Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 август ад. 26—28
  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АГӘРАХАҴАРА?
  • АГӘРАХАҴАРА ҲАМАЗАРЦ АЗЫ АҴАБЫРГ АХӘ ҲШЬАЛАРОУП
  • ДАВИД АГӘРАХАҴАРА ӶӘӶӘА ШЕИЗИРҲАЗ
  • ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛАР ШШӘЫЛШО
  • ИИСУС ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • «ИԤШЬОУ ШӘЫГӘРАХАҴАРА АЛА» ШӘЫҼШӘЫРӶӘӶӘАЛА
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иегова зыхә ишьо аҟазшьақәа еизырҳала. Агәрахаҵара
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 август ад. 26—28

Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп

  • АБЗИАБАРА

  • АГӘЫРӶЬАРА

  • АҬЫНЧРА

  • АЧҲАРА

  • АРАЗРА

  • АГӘЫҲАЛАЛРА

  • АГӘРАХАҴАРА

  • АХААРА-ҞӘЫМШӘЫШӘРА

  • АҼЫНКЫЛАРА

АГӘРАХАҴАРАa амч ду амоуп. Аҩсҭаа доуҳала ҳаишьыр иҭахуп, аха агәрахаҵара ҳацхраауеит амца зку ихәымпалқәа рырцәара (Еф. 6:16). Агәрахаҵара абзоурала ҳара иҳалшоит ашьхақәа реиԥш идуу ауадаҩрақәа риааира. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Баџ жәлацк иаҟароу ахаҵара шәыманы ашьха „абрахьынтә абнахь уеиҭаҵ“ ҳәа азышәҳәар, иеиҭаҵуеит» (Матф. 17:20). Ҳара иаҳҭахуп ҳагәрахаҵара амч ҳнаҭаларц, убри аҟынтә абарҭ азҵаарақәа еилҳаргар бзиоуп: изакәызеи агәрахаҵара? Ишԥаныруеи ҳгәы аҭагылазаашьа ҳагәрахаҵара? Ишԥаҳалшо ҳагәрахаҵара арӷәӷәара? Насгьы захь иааҳарԥшлар ҳахәҭада агәрахаҵара? (Рим. 4:3).

ИЗАКӘЫЗЕИ АГӘРАХАҴАРА?

Агәрахаҵара иаанаго Абиблиа иану шҵабыргу адырреи уи агәра агареи мацара акәӡам, «аҩысҭаацәагьы ахаҵара рымоуп [Анцәа дшыҟоу], иагьшәаӡыӡоит» (Иак. 2:19). Нас изакәызеи агәрахаҵара?

Ҳара амши аҵхи еснагь ишыҟазаало агәра шаҳго еиԥш, Анцәа иажәа шынаигӡо агәра ҳгоит

Абиблиа излаҳәо ала, агәрахаҵара ҩ-ганк амоуп. Актәи, «агәрахаҵара — ари узықәгәыӷуа хымԥада ишыҟало агәра узырго ауп» (Аур. 11:1а, АдҾ). Шәара агәрахаҵара шәымазар, Иегова ииҳәо зегь шиашоу, насгьы хымԥада ишынаӡо агәра жәгалоит. Абар Иегова Израильаа иреиҳәаз: «Амши аҵхи ианаамҭоу рҽырымԥсахларц азы амш иазку сеиқәшаҳаҭреи аҵх иазку сеиқәшаҳаҭреи реилагара шәылшозҭгьы, убасҟан смаҵзуҩы Давиди сареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрагьы аилагара алшон» (Иер. 33:20, 21). Шәшәоума шәара мышкызны амра агылареи аҭашәареи иаҟәыҵыр, насгьы амши аҵхи уаҳа иҟамлар ҳәа? Ҳәарада, мап! Шәара амра есыҽны ишгылало, насгьы ишҭашәало агәра ганы шәыҟазар, иаԥсоума нас абри зегь Зшаз иқәыргәыӷрақәа наигӡом ҳәа ашәара? (Ис. 55:10, 11; Матф. 5:18).

Аҩбатәи, агәрахаҵара ари «зыгәра уго шубарҭамгьы, уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп» (Аур. 11:1б, АдҾ). Абар уи аилкаара иҳацхраауа ҿырԥштәык. Иаҳҳәап, ахәыҷы дшәазҵаауеит: «Иабантәиудыруеи аҳауа шыҟоу?» Шәара аҳауа ахаангьы ишышәымбацгьы, уи шыҟоу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа ахәыҷы изаажәгар шәылшоит. Иаҳҳәап, ҳара зегьы ҳаԥсыԥ лаҳгаҩаҳгоит, аԥша шасуа ҳбоит, уҳәа убас иҵегьы. Арҭ ашьақәырӷәӷәарақәа ахәыҷы ицхраар алшоит аҳауа шыҟоу агәра агара, уи шиимбогьы. Убас еиԥш агәрахаҵарагьы ашьақәырӷәӷәарақәа амоуп (Рим. 1:20).

АГӘРАХАҴАРА ҲАМАЗАРЦ АЗЫ АҴАБЫРГ АХӘ ҲШЬАЛАРОУП

Агәрахаҵара шьаҭас иамоу ашьақәырӷәӷәарақәа роуп, убри аҟынтә ауаҩы агәрахаҵара еизирҳарц азы ииашоу адыррақәа имазар ихәҭоуп (1 Тим. 2:4). Аха уи мацара азхом. Апостол Павел иҩуан: «Агәрахаҵара гәыла-ԥсыла иаадырԥшуеит» (Рим. 10:10, АдҾ). Аҵабырг адырра мацара азхаӡом, уи ахә шьалатәуп. Убасҟан ауп ауаҩы агәрахаҵара аарԥшра даналаго, даҽакала иаҳҳәозар, Анцәа ишиҭаху анхара (Иак. 2:20). Гәык-ԥсыкала аҵабырг ахә зымшьо ауаҩы еилыкка иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәагьы мап рцәикыр алшоит, избанзар игәаанагара аԥсахра иҭахӡам, мамзаргьы ишиҭаху дынхаларц иҭахуп (2 Пиотр 3:3, 4; Иуда 18). Убри азоуп абиблиатә аамҭақәа раан инхоз, насгьы зыблала аџьашьахәқәа збоз рҟынтә шьоукы агәрахаҵара зеиздмырҳаз (Ахыԥхь. 14:11; Иоанн 12:37). Аҵабырг ахә зшьо рымацара роуп иԥшьоу адоуҳа агәрахаҵара аизырҳара изыцхраауа (Гал. 5:22; 2 Фес. 2:10, 11).

ДАВИД АГӘРАХАҴАРА ӶӘӶӘА ШЕИЗИРҲАЗ

Агәрахаҵара ӷәӷәа змаз дреиуан аҳ Давид (Аур. 11:32, 33). Аха Давид иҭаацәараҿы агәрахаҵара ӷәӷәа зегьы ирымамызт. Иаҳҳәап, зны Давид иашьеиҳаб Елиав иааирԥшит Иегова ижәлар реиқәырхара шилшо агәра шимгоз. Ишԥа? Иара Давид диқәыцәҟьеит, уи Голиаф Анцәа ижәлар дахьырхыччоз игәы иахьалаз азы (1 Сам. 17:26—28). Аӡәымзар-аӡәгьы агәрахаҵара шилоу диӡом, насгьы иҭаацәа рҟынтә уи иҭынхаӡом. Ус анакәха, Давид агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара ицхрааз Анцәеи иареи ирыбжьаз аиҩызара ауп.

27-тәи Аԥсалом аҿы Давид иҳәеит уи аҩыза агәрахаҵара аизырҳара ицхрааз закәыз (ажәеин. 1). Иара иԥсҭазаараҿы иҟаз ахҭысқәа дрызхәыцуан, насгьы иаӷацәа Иегова ирзиуаз ихашҭуамызт (ажәеин. 2, 3). Иара Иегова иахьимҵахырхәоз ақьала ахә ҳаракны ишьон (ажәеин. 4). Давид иҩызцәа дрывагыланы иԥшьоу ақьалаҿы Иегова димҵахырхәон (ажәеин. 6). Иара гәык-ԥсыкала Иегова диҳәон (ажәеин. 7, 8). Давид Иегова иҿы аҵара иҵаларц иҭахын (ажәеин. 11). Давид агәрахаҵара ахә даараӡа ишьон, иара иҳәеит: «Сабаҟалоз сара агәрахаҵара аасмырԥшуазҭгьы?» (ажәеин. 13, Адунеи ҿыц аиҭага, 2013, англ.).

ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛАР ШШӘЫЛШО

Шәаргьы ишәылшоит Давид имаз агәрахаҵара аҩыза аизырҳара, 27-тәи Аԥсалом аҿы зыӡбахә иҳәоз агәазыҟашьеи ашьцыларақәеи иҿышәҵаар. Ииашоу адыррақәа рыда агәрахаҵара узеизырҳауам, убри аҟынтә Анцәа Иажәеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи ҭышәҵаацыԥхьаӡа, иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу уи аҟазшьа аизырҳара еиҳагьы ишәзымариахоит (Аԥсал. 1:2, 3). Иалшәхла аамҭа шәзыԥхьо шәазхәыцларц азы. Шәзыԥхьо шәаназхәыцуа, Иегова иахь ишәымоу аџьшьара еиҳагьы еизҳауеит. Иегова иахь ишәымоу аџьшьара еизҳацыԥхьаӡа, имаҵ ауразы ишәымоу агәаҳәара еизҳалоит. Уи шәгәазҭанаҵалоит аизарақәа рҭаара, насгьы ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аӡбахә ауаа рылаҳәара (Аур. 10:23—25). Иара убас агәрахаҵара ааҳарԥшуеит еснагь Анцәа ҳиҳәозар, насгьы ҳгәы каҳмыжьуазар (Лука 18:1—8). Убри аҟынтә ахаангьы Анцәа иҳәара шәаҟәымҵлан, насгьы еснагь дышшәеиҷаҳало агәра ганы шәыҟаз (1 Фес. 5:17; 1 Пиотр 5:7). Агәрахаҵара Анцәа дзыргәырӷьо аусқәа рыҟаҵара ҳгәазҭанаҵоит, урҭ аусқәа ҳагәрахаҵара дырӷәӷәоит (Иак. 2:22).

ИИСУС ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Анцәа дхашәҵала, Саргьы схашәҵала» (Иоанн 14:1). Ус анакәха, ҳара Иегова иахь адагьы, Иисус иахьгьы агәрахаҵара еизҳарҳалароуп. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара? Шәааи х-знеишьак еилҳаргап.

Иаанагозеи Иисус иахь агәрахаҵара аарԥшра?

Актәи, аҿыхратә ԥсхҭынҵара Анцәа хаҭала шәара ишышәзыҟаиҵаз агәра жәгала. Апостол Павел иҳәеит: «Сцәеижь Анцәа Иԥа игәрахаҵарала ауп ишеибарку, Уи сара бзиа сибеит, ихгьы сықәиҵеит» (Гал. 2:20). Иисус иахь агәрахаҵара аашәырԥшуазар, ус анакәха, шәара агәра жәгоит иԥсы хаҭала шәара ишшәыхҭниҵаз, Иисус иԥсхҭынҵара абзоурала Анцәа шәыгәнаҳақәа шшәанаижьуа, насгьы уи наӡаӡа анхаразы агәыӷра шышәнаҭо, иара убас Анцәа бзиа шәшибо шышьақәнарӷәӷәо (Рим. 8:32, 38, 39; Еф. 1:7). Уи иҽеим ацәаныррақәа аншәызцәырҵуа шәгәы шьҭнахлоит (2 Фес. 2:16, 17).

Аҩбатәи, Анцәа шәиҳәала, уи шәеиҩызара арӷәӷәоит. Уи алшара зыбзоуроу Иисус иԥсхҭынҵара ауп. Иисус иԥсхҭынҵара абзоурала ҳара иҳалшоит Анцәа иҳәара, усҟан ҳара ианаамҭоу Анцәа игәшаҭареи ҳзыԥсам ақьиареи ҳауеит (Аур. 4:15, 16; 10:19—22). Анцәаиҳәара ҳацхраауеит иҽеим агәазыҳәарақәа рҿагылара (Лука 22:40).

Ахԥатәи, Иисус шәизыӡырҩла. Апостол Иоанн иҩуан: «Аԥа дхазҵауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара имоуп; Аԥа дазхазымҵаз [«изымӡырҩуа», АдҾ] бзазара имам, Анцәа ила лахь имоуп» (Иоанн 3:36). Иазгәашәҭ Иоанн агәрахаҵареи амӡырҩреи шеиҿаиргылаз. Ус анакәха, Иисус шәанизыӡырҩуа, иара иахь агәрахаҵара аашәырԥшуеит. Шәара Иисус шәизыӡырҩуеит «Христос изакәанԥҟара», даҽакала иаҳҳәозар, иҵаҩцәа идирҵоз, насгьы ирыдиҵаз зегь анынашәыгӡо (Гал. 6:2). Иара убас шәара Иисус шәизыӡырҩуеит игәрагоу, иҟәышу атәы ила иҳаиҭо анапхгара шәанацныҟәо (Матф. 24:45). Иисус шәанизыӡырҩуа, ацәқәырԥа ӷәӷәақәа иреиԥшу ауадаҩрақәа рыхгара шәылшоит (Лука 6:47, 48).

«ИԤШЬОУ ШӘЫГӘРАХАҴАРА АЛА» ШӘЫҼШӘЫРӶӘӶӘАЛА

Зны, хаҵак Иисус абас изҿааиҭит: «Ихасҵоит, Иҳақәиҭу! исымоу ахамҵара уацхраа» (Марк 9:24). Иара маҷк ахаҵара иман, аха ахӡырымгара аарԥшны иҳәеит уи шизымхоз. Убри ахаҵа иеиԥш ҳара зегьы ҳаԥсҭазаараҿы еиҳаны агәрахаҵара ахьаҳҭаххо аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәалоит. Убри аҟынтә уажәнатә ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалар ауп. Ишеилаҳкааз еиԥш, уи азы Анцәа Иажәа ҭҵаалатәуп, иазхәыцлатәуп, уи Иегова иахь ҳаџьшьара еизнарҳауеит. Иара убас ҳагәрахаҵара ӷәӷәахалоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы Иегова ҳимҵахырхәозар, адунеи ҿыц шыҟало егьырҭ ирзеиҭаҳҳәозар, насгьы еснагь Анцәа ҳиҳәозар. Иԥшьоу ҳагәрахаҵара ала ҳаҽҳарӷәӷәалар, ҳара аҳамҭа ду ҳауеит — Анцәа ибзиабараҿы ҳаҟазаауеит (Иуда 20, 21, АдҾ).

a Ари астатиаҿы ҳхы иаҳархәоит аԥсышәала иҭыжьу Аҿатә Уасиаҭ аҟны Галаҭаа рахь 5:22 аҿы иаагоу ажәа «агәрагара» аҭыԥан, ажәа «агәрахаҵара».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра