Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 октиабр ад. 26—30
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘГӘАҾЫ АГӘРАХАҴАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АБИБЛИАҾЫ АГӘРАХАҴАРА ИААНАГО
  • АНЦӘА ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА ИШЬҬАҲҴО АШЬАҬА ИАХӘҬАКУП
  • ИЕГОВА ҲАГӘРАХАҴАРА ДАЗЫЛԤХОИТ
  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 октиабр ад. 26—30

Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла

«Агәрахаҵара — ари... иумбо, аха уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп» (АУР. 11:1, АДҾ).

АШӘАҚӘА: 54, 125

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳацхраауеи Нои иҿырԥштәы агәрахаҵара аарԥшра иаанаго аилкаара?

  • Ишԥаҳалшо агәрахаҵара ааҳарԥшлар?

  • Избан агәрахаҵарагьы абзиабарагьы зхадоу?

1. Ҳашԥазыҟазар акәу ҳара ақьырсиантә гәрахаҵара?

АҚЬЫРСИАНТӘ гәрахаҵара даараӡа ихадоу ҟазшьоуп. Уи ауаа зегьы ирымам (2 Фес. 3:2). Аха Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы агәрахаҵара риҭеит (Рим. 12:3; Гал. 5:22). Агәрахаҵара змоу зегьы уи азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәалар рыхәҭоуп.

2, 3. а) Иарбан зылԥхарақәоу агәрахаҵара змоу зегьы ирзыԥшу? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

2 Жәҩантәи Ҳаб Иԥа ила ауаа иара иахь ааԥхьара риҭоит. Иисус игәра зго ауаҩы игәнаҳақәа ианажьзар алшоит. Уи иабзоураны иара Иегова дизааигәахар илшоит, насгьы уи аиҩызара наӡаӡа иҟалоит (Иоанн 6:44, 65; Рим. 6:23). Изакәытә гәыӷра ссирузеи! Ҳазлаԥсахазеи ҳара ари аҩыза азылԥхара? Ауаа зегьы агәнаҳа иаҵоуп, убри аҟынтә ҳара ҳзыԥсоу аԥсра ауп (Аԥсал. 102:10 [103:10, АдҾ]). Аха Иегова абзиарахь ҳхы ҳархар шҳалшо ибеит. Ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны, ажәабжь бзиа гәык-ԥсык ала адкылара дҳацхрааит. Ҳара Иисус иахь агәрахаҵара аарԥшра ҳалагеит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳауит. (Уаԥхьа 1 Иоанн 4:9, 10.)

3 Аха изакәызеи агәрахаҵара? Анцәа ҳара ҳзы иҟаиҵаз, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыҟаиҵо ахьаҳдыруа, иаанагома агәрахаҵара ҳамоуп ҳәа? Еиҳа ихадоу, ишԥааҳарԥшлар акәу агәрахаҵара?

ШӘГӘАҾЫ АГӘРАХАҴАРА ААШӘЫРԤШЛА

4. Иҳаилшәыркаа агәрахаҵара ари баша ак аилкаара аасҭа изеиҳау.

4 Агәрахаҵара иаанаго Анцәа игәҭакы аилкаара мацара акәӡам, уи акырӡа еиҳауп. Ари Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны анхара иҳацхраауа мчы ӷәӷәоуп. Анцәа аиқәырхаразы иаҳзыҟаиҵаз ауаҩы агәра игозар, ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭеимҳәалар изычҳаӡом. Апостол Павел иҳәоит: «Иисус Иҳақәиҭу шиакәу агәра азхоуҵозар, абри атәы аргама ауаа ирылаурҵәозар, Анцәа Уи аԥсцәа рахьтә дыширгылаз угәы-уԥсы азыразызар, уеиқәхараны уҟоуп; избан акәзар гәык-ԥсыкалатәи агәрахаҵара ауаҩы диашаныҟәгаҩны дҟанаҵоит, абри агәрахаҵара аргама, иаартны ауаа рыларҵәара — еиқәырхагоуп» (Рим. 10:9, 10; 2 Кор. 4:13).

5. Избан агәрахаҵара зхадоу, насгьы ишԥаҳалшо уи ахьчара? Иаажәга аҿырԥштәы.

5 Анцәа идунеи ҿыц аҿы наӡаӡа анхара ҳҭахызар, ҳәарада, агәрахаҵара ааҳарԥшлар, насгьы уи ҳахьчалар ауп. Уи аӡы зҵаҭәалатәу аҵиаа иеиԥшуп. Зыԥсы ҭоу аҵиаа зыԥсы ҭам еиԥш акәымкәа, еснагь аҽаԥсхуеит. Ишахәҭоу еиԥш аҵиаа аӡы аҵоумҭәалар иканӡоит, аха иааиԥмырҟьаӡакәа аӡы аҵоуҭәалар, иԥшӡаӡа, иӷәӷәаны еизҳалоит. Иӷәӷәоу аҵиаагьы аӡы амаиур иканӡоит, насгьы иҩоит. Ҳагәрахаҵарагьы убас ахьыр алшоит. Уи ҳмырӷәӷәалар иԥсыҽхоит, аҵыхәтәаны зынӡа иаҳцәыӡуеит (Лука 22:32; Аур. 3:12). Аха уи ҳаиҷаҳауазар, аԥсы ҭазаауеит, еснагь иӷәӷәаны иҟазаауеит, насгьы еизҳалоит (2 Фес. 1:3; Тит 2:2).

АБИБЛИАҾЫ АГӘРАХАҴАРА ИААНАГО

6. Иарбан ҩ-ганку иамоу агәрахаҵара, Ауриацәа рахь 11:1 иану инақәыршәаны?

6 Ауриацәа рахь 11:1 (уаԥхьа) аҿы иануп агәрахаҵара иаанаго. Ишаҳбо еиԥш, агәрахаҵара ҩ-ганк амоуп. Актәи, уи «гәыӷрала ҳаззыԥшу» ауп, иаҳҳәап, ацәгьа ақәгареи адунеи ҿыц ашьақәыргылареи реиԥш иҟоу ҳаԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа. Аҩбатәи, уи иумбо, аха иҟаҵәҟьоу ауп. Ари ажәеинраалаҿы «шьақәзырӷәӷәо» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иумбо шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо аанарԥшуеит, иаҳҳәап, Анцәа Иегова, Иисус Христос, амаалықьцәа, жәҩантәи Аҳра (Аур. 11:3). Ишԥаҳалшо ҳгәыӷра аԥсы шҭоу, насгьы Анцәа Иажәаҿы иумбо иазкны иаҳәо агәра шаҳго ааҳарԥшыр? Уи ҳалшоит ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла, избанзар урҭ рыда агәрахаҵара узаарԥшуам.

7. Ишԥаҳацхраауеи Нои иҿырԥштәы агәрахаҵара аарԥшра иаанаго аилкаара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

7 Ауриацәа рахь 11:7 аҿы Нои иааирԥшыз агәрахаҵара аӡбахә ануп: «Иҟалараны иҟаз ахҭыс ааиаанӡа агәҽанҵара зауз Нои, иаҳаз атәы азхаҵаны, уи аныҟалаша ҳәа дымԥшӡакәа, аӷба ҟаиҵоит, иҭаацәарагьы еиқәирхоит». Нои агәрахаҵара иман аҟынтә, аӷба, ма аковчег, ду иргылеит. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иааикәыршаны иҟаз ауаа ари аҩыза аргылара дуӡӡа зиҭаху ҳәа ишиазҵаауаз. Иаҳҳәар ҳалшома Нои аҭак риҭомызт, мамзаргьы шәара ишәусым ҳәа реиҳәон ҳәа? Ҳәарада, мап! Нои игәрахаҵара гәымшәарыла ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәареи аԥхьаҟа Анцәа иӡбара шыҟало ргәырҽанҵареи игәазҭанаҵон. Иҟалап иара ауаа Иегова иажәақәа рзеиҭеиҳәозҭгьы: «Зыԥсы ҭоу зегьы рҵыхәтәа ааит сҿаԥхьа, избанзар дара ирыхҟьаны адгьыл қәымчрала иҭәит...Сара адгьыл аҿы аӡхыҵра дуӡӡа ҟасҵоит, ажәҩан аҵаҟа аԥсҭазааратә мчы змоу цәеижьс иҟоу зегьы ықәысхырц». Ҳәарада, Нои иара убас ауаа ирылеиҳәон еиқәхарц азы, Анцәа ишиҳәаз еиԥш, аковчег ишҭалар акәу. Ааи, Нои «аиаша-ҵабырг рылазырҵәоз» иакәын, уи алагьы агәрахаҵара шимаз шьақәирӷәӷәеит (Аҟаз. [Быт.] 6:13, 17, 18; 2 Пиотр 2:5).

8. Ишԥаҳаилиркааи аҵаҩы Иаков Анцәа идоуҳа ацхыраарала ииашаҵәҟьоу ақьырсиантә гәрахаҵара иаанаго?

8 Иҟалап апостол Павел Анцәа идоуҳа ацхыраарала агәрахаҵара закәу аниҩы ашьҭахь иаарласны Иаков исаламшәҟәы ҩызҭгьы. Павелгьы Иаковгьы ииашаҵәҟьоу ақьырсиантә гәрахаҵара аус аҿы ишааԥшуа рҳәеит. Иаков иҩуан: «Уара усла иҳәаақәҵам угәрахаҵара цәырга, сара усла ишьаҭарку сыгәрагара усырбоит» (Иак. 2:18). Анаҩс иара иазгәеиҭеит баша агәрахаҵара амазаареи уи аус аҿы аарԥшреи шеиԥшым. Адемонцәагьы Анцәа дшыҟоу агәра ргоит, аха урҭ агәрахаҵараҵәҟьа рымам. Уи инеиҳангьы, дара Иегова игәҭакы анагӡара иаԥырхагахарц иашьҭоуп (Иак. 2:19, 20). Иаков урҭ иреиԥшмыз агәрахаҵара ӷәӷәа змаз ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩы изкны иҩит: «Иҟаиҵаз ахҭыс азы ауми ҳара ҳаб Авраам ауаҩ иаша ҳәа ахьӡ зиоуз, иԥа Исаак ишьра — ӡатәс иҟаҵара анигәаӷьуаз аамҭазы? Уи игәрахаҵареи ихымҩаԥгашьеи еиҟәыҭхашьа рымамызт, иҟаиҵаз, иигәаӷьыз аҿы акәӡами игәрахаҵара аҵаулара акы агымкәа иахьааԥшыз?» Аҵыхәтәаны Иаков даҽазнык иҳәеит агәрахаҵара усла ишаарԥшлатәу: «Ижәдыруазааит, ԥсы зхам ацәеижь шыԥсу аиԥш, усла ишьақәырӷәӷәам агәрахаҵарагьы шыԥсу» (Иак. 2:21—23, 26).

9, 10. Дышԥаҳацхраауеи апостол Иоанн агәрахаҵара аарԥшра зхадоу аилкаара?

9 Ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны рышьҭахь иҩын Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиеи исаламшәҟәқәа хԥеи. Еиликаауазма ибзианы апостол Иоаннгьы ииашаҵәҟьоу ақьырсиантә гәрахаҵара иаанаго, иара иаԥхьа Анцәа идоуҳала уи иазкны изыҩуаз реиԥш? Ҳәарада, избанзар иара егьырҭ раасҭа еиҳа лассы-лассы ихы иаирхәон зны-зынла «агәрахаҵара аарԥшра» ҳәа еиҭарго абырзен ҟаҵарба.

10 Иоанн иҩуан: «Аԥа дхазҵауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара имоуп; Аԥа дазхазымҵаз бзазара имам, Анцәа ила лахь имоуп» (Иоанн 3:36). Ақьырсиантә гәрахаҵара Иисус иԥҟарақәа рықәныҟәара иадҳәалоуп. Иоанн лассы-лассы Иисус иажәақәа ааигон, урҭ иаадырԥшуеит еснагь агәрахаҵара ааҳарԥшлар шҳахәҭоу (Иоанн 3:16; 6:29, 40; 11:25, 26; 14:1, 12).

11. Ишԥаҳалшо аҵабырг ахьаҳдыруа азы Анцәа иахь аџьшьара ааҳарԥшыр?

11 Ҳара Иегова даараӡа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала аҵабырг ахьҳзааиртыз, насгьы ажәабжь бзиахь агәрахаҵара аарԥшразы алшара ахьҳаиҭаз азы! (Уаԥхьа Лука 10:21.) Иегова Иԥа, «агәрахаҵара аԥызаҩ-анагӡаҩ», ила иара иахь ҳахьааиԥхьаз азы аџьшьара аарԥшра даара ихадоуп (Аур. 12:2). Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара ааҳарԥшыр ҳалшоит Анцәа ҳиҳәо, насгьы Иажәа ҭҵаауа анаҩсгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәозар (Еф. 6:18; 1 Пиотр 2:2).

Алшара шшәоулак ажәабжь бзиа еиҭаҳәо, агәрахаҵара аашәырԥшла (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ишԥаҳалшо агәрахаҵара ааҳарԥшлар?

12 Ҳара Иегова иқәыргәыӷрақәа рыгәра шаҳго еснагь ҳусқәа рыла иааҳарԥшлар ауп. Уи азы имаҷымкәа алшарақәа ҳамоуп. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит еснагь Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи. Иара убас даара ихадоуп зегьы абзиара рзыҟаҵара, «ҳагәрагара ҳацеиҩызшо ҳашьцәа ракәзар — урҭ еиҳагьы ҳацԥыҳәаны» (Гал. 6:10). Уи адагьы, «ажәытә уаҩ иус-ҳәыс, ишәыз дрызныжьны», Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирԥырхагахар алшо аусқәа ҳҽырцәаҳахьчалар ауп (Кәал. 3:5, 8—10).

АНЦӘА ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА ИШЬҬАҲҴО АШЬАҬА ИАХӘҬАКУП

13. Шаҟа ихадоузеи Анцәа иахь агәрахаҵара, изыҿҳарԥшыр ҳалшозеи уи, насгьы избан?

13 Абиблиаҿы иануп: «Гәрахаҵарада Анцәа уигәаԥхартә аиԥш аҽыҟаҵара — изымуа усуп, избанзар Уи иахь зхы зырхо дарбанзаалакь, Анцәа дшыҟоу хаиҵозароуп; гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху ракәзар, урҭ зегьы Иара џьшьара риҭоит» (Аур. 11:6). Анцәа Иажәа ишаҳнарбо еиԥш, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зегь раԥхьа иргыланы «Анцәа игәрахаҵара» рымазар ауп, уи аҩны ашьаҭа иаҿурԥшыр алшоит (Аур. 6:1). Аха ақьырсиан Анцәеи иареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа имазарц, насгьы уи аиҩызара ицәымӡырц азы, агәрахаҵара адагьы егьырҭ аҟазшьақәа имазар ауп. (Уаԥхьа 2 Пиотр 1:5—7; Иуда 20, 21).

14, 15. Иаҳҳәар ҳалшозеи агәрахаҵара иазкны, абзиабара иаҿҳарԥшуазар?

14 Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа зыҩуаз агәрахаҵара шаҟа ихадоу аадырԥшырц азы, уи аӡбахә егьырҭ аҟазшьақәа раасҭа еиҳа лассы-лассы иалацәажәон. Иаанагома уи агәрахаҵара зегь раасҭа ихадоу қьырсиантә ҟазшьоуп ҳәа?

15 Агәрахаҵареи абзиабареи рыӡбахә ҳәо, Павел иҩит: «Ашьхақәа неиҭазга-ааиҭазгартә сыӷәӷәазааит, аха абзиабара сыламзар — сызлаҟақәоу зегьы башоуп, акгьы саԥсам» (1 Кор. 13:2). Иисус «иарбан ԥҟароу азакәан аҿы иреиҳау» ҳәа ианиазҵаа, иара еилыкка иҳәеит зегь раасҭа ихадоу Анцәа иахь абзиабара шакәу (Матф. 22:35—40). Ақьырсиантә ҟазшьақәа, агәрахаҵарагьы уахь иналаҵаны, абзиабара иамоу еиуеиԥшым аганқәа роуп. Абиблиаҿы иануп «абзиабара... зегьы рыгәра агоит» ҳәа. Абзиабара Анцәа Иажәаҿы ииҳәо зегьы агәра агоит (1 Кор. 13:4, 7).

16, 17. Иаажәга агәрахаҵареи абзиабареи Абиблиаҿы рыӡбахә шеицҳәо узырбо аҿырԥштәқәа. Иарбан урҭ рахьтә зегь реиҳа ихадоу, насгьы избан?

16 Агәрахаҵареи абзиабареи даара ихадоуп аҟынтә, Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы урҭ еицуԥылоит, лассы-лассы ҳәоук аҿы. Убас Павел иашьцәа «агәрахаҵареи абзиабареи ҳзыхьчо кәалӡҵас иаҳшәаҳҵап» ҳәа реиҳәон (1 Фес. 5:8). Пиотр иҩуан: «Шәара уи бзиа дыжәбоит, ахаан дшышәымбацгьы. Уажәы дшышәымбогьы, шәара иара иахь агәрахаҵара аашәырԥшуеит» (1 Пиотр 1:8, АдҾ). Иаков Анцәа идоуҳала иалху аишьцәа дразҵаауан: «Анцәа ари адунеи аҿы аӷарцәа ҳәа иԥхьаӡоугьы агәрахаҵара ду раҭәеимшьаӡеи, Иара бзиа дызбо зегьы зықәиргәыӷыз Аԥсҳара иақәимыргәыӷӡеи?» (Иак. 2:5). Иоанн иҩуан: «Уи [Анцәа] иуасиаҭ — Иара Иԥа Иисус Христос ихьӡ шазхаҳҵаша, Уи ихаҭа ишҳадиҵаз аиԥш аӡәи-аӡәи бзиа ҳшеибабаша ауп» (1 Иоанн 3:23).

17 Агәрахаҵара даара ихадоуп, аха ҳқьырсиантә гәыӷреи Анцәа иқәыргәыӷрақәеи шынаӡаз анаҳбалак, урҭ рахь агәрахаҵара уаҳа иаҳҭаххаӡом. Аха ҳара анаҩсгьы Анцәеи иаҳзааигәоуи рахь абзиабара ааҳарԥшлоит. Убри азоуп Павел изиҩуаз: «Уажәазы иаанхоит хадара злоу хԥа: агәрахаҵара, агәыӷра, абзиабара; убарҭ рыбжьарагьы абзиабара зегьы иреиҳауп, ихадоуп» (1 Кор. 13:13).

ИЕГОВА ҲАГӘРАХАҴАРА ДАЗЫЛԤХОИТ

18, 19. Иарбан џьашьахәу иалшахаз Анцәа ижәлар иаадырԥшуа агәрахаҵара абзоурала, насгьы иҟазҵада уи?

18 Иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа Иара ишьақәиргылаз Аҳра ахь агәрахаҵара аадырԥшуеит. Уи абзоурала адунеи зегь аҿы аа-миллионҩык инареиҳаны ауаа адоуҳатә џьанаҭ аҿы инхоит. Урҭ зегьы Анцәа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа еиздырҳауеит (Гал. 5:22, 23). Шаҟа џьашьахәыла дазылԥхазеи Иегова ҳқьырсиантә бзиабареи ҳагәрахаҵареи!

19 Ари аҩыза акзаара ҳара ҳакәӡам изыбзоуроу, аха Анцәа Иегова имч ауп. Уи «Иегова ахьӡ-аԥша изаанагоит, насгьы наӡаӡа иҟазаауа дыргахоит» (Ис. [Ис.] 55:13). Ииашаҵәҟьаны, «агәрахаҵара иабзоураны» ҳахьеиқәырхоу Анцәа иахьтә иҳауз ҳамҭоуп (Еф. 2:8). Ҳдоуҳатә џьанаҭ аҳәаақәа еиҳа-еиҳа рыҽдырҭбаалоит, аҵыхәтәаны адгьыл зегьы иахыҵәоит, уа инаӡоу, ииашоу, насыԥ змоу ауаа Иегова ихьӡ наӡаӡа идырҽхәалоит. Шәааи анаҩсгьы Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара ааҳарԥшлап!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра