Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ноиабр ад. 20—25
  • Иӷәӷәахома шәыгәрахаҵара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иӷәӷәахома шәыгәрахаҵара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘРА ЖӘГОМА АНЦӘА ЗДА ԤСЫХӘА ШӘЫМАМ ШШӘИҬО?
  • «АФЫРҬЫН ӶӘӶӘА» ҲХАҲГАРЦ АЗЫ АГӘРАХАҴАРА ҲҬАХУП
  • АИАШАМРА ҲАНАҚӘШӘО АГӘРАХАҴАРА ҲҬАХУП
  • АГӘРА ЖӘГОМА АУАДАҨРАҚӘА ЗЕГЬ РИААИРА ШШӘЫЛШО?
  • «ҲХАҴАРА ИАЗЫРҲА»
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ноиабр ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47

Иӷәӷәахома шәыгәрахаҵара?

«Гәҭаӡыӡара шәзымдыруаз. Анцәа дхашәҵала, Саргьы схашәҵала» (ИОАНН 14:1).

АШӘА 119 Ҳара ахаҵара ҳамазароуп

АХҲӘААa

1. Ишәызцәырызгар алшозеи агәҭынчымра?

ИШӘЫЗЦӘЫРҴУАМА агәҭынчымра аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа шәанрызхәыцуа — амцдинхаҵарақәа рықәгара, Магог аҟынтә Гог иқәылара, насгьы аибашьра Армагеддон? Урҭ аамҭақәа рзы Иегова иахь шәыгәрахаҵара шәзымыхьчар ҳәа шәшәома? Урҭ рҩызцәа ахәыцрақәа зныкыр ишәызцәырҵхьазар, ари астатиа шәара ишәызкуп. Ҳара еилҳаргоит ари астатиа иазалху ажәеинраалаҿы иаагоу Иисус иажәақәа: «Гәҭаӡыӡара шәзымдыруаз. Анцәа дхашәҵала, Саргьы схашәҵала» (Иоанн 14:1). Агәрахаҵара ӷәӷәа гәымшәарыла ԥхьаҟа аԥшра иҳацхраауеит.

2. Ишԥаҳалшо ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәар, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәарц, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа ҳхаҳгарц азы, иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳшырзыҟоу ҳазхәыцроуп. Уи агәрахаҵара ахьаҳзымхо аилкаара иҳацхраауеит. Аԥышәарақәа ҳхаҳгацыԥхьаӡа ҳагәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. Убас аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа ҳҽырзыҟаҳҵоит. Иисус иҵаҩцәа рыԥсҭазаараҿгьы агәрахаҵара шырзымхоз аазырԥшуаз аҭагылазаашьақәа ыҟан. Ари астатиаҿы урҭ иреиԥшу ԥшь-ҭагылазаашьак еилҳаргоит, насгьы еилаҳкаауеит убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳшырзыҟанаҵо.

АГӘРА ЖӘГОМА АНЦӘА ЗДА ԤСЫХӘА ШӘЫМАМ ШШӘИҬО?

Агәрахаҵара ҳацхраауеит Анцәа Иаҳра ҳаԥсҭазаара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара, амамзаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа анҳамоугьы. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3—6.)

3. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо агәрахаҵара, Матфеи 6:30, 33 иану Иисус иажәақәа инарықәыршәаны?

3 Аҭаацәара ахадацәа зегьы рыҳәсеи рхәыҷқәеи зда ԥсыхәа ыҟам рымазарц рҭахуп: афатәи, ашәҵатәи, анхарҭа ҭыԥи. Аха иахьатәи аамҭазы уи мариамзар алшоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы русурҭа ҭыԥқәа рцәыӡит. Урҭ даҽа усурҭак ишашьҭоугьы, ирзыԥшааӡом. Егьырҭ русура абиблиатә принципқәа иахьырҿагылоз азы мап ацәыркыр акәхеит. Арҭ аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы Иегова ҳҭаацәарақәа дышреиҷаҳауа ала агәрахаҵара ӷәӷәа аҭахуп. Иисус уи иалкааны иазгәеиҭеит ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы. (Шәаԥхьа Матфеи 6:30, 33.) Иегова ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар зегь раасҭа ихадоу, Анцәа Иаҳра аус, ҳхы азаҳашьҭуеит. Иегова ҳҭахрақәа дышреиҷаҳауа анаҳбо еиҳагьы ҳаизааигәахоит, ҳагәрахаҵарагьы ӷәӷәахоит.

4, 5. Ирыцхраазеи ҭаацәарак аԥара ахьырзымхоз иахҟьаны ирымаз агәҭынчымрақәа риааира?

4 Ҳахәаԥшып Венесуела инхо ҭаацәарак Иегова дышрыцхрааз аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ирымаз агәҭынчымрақәа риааира. Уаанӡа Мигель Кастроb иҭаацәара ныҟәигон имаз аферма инаҭоз ахәыҷала. Аха нас бџьарла еибыҭаз ацәгьаҟаҵаҩцәа ааны, иҭаацәеи иареи рыҩны идәылырцеит, рыдгьылгьы рымырхит. Мигель иҳәоит: «Уажәы ҳара ахә зхаҳшәаауа дгьыл хәыҷык аҿы иааҳрыхуа ала ҳхы ныҟәаҳгоит. Есышьыжь сара Иегова сиҳәоит иахьа зда ԥсыхәа ҳамам ҳаиҭарц азы». Урҭ аҭаацәара рыԥсҭазаара мариам, аха дара бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иқәгәыӷуеит, насгьы ишаанимыжьуа агәра ганы иҟоуп. Уи Кастро иҭаацәара ирыцхраауеит аизарақәа рыбжьамыжьреи, ажәабжьҳәара аҽалархәреи. Дара рыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра зегь раасҭа ихадоуп, убри аҟынтә Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь риҭоит.

5 Ауадаҩрақәа шрымоугьы Мигель иԥҳәыс Иураии иареи Иегова дышреиҷаҳауа рхы азырышьҭуеит. Зны-зынла Иегова уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла иҟаиҵоит. Урҭ Мигель ак ицеиҩыршоит, ма инаало аусурҭа ҭыԥ аԥшаара ицхраауеит. Зны-зынла Иегова урҭ дреиҷаҳауеит афилиал иҟанаҵо агуманитартә цхыраарала. Иегова есымша рааигәара дыҟоуп, насгьы дара ирбоит уи абзоурала рыгәрахаҵара шыӷәӷәахо. Иегова дышрыцхраауа узырбоз хҭыск анеиҭалҳәоз рыԥҳеиҳаб Иоселин илҳәеит: «Иегова дҳаиҷаҳауеит. Уи угәаҵанӡа инеиуеит! Сара избоит Иегова сзықәгәыӷыр сылшо сҩыза шиакәу. Ҳҭаацәара зықәшәаз ауадаҩрақәа ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу еиҳа ихьанҭоу аԥышәарақәа ҳарзыҟанаҵоит».

6. Ишԥашәылшо шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәалар амамзаара шәанаргәаҟуа?

6 Шәара шәҭаацәара амамзаара иаргәаҟуазар, уи шәгәы канажьуазар алшоит. Шәҭагылазаашьақәа иагьа ицәгьазаргьы шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәалар шәылшоит. Иегова шәиҳәала Матфеи 6:25—34 иану Иисус иажәақәа рызхәыцра дшәыцхраарц. Шәазхәыцла зхы иамеигӡакәа Аҳра аус зҽалазырхәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дышреиҷаҳауа (1 Кор. 15:58). Жәҩантәи Шәаб ишәымоу ауадаҩрақәа рҩызцәа змоу дрыцхраазар, шәаргьы дшәыцхраауеит. Иегова ишәыгу, насгьы уи шшәиҭаша идыруеит. Иара дышшәыцхраауа аныжәбо шәыгәрахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы шәаԥхьаҟа ишәзыԥшу еиҳа ицәгьоу аԥышәарақәа шәырзыҟанаҵоит (Авв. 3:17, 18).

«АФЫРҬЫН ӶӘӶӘА» ҲХАҲГАРЦ АЗЫ АГӘРАХАҴАРА ҲҬАХУП

Агәрахаҵара ӷәӷәа ҳацхраауеит аԥсабаратә рыцҳара, мамзаргьы афырҭын еиԥшу ауадаҩрақәа рыхгара. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7—11.)

7. Ишԥаанарԥши афырҭын Иисус иҵаҩцәа агәрахаҵара шырзымхоз? (Матфеи 6:23—26).

7 Зны Иисус иҵаҩцәеи иареи афырҭын иақәшәеит. Иисус уи аҭагылаазашьа ихы иаирхәеит иҵаҩцәа агәрахаҵара ахьырзымхоз реилиркаарц азы. (Шәаԥхьа Матфеи 8:23—26.) Ацәқәырԥа дуқәа анышь ианҭаҭәоз аамҭазы Иисус ҭынч дыцәан. Афырҭын иаршәаз иҵаҩцәа ддырҿыхан, еиқәирхарц иҳәара иалагеит. Аха иара ус реиҳәеит: «Шәызшәауазеи шәарҭ, ахаҵара маҷраа?» Иисус иҵаҩцәа шшәозгьы еилыркаауазар акәын, Иегова Иисус ицызи иареи иарбанзаалак ашәарҭара иацәихьчар шилшоз. Иаҳнарҵозеи уи? Агәрахаҵара ӷәӷәа ҳамазар, аԥсабаратә рыцҳарақәагьы аԥсҭазааратә уадаҩрақәагьы ҳхаҳгоит.

8, 9. Иарбан уадаҩроу Анель лыгәрахаҵара ԥызшәаз, насгьы илыцхраазеи урҭ рыхгара?

8 Пуерто-Рико инхо, аҭаацәара иаламлац аиаҳәшьа Анель лыгәрахаҵара зырӷәӷәаз аԥышәара дақәшәеит. Лара афырҭын ӷәӷәа лхылгеит. 2017 шықәсазы афырҭын «Мариа» Анель дахьынхоз аҩны арбгеит. Уи ашьҭахь лара аусурагьы лцәыӡит. Анель илҳәеит: «Урҭ аамҭа цәгьақәа раан сгәы ҭынчмызт, аха сара Иегова иқәгәыӷшьа сҵеит. Сгәы иҵхоз зегь изеиҭасҳәон, уи сгәы акамыжьра исыцхрааит».

9 Иара убас, Анель илҳәеит дзықәшәаз ауадаҩрақәа зегь рыхгара аҳәатәхаҵара шлыцхрааз. Абар лажәақәа: «Ҳорганизациа иҳанаҭо анапхгара сахьазыӡырҩуаз абзоурала сгәы ҭынчын. Сара избон Иегова доуҳала дышсыцхраауаз, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рылагьы исыгыз-исыбзаз шсиҭоз. Иегова сзызиҳәоз аасҭа акырӡа еиҳаны исиҭон. Уи сыгәрахаҵара арӷәӷәеит».

10. Иҟаҳҵалар акәзеи «афырҭын ӷәӷәа» ҳхаҳгарц азы?

10 «Афырҭын ӷәӷәа» ҳара зегь ҳаԥсҭазаараҿы иҟалар алшоит. Иҟалап, шәара аԥсабаратә рыцҳара шәақәшәазар, мамзаргьы афырҭын еиԥшу ауадаҩрақәа шәрықәшәазар. Иаҳҳәап, шәгәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәызцәырҵзар. Уи иахҟьаны шәгәы каҳазар, насгьы иҟашәҵара шәзымдыруазар ауеит. Зны-зынла агәҭынчымрақәа шәызцәырҵлар ҟалоит, аха урҭ Иегова иқәгәыӷра ишәԥырхагахартә рылшәмыршан. Иегова гәыкала шәиҳәала, убасала шәизааигәахала. Даншәыцхраахьаз ахҭысқәа шәгәалашәыршәала (Аԥсал. 77:11, 12). Уи шәыгәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы ахаан шәшаанимыжьуа агәра шәнаргоит.

11. Избан аҭакԥхықәра зду аишьцәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу?

11 Иҳацхраар алшозеи еиҭа аԥышәарақәа рыхгара? Анель ишылҳәаз еиԥш, аҳәатәхаҵара. Иеговеи Иисуси зыгәра рго рықәгәыӷшьа шәҵала. Зны-зынла аҭакԥхықәра зду аишьцәа ирыдыркыло аӡбарақәа аҟәыӷара рыҵамшәа ҳбалар алшоит. Аҳәатәхаҵара аазырԥшуа Иегова дрықәныҳәоит. Абиблиаҿы иаагоу аҿырԥштәқәеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыхҭысқәеи иаҳдырбоит, аҳәатәхаҵара ауаҩы иԥсҭазаара шеиқәнархо (Ақәҵ. 14:1—4; 2 Аш. 20:17). Урҭ рҩызцәа аҭоурыхқәа шәрызхәыцла. Уи иахьагьы ҳаԥхьаҟагьы Иегова иҳаиҭо анапхгара ақәныҟәара ишәыцхраауеит (Аур. 13:17). Убасҟан ари адунеи иазыԥшу афырҭын шәацәшәалаӡом (Ажәам. 3:25).

АИАШАМРА ҲАНАҚӘШӘО АГӘРАХАҴАРА ҲҬАХУП

Есымша Анцәа ҳиҳәалар ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ҳгәы зызҭанаҵозеи агәрахаҵара аиашамра ҳанақәшәо? (Лука 18:1—8).

12 Иисус идыруан иҵаҩцәа аиашамра ишақәшәало, насгьы уи рыгәрахаҵара шыԥнашәало. Убри азы иара аԥҳәыс еиба илызку ажәамаана еиҭеиҳәеит. Лара ииашамыз аӡбаҩ лус ииашаны еилиргарц диҳәон. Лара агәра ганы дыҟан дааҟәымҵӡакәа диҳәалар, илҭаху шлоуаз. Убас иагьыҟалеит. Иаҳнарҵозеи уи? Иегова уи ииашамыз аӡбаҩ зынӡа диеиԥшӡам. Зны Иисус иҳәеит: «Мшәан Анцәа иоума, Иара иаликааз ирыдымгылауа, иахьеи-уахеи иӷызы-ӷызуа иашьапкуа змыхьчауа?» (Шәаԥхьа Лука 18:1—8.) Анаҩс иҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа данаауа, адгьыл аҟны ахаҵара ибарымашь?» Ус анакәха, аиашамра ҳанақәшәо, агәрахаҵара ӷәӷәа ҳацхраауеит аԥҳәыс еиба леиԥш ачҳара аарԥшны иаҳҭаху ҳауаанӡа а́ҳәара. Насгьы ҳара агәра ганы ҳаҟазаауеит Иегова дышҳақәныҳәо. Уи адагьы, анцәаиҳәара амч ӷәӷәа шамоу агәра ҳгалароуп. Зны-зынла Иегова ҳаҳәарақәа ҳшақәымгәыӷуа еиԥш рҭак ҳаиҭоит.

13. Ишԥеиқәнархеи ҭаацәарак анцәаиҳәара?

13 Абар Адемократиатә Республика Конго инхо, Вероника зыхьӡу аиаҳәшьа дзықәшәаз ахҭыс. Атәылаҿы аилаҩынтрақәа ианрылага, Иегова ишаҳаҭмыз лхаҵеи, 15 шықәса зхыҵуаз рыԥҳаи рқыҭа ааныжьны ицар акәхеит. Аруаа ахьгылаз мҩак аҿы иааныркылан, шәаҳшьуеит ҳәа идыршәо иалагеит. Вероника еимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Убасҟан лыӡӷаб, лан лгәы лырҭынчырц азы, лыбжьы ҭыганы Иегова иҳәара далагеит, ихьӡгьы зныкымкәа илҳәеит. Даналга аруаа реиҳабы длазҵааит: «Аӡӷаб, Анцәа иҳәашьа бзырҵада?» Лара илҳәеит: «Мама» — насгьы иалҳәеит Иисусгьы ус Анцәа дышиҳәоз, уи Матфеи 6:9—13 аҿы ишану. Нас иара ус леиҳәеит: «Шәцар шәылшоит, Бынцәа Иегова бихьчааит!»

14. Иԥызшәар алшозеи ҳагәрахаҵара, насгьы иҳацхраауазеи зегьы ахгара?

14 Арҭ рҩызцәа ахҭысқәа иаҳдырбоит анцәаиҳәара амч ӷәӷәа шамоу. Аха Иегова ҳаҳәарақәа рҭак иаразнак иҟаимҵозар? Иисус ажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз аԥҳәыс еиба леиԥш, шәааҟәымҵӡакәа шәзызгәаҟуа шәаҳәала. Шәаниҳәо агәра ганы шәыҟаз иара шәааигәара дшыҟоу, насгьы аҭак аншәиҭашеи ишшәиҭашеи шидыруа. Анаҩсгьы иԥшьоу адоуҳа шәаҳәала (Флп. 4:13). Ишәхашәмыршҭлан: иаарласны Иегова дшәықәныҳәоит. Усҟан иахьа шәзықәшәо ауадаҩрақәа иагьшәгәалашәалаӡом. Аҭагылазаашьа цәгьақәа раан Иегова иқәгәыӷшьа шәҵар, иаҳзыԥшу аԥышәарақәа шәырзыҟаҵазаауеит (1 Пиотр 1:6, 7).

АГӘРА ЖӘГОМА АУАДАҨРАҚӘА ЗЕГЬ РИААИРА ШШӘЫЛШО?

15. Ирылымшазеи Иисус иҵаҩцәа, Матфеи 17:19, 20 иану инақәыршәаны?

15 Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит агәрахаҵара рымазар ауадаҩрақәа зегь ишыриааиуа. (Шәаԥхьа Матфеи 17:19, 20.) Зны дара ауаҩы аҩсҭаа ихцара рылымшаӡеит, уаанӡа уи зныкымкәа ишыҟарҵахьазгьы. Избан? Иисус иҳәеит агәрахаҵара шырзымхаз. Иара излаиҳәаз ала, дара агәрахаҵара ӷәӷәа рымазҭгьы, ашьхақәагь еиҭаргон, даҽакала иуҳәозар, иззымиааиуа ауадаҩра ҟаломызт. Иахьагьы ҳҿаԥхьа ашьхақәа ирҩызоу ауадаҩрақәа цәырҵлар ауеит, урҭ ӡбашьа рымамшәагьы ҳбалар алшоит.

Ҳагәрахаҵара ӷәӷәазар, ҳзықәшәо агәаҟрақәа анаҩсгьы Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахаӡом. (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Ишԥалыцхрааи Хеиди лыгәрахаҵара, дзықәшәаз агәаҟра ахгара?

16 Ҳахәаԥшып Гватемала инхо, Хеиди зыхьӡу ҳаҳәшьа дзықәшәаз. Лхаҵа Еддии лареи аизара аҟынтә аҩныҟа ианыхынҳәуаз, Едди дыршьит. Ишԥалыцхрааи Хеиди лыгәрахаҵара дзықәшәаз агәаҟра ахгара? Лара илҳәоит: «Иегова саниҳәо сгәырҩа инапы ианысҵоит. Уи агәҭынчра снаҭоит. Сҭынхацәеи аизара аҟынтә сҩызцәеи ахьсыцхраауагьы иснарбоит Иегова дышсеиҷаҳауа. Уи адагьы, ажәабжьҳәара ирацәаны схы аласырхәуеит. Уи схьаа артәоит, насгьы уаҵәтәи амш исзаанаго мыцхәы азымхәыцра исыцхраауеит. Исхызгаз зегь рышьҭахь сара еилыскааит: иарбан уадаҩразаалакгьы саԥхьаҟа сзықәшәо Иеговеи, иорганизациеи, Иисуси рыцхыраарала зегь рыхгара сылшоит».

17. Иҟаҳҵалар акәзеи ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, урҭ рыхгара ҳалымшошәа ҳбозар?

17 Аӡәырҩы иаҳдыруеит иузааигәоу ауаҩы иԥсра иузаанаго ахьаа закәу. Бзиа ижәбоз аӡә дыԥсызар, Иегова иԥсыз рыԥсы шҭеиҵоз иазку Абиблиа иану ахҭысқәа шәеиҭарыԥхьала. Уи аԥсҭаларахь ишәымоу агәрахаҵара арӷәӷәара ишәыцхраауеит. Ма иҟалап шәҭынхацәа рҟынтә аӡәы аизара далырцазар. Ус акәзар Иегова уи ауаҩы дахьахьирхәуа ахәарҭа шизаанаго агәра шәзырго астатиақәа ҭышәҵаала. Шәзықәшәо аҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ шәыгәрахаҵара арӷәӷәаразы шәхы иашәырхәала. Шәыгәҭыхақәа Иегова изеиҭашәҳәала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырцәыбнамлалан, урҭ аамҭа рыцышәхыжәгала (Ажәам. 18:1). Шәзықәшәаз анышәгәалашәо шәылаӷырӡқәа шәызнымкылозаргьы, аизарақәа рҭаареи, ажәабжь аҳәареи, Абиблиа аԥхьареи шәаҟәымҵлан (Аԥсал. 126:5, 6). Уи шәгәы казыжьуа ацәаныррақәа риааира ишәыцхраауеит. Иегова ишәызирхиаз аԥеиԥш есымша ишәгәалашәыршәала. Иегова дышҳацхраауа гәаҳҭалар, ҳагәрахаҵара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит.

«ҲХАҴАРА ИАЗЫРҲА»

18. Иҟашәҵар шәыхәҭоузеи ԥышәарак аан агәрахаҵара шышәзымхо гәашәҭазар?

18 Ԥышәарак аан агәрахаҵара шышәзымхо гәашәҭазар, шәгәы кашәмыжьын. Уажәшьҭа аус здыжәулаша жәдыруеит. Иисус иапостолцәа шәырҿыԥшла, дара ирҳәон: «Ҳхаҵара иазырҳа» (Лука 17:5). Иара убас, ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәқәа шәрызхәыцла. Мигельи Иураии реиԥш Иегова дышшәыцхраауаз шәхашәмыршҭлан. Вероника лыԥҳаи Анельи реиԥш шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова шәиҳәала, еиҳарак иҟашәҵара анышәзымдыруа. Иара убас, Хеиди леиԥш шәҩызцәеи шәҭынхацәеи рыла Иегова дшәыцхраар шилшо шәазхәыцла. Уажәнатә Иегова иқәгәыӷшьа шәҵар, шәаԥхьаҟа ишәзыԥшу аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ рыхгара шшәылшо жәдыруеит.

19. Зыгәра ганы дыҟази Иисус, насгьы зыгәра ҳгалар ҳахәҭоузеи ҳара?

19 Иисус иҵаҩцәа агәрахаҵара ахьырзымхоз дирбеит. Аха иара агәра ганы дыҟан Иегова ицхыраарала аԥышәарақәа зегь шырхырго (Иоанн 14:1; 16:33). Иара агәра игон ҵҩа змам ажәлар агәрахаҵара шеиздырҳауа, насгьы уи абзоурала дара арыцҳара ду шырхырго (Аат. 7:9, 14). Ҳҟалома ҳара урҭ ауаа рыбжьара? Ҳзыԥсам Анцәа иқьиара уи агәра ҳнаргоит. Аха уи азы ишҳалшо ала ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалароуп! (Аур. 10:39).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳҽырзыҟаҳҵар шԥаҳалшо ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа?

  • Иарбан ԥшь-уадаҩраку иахьа ҳзықәшәар ҳалшо, насгьы иҳацхраар шԥарылшо урҭ ҳагәрахаҵара арӷәӷәара?

  • Избан Анцәа ҳизиашаны ҳшаанхо агәра заҳго?

АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»

a Ҳара зегьы ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа анааиуа ҳазыԥшуп. Аха уи аамҭа цәгьа ахгаразы агәрахаҵара ҳзымхар ҳәа ҳшәозар алшоит. Ари астатиаҿы аԥсҭазаара аҟынтә хҭысқәак еилҳаргоит, насгьы урҭ ҳагәрахаҵара дырӷәӷәар шрылшо еилаҳкаауеит.

b Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра