽаҳҭар?
4 Агәҭынчымра иахҟьаны ҳара ауадаҩра ада уаҳа акы ҳзазымхәыцуа ҳҟалар ауеит. Иаҳҳәап, ҳара ҳшәозар ауеит ҳхы зланыҟәаҳгаша ҳмоур ҳәа, мамзаргьы ачымазара иахҟьаны аусура ҳзымҭыҵыр ма зынӡа иаҳцәыӡыр ҳәа. Иара убас хыхрак ҳақәшәар Анцәа изакәан еилаҳгар ҳәа ҳшәозар ауеит. Иаарласны Аҩсҭаа инапхгара аҵаҟа иҟоу ауаа ҳҿагыларц ргәаирԥхоит. Уи ашәара ҳазцәырнагозар алшоит. Иҟалап ҳара ҳхәыцуазар: «Ииашоума абас ашәара ахьсызцәырҵуа?»
5. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо агәҭынчымра ҳаҽшаҳамҭо?
5 Иисус иҵаҩцәа агәҭынчымра рҽарымҭаларц реиҳәеит (Матф. 6:25). Ҳәарада, иара иҳәар иҭахӡамызт дара акгьы хьаас ирымамзароуп ҳәа. Ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәагьы агәҭынчымрақәа рызцәырҵуан. Аха Иегова уеизгьы урҭ бзиа ибон (1 Аҳ. 19:4; Аԥсал. 6:3)b. Иисус ииҳәарц ииҭахыз ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы зланыҟәаҳгарызеи ҳәа ахәыцра шиашам ауп. Избанзар уи Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахар алшоит. Иҳацхраар алшозеи нас агәҭынчымра аҽамҭара? (Шәахәаԥш арамка «Уи шыҟаҵатәу».)
АГӘҬЫНЧЫМРА АИААИРА ИҲАЦХРААУА 6 ШЬАҾАК
Шәахәаԥш абзац 6.c
6. Иҳацхраауазеи агәҭынчымрақәа риааира, Филиппаа рахь 4:6, 7 иану инақәыршәаны?
6 1. Лассы-лассы Анцәа шәиҳәала. Ҳгәы ак аныҵхо ҳӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова ҳиҳәалароуп (1 Пиотр 5:7). Усҟан иара ҳхәыцрақәа иреиҳау аҭынчра ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7.) Иегова идоуҳамч ӷәӷәа ала агәҭынчымра аиааира дҳацхраауеит (Гал. 5:22).
7. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи Иегова ҳаниҳәо?
7 Иегова шәаниҳәо шәгәы иҵхо зегь изеиҭашәҳәала. Изеиҭашәҳәа иарбан уадаҩроу ишәымоу, насгьы уи шәгәы изыҵхо. Ауадаҩра уӡбартә иҟазар, шәиҳәала Иегова уи аӡбаразы иаҭаху аҟәыӷареи амчи шәиҭарц азы. Аха иузымыӡбозар, уи мыцхәы шәазымхәыцларц шәиҳәала. Шәгәы иҵхо нҭкааны Иегова иашәҳәозар, шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо абара еиҳа ишәзымариахоит. Шәыҳәара аҭак иаразнак иҟаимҵар, шәгәы кашәмыжьын. Иара ҳгәы иҵхо инҭкааны иахьиаҳҳәо адагьы, уи ҳааҟәымҵӡакәа иаҳҳәаларц иҭахуп (Лука 11:8—10).
8. Иаҳҳәалар ҳалшозеи иҵегьы Анцәа ҳаниҳәо?
8 Ҳагәҭыхақәа Иегова ианизеиҭаҳҳәо иҭабуп аҳәарагьы ҳхаҳмыршҭуазароуп. Ауадаҩра цәгьақәа ҳанырҭагылогьы иҳамоу азылԥхарақәа ҳрызхәыцуазар бзиоуп. Ҳгәы иҵхо аҳәара ахьҳалымшо иахҟьаны Иегова иаҳҳәо суҳәоит усыцхраа ҳәа мацара акәзаргьы, иара дҳацхраауеит (2 Аш. 18:31; Рим. 8:26).
Шәахәаԥш абзац 9.d
9. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи акы ҳанацәшәо?
9 2. Шәхы акәымкәа, Иегова шәиқәгәыӷла. Ицон VIII ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа. Иуда инхоз Анцәа ижәлар ассириаа рықәлар ҳәа ишәон. Урҭ рхәура иҭашәар ҳәа ишәаны дара ацхырааразы мысраа ирыҳәеит (Ис. 30:1, 2). Иегова иреиҳәеит уи арыцҳарахь ишнанагоз (Ис. 30:7, 12, 13). Аԥааимбар Исаиа ила иара ижәлар ирыхәаҵәҟьоз реиҳәеит. Иара иҳәеит: «Шәара мчыс ишәымоу иаашәырԥшуа аҭынчреи сара сахь ишәымоу агәрагареи роуп» (Ис. 30:15б).
10. Ианбааҳарԥшуеи Иегова игәра шаҳго?
10 Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова игәра шаҳго? Шәааи ҿырԥштәқәак еилҳаргап. Иаҳҳәап, усурҭа бзиак ҳадыргалоит, аха уа ирацәаны аус улатәуп. Убри аҟынтә уи ҳақәшаҳаҭхар, уажәы Иегова имаҵ шаҳуа иаҳзулаӡом. Мамзаргьы аус зцаҳуа аӡәы ихы ҳгәаирԥхарц дашьҭоуп, аха иара Иегова имаҵ иуӡом. Ма ҳҭаацәараҿы даараӡа бзиа иаҳбо аӡәы ма сара, ма Иегова ҳәа ҳаиҳәоит. Арҭ аҭагылазаашьақәа даараӡа имариаӡам. Аха Иегова напхгарада шәышнимыжьуа агәра ганы шәыҟаз (Матф. 6:33; 10:37; 1 Кор. 7:39). Аха игәра жәгома Иегова, насгьы шәықәныҟәома иара инапхгара?
Шәахәаԥш абзац 11.e
11. Иарбан ҿырԥштәқәоу агәҭынчра ахьчара иҳацхраауа, аҿагылара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо?
11 3. Абиблиа иану аҿырԥш бзиақәеи иҽеим аҿырԥшқәеи шәрызхәыцла. Абиблиа иану аҿырԥштәқәа ишәдырбоит Иегова иқәгәыӷреи агәҭынчра ахьчареи даараӡа ишхадоу. Урҭ аҿырԥштәқәа анҭышәҵаауа шәазхәыцла аҿагылара ӷәӷәақәа ирықәшәоз Анцәа имаҵзуҩцәа агәҭынчра ахьчара ирыцхраауаз. Иаҳҳәап, иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы апостолцәа уаҳа ажәабжь рымҳәаларц анрарҳәа дара мшәаӡеит. Абар апостолцәа аӡбаҩцәа ирарҳәаз: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аус. 5:29). Дара анырыпҟагьы ашәара рҽарымҭаӡеит. Избан? Дара ирдыруан Иегова дышрыцхраауаз, избанзар иара ддыргәырӷьон. Убри аҟынтә апостолцәа ажәабжьҳәара ишаҿыц иаҿын (Аус. 5:40—42). Стефангьы дыршьраны даныҟаз агәҭынчра имырӡӡеит. Иара ихы-иҿы амаалықь ихы-иҿы еиԥш илашон (Аус. 6:12—15). Избан? Избанзар идыруан Иегова дыширгәырӷьоз.
12. Избан ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо ҳгәырӷьалар зҳалшо, 1 Пиотр 3:14, насгьы 4:14 ирну инақәыршәаны?
12 Иегова апостолцәа аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч риҭеит. Уи ишьақәнарӷәӷәон иара дара дышрыцыз (Аус. 5:12—16; 6:8). Иахьа Иегова уи аҩыза амч ҳаиҭаӡом. Ус шакәугьы, иара Иажәа ала агәра ҳиргоит аиашара азыҳәа ҳангәаҟуа дшаҳзыразу, идоуҳагьы шҳаиҭо. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:14; 4:14.) Убри аҟынтә ҳара ҳаԥхьаҟа ҳзықәшәо ашьҭашәарыцарақәа ҳазхымгар ҳәа ҳамшәалароуп. Уи аҭыԥан Иегова ҳацхраара, насгьы ҳаиқәырхара шилшо ҳазхәыцлароуп. Уи иара иахь иҳамоу агәрагара еиҳагьы иарӷәӷәоит. Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥш ҳара Иисус иажәа агәра ҳгалароуп. Иара иҳәеит: «Сара убас иҟоу аҿаԥыци аҟәыӷареи шәысҭоит акыр шәымазкраны иҟоу шәара шәҿаԥҽра, шәҿагылара рылымшартә аиԥш». Уи адагьы, Иисус иҳәеит иаашәырԥшуа ахачҳарала шәыԥсы еиқәшәырхоит ҳәа (Лука 21:12—19). Иара убас ҳара иаҳхаҳмыршҭуазароуп Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа зегьы шыгәникыло, урҭ рыԥсы ҭеиҵарц азы.
13. Избан агәҭынчра змыхьчоз, насгьы Иегова иқәымгәыӷуаз рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцлар зҳахәҭоу?
13 Иара убасгьы ҳара Иегова иқәымгәыӷуаз, насгьы агәҭынчра змыхьчоз рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцлароуп. Уи ҳацхраауеит дара иҟарҵаз агхақәа рыҟамҵара. Ҿырԥштәыс дааҳгап Иуда аҳ Аса. Иара аҳра аура даналага ефиопиатәи ар ду иқәлеит. Аха Аса ацхырааразы Иегова диҳәеит аҟынтә, Иегова аиааира ииҭеит (2 Аш. 14:9—12). Аха ԥыҭрак ашьҭахь Израиль аҳ Вааса еиҳа еиҵаз ар иманы Аса данижәла, иара ԥыхьа ишыҟаиҵаз еиԥш Иегова диқәымгәыӷӡеит. Уи аҭыԥан сириатәи аҳ ацхырааразы диҳәеит (2 Аш. 16:1—3). Иԥсҭазаара ахыркәшамҭа даназааигәаха Аса ачымазара ӷәӷәа ихьит. Аха усҟангьы иара ацхыраара Иегова иҿы дашьҭамлаӡеит (2 Аш. 16:12).
14. Иаҳдырҵар алшозеи Аса игхақәа?
14 Раԥхьа Аса ауадаҩрақәа данрықәшәоз ацхырааразы Иегова диҳәон. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ихы дақәгәыӷуа далагеит. Азныказы, Аса ацхырааразы сириатәи аҳ дахьиҳәаз цәгьарак аҵамшәа убар алшоит. Аха уи изаанагаз аҭынчра кьаҿын. Иегова иԥааимбар ила Аса ус зыҟалаз иеиҳәеит. Иара иҳәеит: «Уара Унцәа Иегова иакәымкәа, Сириа аҳ уиқәгәыӷит» (2 Аш. 16:7). Ҳара Аса иеиԥш ҳауадаҩрақәа Иегова ида иаҳзыӡбоит ҳәа ахәыцра ҳаламгарц азы ҳгәаҳҽанызароуп. Аамҭа гаха анҳамамгьы, ҳара агәҭынчра ҳахьчалароуп, насгьы Иегова иҿы анапхгара ҳашьҭазароуп. Усҟан иара иҟәыӷоу аӡбара адкылара дҳацхраауеит.
Шәахәаԥш абзац 15.f
15. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Абиблиа ҳанаԥхьо?
15 4. Абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала ишәҵала. Шәҽазышәшәа агәҭынчра ахьчареи Иегова иқәгәыӷреи шаҟа ихадоу узырбо абиблиатә жәеинраалақәа ргәынкылара. Уи азы шәара ишәылшоит урҭ шәыбжьы ҭыганы шәрыԥхьалар, мамзаргьы џьара ианҵаны лассы-лассы шәрыԥхьалар. Иегова Иисус Навин иааиԥмырҟьаӡакәа ибжьы ныҵакны Азакәан даԥхьаларц идиҵеит, ҟәыӷарала ихы мҩаԥигаларц азы. Уа дзыԥхьоз ашәара аҽамҭареи Анцәа ижәлар ираԥхьагылаз иеиԥш агәымшәара аарԥшреи ицхраауан (Иис. Н. 1:8, 9). Анцәа Иажәа иану азхәыцрақәа ҳацхраауеит ашәареи агәҭынчымреи ҳазцәырызго аҭагылазаашьақәа рҿы агәҭынчра ахьчара (Аԥсал. 27:1—3; Ажәам. 3:25, 26).
Шәахәаԥш абзац 16.g
16. Ихы ишԥаирхәо Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи агәҭынчра ахьчареи игәра агареи дҳацхраарц азы?
16 5. Анцәа имаҵзуҩцәа шәрыҿцәажәала. Иегова иҭахуп агәҭынчра ҳахьчаларц, насгьы игәра ҳгаларц. Уи аҟаҵара иара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла дҳацхраауеит. Ҳара ҳгәы шьҭырхуеит аизараҿы иҳаҳауа ажәахәқәа, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҟарҵо аҭакқәа, иара убас уа иҳамоу аиҿцәажәара бзиа (Аур. 10:24, 25). Уи адагьы, аизара аҟынтә ҳҩызцәа ҳгәы иҵхо рзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. Ҳҩыза иҳаиҳәо ажәа ҟәанда агәҭынчымра аиааира иҳацхраар алшоит (Ажәам. 12:25).
Шәахәаԥш абзац 17.h
17. Ишԥаҳацхраауеи ҳгәыӷра агәҭынчра ахьчара, Ауриацәа рахь 6:19 иану инақәыршәаны?
17 6. Шәгәыӷра шәырӷәӷәала. Анцәа Иаҳра иадҳәалоу ҳгәыӷра ҳгәы-ҳаԥсы зыхьчо аԥырсал иаҩызоуп. Уи ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы агәҭынчра ахьчара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 6:19.) Шәазхәыцла агәҭынчра ҳамызхуа иҽеим ахәыцрақәа ахьыҟамло Иегова ҳазқәиргәыӷуа адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо (Ис. 65:17). Шәхаҿы иаажәгала уаҳа ахаан шәгәы ак ахьыҵымхало адунеи ҿыц аҿы шәшынхало (Мих. 4:4). Ишәымоу агәыӷра атәы егьырҭ ианырзеиҭашәҳәало уи еиҳагьы иӷәӷәахалоит. Убри аҟынтә ажәабжьҳәара, насгьы аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы шәхы шәамеигӡалан. Усҟан шәгәыӷра шынаӡо агәра ганы шәыҟазаауеит (Аур. 6:11).
18. Иарбан уадаҩрақәоу ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу, насгьы иҳацхраауазеи урҭ риааира?
18 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәоуп аҟынтә, агәҭынчымра ҳазцәырызго ауадаҩрақәа еиҳагьы еиҳахалоит. 2021-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала ҳацхраалоит агәҭынчра ахьчара, насгьы ҳхы акәымкәа, Иегова иқәгәыӷра. Шәааи иааиуа ашықәс азы Иегова ииҳәаз абарҭ ажәақәа рыгәра шаҳго ааҳарԥшлап: «Шәара мчыс ишәымоу иаашәырԥшуа аҭынчреи сара сахь ишәымоу агәрагареи роуп» (Ис. 30:15).
АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп
a Ҳара зегьы агәҭынчымрақәа ҳазцәырызго ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Ҳаԥхьаҟагьы ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳрықәшәалар ауеит. 2021-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала иҳаилнаркаауеит ауадаҩрақәа раан Иегова ҳиқәгәыӷлар шҳахәҭоу. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит уи ҟаҳҵалар шҳалшо.
b Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы агәҭынчымра ӷәӷәа рызцәырызго аԥсихикатә чымазара иаргәаҟуеит. Аха Иисус зыӡбахә иҳәоз уи акәӡам.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: 1) Аиаҳәшьа лгәы иҵхо амш аҩныҵҟа акырынтә Иегова изеиҭалҳәоит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: 2) Аусураҿы шьыбжьхьафараан лара Анцәа Иажәа даԥхьоит, иҟәыӷоу алабжьарақәа лыԥшаарц азы.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: 3) Лара Абиблиа иану аҿырԥш бзиақәеи иҽеим аҿырԥшқәеи дрызхәыцуеит.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: 4) Игәнылкыларц илҭаху абиблиатә жәеинраала зну абӷьыц ахолодильник иақәлырҷабуеит.
g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: 5) Ажәабжьҳәараҿы лҩызеи лареи гәырӷьаҵәа еицәажәоит.
h АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: 6) Лара адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо дазхәыцуеит. Уи лгәыӷра арӷәӷәоит.