АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46
Ҿыц аҭаацәара иалалаз — шәыԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазышәк
«Иегова — сара сымч иоуп... Иара иоуп сара сзықәгәыӷуа» (АԤСАЛ. 28:7).
АШӘА 131 «Убас Анцәа иеидикылаз»
АХҲӘААa
1, 2. а) Избан ҿыц аҭаацәара иалалаз Иегова игәра ргалар зхадоу? (Аԥсалом 37:3, 4). б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ААСКЬА аҭаацәара шәалалазар, мамзаргьы ачара жәураны шәыҟазар, бзиа ижәбо ауаҩи шәареи шәыԥсы ахьынӡаҭоу шәеицыҟазарц шәҭахуп. Аха аҭаацәаратә ԥсҭазаара ауадаҩрақәагьы амоуп. Уи адагьы, хаҵеи-ԥҳәыси ихадоу аӡбарақәа рыдыркылалароуп. Шәҭаацәалазаара анасыԥ амазаалоу-иамамзаалоу зхьыԥшу шәзықәшәо ауадаҩрақәа шышәыӡбало ауп. Шәара Иегова игәра жәгозар иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылалоит, шәхатә ҩызеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит, шәхаҭагьы анасыԥ шәымазаауеит. Аха Анцәа шәизымӡырҩлар шәхатә ҩызеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа бжьысуеит, анасыԥгьы шәцәыӡуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 37:3, 4.)
2 Ари астатиа ҿыц аҭаацәара иалалаз ишрызкугьы, ара иаагоу алабжьарақәа аҭаацәарақәа зегьы рзы ихәарҭоуп. Ҳара еилаҳкаауеит, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа гәыкала изыҟаз ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәқәа ҳара иаҳдырҵо. Ари астатиа иаҳнарҵо аҭаацәараҿгьы, егьырҭ аԥсҭазааратә ганқәа рҿгьы иҳацхраауеит. Иара убас ҳрыхәаԥшуеит ҳаамҭазы иҟоу аҭаацәарақәа рҿырԥштәқәа.
ҾЫЦ АҬААЦӘАРА ИАЛАЛАЗ ЗЫҚӘШӘАР АЛШО АУАДАҨРАҚӘА
Иарбан ӡбарақәоу ҿыц еибагаз ирԥырхагахар алшо, Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)
3, 4. Иарбан уадаҩрақәоу ҿыц аҭаацәара иалалаз зықәшәар алшо?
3 Зны-зынла ҿыц аҭаацәара иалалаз ргәазҭарҵоит ауаа зегь шынхо еиԥш инхаларц. Иаҳҳәап, урҭ рҭаацәа иаразнак амоҭацәа роур рҭахуп, мамзаргьы рҩызцәеи егьырҭ рҭынхацәеи рхатәы ҩны аархәарц, насгьы уи ак агымкәа идырхиарц рарҳәоит.
4 Ҿыц еибагаз имхәыцӡакәа аӡбарақәа рыдыркылалар, ауалқәа ирыҵалар, ма акредитқәа ргара иалагар ауеит. Урҭ ршәарц азы, ахаҵагьы аԥҳәысгьы ирацәаны аус рулар акәхоит. Убас, хаҭала Абиблиа аҭҵаареи, аҭаацәаратә мҵахырхәареи, ажәабжьҳәареи иазыркуаз аамҭа зегь аусура ирымнахлоит. Дара аусура рцәыӡыр ҳәа ишәаны, ма еиҳаны аԥара дырҳарц азы еиҳа ирацәаны аусура иалагар рылшоит, аизарақәагьы бжьарыжьлар ауеит. Ишнеи-шнеиуа хаҵеи-ԥҳәыси Иегова имаҵзураҿы ирымазар алшоз агәырӷьара рцәыӡуеит.
5. Ишәнарҵозеи Клауси Марисеи рҿырԥшы?
5 Аӡәырҩы игәарҭахьеит ауаҩы иԥсҭазаара амал арҳара иазикуазар, анасыԥ шимоуа. Клауси Марисеиb уи рхатә ԥышәала еилыркааит. Ачара ашьҭахь дара ирҭахыз зегь рымазарц азы ирацәаны аус руан. Аха уи агәырӷьара рзаанагомызт. Клаус иҳәоит: «Ҳара иаҳҭахыз аасҭа еиҳаны иҳаман, аха доуҳала ҳаизҳауамызт. Аиаша уҳәозар, ҳаԥсҭазаара ҳхаҭа иҳарцәгьеит, агәҭынчымрагьы ҳазцәырҵит». Иҟалап шәаргьы игәашәҭазар иҿыцу ак анаашәхәо, уи рацәак агәырӷьара шышәзаанамго. Шәыԥсҭазаара Клаус ииҳәаз еиԥшзар, шәгәы кашәмыжьын. Ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара ишәыцхраар алшоит. Аха шәааи раԥхьа Аҳ Иосафат иҿырԥшы ахацәа иднарҵо еилаҳкаап.
АҲ ИОСАФАТ ИЕИԤШ ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА
6. Дышԥақәныҟәеи Иосафат Ажәамаанақәа 3:5, 6 иану алабжьара ауадаҩра данҭагылаз?
6 Ахацәа, ишәцәыцәгьоума зны-зынла ишәыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара? Ус акәзар аҳ Иосафат ибзианы деилышәкаауеит. Иара ажәлар ду рзы аҭакԥхықәра идын. Ицхраауази иара идыз аҭакԥхықәра анагӡара? Иосафат ижәлар ихьчарц азы илшоз зегь ҟаиҵон. Иара Иуда абаагәарақәеи ақалақьқәеи ирӷәӷәеит, насгьы 1 160 000-ҩык рыла ишьақәгылаз ар ду еизигеит (2 Аш. 17:12—19). Ԥыҭрак ашьҭахь Иосафат иҭаацәареи ижәлари ашәарҭара ӷәӷәа иҭагылеит. Амонитааи, моавааи, Сеир ашьхақәа рҿы инхози ар ду рыманы Иуда иақәларц рыӡбеит (2 Аш. 20:1, 2). Иҟаиҵазеи Иосафат? Иара Ажәамаанақәа 3:5, 6 (шәаԥхьа) иану иҟәыӷоу алабжьара дықәныҟәан, Иегова ацхырааразы диҳәеит. 2 Ашықәсынҵа 20:5—12 аҿы иануп ахынраалара зныԥшуаз Иосафат инцәаиҳәара. Гәыкала ииҳәаз ажәақәа иаадырԥшуеит абзиабара злоу Жәҩантәи Иаб игәра шигоз. Ишԥаҟаиҵеи Иегова Иосафат иҳәара аҭак?
7. Ишԥаҟаиҵеи Иегова Иосафат иҳәара аҭак?
7 Иегова алевит Иахазиил ила Иосафат ус иеиҳәеит: «Шәҭыԥ аанышәкыл, шәгылаз, насгьы шәахәаԥшла Иегова шәшеиқәирхо» (2 Аш. 20:13—17). Ари адҵа аибашьцәа зышьцылахьаз ак акәмызт, аха уи зҳәаз ауаҩ иакәымкәа, Иегова иакәын. Инцәа игәраганы, Иосафат убас иагьыҟаиҵеит. Ижәлари иареи раӷацәа рахь ианцәырҵ, Иосафат ируаа раԥхьа аԥышәа змаз аибашьцәа ракәымкәа, абџьар зкымыз Иегова дҳаразкуаз ашәаҳәаҩцәа иргылеит. Иегова Иосафат иеиҳәаз наигӡеит: раӷацәа нирҵәеит (2 Аш. 20:18—23).
Ҿыц аҭаацәара иалалаз рыԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазкызаауеит иара иҳәалар насгьы Иажәа ҭырҵаалар. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 10.)
8. Иднарҵар алшозеи ахацәа Иосафат иҿырԥшы?
8 Ахацәа, Иосафат иҿырԥшы ишәнарҵар алшо рацәоуп. Шәара шәҭаацәара шәреиҷаҳаларц азы аҭакԥхықәра шәыдуп. Убри аҟынтә ирацәаны аџьабаа жәбоит. Ауадаҩрақәа шәанрықәшәо, урҭ шәхала ишәыӡбар шәылшоит ҳәа шәгәы иаанагозар ауеит. Аха ҳшәыҳәоит, шәхы мацара шәақәымгәыӷлан. Иегова хаҭала шәиҳәала, насгьы шәыԥҳәыси шәареи шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа шәеициҳәала. Иегова игәаԥхара шәеилиркаарц азы шәиҳәала, иара убас Абиблиеи Иегова иорганизациа иҭнажьуа апубликациақәеи шәрыԥхьала. Нас уа иану алабжьарақәа шәрықәныҟәала. Ишәыдышәкыло аӡбарақәа згәамԥхогьы ҟалоит, шьоукы уи хшыҩдароуп ҳәа рҳәаргьы алшоит. Дара ус шәарҳәалар ауеит: аҭаацәара акгьы рыгымзарц азы, ахаҵа ирацәаны аус иулароуп. Аха Иосафат иҿырԥшы шәгәалашәыршәала. Иара Иегова игәра игон, уи иусқәа рылагьы иубарҭан. Иегова гәыкала изыҟаз имаҵзуҩы даанимыжьӡеит, шәаргьы шәаанижьӡом! (Аԥсал. 37:28; Аур. 13:5). Аха иҟарҵалар рылшозеи хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара насыԥ амазарц азы?
АԤААИМБАР ИСАИА ИԤҲӘЫСИ ИАРЕИ РЕИԤШ, ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ ИЕГОВА ЗЕГЬ РААСҬА ДХАДАЗ
9. Иаҳдыруазеи аԥааимбар Исаиа иԥҳәыси иареи ирызкны?
9 Исаиа иԥҳәыси иареи рыԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ихадан. Иабантәиаадыруеи уи? Исаиа дԥааимбарын. Абиблиаҿы Исаиа иԥҳәысгьы аԥааимбарԥҳәыс ҳәа лыӡбахә ҳәоуп. Ус акәзар, Иегова ларгьы аԥааимбаражәақәа лҳәаларц адҵақәа лиҭон (Ис. 8:1—4). Уи иҳаилнаркаауеит дара рҭаацәара есымша Иегова имаҵ аура ишаҿыз. Ари иахьатәи аҭаацәарақәа рзы зеиԥшыҟам ҿырԥштәуп.
10. Ирыцхраар шԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыҭҵаара, Иегова имаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵара?
10 Иахьагьы хаҵеи-ԥҳәыси Исаиа иҭаацәара ирҿыԥшны Иегова имаҵзураҿы ирылшо зегь ҟарҵалар ауеит. Дара абиблиатә ԥааимбаражәақәа еицҭырҵаауазар, насгьы урҭ шынаӡо рбозар, Иегова иахь рыгәрагара еизҳауеит (Тит 1:2)c. Уи адагьы, хаҵеи-ԥҳәыси ԥааимбаражәақәак рынаӡараҿы рхы аладырхәлар шрылшо иазхәыцлар бзиоуп. Урҭ аԥааимбаражәақәа иреиуоуп, Иисус ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ааиаанӡа Аҳра иазку ажәабжь ажәларқәа зегьы ирылаҳәахоит ҳәа ииҳәаз ажәақәа (Матф. 24:14). Дара Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа шынаӡо еилыкка ианырбо, Иегова имаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵара рҭаххоит.
ПРИСКИЛЛЕИ АКИЛЕИ РЕИԤШ ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ АҲРА АУС ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДАЗ
11. Иарбан лшарақәоу Прискиллеи Акилеи амаҵзуразы ироуз, насгьы избан?
11 Рим инхоз иауриаз хаҵеи-ԥҳәыси Прискиллеи Акилеи ҿыц аҭаацәара иалалаз рзы ҿырԥштә бзиоуп. Урҭ Иисус изку ажәабжь бзиа анраҳа иқьырсианцәахеит. Дара ҭынч инхон, аха аимператор Клавдии ауриацәа зегьы Рим аанрыжьырц адҵа аныҟаиҵа, рыԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахит. Шәазхәыц Акилеи Прискиллеи рзы уи иаанагоз. Дара рыҩни ақьалақәыршәра иазкыз русуреи ааныжьны, даҽа қалақьк аҿы ҿыц анхара иалагар акәхеит. Ирԥырхагахама изықәшәаз ауадаҩрақәа Аҳра аус раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара? Ари азҵаара аҭак зегьы иаҳдыруеит. Акилеи Прискиллеи Коринф анхара ианалага, уа иҟаз аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцыруан, насгьы урҭ ргәы ашьҭыхра апостол Павел ицхраауан. Аамҭак ашьҭахь дара ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз ақалақьқәа рахьгьы ииасуан (Аус. 18:18—21; Рим. 16:3—5). Ааи, Акилеи Прискиллеи рыԥсҭазаара аинтерес аҵан, иргәаладыршәалашаз ахҭысқәа рылагьы иҭәын.
12. Избан хаҵеи-ԥҳәыси адоуҳатә хықәкқәа ықәдыргылалар зхадоу?
12 Иахьагьы хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсҭазаараҿы Аҳра аус зегь реиҳа ихадазар, Прискиллеи Акилеи ирҿыԥшуеит. Зегьы иреиӷьуп еибагараны иҟоу ирымоу ахықәкқәа заа ирылацәажәар. Дара адоуҳатә хықәкқәа еицықәдыргылозар, насгьы урҭ рынагӡара рҽазыршәозар, Анцәа идоуҳа рыԥсҭазаара еиҳа ианырлоит (Еккл. 4:9, 12). Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит Рассели Елизабети ражәақәа. Рассел иҳәоит: «Ҳара ҳаибагаанӡа ҳдоуҳатә хықәкқәа еибаҳҳәахьан». Елизабет иацылҵоит: «Уи нас даара иҳахәеит. Аӡбарақәа анҳадаҳкыло иқәҳаргылаз ҳхықәкқәа ҳрызхәыцуеит, насгьы акы ҳахнагартә алҳаршаӡом». Уи Рассели Елизабети ажәабжьҳәаҩцәа ахьмаҷу Микронезиа аиасра ирыцхрааит.
Ҿыц аҭаацәара иалалаз рыԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазкызаауеит адоуҳатә хықәкқәа ықәдыргылалар. (Шәахәаԥш абзац 13.)
13. Ирзыԥшузеи Иегова иқәгәыӷуа аҭаацәарақәа, Аԥсалом 28:7 иану инақәыршәаны?
13 Рассели Елизабети реиԥш ирацәаны аҭаацәарақәа амал арҳара акәымкәа, ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рхы азырышьҭуеит. Хаҵеи-ԥҳәыси Иегова имаҵзураҿы ахықәкқәа анықәдыргыло, насгьы урҭ анынарыгӡо ахәарҭа ду роуеит. Дара Иегова дышреиҷаҳауа рбоит, еиҳа игәра агара иалагоит, насгьы анасыԥҵәҟьа роуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 28:7.)
АПОСТОЛ ПИОТР ИԤҲӘЫСИ ИАРЕИ РЕИԤШ ИЕГОВА ИҚӘЫРГӘЫӶРАҚӘА ШӘРЫҚӘГӘЫӶЛА
14. Ишԥаадырԥши Пиотр иԥҳәыси иареи, Матфеи 6:25, 31—34 иану Иегова иқәыргәыӷра агәра шыргоз?
14 Апостол Пиотр иԥҳәыси иареи рҿырԥштәгьы иахьатәи аҭаацәарақәа иднарҵо рацәоуп. Иисус Пиотр даниабадыр шықәсыбжак, ма шықәсык ашьҭахь, диҵаҩны дҟаларц идигалеит. Пиотр уи ааԥхьара идикылару-идимкылару аниӡбоз иҭаацәара шныҟәигало дазхәыцыр акәын. Иара иҭаацәара ныҟәигаларц азы аԥсыӡкра инапы алакын (Лука 5:1—11). Аха Пиотр Иисус иҵаҩ иакәны дҟаларц иӡбеит. Уи ҟәыӷаран. Пиотр иԥҳәыс иӡбара дадгылазар ҟалап. Абиблиа аҟынтә иаҳдыруеит Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, Пиотр иԥҳәыс аамҭак иалагӡаны акәзаргьы, ажәабжьҳәаратә ныҟәарақәа раан дышицыз (1 Кор. 9:5). Лара доуҳала дахьыӷәӷәаз, насгьы лхаҵа дахьивагылаз абзоурала, Пиотр ҿыӷәӷәала ақьырсиантә еизараҿы ахацәеи аҳәсеи алабжьарақәа риҭалар илшон (1 Пиотр 3:1—7). Пиотр иԥҳәысгьы иаргьы Иегова Иаҳра зыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу дышреиҷаҳауа агәра шыргоз аадырԥшит. (Шәаԥхьа Матфеи 6:25, 31—34.)
15. Иаҳнарҵозеи Тиагуи Естери рҿырԥшы?
15 Шәара аҭаацәара шәалалеижьҭеи шықәсқәак ҵуазар, ишәыцхраар алшозеи Иегова имаҵзураҿы анаҩсгьы ишәылшо зегь аҟаҵара? Шәара ишәылшоит аԥышәа змоу аҭаацәарақәа ирымоу аԥышәа шәыцеиҩыршаларц шәрыҳәар. Иаҳҳәап, урҭ рҩызцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә ҳәоуп, арубрика «Они с готовностью предоставили себя для служения» аҿы иаагоу астатиақәа рҟныd. Бразилиа инхоз хаҵеи-ԥҳәыси Тиагуи Естери урҭ астатиақәа ианрыԥхьа, ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь аиасра рҭаххеит. Тиагу еиҭеиҳәоит: «Ҳара Иегова имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа ирызкыз ахҭысқәа ҳрыԥхьон, убри аҟынтә ҳаргьы иаҳҭаххеит Иегова ҳшымҩақәиҵо, насгьы ҳҭаацәара ҷыдала дшеиҷаҳауа ҳбарц». Аамҭак ашьҭахь дара Парагваиҟа ииасит. 2014 шықәса раахыс дара уа апортугал бызшәала ицәажәо ауаа ажәабжь рзеиҭарҳәоит. Естер илҳәоит: «Ҳҩыџьагьы Ефесаа рахь 3:20 (АдҾ) иану ажәақәа ҳгәаԥхоит. Урҭ ажәақәа ҳаԥсҭазаараҿы еснагь ишынаӡо ҳбоит». Уи ажәеинраалаҿы Павел агәра ҳиргоит Иегова «ҳзызиҳәо... аасҭа акырӡа еиҳаны аҟаҵара» шилшо. Уи шьақәзырӷәӷәо рацәоуп.
Ҿыц аҭаацәара иалалаз рыԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазкызаауеит аԥышәа змоу ақьырсианцәа ирыҿцәажәалар. (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Ирыҵазҳәар зылшода ҿыц аҭаацәара иалалаз аԥсҭазаараҿы иқәдыргылар рылшо ахықәкқәа?
16 Ҿыц аҭаацәара иалалаз ирылшоит Иегова иқәгәыӷшьа зҵахьоу аҭаацәарақәа ирымоу аԥышәа рыцеиҩыршаларц ирыҳәалар. Ҭаацәарақәак раамҭа зегь амаҵзура иазыркуеижьҭеи ажәашықәсақәа ҵуеит. Шәыԥсҭазаара ззышәкша шәазхәыцуазар, урҭ шәрацәажәа. Убас Иегова шәышиқәгәыӷуа аашәырԥшуеит (Ажәам. 22:17, 19). Ҿыц еибагаз адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи урҭ рынагӡареи рҿы аизара аиҳабацәагьы рыцхраалар рылшоит.
17. Иарбан хҭысқәоу Клауси Марисеи рыԥсҭазаараҿы иҟалаз, насгьы ишәнарҵозеи шәара урҭ рҭоурых?
17 Зны-зынла Иегова имаҵзураҿы иҟаҳҵаларц иаҳҭахыз зегьы ишаҳҭахыз еиԥш иаҳзалымҵыр ауеит. Астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз Клауси Марисеи убас рыхьит. Ианеибага ашьҭахь хышықәса анҵы, дара афилиал аргылараҿы ацхыраара ҟарҵарц азы Финлиандиаҟа ииасит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь дара еилыркааит уа фымз заҵәык шакәу амаҵ ахьыруло. Раԥхьа уи ргәы канажьит, аха ԥыҭрак ашьҭахь араб бызшәа аҵаразы акурсқәа ирхысырц рыдыргалеит. Уажәы дара даҽа тәылак аҿы араб бызшәала ицәажәо ауаа игәырӷьаҵәа ажәабжь рзеиҭарҳәоит. Анкьатәи рыԥсҭазаара лгәаларшәаны Мариса илҳәоит: «Ҳзышьцылахьаз аԥсҭазаара ааныжьны Иегова инапы ҳҽанҵара мариамызт, аха сара избон Иегова еснагь ҳшақәымгәыӷуаз еиԥш дышҳацхраауаз. Урҭ ахҭысқәа рышьҭахь сара еиҳагьы Иегова игәра зго салагеит». Клауси Марисеи рҿырԥштәы иаҳнарбоит Иегова гәыкала иқәгәыӷуа ахаан ишаанимыжьуа.
18. Ирыцхраауазеи аҭаацәарақәа еснагь Иегова иқәгәыӷра?
18 Иегова ауаа аҭаацәара аԥырҵаларц алшара риҭеит (Матф. 19:5, 6). Иара иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара агәырӷьара рзаанагаларц (Ажәам. 5:18). Аҭаацәара иалалаз иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәыԥсҭазаара зықәшәырӡуа шәазхәыц! Ишәылшо зегь ҟашәҵома Иегова иҳамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа иашәҳәаларц азы? Иегова шәиацәажәала, шәҭагылазаашьақәа ирнаало апринципқәа шәыԥшаарц азы Иажәа ҭышәҵаала, нас ишәиҭо алабжьарақәа шәрықәныҟәала. Агәра ганы шәыҟаз: шәыԥсҭазаара Иегова имаҵзура иазышәкыр, шәҭаацәараҿы анасыԥ ҟалоит!
АШӘА 132 Уажәшьҭа ҳара цәеижькны ҳаҟоуп
a Ҳара иҳадаҳкыло аӡбарақәа Иегова имаҵзураҿы шаҟа ҟаҳҵало ианыруеит. Иҟоуп аӡбарақәа ҳаԥсҭазаара зегь зыԥсахыр алшо. Еиҳарак уи рхадмыршҭлароуп ҿыҵ еибагаз. Ари астатиа ҿыц аҭаацәара иалалаз ирыцхраауеит, рыԥсҭазаара анасыԥи аҵаки амазарц азы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Иаҳҳәап, шәара иҭышәҵаар шәылшоит ашәҟәы «Чистое поклонение Иегове восстановлено!» 6, 7, насгьы 19 ахқәа (аурыс).
d Уаанӡа арҭ астатиақәа «Ахьчаратә бааш» аҿы иркьыԥхьуан, аха уажәы урҭ асаит jw.org, аҟәша «Случаи из жизни» аҿы иҟоуп.