Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/5 ад. 19—23
  • Дара изқәыргәыӷыз «харантә инахьыԥшуан»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дара изқәыргәыӷыз «харантә инахьыԥшуан»
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИРӶӘӶӘАН, ИЗБАНЗАР ИРЫМАЗ АГӘЫӶРА «ХАРАНТӘ ИНАХЬЫԤШУАН»
  • ДАРА «ХАРАНТӘ ИНАХЬЫԤШУАН» АНЦӘА ИҚӘЫРГӘЫӶРАҚӘА ШЫНАӠОЗ
  • УИ ИАԤХЬАҞА ИЗЫԤШЫЗ АҲАМҬА ИБОН
  • АԤХЬАҞА ИШӘЗЫԤШУ АҲРА АЗЫЛԤХАРАҚӘА ШӘЫЛАԤШ РЫҚӘКЫЗ
  • ИҲАМОУ АГӘЫӶРА АТӘЫ АҲӘАРА ЗХАДОУ
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Шәазыԥшума шәара «идыргылараны» иҟоу ақалақь?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/5 ад. 19—23

Дара изқәыргәыӷыз «харантә инахьыԥшуан»

«Иԥсит, изқәыргәыӷыз абла аҭаԥшра иахьымӡаӡакәа, изқәыргәыӷыз акәзар, уи харантә инахьыԥшуан» (АУР. 11:13).

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Иарбан агәрахаҵара аарԥшраҿы иҳацхраауа лшароу Анцәа иҳаиҭаз?

  • Иабантәиаадыруеи ҳара Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа имаҵзуҩцәа рхаҿы иааганы рҳамҭа ишазхәыцуаз?

  • Избан иҳамоу агәыӷра аӡбахә аҳәара зҳахәҭоу?

1. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго иаҳбарҭам ҳхаҿы иааганы азхәыцра алшара ахьҳамоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ҲАБЛА иамбо аԥсы ахаҵаны, исахьаркны азхәыцра алшара — ари Анцәа иҳамҭоуп. Уи абзоурала ҳара иҳалшоит ҟәыӷарыла ҳаԥсҭазаара ашьақәыргылара, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ҳгәы хыҭ-хыҭуа азыԥшра. Иегова ҳаԥхьаҟа иҟало абара илшоит, убри аҟынтә Абиблиа ала иара лассы-лассы аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу заа иҳаиҳәоит. Ҳара уи ҳхаҿы исахьаркны иааҳгалар ҳалшоит. Ииашаҵәҟьаны иубарҭам акы ҳхаҿы аагара алшара иҳамоу ахаҵара́ аарԥшра иҳацхраауеит (2 Кор. 4:18).

2, 3. а) Избан ҳхәыцрақәа рҿы иааиуа асахьақәа ашьаҭа рымазар зхадоу? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

2 Зны-зынла ҳара ҳхаҿы иааҳго аԥсҭазаараҿы иҟаҵәҟьоу зынӡа иадҳәаламзар ауеит. Иаҳҳәап, аӡӷаб хәыҷы аԥарԥалыкь дақәтәаны дԥыруашәа лхаҿы иааганы дазхәыцуазар ауеит. Ари — ус баша фантазиоуп. Аха Анна лыҷкәын хәыҷы иԥшьаз ақьалаҿы амаҵ шииулоз атәы азхәыцразы амзызқәа лыман. Лара ӷәӷәала иӡбаны илыман аԥхьаҟа лхы шымҩаԥылгоз, уи лхықәкы анагӡараҿы илыцхрааит (1 Сам. 1:22). Анцәа ҳзықәиргәыӷуа акы исахьаркны ҳхаҿы ианааҳго, ҳаргьы хымԥада иҟало ҳазхәыцуеит (2 Пиот. 1:19—21).

3 Ҳәарада, абиблиатә аамҭақәа раан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтәи аӡәырҩы Анцәа иқәыргәыӷрақәа рынаӡара лабҿаба ирбозшәа рхаҿы иааганы иазхәыцуан. Ишԥарыцхрааи аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз азылԥхарақәа рызхәыцра? Избан ҳара Анцәа изиашоу ауаа рзы ирхиаз ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азхәыцра ахәарҭа заҳзаанаго?

ИРӶӘӶӘАН, ИЗБАНЗАР ИРЫМАЗ АГӘЫӶРА «ХАРАНТӘ ИНАХЬЫԤШУАН»

4. Шьаҭас ирымази Авель ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазкыз ихәыцрақәа?

4 «Днахьыԥшуазма харантә» Авель — Анцәа изиашаз ауаҩы — Иегова аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟаз? Ҳара иҳазҳәаӡом Авель аҵыхәтәанынӡа идыруан ҳәа аԥхьаҟа ишынагӡахоз Анцәа иажәақәа: «Сара убас иҟасҵоит, аԥҳәыси уареи аиӷара шәыбжьалартә, уара ухылҵшьҭреи лара лхылҵшьҭреи. Иара ухы ҭаԥнаҽып, уаргьы уи ашьхәа ааха ауҭашт» (Аҟаз. 3:14, 15). Иҟалап Авель ари ақәыргәыӷра ирацәаӡаны дазхәыцуазҭгьы, насгьы еиликаазар ауаа еиҭахгьы инаӡаны иҟаларц азы — Адами Евеи агәнаҳа ҟарҵаанӡа ишыҟаз еиԥш — аӡәы ишьхәа ааха шаиуа. Иарбан ԥеиԥшзаалакгьы Авель дзызхәыцуаз, игәрахаҵара шьаҭас иаман Анцәа иқәыргәыӷрақәа, убри азы ауп Иегова уи иԥсаҭатә зидикылаз. (Шәрыԥхьа Аҟазаара 4:3—5; Ауриацәа рахь 11:4.)

5. Игәы шԥашьҭнахуаз Енох ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ихаҿы иааганы дахьазхәыцуаз?

5 Анцәа ицәшәоз Енох Анцәа иҿагылоз ауаа ҟьашьқәа дрыланхалар акәхеит. Ус шакәызгьы, игәрахаҵара ӷәӷәан. Енох Анцәа идоуҳала иԥааимбаражәаны иҳәеит Иегова «ҵҩа змам Ицқьацәа (Амаалықьцәа) иманы дахьаауа — Уи даауеит Иара иҿагылаз, иқәшәиз, хәымгарала, гәымбылџьабарала иҟоу, гәнаҳа змоу зегьы ак ранамыжькәа рықәыӡбаразы» (Иуда 14, 15). Енох агәрахаҵара ааирԥшуан. Иҟалап иара ихаҿы иааганы дазхәыцуазҭгьы ацәгьара ахьыҟам адунеи шыҟало. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:5, 6.)

6. Дзызхәыцуазар алшози Нои Аӡхыҵра ду ашьҭахь?

6 Нои Аӡхыҵра ду ихигеит, избанзар игәрахаҵара ӷәӷәан (Аур. 11:7). Уи игәазҭанаҵеит Аӡхыҵра ду ашьҭахь Анцәа аԥсаҭатә изнагара (Аҟаз. 8:20). Авель иеиԥш, иаргьы агәра ганы дыҟан ауаа знымзар-зны агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра шроуаз. Аӡхыҵра ду ашьҭахь аамҭа цәгьахеит. Усҟан напхгаҩыс дҟалеит Иегова иахь аҿагылара аазырԥшуаз Нимрод. Аха Нои уеизгьы игәрахаҵареи игәыӷреи ихьчон (Аҟаз. 10:8—12). Иҟалап иара игәы шьҭнахуазҭгьы ауаа згәыжәла цәгьоу анапхгаҩцәеи агәнаҳаи аԥсреи рҟынтәи рхы иақәиҭтәны ианынхало аамҭа даназхәыцуаз. Ҳаргьы ахаҵара аблақәа рыла «харантә ҳнахьыԥшыр» ҳалшоит уи аамҭа бзиа, избанзар уи даара иааигәоуп! (Рим. 6:23).

ДАРА «ХАРАНТӘ ИНАХЬЫԤШУАН» АНЦӘА ИҚӘЫРГӘЫӶРАҚӘА ШЫНАӠОЗ

7. Ирбар рылшози «харантә инахьыԥшны» Авраам, Исаак, насгьы Иаков?

7 Авраам, Исаак, насгьы Иаков иҟалап рхаҿы иааганы исахьаркны иазхәыцуазҭгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, избанзар Анцәа иақәиргәыӷит рхылҵшьҭрала ажәларқәа зегьы дшырзылԥхо (Аҟаз. 22:18; 26:4; 28:14). Анцәа иахь ашәара зманы иҟаз урҭ ауаа ирхылҵыз еизҳазыӷьо иҟаланы Изқәыргәыӷыз адгьыл иқәынхар акәын (Аҟаз. 15:5—7). Ахаҵара аблақәа рыла арҭ апатриархцәа «харантә инахьыԥшны» ирбар рылшон изқәыргәыӷыз адгьыл ирхылҵыз шықәынхало. Ауаа анаӡара анырцәыӡыз аахижьҭеи, Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа агәра диргон Адам ицәыӡыз азылԥхарақәа наунагӡа ишмыӡыз.

8. Ицхраауази Авраам иналукааша ак ала игәрахаҵара аарԥшра?

8 Авраам Анцәа иқәыргәыӷрақәа шынаӡо ихаҿы иааигартә алшара ахьимаз ахаҵара зныԥшуаз аус дуқәа рыҟаҵара ицхраауан. Иԥшьоу Аҩыраҿы иҳәоуп «иԥсит, изқәыргәыӷыз абла аҭаԥшра иахьымӡаӡакәа» ҳәа, «уи харантә инахьыԥшуан, иеигәырӷьон». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:8—13.) Авраам дзықәгәыӷуаз шынаӡоз агәра изыргоз акрызҵазкуаз амзызқәа иман. Уи иубарҭам ибозшәа дыҟан!

9. Ишԥаицхраауаз Авраам Анцәа иқәыргәыӷрақәа?

9 Авраам Анцәа иқәыргәыӷрақәа рахь имаз ахаҵара Анцәа игәаԥхара анагӡаразы амч инаҭон. Ахаҵара аарԥшны, иара Ур аанижьит, ханаантәи ақалақьқәа рҿы анхара даламгаӡеит. Иаҳҳәар ҳалшоит арҭ ақалақьқәа ашьаҭа ӷәӷәа рымамызт ҳәа, избанзар урҭ рнапхгаҩцәа Анцәа игәаԥхомызт (Иис. Н. 24:2). Авраам иԥсы ҭанаҵы «дазыԥшын зшьапы ркраны, идыргылараны иҟаз ақалақь, Анцәа иакәын уи ргылаҩыс, шаҩыс иамаз» (Аур. 11:10). Авраам «харантә днахьыԥшуан» уа Иегова инапхгара аҵаҟа дшынхо. Авель, Енох, Нои, Авраам, насгьы егьырҭ Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аԥсҭалара агәра ргон, урҭ азыԥшын адгьыл аҿы Анцәа Иаҳра — зшьапы ркраны, идыргылараны иҟаз ақалақь — анапхгара аныҟанаҵало аамҭа. Арҭ азылԥхарақәа рызхәыцра Иегова иахь рыгәрахаҵара арӷәӷәон. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:15, 16.)

10. Ишԥалыцхраауаз Сарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь илымаз ахәаԥшышьа?

10 Ҳахәаԥшып Авраам иԥҳәыс Сарра лҿырԥшы. Лара 90 шықәса шылхыҵуазгьы, хшара длымамызт, аха ԥхьаҟатәи аԥеиԥш лгәы камыжькәа дахьахәаԥшуаз иабзоураны, гәрахаҵарала лхы мҩаԥылгон. Лара лхаҿы иааганы дазхәыцуан лхылҵшьҭрақәа Иегова изықәиргәыӷыз азылԥхарақәа шроуаз (Аур. 11:11, 12). Шьаҭас иамази Сарра дыззыԥшыз? Иегова уи лхаҵа иеиҳәеит: «Сара уи сылзылԥхоит, лара лҟынтәи аԥа дусҭоит, сылзылԥхоит, лара ажәларқәа лхылҵуеит, ажәларқәа раҳцәа лхылҵуеит» (Аҟаз. 17:16). Исаак иира Сарра агәра лнаргеит Иегова Авраам ииҭаз егьырҭ ақәыргәыӷрақәагьы шынаӡо. Ишԥассиру ҳаргьы Анцәа ҳзықәиргәыӷыз шынаӡо ҳхаҿы аагара ахьҳалшо!

УИ ИАԤХЬАҞА ИЗЫԤШЫЗ АҲАМҬА ИБОН

11, 12. Ишԥеизирҳаи Моисеи игәаҿы Иегова иахь абзиабара?

11 Иналукааша ахаҵара аазырԥшуаз Иегова имаҵзуҩцәа дыруаӡәкын Моисеигьы. Уи Анцәа гәык-ԥсык ала бзиа дибеит. Данқәыԥшыз Моисеи афараон иҩнаҭа дааӡеит, убри аҟынтә иара амали амчреи бзиа ибар илшон. Аха иара иҭаацәаҵәҟьа рҟынтәи Иегова дызусҭоу, насгьы ауриацәа мысратәи атәра иалганы Изқәыргәыӷыз адгьыл рыҭара шиҭаху идыруазар ҟалон (Аҟаз. 13:14, 15; Ақәҵ. 2:5—10). Моисеи иҟалап лассы-лассы ихаҿы иааганы Анцәа ижәлар ирзыԥшыз азылԥхарақәа дрызхәыцлозҭгьы. Шәгәы ишԥаанаго, дзызхәыцуази иара еиҳараӡак: аҭыԥ ду аанкылара акәу, мамзаргьы Иегова иахь абзиабара аарԥшра акәу?

12 Абиблиаҿы иҳәоуп: «Моисеи ианизҳа, даныҩеидас, гәрахаҵарала афараон иԥҳа лԥа ҳәа ихыз, аҳаҭыр ҷыда иқәызҵоз ахьӡ мап ацәикит,— Еиҳа еиӷьишьеит иҿырҟьаса ирымаз Анцәа ижәлар иаргьы дрылазарц, рлахьынҵа илахьынҵазарц, дрыцгәаҟларц, агәнаҳа змаз, аамҭалатәи агәаҳәарақәа изҭоз аԥсҭазаара-гәахәа ныжьны. Уи Христос иаҳаҭыр азы ахыларҟәра еиҳа иаԥсаны, еиҳа хәаманы дахәаԥшуан, Мысразегьтәи амазара аасҭа, избанзар ибон иаԥхьаҟа изыԥшыз, дзызкыз» (Аур. 11:24—26).

13. Иарбан хәарҭоу Моисеи изаанагаз Анцәа иқәыргәыӷрақәа инарҵауаланы рызхәыцра?

13 Моисеи Иегова израильаа зықәиргәыӷыз шаҟа ирацәаны дазхәыцуаз аҟара, убриҟара еиҳахон уи Анцәа иахь имаз ибзиабареи игәрахаҵареи. Анцәа ицәшәоз егьырҭ ауаа реиԥш, иара Иегова ауаатәыҩса аԥсра аҟынтәи рхы ианақәиҭитәуаз аамҭа дазхәыцуазар алшон (Иов 14:14, 15; Аур. 11:17—19). Иџьашьатәӡам Моисеи игәаҿы ауриа жәлар, насгьы ауаа зегь рыцҳазшьо Анцәа Иегова иахь абзиабара ахьеизҳауаз. Ииашаз ари Анцәа имаҵзуҩы имаз агәрахаҵареи абзиабареи иԥсы ахьынӡаҭаз ицхраауан (Ҩынтә. 6:4, 5). Афараон Моисеи ишьра данашьҭазгьы, уи Анцәа иахь имаз агәрахаҵареи абзиабареи, насгьы ихаҿы иааганы имаз иаԥхьаҟатәи иԥеиԥши агәымшәара инаҭон (Ақәҵ. 10:28, 29).

АԤХЬАҞА ИШӘЗЫԤШУ АҲРА АЗЫЛԤХАРАҚӘА ШӘЫЛАԤШ РЫҚӘКЫЗ

14. Иарбан хәыцшьоу баша фантазианы иҟоу?

14 Иахьатәи аамҭазы аӡәырҩы аԥхьаҟа иҟало ианазхәыцуа, рхы ржьоит. Лассы-лассы абас еиԥш иҟоу ауаа уиаҟара амал рымам, рыԥсҭазаарагьы «арыцҳареи агәаҟрақәеи» рыла иҭәуп, аха уеизгьы дара уаҩ иимбац амал ҳамандаз ҳәа ихәыцуеит, уи рыуадаҩрақәа зегьы аӡбоит ҳәа рыԥхьаӡоит (Ԥс. 90:10). Дара ауаатәыҩса рнапхгара аҵаҟа рыԥсҭазаара бзабаазарц рҭахуп, аха Абиблиа ишаҳәо ала, ауаатәыҩса гәыӷырҭас ирымоу — Анцәа Иаҳра мацара ауп (Дан. 2:44). Аӡәырҩы Анцәа ицқьам ари асистема ықәихӡом ҳәа рыԥхьаӡоит, аха Абиблиа иаҳәо зынӡа даҽакуп (Соф. 1:18; 1 Иоан. 2:15—17). Иегова игәҭакы хьаас измам ауаа ирымоу агәыӷра,— ари лҵшәа змам фантазиоуп.

Ишәылшома шәара адунеи ҿыц аҿы шәыҟоушәа шәхаҿы иаажәгар? (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. а) Избан ақьырсианцәа ирымоу агәыӷра рхаҿы иааганы азхәыцра зрыхәҭоу? б) Иаҳзеиҭашәҳәа Анцәа игәҭакқәа анынаигӡо аамҭа анааилак шәыззыԥшу.

15 Аха ҳара, ақьырсианцәа раҳасабала, ҳалаԥш ақәкызар ауп аҳамҭа — ажәҩан аҿы, ма адгьыл аҿы. Шәхаҿы ишәзаагома закәытә гәырӷьароу ишәзаанаго Анцәа иқәыргәыӷрақәа рынаӡара? Шәара, ҳәарада, шәгәы шьҭнахуеит Анцәа иқәыргәыӷрақәа анынаӡалак шәызлаго шәаназхәыцуа. Шәара наӡаӡа адгьыл аҿы шәынхалоит ҳәа шәгәыӷуазар, шәазхәыц егьырҭ ауааи шәареи адгьыл џьанаҭны ишыҟашәҵало. Шәхаҿы иаажәг иаашәыкәыршаны инхо ауаа шәара шәеиԥш Иегова бзиа дшырбо. Шәара амч шәымоуп, шәҭеиҭыԥш бзиоуп, агәабзиара шәымоуп. Аусура агәырӷьара шәзаанагоит, избанзар уи напхгара азҭо гәыкала ишәзыҟоуп. Шәара насыԥ шәымоуп, избанзар шәбаҩхатәреи шәылшарақәеи шәхы иашәырхәоит ауаа ирыхәарц, насгьы Анцәа дҳарашәкырц. Иаҳҳәап, шәара ҿыц зыԥсы ҭалаз ауаа Иегова иеилкаара шәрыцхраауеит (Иоан. 17:3; Аус. 24:15). Уи зегьы баша гәыхәтәы мацарам! Ухаҿы иааиуа ари асахьа Абиблиа аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкны иаҳәо шьаҭас иамоуп (Ис. 11:9; 25:8; 33:24; 35:5—7; 65:22).

ИҲАМОУ АГӘЫӶРА АТӘЫ АҲӘАРА ЗХАДОУ

16, 17. Избан иҳамоу агәыӷра атәы аҳәара зхадоу?

16 Иегова иқәыргәыӷрақәа рынагӡара даналагалак иарбан усу ҳнапы злаҳкырц ҳҭаху атәы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ианырзеиҭаҳҳәо, иаҳзыԥшу ахҭысқәа еиҳагьы еилыкка иҟалоит. Ҳара ҳҟынтәи аӡәгьы издырӡом адунеи ҿыц аҿы иԥсҭазаара шыҟало, аха аԥхьаҟа ҳара ҳаԥсҭазаара шаҳбо атәы ҳаналацәажәо, ҳара ҳагәқәа шьҭибахуеит, насгьы Анцәа ҳзықәиргәыӷуа ӷәӷәала агәра шаҳго ааҳарԥшуеит. Апостол Павел Рим аизараҿы аишьцәа данырҭаа, «наҟ-ааҟ» рыгәқәа ахьеибажьжьаз зегьы еигәырӷьеит. Иахьатәи аамҭа цәгьазы ҳаргьы «наҟ-ааҟ» ҳагәқәа ахьеибажьжьо агәырӷьара ҳзаанагоит (Рим. 1:11, 12).

17 Аԥхьаҟа иҟало атәы ҳаназхәыцуа, иҽеим ахәыцрақәа аконтроль рзура иҳацхраауеит, насгьы ауадаҩрақәа уиаҟара ҳахшыҩ рзаҳашьҭӡом. Абри аҩыза ахәыцрақәа имазар ауан апостол Пиотр, уи Иисус ус иеиҳәеит: «Абар ҳарҭ, зегь ааныжьны Уара ҳушьҭоуп; иаҳзыҟалараны иҟои?» Пиотри егьырҭ аҵаҩцәеи аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу рхаҿы аагара дрыцхраарц азы, Иисус абас аҭак ҟаиҵоит: «Иашала ишәасҳәоит шәарҭ, Сара исышьҭоу, аҩынтәтәи аираан, Ауаҩытәыҩса Иԥа хьыӡла-ԥшала итәарҭа данахатәалакь, шәаргьы жәаҩа тәарҭа рҟны шәтәоит, жәаҩа абиԥара Израилаа рыӡбаразы; Сара сымшала зыҩнқәа, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, мамзаргьы, заб ма зан, мамзаргьы, зыԥҳәыс, ма зхәыҷқәа, ма зыдгьыл аанзыжьуа дарбанзаалакь, шәынтә еиҳаны ироуеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагь раҭәахоит» (Матф. 19:27—29). Арҭ ажәақәа Пиотри Иисус егьырҭ иҵаҩцәеи адгьыл аҿы Анцәа изыӡырҩуа ауаа азылԥхарақәа рзаазго, насгьы напхгара рызҭало аҳәынҭқарра иахәҭакны ианыҟало рроль азхәыцра ирыцхрааит.

18. Излаҳахәарҭоузеи ҳара Анцәа иқәыргәыӷрақәа рынаӡара азхәыцра?

18 Адгьыл аҿы инхо Иегова имаҵзуҩцәа еснагь Анцәа иқәыргәыӷрақәа рынаӡара азхәыцра иарӷәӷәон. Авель Анцәа игәҭакқәа бзианы идыруан, еиӷьу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ихаҿы иааигарц, игәрахаҵара ааирԥшырц, агәыӷра ӷәӷәа имазарц. Авраам агәрахаҵара зныԥшуаз аусқәа ҟаиҵон, избанзар «днахьыԥшуан» дызқәыргәыӷыз ихылҵшьҭра иадҳәалаз Анцәа иԥааимбаражәа ганкахьала ишынаӡоз (Аҟаз. 3:15). Моисеи «ибон иаԥхьаҟа изыԥшыз», уи иабзоураны игәрахаҵара ӷәӷәахон, Иегова иахь имаз ибзиабара еизҳауан (Аур. 11:26). Ҳара Анцәа иахь иҳамоу агәрахаҵареи абзиабареи ҵаулахоит, иқәыргәыӷрақәа шынаӡо ҳхаҿы иааганы ҳазхәыцуазар. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит Анцәа иҳаиҭаз ахаҿаагара аҳамҭа еиҳа еиӷьны ахархәара шазутәу.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра