Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 декабр ад. 24—28
  • Иегова гәык-ԥсык ала дзыԥшаауа дырзылԥхоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова гәык-ԥсык ала дзыԥшаауа дырзылԥхоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИМАҴЗУҨЦӘА ДШЫРЗЫЛԤХО ИАҚӘИРГӘЫӶУЕИТ
  • ҲГӘЫ-ҲАԤСЫ ЗЫХЬЧО АԤЫРСАЛ
  • ИЕГОВА УРҬ ДЫРЗЫЛԤХЕИТ
  • ИЕГОВА ҲЏЬАБАА ИХАШҬУАМ
  • ИАХЬА, НАСГЬЫ ҲАԤХЬАҞА ИҲАУА АҲАМҬА
  • Иегова амурҭаҭцәа дырзылԥхеит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
  • Шәзықәгәыӷуа ахь шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Дара изқәыргәыӷыз «харантә инахьыԥшуан»
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 декабр ад. 24—28

Иегова гәык-ԥсык ала дзыԥшаауа дырзылԥхоит

«Уи иахь зхы зырхо дарбанзаалакь, Анцәа дшыҟоу хаиҵозароуп; гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху ракәзар, урҭ зегьы Иара џьшьара риҭоит» (АУР. 11:6).

АШӘАҚӘА: 85, 134

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Избан агәра ганы ҳзыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа дшырзылԥхо?

  • Дышԥарзылԥхоз Иегова имаҵзуҩцәа ажәытәан?

  • Дышԥаҳзылԥхо Иегова ҳара?

1, 2. а) Ишԥеидҳәалоу абзиабареи агәрахаҵареи? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

ҲАРА Иегова бзиа даҳбоит, «избан акәзар Иара иоуп аԥхьа ҳара бзиа ҳазбаз» (1 Иоанн 4:19). Иегова ахаара зҵоу абзиабара ааирԥшит, уи злааԥшыз азнеишьақәа ируакуп изиашоу имаҵзуҩцәа дшырзылԥхо ала ириҭаз ақәыргәыӷра. Иегова иахь ҳабзиабара еизҳацыԥхьаӡа, иара дшыҟаҵәҟьоу адагьы, бзиа дызбо дшырзылԥхо еиҳа агәра ҳгалоит. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:6.)

2 Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа еснагь дырзылԥхоит, уи иара ихаҭара иахәҭакуп. Абиблиаҿы иануп: «Агәрахаҵара — ари гәыӷрала ҳаззыԥшу анаӡара» ауп. Убри аҟынтә гәык-ԥсык ала Анцәа дзыԥшаауа дшырзылԥхо аҵыхәтәанынӡа агәра ҳамгозар, усҟан ҳагәрахаҵара ӷәӷәаӡам (Аур. 11:1). Агәрахаҵара иаанагоит Анцәа меигӡарахда дшаҳзылԥхо агәра агара. Аха избан уи агәыӷра зҳамазар акәу? Дышԥарзылԥхоз Иегова имаҵзуҩцәа ажәытәан, насгьы дышԥарзылԥхо иахьа? Шәааи еилҳаргап.

ИЕГОВА ИМАҴЗУҨЦӘА ДШЫРЗЫЛԤХО ИАҚӘИРГӘЫӶУЕИТ

3. Иарбан қәыргәыӷроу Малахиа (Малахия) 3:10 иану?

3 Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа азылԥхара рыҭара уалс иԥхьаӡеит, убри аҟынтә урҭ ҳаурц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵаларц ҳааиԥхьоит. Абиблиаҿы иануп: «Сԥышәшәа уи аҿы... иҳәоит ар реиҳабы Иегова,— иаасмыртри ажәҩан агәашәқәа, насгьы ишәысымҭари азылԥхарақәа рацәаны, уаҳа акгьы шәаргәаҟуа шәҟамлартә еиԥш» (Мал. [Мал.] 3:10). Анцәа иааԥхьара анҳадаҳкыло, иара иахь аџьшьара шҳамоу ааҳарԥшуеит.

4. Избан Матфеи 6:33 иану Иисус иажәақәа аҵыхәтәанынӡа рыгәра ҳгалар зҳалшо?

4 Иисус Христос иҵаҩцәа агәра диргеит Анцәа Иаҳра рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ ааннакылалар, Анцәа дышрыцхраауа. (Уаԥхьа Матфеи 6:33.) Избан Иисус уи агәра ганы дзыҟаз? Избанзар Иегова еснагь иажәа наигӡон (Ис. [Ис.] 55:11). Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит аҵыхәтәанынӡа Иегова игәра ҳгозар, иқәыргәыӷра шынаигӡо: «Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам» (Аур. 13:5). Арҭ ажәақәа ҳацхраауеит Иисус Анцәа Иԥсҳареи уи иҵабырги зегь раԥхьаӡа акәны шәрышьҭаз ҳәа иҟаиҵаз ааԥхьара ақәныҟәара.

Иисус иҵаҩцәа иаадырԥшуа ахамеигӡаразы азылԥхарақәа шроуа иақәиргәыӷит (Шәахәаԥш абзац 5.)

5. Избан Иисус Пиотр иеиҳәаз ҳагәрахаҵара арӷәӷәар залшо?

5 Зны апостол Пиотр Иисус диазҵааит: «Абар ҳарҭ, зегь ааныжьны Уара ҳушьҭоуп; иаҳзыҟалараны иҟои?» (Матф. 19:27). Иисус Пиотр ҽыԥныҳәа иимҭеит, аха иҵаҩцәа иреиҳәеит иаадырԥшуа ахамеигӡаразы аҳамҭа шроуа. Азиашара аазырԥшуаз Иисус иапостолцәа, насгьы егьырҭ ишьҭанеицәа ажәҩан аҿы напхгара шицруло ала агәыӷра рыман. Аха урҭ адгьыл аҿы ианыҟазгьы аҳамҭа роуит. Иисус иҳәеит: «Сара сымшала зыҩнқәа, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, мамзаргьы, заб ма зан, мамзаргьы, зыԥҳәыс, ма зхәыҷқәа, ма зыдгьыл аанзыжьуа дарбанзаалакь, шәынтә еиҳаны ироуеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагь раҭәахоит» (Матф. 19:29). Иисус иҵаҩцәа ироуаз азылԥхарақәа Аҳра аус азы мап зцәыркыз аасҭа акырӡа рыхә ҳаракын. Ҳаргьы иахьа ус ҳзуҳәар алшоит. Шәақәшаҳаҭха: ҳдоуҳатә анацәеи, абацәеи, аишьцәеи, аиаҳәшьцәеи, ахәыҷқәеи Аҳра аус азы иаанҳажьыз аасҭа акырӡа рыхә ҳаракуп.

ҲГӘЫ-ҲАԤСЫ ЗЫХЬЧО АԤЫРСАЛ

6. Избан Иегова имаҵзуҩцәа азылԥхарақәа шриҭо изақәиргәыӷуа?

6 Иегова имаҵзуҩцәа азылԥхарақәа шриҭо ала ақәыргәыӷра ҳазиашара аԥышәара ианҭагыло ҳгәы арӷәӷәоит. Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа иахьа адоуҳатә зылԥхарақәа рацәаны ишрымоугьы, еиҳау аҳамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп (1 Тим. 4:8). Иегова гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху зегьы дшырзылԥхо аҵыхәтәанынӡа агәра ганы ҳаҟазар, уи ҳагәрахаҵара арӷәӷәара иҳацхраауеит (Аур. 11:6).

7. Избан агәыӷра аԥырсал иаҿҳарԥшыр зҳалшо?

7 Ашьхаҿы иҟаҵаз ажәахә аҿы Иисус иҳәеит: «Агәеиҵыхра шәымаз, шәгәырӷьала, избан акәзар даараӡа идууп ажәҩан аҿы ишәзыԥшу аҳамҭа: убасҵәҟьа иԥхадырсуан шәара шәаԥхьа иҟаз аԥааимбарцәагьы» (Матф. 5:12). Жәҩантәи аҳамҭа зауа Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рыдагьы, џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа инхало ауаагьы гәырӷьалоит (Аԥсал. 36:11 [37:11, АдҾ]; Лука 18:30). Иарбан ҳамҭоу ҳзықәгәыӷуазаалакгьы, ҳгәыӷра «ҳгәы-ҳаԥсы ԥырхага рызымҭо, изыхьчо аԥырсал» иаҳзаҩызахар алшоит, уи еиқәырхагоуп (Аур. 6:17—20). Амшын ӷәӷәала ианцәқәырԥо аӷба аанызкыло аԥырсал еиԥш, аҳамҭа шҳауа ала ҳгәыӷра агәырҭынчреи аҭышәынтәалареи раарԥшра иҳацхраауеит. Уи аҩыза агәыӷра аԥышәарақәа раан амч ҳнаҭоит.

8. Ишԥаҳацхраауеи агәыӷра агәҭынчымра аиааира?

8 Абиблиа шьаҭас измоу ҳгәыӷра агәҭынчымра аиааира иҳацхраауеит. Анцәа иқәыргәыӷрақәа ҳгәы-ҳаԥсазы ахәша иаҩызоуп, уи ахьааи ашәареи риааира иҳацхраауеит. Шаҟа ҳгәы шьҭырхуазеи абарҭ ажәақәа: «Уусқәа зегьы Анцәа инапы ианҵа, Иара дуцхраауеит» (Аԥсал. 54:23 [55:22, АдҾ]). Ҳара агәра ҳгоит Анцәа «ҳазҳәо-ҳзызхьуа аҵкыс [акырӡа еиҳаны, АдҾ] ҳара ҳзы иҟазҵо» шиакәу (Еф. 3:20). Шәазхәыц, Иегова ҳазҳәо-ҳзызхьуа аҵкыс, акырӡа еиҳаны иаҳзыҟаиҵоит!

9. Шаҟа иӷәӷәазар ахәҭоузеи Иегова дшаҳзылԥхо ала ҳагәрагара?

9 Аҳамҭа ҳаурц азы ҳара Иегова ӷәӷәала игәра ҳгалароуп, насгьы имҩақәҵарақәа ҳарзыӡырҩлароуп. Моисеи израильтәи ажәлар иреиҳәеит: «Иегова хымԥада дузылԥхоит Унцәа Иегова иуиҭо адгьыл аҿы, уи уара иугарц азы, аха уи дузылԥхоит Унцәа Иегова ииҳәо уазыӡырҩлар, насгьы иахьа иусҭо аԥҟарақәа зегьы инагӡаны урықәныҟәалар. Унцәа Иегова ишуеиҳәаз еиԥш дузылԥхоит» (Ҩынтә. [Втор.] 15:4—6). Аҵыхәтәанынӡа агәра ганы шәыҟоума Иегова дшышәзылԥхо, анаҩсгьы шәизиашаны имаҵ жәуазар? Шәара уи азы амзызқәа зегь шәымоуп.

ИЕГОВА УРҬ ДЫРЗЫЛԤХЕИТ

10, 11. Дышԥеизылԥхеи Иегова Иосиф?

10 Абиблиаҿы зыхә ҳараку аурокқәа ануп. Уа Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа азылԥхарақәа шриҭоз узырбо ахҭысқәа даара ирацәоуп (Рим. 15:4). Урҭ дыруаӡәкын Иосиф. Раԥхьа иара иашьцәа дырҭиит, анаҩс зымаҵ иуаз иеиҳабы иԥҳәыс мцҳәарала ахара идылҵеит аҟынтә, Мысра абахҭа дҭашәеит. Дихашҭма Иегова Иосиф? Ҳәарада, мап! Абиблиаҿы иануп: «Иегова Иосиф дицын. Уи иара иахь абзиабара зныԥшуа ақьиара аарԥшра даҟәыҵуамызт... [...] ...Уи иааҟаиҵалакгьы, Иегова ақәҿиара ииҭон» (Аҟаз. [Быт.] 39:21—23). Ицәгьаз аамҭақәа раан Иосиф ачҳара аарԥшны Инцәа дизыԥшын.

11 Ашықәсқәа анца афараон Иосиф абахҭа дҭигеит, тәыс иҟаз ауаҩы уажәшьҭа аҳәынҭқарраҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникыло далагеит (Аҟаз. [Быт.] 41:1, 37—43). Абар Иосиф иԥҳәыс ҩыџьа аԥацәа анлоу ашьҭахь Абиблиаҿы иӡбахә шану: «Иосиф раԥхьатәи иԥа Манассиа ихьӡиҵеит, избанзар иҳәеит: „Анцәа сгәаҟрақәа зегьы, насгьы саб иҩнаҭа зегь схаиршҭит“. Аҩбатәи иԥа Ефрем ихьӡиҵеит, избанзар иҳәеит: „Анцәа сгәаҟрақәа рыдгьыл аҿы ахылҵшьҭра сиҭеит“» (Аҟаз. [Быт.] 41:51, 52). Иосиф Иегова дизиашаны дахьаанхоз азы Анцәа азылԥхарақәа ииҭеит. Уи абзоурала израильаа рымацара рыдагьы, мысраа аиқәхара роуит. Иосиф ибзианы еиликаауан имаз азылԥхарақәа зегьы изҭоз Иегова шиакәыз (Аҟаз. [Быт.] 45:5—9).

12. Ицхраазеи Иисус аԥышәарақәа раан Анцәа изиашаны аанхара?

12 Иисус Христосгьы еиуеиԥшым аԥышәарақәа рҿы Анцәа дизиашаны даанхеит, уи азы азылԥхарақәа иоуит. Ицхраазеи иара урҭ аԥышәарақәа риааира? Анцәа Иажәаҿы иануп уи изыԥшыз агәырӷьаразы хачҳарала ашьаҟаҿы агәаҟрақәа ихигеит ҳәа (Аур. 12:2). Ҳәарада, Иисус Анцәа ихьӡ арҳаракра алшара ахьимаз агәырӷьара ду изаанагон. Уи адагьы, Иаб иразреи иџьашьахәу аусқәа рынагӡара алшареи ҳамҭас иоуит. Абиблиаҿы иануп Иисус «уажәы Анцәа иарӷьараҿ дтәоуп» ҳәа. Иара убас иара изкны иануп: «Анцәа Уи хьӡи-ԥшеи ииҭеит, зегьы раҵкыс дҳареикит, хьӡыс иҟоу иреиҳау ахьӡ иаҭәеишьеит» (Флп. 2:9).

ИЕГОВА ҲЏЬАБАА ИХАШҬУАМ

13, 14. Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа, иара изы ак аныҟаҳҵо?

13 Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова имаҵ аураҿы иҟаҳҵо зегьы ахә ҳаракны ишишьо. Усҟак ҳхы ҳақәымгәыӷуазар, насгьы ак ҳалымшар ҳәа ҳшәозар, иара ҳаиликаауеит. Иегова агәрыцҳашьара ааирԥшуеит аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳамазар, насгьы ҳгәамбзиареи ма ҳемоциатә ҭагылазаашьеи ирыхҟьаны иԥшьоу амаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵара ҳалымшозар. Ҳара аҵыхәтәанынӡа агәра ҳгоит Иегова ахаангьы ишихамышҭуа ҳизиашаны ҳаанхарц азы иҟаҳҵо зегьы. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 6:10, 11.)

14 Иара убасгьы ишәхашәмыршҭлан Иегова аҳәарақәа заҳауа шиакәу. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи ҳаҳәарақәа зегьы шиаҳауа (Аԥсал. 64:3 [65:2, АдҾ]). «Агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» емоциала, насгьы доуҳала ҳзызгәаҟуа зегь ҳаиҭоит, уи азы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ихы иаирхәар ауеит (2 Кор. 1:3). Егьырҭ рахь агәрыцҳашьара анааҳарԥшуа, Иегова игәы даараӡа иахәоит. Иара Иажәаҿы иануп: «Арыцҳа иахь ақьиара аазырԥшуа, Иегова иирԥсахуеит, убри аҟынтә Иара уи дизылԥхоит» (Ажәам. [Прит.] 19:17; Матф. 6:3, 4). Абасала, арыцҳара иақәшәаз гәык-ԥсык ала ҳаницхраауа, Иегова ҳҿаԥхьа ауал идушәа иԥхьаӡоит. Иара иҟаҳҵо аус қьиақәа рзы азылԥхарақәа шҳаиҭо ҳақәиргәыӷуеит.

ИАХЬА, НАСГЬЫ ҲАԤХЬАҞА ИҲАУА АҲАМҬА

15. Иарбан ҳамҭоу шәара шәзықәгәыӷуа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

15 Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа «аиаша-ҵабыргра агәыргьын, уи убри амш аҽны Иҳақәиҭу — Аӡбаҩ-ҵабырг» ишриҭо ала агәыӷра даара ргәы шьҭнахуеит (2 Тим. 4:7, 8). Аха шәара шәзықәгәыӷуа даҽа ҳамҭак акәзар, Анцәа ак шәыгижьит ҳәа шәгәы иаанамган. Христос иитәу миллионҩыла «егьырҭ ауасақәагьы» ргәы хыҭ-хыҭуа ԥхьаҟатәи аҳамҭа иазыԥшуп — џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара. Уа дара ҭынч аԥсҭазаара иалагәырӷьалоит (Иоанн 10:16; Аԥсал. 36:11 [37:11, АдҾ]).

16. Ҳгәы шԥадырҭынчуеи 1 Иоанн 3:19, 20 ирну ажәақәа?

16 Зны-зынла ҳара ҳгәы иаанагоит Аҳра аус азы иҟаҳҵо даара имаҷуп ҳәа, ма Иегова дшаҳзыразу агәра ҳазгом. Ԥхьаҟатәи аҳамҭагьы ҳаԥсам ҳәа ҳхәыцуазар алшоит. Аха шәааи ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлап Анцәа ҳгәы аасҭа дшеиҳау, насгьы зегь шидыруа. (Уаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20.)a Иԥшьоу амаҵзура анагӡара ҳгәазҭазҵо абзиабареи агәрахаҵареи ракәзар, Иегова иҟаҳҵо зегь ахә ҳаракны ишьоит, ҳара иҟаҳҵо усҟак ирацәам ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы (Марк 12:41—44).

17. Иарбан зылԥхарақәоу уажәнатә иҳауа?

17 Иегова ижәлар дырзылԥхоит ицәгьоу ари Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәантәи ихьанҭоу амшқәа раангьы. Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа адоуҳатә џьанаҭ аҿы еизҳазыӷьаларц деиҷаҳауеит. Уа дара адоуҳатә ҳамҭақәа рацәаны ирымоуп, насгьы ирылагәырӷьоит (Ис. [Ис.] 54:13). Иисус ҳшақәиргәыӷыз еиԥш, уажәнатә Иегова иҟынтә аҳамҭа ҳауеит — иара абзиабара зыбжьоу, жәларбжьаратәи аҭаацәара ҳахәҭакны ҳҟаларц ааԥхьара ҳаиҭеит (Марк 10:29, 30). Убри инеиҳангьы, гәык-ԥсык ала Анцәа дзыԥшаауа агәҭынчреи, агәахәареи, агәырӷьареи роуеит (Флп. 4:4—7).

18, 19. Ирҳәозеи Иегова имаҵзуҩцәа дшырзылԥхо иазкны?

18 Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо Иегова имаҵзуҩцәа меигӡарахда азылԥхарақәа шриҭо атәы еиҭарҳәар рылшоит. Абар Бианка зыхьӡу Германиа инхо аиаҳәшьа илҳәо: «Ҳәашьа сзаҭом Иегова сыгәҭынчымрақәа риааира дахьсыцхраауа, насгьы есыҽны дахьсывагылоу азы исымоу аџьшьара. Адунеи зегь аҿы аилаҩынтрақәеи угәы казыжьуеи рацәоуп. Аха Иегова сивагыланы аус аницызуа, акгьы сацәшәаӡом. Иара изы акы мап анацәыскуа, шәынтә еиҳаны азылԥхарақәа сиҭоит».

19 Абар Канада инхо 70 шықәса зхыҵуа Пола лҿырԥштәы, уи лыбӷашшара шьшьоуп. Лара илҳәоит: «Сара аныҟәара сцәыцәгьоуп, аха уи азы смаҵзура иагсырхом». Пола еиҭалҳәоит: «Сара еиуеиԥшым амаҵзура ахкқәа сыҽрыласырхәуеит, иаҳҳәап, ҭелла ма иформалтәым аҭагылазаашьақәа рҿы ажәабжь сҳәоит. Сгәы шьҭызхуа абиблиатә жәеинраалақәеи ҳпубликациақәа рҟынтә азхәыцрақәеи ахьанысҵо аблокнот сымоуп, зны-зынла урҭ сеиҭарыԥхьоит. Сара уи „Сыблокнот-сыцхырааҩ“ ҳәа сашьҭоуп. Иегова иқәыргәыӷрақәа еснагь ҳрызхәыцуазар, агәкаҳара ирласны ҳаиааиуеит. Ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, Иегова еснагь ҳацхраара дазхиоуп». Иҟалап Бианкеи Полеи рҭагылазаашьа шәара ахаан шәақәымшәацзар. Ус акәзаргьы, ишәгәалашәар шәылшоит ишәзааигәоуи шәареи Иегова дшышәзылԥхаз. Шәааи Иегова иахьа, насгьы ҳаԥхьаҟа иҳаиҭо азылԥхарақәа ҳрызхәыцлап!

20. Ҳзықәгәыӷыр ҳалшозеи, гәык-ԥсык ала Иегова имаҵ ҳуазар?

20 Ахаангьы ишәхашәмыршҭлан гәык-ԥсык ала Иегова шәиҳәозар «аҳамҭа дуқәа» шшәиҭо. Агәра ганы шәыҟаз Иегова игәаԥхара нашәыгӡар, шәзықәиргәыӷыз шшәоуа (Аур. 10:35, 36). Ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу аҳамҭа шҳауа ҳхаҳмыршҭуа, шәааи анаҩсгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап, насгьы гәык-ԥсык ала Иегова имаҵ ҳаулап! (Уаԥхьа Кәаласаа рахь 3:23, 24.)

a 1 Иоанн 3:19, 20 (АдҾ): «Абасала, ҳара аҵабырг ҳшатәу еилаҳкаауеит, насгьы иара дшаҳзыразу ҳгәы агәра аҳаргоит, ҳгәы зҳақәыӡбозаалак, избанзар Анцәа ҳгәы аасҭа деиҳауп, насгьы зегь идыруеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра