Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/9 ад. 18—22
  • «Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз»
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ДЫШҲАЦХРААУА АГӘРА АГАРА
  • УЛАԤШ АҞӘУГАР, УГӘРАХАҴАРА УЦӘЫӠЫР АЛШОИТ
  • ИИСУС ШӘЫЛАԤШ ИҚӘКНЫ, ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иӷәӷәахома шәыгәрахаҵара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/9 ад. 18—22

«Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз»

«Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз... шәыӷәӷәаз» (1 КОР. 16:13).

АШӘАҚӘА: 60, 64

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан иӷәӷәоу агәрахаҵара ахә зыҳараку?

  • Ишԥалшо агәрахаҵара аԥсыҽхара ишалагаз аилкаара?

  • Избан ҳагәрахаҵара зыӷәӷәахо, Иисус ҳалаԥш иқәкзар?

1. а) Ихьзеи Пиотр Галилеиатәи амшын аҿы ацәқәырԥеисра ӷәӷәа аныҟаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Избан Пиотр аӡааҟәрылара дзалагаз?

ИХӘЛОУП. Галилеиатәи амшын ацәқәырԥақәа ӷәӷәала еисуеит. Апостол Пиотр, насгьы егьырҭ Христос иҵаҩцәа ашхәала амшын ихуп. Аԥша ӷәӷәа асуеит, дара цәгьала ашхәа ажәҩа аҵыршьуеит. Иаалырҟьаны игәарҭоит Иисус амшын дыхгыланы дара рахь дышнеиуа. Иқәиҭу иахь ихы нарханы, Пиотр диҳәоит аӡы дыхгыланы иара иахь днеирц. Ус уаҩ иимбац ак ҟалоит: Иисус Пиотр уааи ҳәа аниеиҳәа, уи ашхәа даақәҵын, ацәқәырԥақәа дрықәгыланы Иисус иахь дцоит! Аха ус Пиотр аӡааҟәрылара далагоит. Избан? Уи афырҭын аниба, дшәеит. Пиотр Иисус дицхраарц диҳәоит, егьи иаразнак инапы кны даашьҭихуеит, нас ус иҳәоит: «Гәрахаҵара змам уара! Агәыҩбара зуоузеи?» (Матф. 14:24—32).

2. Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?

2 Шәааи ҳазхәыцып Пиотр иҿырԥшы. Ҳара еилҳаргоит: 1) Пиотр Анцәа дышицхраауа ала раԥхьа агәра шиго шааирԥшыз; 2) избан игәрахаҵара зыԥсыҽхаз, насгьы 3) уи ҿыц арӷәӷәара ицхрааз. Арҭ азхәыцрақәа анеилҳаргалак, ҳара иаҳбоит ҳагәрахаҵараҿы ҳаӷәӷәаны ҳшаанхаша (1 Кор. 16:13).

АНЦӘА ДЫШҲАЦХРААУА АГӘРА АГАРА

3. Игәазҭазҵазеи Пиотр ашхәа аҭыҵра, ишԥаҟаҳҵеи ҳаргьы убри иеиԥшыз акы?

3 Ҳәарада, Пиотр ашхәа аҭыҵра игәазҭазҵаз имаз агәрахаҵароуп. Иисус Пиотр уааи ҳәа аниеиҳәа, уи аҵыхәтәанынӡа агәра ганы дыҟан Анцәа дышицхраауа, Иисус дышицхраауаз еиԥш. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова ҳҽизаҳкырц, насгьы ҳаҽӡааҳхырц ҳгәазҭазҵаз ҳагәрахаҵароуп. Иисус ҳааиԥхьеит, иҵаҩцәаны ҳҟаларц, насгьы ишьҭа ҳхыланы ҳцаларц. Уи азы ҳара Анцәеи Иисуси рахь агәрахаҵара ааҳарԥшыр акәын, иара убас ишҳацхраауа ала аҵыхәтәанынӡа агәра ҳгалар акәын (Иоан. 14:1; шәаԥхьа 1 Пиотр 2:21).

4, 5. Избан иӷәӷәоу агәрахаҵара ахә ҳаракуп ҳҳәар зҳалшо?

4 Ииашаҵәҟьаны, иӷәӷәоу агәрахаҵара — зыхә ҳараку мазароуп. Уи абзоурала Пиотр аӡы дыхгыланы ацара илшеит. Ҳаргьы убасҵәҟьа агәрахаҵара ҳамазар, ауаҩы ихәаԥшышьала зыҟаҵара алымшо ҳзыҟаҵоит (Матф. 21:21, 22). Иаҳҳәап, ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы убриаҟара ирыԥсахит рхәыцшьеи рышьцыларақәеи, уаанӡа издыруаз ирзымдыруа аҟынӡа. Урҭ рҩызцәа аԥсахрақәа рыҟаҵара ҳгәазҭанаҵеит Анцәа иахь иҳамоу агәрахаҵара ӷәӷәа. Иегова ҳҽазышәарақәагьы дырзылԥхеит. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:5—10.) Ҳагәрахаҵара Иегова ҳҽизаҳкырц ҳгәазҭанаҵеит, иара ҳаиҩызцәаны ҳҟалеит. Уи иара ицхыраарада ахаангьы иҳалшомызт (Ефес. 2:8).

5 Агәрахаҵара аҽӡаахра ашьҭахьгьы амч ҳнаҭоит. Уи ацхыраарала ҳара иҳалшоит ауаа раасҭа акырӡа иӷәӷәоу ҳаӷа, Аҩсҭаа, иҿагылара (Ефес. 6:16). Иара убас аамҭа хьанҭақәа раан агәрахаҵара агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраауеит. Агәрахаҵара аарԥшуа, Аҳра аинтересқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылозар, Иегова агәра ҳиргоит ҳматериалтә ҭахрақәа дышреиҷаҳало (Матф. 6:30—34). Уи инеиҳангьы, иааҳарԥшуа агәрахаҵара иабзоураны, ҳара иҳауеит ауаҩы егьа ҟаиҵаргьы ахаан имоуаз аҳамҭа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара (Иоан. 3:16).

УЛАԤШ АҞӘУГАР, УГӘРАХАҴАРА УЦӘЫӠЫР АЛШОИТ

6, 7. а) Изҿурԥшыр алшозеи Пиотр изку ахҭыс аҿы зыӡбахә ҳәоу ацәқәырԥақәеи аԥшеи? б) Избан ҳара ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар шалшо ҳхамышҭлар зҳахәҭоу?

6 Пиотр дзықәшәаз аԥша ӷәӷәеи ацәқәырԥақәеи иахьа ақьырсиантә мҩаҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ирҿҳарԥшыр ауеит. Аха шаҟа иаҳцәыцәгьазаалакгьы, Иегова ицхыраарала ҳара зегь ҳзыхгоит. Иаҳгәалаҳаршәап уи аӡааҟәрылара дзалагаз аԥша ӷәӷәеи ацәқәырԥа дуқәеи ирыхҟьаны шакәым. Матфеи 14:30 иануп: «Аԥша ӷәӷәа шасыз аниба, дшәеит». Пиотр илаԥш Иисус иҟәигеит, игәрахаҵарагьы ԥсыҽхеит. Ҳаргьы «аӡааҟәрылара» ҳалагар ауеит, инықәырԥшны иаҳҳәозар, афырҭын шаҟа иӷәӷәоу мыцхәы ҳазхәыцуазар, насгьы Иегова дышҳацхраауа аҵыхәтәанынӡа агәра агара ҳаҟәыҵыр.

7 Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳагәрахаҵарагьы ԥсыҽхар шалшо, избанзар Абиблиа иануп агәрахаҵара ацәыӡра — ари «зышьҭа ҳанхало агәнаҳарақәа» роуп ҳәа (Аур. 12:1). Пиотр иҿырԥшы иаҳнарбоит даҽакы ҳхы азаҳашьҭлар, ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар шауа. Ишԥеилкаатәу ҳагәрахаҵара ашәарҭара ишҭагылоу? Еилҳаргап ҳхы агәаҭара иҳацхраауа зҵаарақәак.

8. Изыхҟьар алшозеи Анцәа иқәыргәыӷрақәа уаанӡа еиԥш лабҿаба иҳамбозар?

8 Избома сара Иегова иқәыргәыӷрақәа лабҿаба, уаанӡа еиԥш? Иаҳҳәап, Иегова иахьатәи асистема шықәиго ҳақәиргәыӷит. Ицқьам ари адунеи еиуеиԥшым агәырҿыхагақәа ҳара ҳаднагалоит. Ҳхырхуама ҳара урҭ убриаҟара, Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡаҵәҟьо ала ҳагәрагара арԥсыҽыртә еиԥш? Агәыҩбара ҳазцәырҵыма ҳара ари адунеи аҵыхәтәа шааигәахо аганахь ала? (Авв. 2:3). Даҽа ҿырԥштәык: Анцәа ҳақәиргәыӷит аҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны ҳагәнаҳақәа шҳанаижьло. Аха уаанӡа иҟаҳҵаз ҳагхақәа мыцхәы ҳрызхәыцуазар, ҭаха ҳарымҭозар, ҳара Иегова ҳагәнаҳақәа зегьы шҳанаижьыз ала агәыҩбара ҳазцәырҵлар алшоит (Аус. 3:19). Уи Анцәа имаҵ аура иаҳнаҭо агәырӷьара ҳамнахыр ҟалоит, насгьы ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵыр ауеит.

9. Иҟалар алшозеи ҳхатә хықәкқәа мыцхәы ҳхы рзышьҭра ҳалагар?

9 Сҽаласырхәуама сара гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ аура уаанӡа еиԥш? Апостол Павел иҩуан Иегова изы ҳгәақәкны аџьабаа ҳбозар, ҳгәыӷрақәа шынагӡахо ала агәрагара ааҳарԥшлоит ҳәа. Аха иҟалозеи, ҳара ҳхатә хықәкқәа мацара ҳхы рзаҳашьҭлар? Иаҳҳәап, аԥара рацәаны иахьыршәо, аха инагӡаны Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахо аусура ҳақәшаҳаҭхар? Ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар ауеит, насгьы ҳаашьаны Иегова изы ҳҭагылазаашьақәа иҳалдыршо аасҭа еиҵаны аҟаҵара ҳалагар алшоит (Аур. 6:10—12).

10. Ишԥааԥшуеи Иегова иахь иҳамоу агәрахаҵара, егьырҭ ианранаҳажьуа?

10 Исцәыцәгьоума сара сандыргәаауа анажьра? Аӡәы иаҳгәамԥхо ак аныҟаиҵо, мамзаргьы ҳаниргәаауа, ҳара ҳцәаныррақәа мыцхәы ҳрызхәыцуазар алшоит. Усҟан ҳара ҳзыргәааз ҳгәы иҭоу зегь иаҳҳәар ҳҭаххар ауеит, мамзаргьы зынӡаск иацәажәара ҳаҟәыҵыр. Ианранаҳажьуа, ҳара Иегова иахь агәрахаҵара ааҳарԥшуеит. Ишԥа? Ҳара ҳганахь ала агәнаҳа ҟазҵаз ҳуал зқәу ракәхоит, агәнаҳа аныҟаҳҵо ҳаргьы Анцәа иуал зқәу шҳакәхо еиԥш (Лука 11:4). Егьырҭ ианранаҳажьуа, ҳара иааҳарԥшуеит Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыхьчара еиҳа ишхадоу, иаҳзыруз ацынхәра рзура аасҭа. Иисус иҵаҩцәагьы еилыркаауан егьырҭ ранажьразы агәрахаҵара умазар шакәу. Иара иапостолцәа дара рганахь алагьы изныкымкәа агәнаҳа ҟазҵо иранарыжьларц анреиҳәа, урҭ ус рҳәеит: «Ҳхаҵара иазырҳа» (Лука 17:1—5).

11. Иаҳԥырхагахар алшозеи Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара аурок алкаара?

11 Сгәамҵуама сара, Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара ансырҭо? Алабжьара аҟынтә аурок алкаара аҭыԥан, ҳара изҳәаз играқәа, насгьы уи ишиҳәаз еиҳа ҳхы азаҳашьҭуазар ауеит (Ажәам. 19:20). Усҟан ҳара Иегова ихәыцшьа аҿыԥшразы алшара ҳаҩҳажьыр ҳалшон.

12. Ишьақәнарӷәӷәозеи ауаҩы Иегова иара ижәлар реиҷаҳара здиҵаз рахь дааҟәымҵӡакәа агәынамӡара ааирԥшуазар?

12 Сыгәрымуама сара аизараҿы аҭакԥхықәра змоу аишьцәа рганахь ала? Израильаа жәаҩык аԥшыхәыҩцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл иҽеимкәа иахырҳәааз рхы аназырышьҭ, урҭ Моисеи Аарони рахь игәрымуа иалагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Моисеи диазҵааит: «Шаҟа аамҭа патуқәҵарада исызныҟәалозеи сара ари ажәлар?» (Ахыԥхь. 14:2—4, 11). Ишаҳбо еиԥш, израильаа рыгәрымра Анцәа иахь рыгәрахаҵара шмаҷыз шьақәнарӷәӷәон, избанзар иара иоуп Моисеи Аарони урҭ ирхазыргылаз. Убасҵәҟьагьы, ҳара Анцәа иара ижәлар реиҷаҳара здиҵаз рахь ҳааҟәымҵӡакәа агәынамӡара ааҳарԥшуазар, иаанамгаӡои уи ҳагәрахаҵара ԥсыҽхеит ҳәа?

13. Избан агәкажьра изаԥсам, ҳагәрахаҵара џьара ишыԥсыҽхаз ҳбозар?

13 Арҭ азҵаарақәа рыла шәхы ангәашәҭоз, шәыгәрахаҵара џьара ишыԥсыҽхаз жәбазар, агәкажьра иаԥсам. Ҳара иаҳгәалашәоит Пиотр дшапостолызгьы зны-зынла ашәареи агәыҩбареи шизцәырҵуаз. Зны-зынла Иисус апостолцәа зегьы агәрахаҵара шәыцәмаҷуп ҳәа реиҳәон (Матф. 16:8). Аха Пиотр ихҭыс аҟынтәи ҳара аурок бзиа алҳкаар ҳалшоит. Ҳахәаԥшып игәрахаҵара анԥсыҽха, нас аӡааҟәрылара даналага ашьҭахь иҟаиҵаз.

ИИСУС ШӘЫЛАԤШ ИҚӘКНЫ, ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА

14, 15. а) Иҟаиҵазеи Пиотр аӡааҟәрылара даналага? б) Ишԥаҳалшо ҳара Иисус ҳалаԥш иқәаҳкыр, лабҿаба дшаҳамбогьы?

14 Пиотр афырҭын аниба, насгьы аӡааҟәрылара даналага, илшон ашхәахь ихала дхынҳәырц иҽазишәар. Иҟалап уи џьашьатәымызҭгьы, избанзар иара аӡсашьа бзианы идыруан (Иоан. 21:7). Аха Пиотр ихы дақәгәыӷӡомызт, илаԥш Иисус иқәкны, ицхыраара идикылеит. Ҳагәрахаҵара шыԥсыҽхаз ҳбозар, ҳара Пиотр ҳаиҿыԥшлар ауп. Аха ишԥаҳалшо ҳара уи аҟаҵара?

15 Пиотр Иисус ицхыраара дшаҳәаз еиԥш, ҳаргьы «агәрахаҵара аԥызаҩ-анагӡаҩ Иисус» ҳалаԥш иқәкызар ауп. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:2, 3.) Ҳәарада, Пиотр Иисус лабҿаба дшибоз еиԥш ҳара дҳазбаӡом. Аха ҳара иҳалшоит ҳалаԥш иқәаҳкыр, идирҵоз, насгьы ихы шымҩаԥигоз ҭаҳҵаауазар, анаҩс ишьҭа ҳхыланы ҳцозар. Шәааи еилҳаргап Иисус иҿыԥшра иҳацхраауа лабжьарақәак. Урҭ ҳхы иаҳархәар, ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит.

Иисус ҳалаԥш иқәаҳкуазар, насгьы ишьҭра ҳхыланы ҳцозар, ҳара гәрахаҵарала ӷәӷәала ҳгылазаалоит (Шәахәаԥш абзац 15.)

16. Ишԥалшо Абиблиа аҵара ҳагәрахаҵара арӷәӷәар?

16 Абиблиахь шәыгәрагара шәырӷәӷәала. Иисус агәра ганы дыҟан Анцәа Иажәаҿы иану амҩақәҵарақәа зегьы ишреиӷьу (Иоан. 17:17). Иисус игәазыҟашьа ҳаҿыԥшуа, ҳара есыҽны Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи ҳахәҭоуп, насгьы еилаҳкааз ҳазхәыцлар ауп. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара анымҩаԥаҳго, азҵаарақәа ҳазцәырҵлар ауеит. Убри аҟынтә урҭ рҭак ҳаԥшаарц азы, инарҵауланы иҭҵаалатәуп. Иаҳҳәап, ҳара еилҳаргар ҳалшоит аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳшынхо узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Уи ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа шааигәоу еиҳа агәра ҳнаргоит. Иара убас зхыԥхьаӡара рацәоу инаӡахьоу аԥааимбаражәақәа рыҭҵаара абиблиатә қәыргәыӷрақәа рахь ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит. Абиблиа ахәарҭа шамоу ала шәыгәрагара еизшәырҳала, уи абзоурала зыԥсҭазаара еиӷьхаз ауаа рҿырԥшы шәазхәыцуа (1 Фес. 2:13)a.

17. Излаилшазеи Иисус аԥышәара ӷәӷәақәа рыхгара, насгьы ишԥаҳалшо ҳара иара иҿыԥшра?

17 Иегова ҳзықәиргәыӷуа азылԥхарақәа шәрызхәыцла. Иисус «иаҭәаз агәырӷьара» еснагь игәалашәон. Уи ицхраауан аԥышәара ӷәӷәақәа дышрықәшәозгьы, Анцәа дизиашаны аанхара (Аур. 12:2). Иара адунеи иднагалоз ахаангьы дыхнахуамызт (Матф. 4:8—10). Шәара Иисус шәиҿыԥшлар шәылшоит, Иегова иҳаиҭо зеиԥшыҟам иқәыргәыӷрақәа шәрызхәыцуа. Урҭ шәхаҿы иаажәгала. Ианышәҵа, мамзаргьы иҭышәх Анцәа ицқьам ари адунеи анықәигалак, џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара шыжәбо. Еиқәшәыршәа зыԥсы аҭалара еиҳарак шәыззыԥшу ауаа рсиа, насгьы ианышәҵа ирашәҳәарц, мамзаргьы дара ишәзеиҭарҳәарц ишәҭаху. Шәазхәыц арҭ ақәыргәыӷрақәа ауаа зегьы рзы мацара акәымкәа, хаҭала шәара шәзы иаа́наго.

18. Ишԥаҳалшо анцәаиҳәара ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәар?

18 Анцәа шәиҳәала, шәыгәрахаҵара еизирҳарц азы. Иисус иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа иаҳәаларц дирҵон (Лука 11:9, 13). Убас ҟаҵо, Иегова шәиҳәала шәыгәрахаҵара еизирҳарц азы, избанзар агәрахаҵара — ари иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоуп. Шәыҳәарақәа рҿы инҭкааны ишәҭаху иашәҳәала. Иаҳҳәап, шәара агәаара шәылазар, шәыгәрахаҵара ирӷәӷәарц, насгьы анажьра еиҳа ишәзымариахарц шәиҳәала.

19. Иарбан ҩызцәоу ҳара иҳаԥшаалар ҳахәҭоу?

19 Зыгәрахаҵара ӷәӷәоу шәрыҿцәажәала. Иисус аҩызцәа аналихуаз, даараӡа азҿлымҳара ааирԥшуан, еиҳарак иааигәаны дзыҿцәажәоз рыбжьара. Иара даараӡа изааигәаз иҩызцәа, апостолцәа рыгәрахаҵареи рызиашареи злашьақәдырӷәӷәаз идҵақәа рахь азыӡырҩра ахьаадырԥшуаз алоуп. (Шәаԥхьа Иоанн 15:14, 15.) Убри аҟынтә Иисус иахь агәрахаҵара аазырԥшуа, насгьы иԥҟарақәа назыгӡо рыбжьара аҩызцәа шәыԥшаала. Ишәхашәмыршҭын, аҩызцәа бзиақәа гәаартыла еицәажәоит, насгьы ианаҭаху алабжьарақәа рибаҭоит (Ажәам. 27:9).

20. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго, егьырҭ рыгәрахаҵара ҳарӷәӷәозар?

20 Егьырҭ шәрыцхраала рыгәрахаҵара дырӷәӷәаларц. Иисус иҵаҩцәа ажәалеи услеи ирӷәӷәон (Мар. 11:20—24). Ҳара иара ҳаиҿыԥшлар ауп, избанзар егьырҭ рыгәрахаҵара анҳарӷәӷәо, ҳагәрахаҵарагьы ҳарӷәӷәоит (Ажәам. 11:25). Егьырҭ ажәабжь анрашәҳәо, насгьы абиблиатә ҵара анымҩаԥыжәго, Анцәа дшыҟаҵәҟьоу, ҳара дышҳаиҷаҳауа, насгьы Абиблиа иара идоуҳала иҩу Иажәа шакәу ашьақәырӷәӷәарақәа аажәгала. Иара убас шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәрыцхраала. Шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо аӡәы агәыҩбара шизцәырҵыз жәбазар, иаҳҳәап, аҭакԥхықәра змоу аишьцәа рахь дыгәрымуа далагазар, иаԥсахомызт уи ауаҩ иаразнак дтәымаҳшьар. Аҳаҭырбара аарԥшны, игәрахаҵара ҿыц изырӷәӷәаша акы дазхьашәырԥш (Иуда 22, 23). Шәара ашкол шәҭазар, насгьы аурок аҿы аеволиуциа атеориа иалацәажәозар, гәымшәарыла адунеи Анцәа ишишаз ала шәыгәрахаҵара шәадгылаз. Иҟалап уи иаанаго алҵшәа бзиақәа џьашәшьар!

21. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова ҳара зегьы хаҭала?

21 Иисус ила Анцәа Пиотр дицхрааит ашәареи агәыҩбареи дыриааирц, насгьы раԥхьатәи ақьырсианцәа рзы дҿырԥш бзианы дҟаларц. Убас еиԥш Иегова ҳара зегьы ҳагәрахаҵара арӷәӷәара дҳацхраауеит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:9, 10.) Шәааи анаҩсгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап, избанзар уи иарбанзаалак ҳҽазышәарақәа зегьы ирыԥсоуп!

a Иаҳҳәап, аларҵәаразы аҭыжьымҭаҿы шәрыхәаԥш арубрика «Абиблиа аԥсҭазаара аԥсахуеит» аҟынтә астатиақәа, (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра