Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 67
  • Иосафат Иегова диқәгәыӷуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иосафат Иегова диқәгәыӷуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова аҳ Иосафат дихьчеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Инажәгома шәгәаҵанӡа иҩыз зегьы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иегова ауаа дышрыхәаԥшуа еиԥш урыхәаԥшла
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Гәыкала Иегова имаҵ жәула
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 67

АЖӘАБЖЬ 67

Иосафат Иегова диқәгәыӷуеит

ИУДЫРУАМА, арҭ ауаа зусҭцәоу, насгьы уажәы иҟарҵо? Урҭ еибашьра ицоит, раԥхьа игылоу ахацәа ашәа рҳәоит. Аха уара уазҵаар улшоит: ‘Ашәаҳәаҩцәа изрымами аҳәақәеи аԥсақәеи аибашьразы?’ Уааи, еилаҳкаап.

Израилтәи ҩ-биԥарактәи аҳра дахагылоуп Иосафат. Уи аҳ Ахави иԥҳәыс Иезавели аҩадатәи жәабиԥарак рҟны аҳра аныруа аамҭазы дынхоит. Аха Иосафат даҳ бзиоуп, иаб Аса иеиԥшҵәҟьа. Убри азы, аладахьтәи ҩ-биԥарактәи ажәлар акыршықәса насыԥла инхоит.

Аха абар, ажәлар агәыҭҟьара иалазгылаз хҭыск ҟалеит. Ажәабжьаагаҩцәа Иосафат изаарыцҳауеит: ‘Уара уахь ижәылеит ар дуӡӡа Моав, Аммон, Сеир ашьха адгьылқәа рҟынтә’. Израилаа аӡәырҩы Иерусалимҟа иаауеит, Иегова ацхырааразы иҳәарц. Урҭ зегьы аныҳәарҭахьы идәықәлоит, уаҟагьы Иосафат Анцәа диҳәоит: ‘О, Иегова, ҳ-Анцәа, ҳара иҟаҳҵо ҳаздыруам. Ҳара ҳхы ҳзыхьчом ари ар дуӡӡа рҿаԥхьа. Ҳара уара уҟынтә ҳазԥшуп ацхыраара’.

Иегова рыбжьы иаҳауеит урҭ, ихырхәаҩцәа руаӡәкгьы абас ажәлар ирылаиҳәартә игәазыҟаиҵоит: ‘Ари шәара шәеибашьра акәым, аха Анцәа иеибашьра ауп. Шәара шәеибашьра аҭаххом. Шәара Иегова шәшеиқәирхо шәахәаԥшлоит ауп’.

Адырҩаҽны Иосафат ажәлар даарыԥхьоит: ‘Иегова шәиқәгәыӷ!’ Нас уи ар раԥхьа иргылоит ашәаҳәаҩцәа, урҭ еишьҭагыланы иахьцо, Иегова дзырҽхәо ашәақәа рҳәоит. Иудыруама иҟалаз, урҭ аибашьра ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ ианазааигәаха? Иегова аӷацәа рыруаа дара-дара еиҿаиргылоит. Израилаагьы иахьеибашьуа аҭыԥ аҟны ианнеи, абар — аӷацәа зегьы ԥсны ишьҭоуп!

Ҟәышрала ихы мҩаԥимгаӡеи Иосафат, Иегова дахьиқәгәыӷыз? Ҳаргьы ҟәышрала ҳныҟәоит, Иара ҳаниқәгәыӷуа.

1 Аҳцәа 22:41—53; 2 Ашықәсынҵа 20:1—30.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра