Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/10 ад. 17—21
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲХАҴАРА ЗЕИԤШРАЗАР АХӘҬОУ
  • ИШԤАҲАЛШО ҲАРА ҲХАҴАРА АРӶӘӶӘАРА?
  • ШӘХАҴАРА УСЛА ИШЬАҚӘШӘЫРӶӘӶӘАЛА
  • ҲХАҴАРА ЕИЗҲАРЦ АЗЫ ҲАҲӘАРА АҬАК
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Ишәымоу агәрахаҵара шәазықәгылаз»
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/10 ад. 17—21

«Ҳхаҵара иазырҳа»

«Исымоу ахамҵара уацхраа» (МАРК 9:24).

АШӘАҚӘА: 81, 135

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳхаҵара арӷәӷәара даараӡа изхадоу?

  • Ишԥаҳалшо ҳхаҵара аизырҳара?

  • Ишԥаҳалшо ҳхаҵара аԥсы шҭоу ааҳарԥшыр?

1. Шаҟа ихадоузеи ахаҵара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ИҞАЛАП шәара иқәшәыргылозар абри аҩыза азҵаара: «Срылазаалома сара арыцҳара ду аан еиқәирхо, насгьы иссиру адунеи ҿыц ахь инеиуа ауаа?» Аиқәырхара ҳаурц азы, ҳара ҭахрақәак ҳрықәшәозар ауп. Урҭ рахьынтә еиҳа ихадоу акы апостол Павел далацәажәон: «Гәрахаҵарада Анцәа уигәаԥхартә аиԥш аҽыҟаҵара — изымуа усуп» (Ауриацәа 11:6). Аха аус злоу убри ауп, «агәрахаҵара змоу рахьтә зыгәрахаҵара ԥсыҽу маҷҩым» (2 Фессалоникаа 3:2). Арҭ ажәеинраалақәа иаадырԥшуеит ахаҵара ӷәӷәа аизырҳара шхадоу.

2, 3. а) Избан, апостол Пиотр иажәақәа рыла, ахаҵара ӷәӷәа зҳамазар акәу? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳара еилҳарго?

2 Апостол Пиотр ибзианы иааирԥшит ахаҵара шаҟа ихадоу. Уи иҳәеит «Иисус Христос данылбаауа аамҭазы хьыӡла-ԥшала шәихцәажәаразы», шәхаҵара ԥышәазароуп ҳәа. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 1:7.) Арыцҳара ду ирласны ааигәахара иаҿуп аҟнытә, ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп ахаҵара ӷәӷәа шҳамоу. Уи аҩыза агәрахаҵара ҳамазар, Иисус Христос данаалак азылԥхара ҳаиҭоит. Ҳара «ҳхы-ҳаԥсы рҿыхразы» ахаҵара ҳамазарц ҳҭахуп (Ауриацәа 10:39). Убри аҟынтә ҳара зны-зынла Анцәа ҳиҳәозар алшоит, зны Иисус иҳәаз аӡә иеиԥш: «Исымоу ахамҵара уацхраа» (Марк 9:24). Мамзаргьы Иисус иапостолцәа реиԥш Анцәа ҳиҳәозар ауеит: «Ҳхаҵара иазырҳа» (Лука 17:5).

3 Уи инадҳәаланы ицәырҵуеит азҵаарақәа: ишԥеизырҳатәу ахаҵара? Ишԥаҳалшо ҳхаҵара аԥсы шҭоу ааҳарԥшыр? Избан агәра ганы ҳзыҟоу ахаҵара иазку ҳаҳәарақәа рҭак шҳауа?

ҲХАҴАРА ЗЕИԤШРАЗАР АХӘҬОУ

4. Иарбан ҿырԥштәқәоу ҳхаҵара арӷәӷәара ҳгәазҭазҵар рылшо?

4 «Аханатә аахыс ирыҩуаз зырыҩуазгьы ҳара иҳалабжьарц акәын» аҟынтә, Абиблиаҿы зыӡбахә аагоу ахаҵара иазку аҿырԥштәқәа иаҳдырҵо рацәоуп (Римаа 15:4). Ҳара Авраам, Сарра, Исаак, Иаков, Моисеи, Раав, Гедеон, Варак убас егьырҭгьы рыӡбахә ҳанаԥхьо, ҳхаҵара азхәыцра ҳгәазҭанаҵар алшоит (Ауриацәа 11:32—35). Ҳаамҭазы инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иаадырԥшуа ахаҵара ӷәӷәа атәы ҳанаԥхьо, ҳхаҵара арӷәӷәаразы иҳалшо зегь аҟаҵара агәаҳәара ҳауеитa.

5. Ишԥааирԥши Илиа Иегова иахь ахаҵара ӷәӷәа шимаз, насгьы ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳара уи иҿырԥшы?

5 Ус иҟоу аҿырԥштәқәа дреиуоуп аԥааимбар Илиа. Уи иԥсҭазаараҿы Иегова аҵыхәтәанынӡа даниқәгәыӷуаз узырбо аҭагылазаашьақәа рацәоуп. Илиа Аҳ Ахав гәымшәарыла иеиҳәеит Иегова аарҩара ҟаиҵарц шиҭаху: «Дыҟоуп Иегова... сара исҳәааанӡа иҟалом аӡаӡа, ақәагьы аураны иҟам» (1 Аҳцәа 17:1). Илиа агәра ганы дыҟан аарҩара аан Иегова Илиа ихаҭеи егьырҭ ииашоу имаҵзуҩцәеи дышреиҷаҳауа (1 Аҳцәа 17:4, 5, 13, 14). Ԥҳәыск лԥа данԥсы, Илиа агәра ганы иҳәеит Иегова аҷкәын иԥсы аҭаҵара шилшо (1 Аҳцәа 17:21). Анаҩс, Кармил ашьхаҿы аԥааимбар дымҩашьо идыруан Иегова иҟынтә амца шаашьҭхоз, инеигаз акәырбан шахәланагәо (1 Аҳцәа 18:24, 37). Иегова иҟаиҵаз аарҩара ахыркәшара аамҭа анааи, Илиа Ахав иеиҳәеит: «Уца, акрыфала-акрыжәла, ақәаршҩы абжьы ааҩуеит». Аха макьана ақәа аураны ишыҟоу узырбо дыргакгьы ыҟамызт! (1 Аҳцәа 18:41). Арҭ ахҭысқәа исахьаркны ҳхаҿы ианааҳго, ҳхаҵара шаҟа иӷәӷәоу гәаҳҭар ҳалшоит.

ИШԤАҲАЛШО ҲАРА ҲХАҴАРА АРӶӘӶӘАРА?

6. Ҳзызиҳәалар акәзеи Анцәа, ахаҵара ӷәӷәа еизҳарҳарц азы?

6 Ҳара ҳхаҵара арӷәӷәара ҳхала мацара иҳалшаӡом. Ахаҵара — иԥшьоу адоуҳа алҵшәа иахәҭакуп (Галаҭаа 5:22). Убри аҟынтә иҟәыӷарахоит Иисус иабжьагара ҳақәныҟәаны иԥшьоу адоуҳа аиуразы Анцәа ҳиҳәаларц, избанзар Аб уи азы иҳәо зегьы ириҭоит (Лука 11:13).

7. Ишԥаҳалшо ҳхаҵара арӷәӷәара? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Ахаҵара анҳау ашьҭахьгьы, ҳара уи анаҩсгьы еизҳарҳалар ауп. Ҳхаҵара амца иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Амца анеиқәылалак, имцаԥшьха еилабылуеит. Аха уи уамыцхраалар, акәицқәа аҿыцәаара иалагоит, ианыхьшәашәалак ахәа ҟалоит. Аха амца уааҟәымҵӡакәа амҿы ақәуҵалар, ицәаӡом. Убасҵәҟьа иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, ҳара ҳхаҵара аԥсы ҭазаауеит. Абиблиа анҭаҳҵаауа, Анцәа Иажәахь иҳамоу абзиабареи уи Автор иахь иҳамоу абзиабареи еиҳа иҵаулахоит. Ахаҵара ӷәӷәа шьаҭас иамоуп убас еиԥш иҟоу абзиабара.

8. Иҳацхраауазеи уаҳа ахаҵара ӷәӷәа аизырҳараҿы?

8 Иаҭахузеи уаҳа, ҳхаҵара ӷәӷәазарц? Аӡы ҳаҽӡааҳхаанӡа иҳауз адыррақәа рҿы ҳаанымгылароуп (Ауриацәа 6:1, 2). Ҳара ҳхаҵара ҳарӷәӷәоит, инаӡахьоу абиблиатә ԥааимбаражәақәа анҭаҳҵаауа. Иара убас Анцәа Иажәа ҳхаҵара шәагас иамазар ауеит, избан акәзар уи ала еилаҳкаауеит ахаҵара ӷәӷәа змоу ирзыԥшу. (Шәаԥхьа Иаков 1:25; 2:24, 26.)

9, 10. Ишԥарӷәӷәо ҳхаҵара: а) аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҿцәажәара? б) аизарақәа рҭаара? в) ажәабжьҳәаратә маҵзура?

9 Апостол Павел ақьырсианцәа ирзиҩит «наҟ-ааҟ ҳагәқәа еибажьжьаразы, гәрахаҵарала лыԥха ҳаибаҭаразы» алшара ҳамоуп ҳәа (Римаа 1:12). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, еиҳарак зхаҵара «ԥышәоуп» ҳәа иԥхьаӡоу, ҳанрыҿцәажәо, ҳара ҳхаҵара еиԥш, дара рхаҵарагьы ҳарӷәӷәоит (Иаков 1:3). Иҽеим аиҿцәажәарақәа ахаҵара уцәдырӡуеит, иҽеиу — уи еиҳагьы идырӷәӷәоит (1 Коринфаа 15:33). Уи ҳаизарақәа аанмыжькәа, ҳгәы ашьҭибахра зҳабжьарго амзызқәа иреиуоуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Уи адагьы, урҭ аизарақәа рҿы ҳара иҳауеит ҳхаҵара зырӷәӷәо адоуҳатә мҩақәҵара. Уи Павел ииҳәаз ажәақәа ирықәшәоит: «Абасала агәрахаҵара — иуаҳауа, уззыӡырҩуа аҟнытә иаауеит» (Римаа 10:17). Иуҳәар алшома ақьырсиантә еизарақәа ҳаԥсҭазаара иахәҭакуп ҳәа?

10 Ҳара ажәабжь анрылаҳҳәо, егьырҭ рхаҵара аизырҳара адагьы, ҳхаҵара ҳарӷәӷәоит. Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥш, ҳаргьы Иегова аҵыхәтәанынӡа иқәгәыӷшьеи аҭагылазаашьақәа зегь рҿы гәымшәарыла иара иӡбахә аҳәашьеи ҳҵоит (Аусқәа 4:17—20; 13:46).

11. Избан Иисус Навини Халеви ахаҵара ӷәӷәа зрымаз, насгьы ишԥаҳалшо ҳара урҭ рҿыԥшра?

11 Ҳхаҵара еиҳа иӷәӷәахоит, Иегова дышҳацхраауа, насгьы ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо анаҳбо. Иисус Навини Халеви уи бзианы ирдыруан. Ҳәарада, дара Иегова иқәгәыӷуан, Изқәыргәыӷыз адгьыл агәаҭара ианца. Аха урҭ рхаҵара еиҳа иӷәӷәахон, рыԥсы ахьынӡаҭаз Анцәа дышрыцыз анырбоз. Иџьашьатәӡам Иисус Навин израильаа абарҭ рҩызцәа ажәақәа ахьреиҳәаз: «Шәынцәа Иегова ишәеиҳәаз иқьиоу ажәақәа рҟынтәи ажәакгьы намӡакәа инымхеит». Ԥыҭрак ашьҭахь уи иҳәеит: «Шәицәшәала Иегова, аиашареи агәаԥхашәареи аарԥшуа имаҵ жәула. [...] ...Сыҩнаҭеи сареи ҳакәзар, ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит» (Иисус Навин 23:14; 24:14, 15). Ҳаргьы убасҵәҟьа Иегова игәра ҳгар ҳалшоит, иааирԥшуа ақьиара ҳбозар (Ԥсалом 34:8).

ШӘХАҴАРА УСЛА ИШЬАҚӘШӘЫРӶӘӶӘАЛА

12. Иабааԥшуеи, Иаков иажәақәа рыла, ҳара иҳамоу ахаҵара?

12 Иузырбозеи ҳхаҵара аԥсы шҭоу? Аҵаҩы Иаков иҳәеит: «Сара усла ишьаҭарку сыгәрагара усырбоит» (Иаков 2:18). Ииашаҵәҟьаны, ҳусқәа иаадырԥшуеит ҳара ахаҵараҵәҟьа шҳамоу. Шәааи еилҳаргап ҿырԥштәқәак.

Активла амаҵзура аҽалархәра ахаҵара ӷәӷәа шҳамоу аанарԥшуеит (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Ишԥаанарԥшуеи ажәабжьҳәаратә ус ҳҽахьалаҳархәуа ахаҵара шҳамоу?

13 Ажәабжьҳәара аус аҽалархәра — ҳхаҵара аарԥшразы зеиԥшыҟам лшароуп. Избан? Ажәабжь рылаҳәаразы ҳара ихаҳҵалароуп ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа Анцәа ишьақәиргылаз аамҭазы ишаауа, насгьы «ишагымхо» (Аввакум 2:3). Ҳара ҳхаҵара шаҟа иӷәӷәоу агәаҭара ҳалшоит, ажәабжьҳәара аус шаҟа активла ҳҽалаҳархәуа ҳазхәыцуазар. Иҟаҳҵома ҳара иҳалшо зегьы? Ҳашьҭоума ҳара амаҵзураҿы аҽырҭбааразы алшара? (2 Коринфаа 13:5). Ҳара «абри агәрахаҵара аргама, иаартны» ауаа ианрылаҳарҵәо, уи аанарԥшуеит ииашаҵәҟьаны ахаҵара шҳамоу. (Шәаԥхьа Римаа рахь 10:10.)

14, 15. а) Ишԥаҳалшо ҳара ҳаԥсҭазаараҿы ҳхаҵара аарԥшра? б) Иаҳзеиҭашәҳәа ахаҵара ӷәӷәа иалшо аазырԥшуа ахҭыс.

14 Иара убас ахаҵара шҳамоу ааҳарԥшуеит, есыҽны ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳгәы кармыжьуазар. Ҳара ачымазарақәеи, агәкаҳареи, адепрессиеи, аӷарреи, ма даҽа уадаҩра ӷәӷәак ҳанрықәшәо, агәра ганы ҳаҟоуп Иегова Иԥеи иареи ианахәҭоу аамҭазы хымԥада ишҳацхраауа (Ауриацәа 4:16). Ус еиԥш иҟоу агәрагара ҳанцәаиҳәарақәа ирныԥшуеит. Иисус иҳәеит ҳара адоуҳатә адагьы, аматериалтә ҭахрақәа рзы Анцәа иҳәара шҳалшо, иаҳҳәап, «есымша зда ҳхәарҭам ача» азы (Лука 11:3). Иегова ҳҭахрақәа шынаигӡо ала Иԥшьоу Аҩыра иану аҿырԥштәқәа агәра ҳдыргоит. Убас, аарҩара аныҟаз, Иегова ибзоурала Илиа еснагь афатә иман. Абиблиаҿы иануп: «Шьыжьи уахеи алаҳәақәа ачеи акәаци изнаргон, аӡы ижәуан аӡиас аҟынтәи» (1 Аҳцәа 17:3—6). Ҳара агәра ҳгоит Иегова ахҭысқәа убас ахырхарҭа шриҭо, зда ԥсыхәа ҳамам ак ҳагымхарц азы.

Ахаҵара шҳамоу ааҳарԥшуеит, есыҽны ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳгәы кармыжьуазар (Шәахәаԥш абзац 14.)

15 Ҳара иаҳдыруеит абиблиатә принципқәа ҳанрықәныҟәо, зда ԥсыхәа ҳамам ак ҳагымхартә алшара шҳауа. Уи ус шакәу агәра лгеит Азиа инхо аиаҳәшьа Ребекка. Уи лҭаацәеи лареи рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәон ажәеинраалақәа Матфеи 6:33; Ажәамаанақәа 10:4, Аҳра аинтересқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргыло, гәацԥыҳәарала аџьабаа бо. Ребекка илгәалашәоит лхаҵа ишеиликааз иусура имч шимнахуа, насгьы иҭаацәа рдоуҳатә ҭагылазаашьа ишаԥырхагахо, убри аҟынтә иусура аанижьырц шиӡбаз. Дара ԥшьҩык ахәыҷқәа ааӡатәны ирыман. Ребекка еиҭалҳәоит: «Ҳара ачыс хаа ҟаҵаны иаҳҭиуа ҳалагеит. Убас ҳанхонаҵы, Иегова дышҳацыз ҳбон. Иаҳфо ҳамакәа ахаангьы ҳнымхацызт». Шәаргьы шәхаҵара аарԥшра, насгьы Абиблиа аԥсҭазааразы иреиӷьу анапхгара шаҳнаҭо ашьақәырӷәӷәара алшара шәымазар ауан.

16. Иарбан лҵшәоу иаанаго Анцәа иқәгәыӷра?

16 Ҳәарада, Анцәа инапхгара ҳацныҟәозар, уи ҳара ахәарҭа ҳзаанагоит. Аввакум иажәақәа ааго, апостол Павел иҩуан: «Аҵабырг-уаҩ гәрахаҵарала ауп иԥсы шҭоу, дшыҟоу» (Галаҭаа 3:11; Аввакум 2:4). Убри азоуп изхадоу иҳацхрааҵәҟьар зылшо Анцәа иахь иҳамоу агәрахаҵара аарԥшра. Павел иаҳгәалаиршәоит Иегова «зымчра ҳамоу, ҳазҳәо-ҳзызхьуа аҵкыс ҳара ҳзы иҟазҵо» шиакәу (Ефесаа 3:20). Иегова имаҵзуҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит, игәаԥхра нарыгӡаларц азы. Аха рылшарақәа ҳәаа шрымоу еилкаауа, дара агәра ргоит Иегова рҽазышәарақәа дшырзылԥхо. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи, Иегова цхыраарада ҳахьаанимыжьуа!

ҲХАҴАРА ЕИЗҲАРЦ АЗЫ ҲАҲӘАРА АҬАК

17. а) Ишԥаҟаҵаз апостолцәа рхаҵара еизҳарц азы рыҳәара аҭак? б) Избан ҳара агәра заҳго ҳхаҵарагьы еизҳарц азы иҟаҳҵо ҳаҳәарақәа Анцәа ишиаҳауа?

17 Иҟалап ари астатиа анеилҳаргалак ашьҭахь ҳаргьы иҳаузар Иисус иапостолцәа ирымаз ацәаныррақәа, урҭ ирҳәеит: «Ҳхаҵара иазырҳа» (Лука 17:5). Дара рыҳәара аҭак роуит. Уи еилкаан Ҩынҩажәижәабамш аҽны 33 шықәсазы Христос иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа анроу, насгьы Анцәа игәҭакы еиҳа инарҵауланы еилыркаауа ианалага. Усҟан иҟалаз рхаҵара арӷәӷәеит. Аҵыхәтәаны дара ажәабжь бзиа уаҩы иааџьеишьаратәы аларҵәара рылшеит (Кәаласаа 1:23). Иҳауама ҳаргьы ҳхаҵара еизҳарц азы ҳаҳәарақәа рҭак? Ааи, избанзар Абиблиа агәра ҳнаргоит ишиаҳауа, урҭ Анцәа игәаԥхара иақәшәозар (1 Иоанн 5:14).

18. Дышԥарзылԥхо Иегова зхаҵара зырӷәӷәо?

18 Ишаҳбаз еиԥш, Иегова аҵыхәтәанынӡа ҳаниқәгәыӷуа, иара дгәырӷьоит. Уи хымԥада ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит, насгьы ҳхаҵара еизирҳауеит, Анцәа Иаҳра ҳаҭәашьахарц азы (2 Фессалоникаа 1:3, 5).

a Иаҳҳәап, шәрыхәаԥш Лиллиан Гобаитас Клозе («Шәҿыха!» 1993 шықәса ииуль 22, англ.), Феликс Борис («Шәҿыха!» 1994 шықәса февраль 22, англ.), насгьы Џьозефина Елиас («Шәҿыха!» 2009 шықәса сентиабр, аурыс) рбиографиақәа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра