Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 март ад. 21—26
  • Инажәгома шәгәаҵанӡа иҩыз зегьы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Инажәгома шәгәаҵанӡа иҩыз зегьы?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАА РҞӘЫӶАРА АҚӘГӘЫӶРА ШӘАРҬОУП
  • ИҼЕИМ АИҾЦӘАЖӘАРА ШАҞА ИШӘАРҬОУ
  • ШӘГӘЫ ԤАГЬАХАРТӘ АЛШӘМЫРШАН
  • АӠБАРАҚӘА АНШӘЫДЫШӘКЫЛО, АГӘҼАНЫЗААРА ААШӘЫРԤШЛА
  • ГӘЫКАЛА, НАСГЬЫ ГӘЫРӶЬАРЫЛА АНЦӘА ИМАҴ ЖӘУЛА
  • Гәыкала Иегова имаҵ жәула
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иқәыԥшу аишьцәа, иҟашәҵар шәылшозеи шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәыгәра ргаларц азы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 март ад. 21—26

Инажәгома шәгәаҵанӡа иҩыз зегьы?

«Ари зегьы... гәҿанҵарас ҳара ҳзы иҩын, аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан инхо рзы» (1 КОР. 10:11, АДҾ).

АШӘАҚӘА: 11, 61

ИАҲДЫРҴАР РЫЛШОЗЕИ...

  • ...Асеи Иосафати рыгхақәа?

  • ...Езекиа игха?

  • ...Иосиа игха?

1, 2. Избан иудатәи ԥшьҩык аҳцәа рҿырԥштәқәа зеилҳарго?

ШӘХАҾЫ иаажәг: шәаԥхьа игыланы инеиуа ауаҩы дықәҵәрааны дкаҳауеит. Ҳәарада, даҽазны ари аҭыԥ шәанаҩсуа даара шәгәышәҽанызаауеит. Егьырҭ рыгхақәа ҳрызхәыцуазар, ҳхаҭа урҭ ҳхы рцәаҳахьчалоит. Убас ауп адоуҳатә зҵаарақәа рҿгьы. Егьырҭ рыгхақәа, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоугьы уахь иналаҵаны, ҳрызхәыцуазар, ихадоу аурокқәа алҳкаар ҳалшоит.

2 Ари аԥхьа иҟаз астатиаҿы зыӡбахә ҳҳәоз ԥшьҩык аҳцәа гәыкала Иегова имаҵ руан. Аха уеизгьы, дара агха ӷәӷәақәа ҟарҵон. Иаҳдырҵар алшозеи урҭ рыгхақәа, насгьы иҳацхраауазеи урҭ рҽырцәыхьчара? Урҭ рҿырԥштәқәа ҳанрызхәыцуа, ихадоу азхәыцрақәа алҳкаауеит, избанзар ирыҩуаз зырҩуаз ҳара иҳалабжьарц азы ауп. (Уаԥхьа Римаа рахь 15:4.)

АУАА РҞӘЫӶАРА АҚӘГӘЫӶРА ШӘАРҬОУП

3—5. а) Иарбан гхоу Аса иҟаиҵаз, Иегова гәыкала имаҵ шиуазгьы? б) Игәазҭазҵар алшози Аса ауаа рықәгәыӷра, Вааса Иуда данаҿагыла?

3 Шәааи раԥхьа Аса иӡбахә ҳалацәажәап, насгьы Анцәа Иажәа ҳаԥсҭазаара ианырыр шалшо ҳазхәыцып. Миллионҩыла аефиопаа Иуда ианаҿагыла, Аса Иегова диқәгәыӷит. Аха израильтәи аҳ Вааса Иуда аҳәаақәа рзааигәара иҟаз ақалақь Рама арӷәӷәара даналага, Аса Иегова диқәымгәыӷӡеит (2 Аш. [2 Лет.] 16:1—3). Аса иҟәыӷара дақәгәыӷырц иӡбеит, насгьы аҳ Венадад Ваал диқәларц азы дааихәеит. Ақәҿиара аиума Аса игәҭакы? Абиблиаҿы иануп: «Вааса ари аниаҳа, Рама арӷәӷәара даҟәыҵит, насгьы аусурақәа ааникылеит» (2 Аш. [2 Лет.] 16:5). Абас, Аса игәҭакы ақәҿиара аиуит. Аха уи ус акәушәа унарбар алшон.

4 Дышԥахәаԥши Иегова Аса ихымҩаԥгашьа? Анцәа уи иахь ихаҭарнак Анани дишьҭит, уи Аса Иегова дахьиқәымгәыӷыз азы диқәыӡбеит. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 16:7—9.) Анани ус иҳәеит: «Уажәшьҭа уара иуҿагыланы иуабашьлоит». Вааса дышхьаҵызгьы, Аса напхгара ҟаиҵонаҵы, ҵыхәаԥҵәара змамыз аибашьрақәа ажәлар агәаҟрақәа рзааргон.

5 Ари аԥхьа иҟаз астатиаҿы ишаҳбаз еиԥш, Анцәа Аса игәы ҭиҵааит, насгьы гәыкала дшизыҟаз ибеит (1 Аҳ. [1 Цар.] 15:14). Иегова Аса, иааизакны иуҳәозар, гәык-ԥсык ала дизиашан ҳәа иԥхьаӡеит, уи Анцәа иҭахрақәа ирықәшәон. Аха уеизгьы, аҳ ииашамыз ихымҩаԥгашьа иаанагаз алҵшәа бааԥсқәа дызрыцәцомызт. Аҳ Вааса Аса даниршәа, игәазҭазҵазеи Аса Иегова иакәымкәа, ихи Венадади рықәгәыӷра? Иҟалап иара игәы иаанагозҭгьы аибашьратә метод бзиақәа аиааира изааргоит ҳәа, анцәаиҳәара аасҭа. Мамзаргьы егьырҭ ирҭаз ииашамыз алабжьара дықәныҟәазар ауеит.

6. Иаҳнарҵозеи ҳара Аса иҿырԥштәы? Иҳаилшәыркаа.

6 Аса иҭоурых ҳгәазҭанаҵоит ҳхы шымҩаԥаҳго азхәыцра. Ауадаҩрақәа ҳаззымиааиуа акоуп ҳәа аныҳаԥхьаӡо, ҳара иаразнак Иегова ацхыраара ҳаиҭарц иҳәара ҳалагоит. Аха ҳхы шԥамҩаԥаҳго уиаҟара иӷәӷәам ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? Ҳалагома урҭ ҳхы ҳақәгәыӷны рыӡбара? Ҳрықәныҟәома ҳара абиблиатә принципқәа ԥшааны, уи ала Анцәа иҟәыӷара ҳшақәгәыӷуа аарԥшуа? Иаҳҳәап, шәҭынхацәа аизарақәа ма аконгрессқәа шәырҭаалар рҭахӡам. Усҟан Иегова шәиҳәала ари аҭагылазаашьаҿы еиҳа еиӷьны шәхы шымҩаԥыжәгаша шәеилиркаарц. Иҟалап шәусура шәцәыӡзар, насгьы акыраамҭа аусурҭа шәзымԥшаауазар. Аусура шәрыдыркыларц шәанрацәажәо, ишәҳәома аусура амшқәа рзы иҟоу аизарақәа рыбжьажьра шышәҭахым? Иарбан уадаҩроу ҳзықәшәозаалакгьы, иахәҭоуп аԥсаломшәаҳәаҩ илабжьара ақәныҟәара: «Умҩа Нцәа Ҳазшаз имада, Инапы уҽанҵа, Иаргьы инаигӡашт» (Аԥсал. 36:5, [37:5, АдҾ]).

ИҼЕИМ АИҾЦӘАЖӘАРА ШАҞА ИШӘАРҬОУ

7, 8. Иарбан гхақәоу Иосафат иҟаиҵаз, насгьы иалҵшәахазеи уи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

7 Иаҳҳәар ҳалшозеи Аса иԥа Иосафат изкны? Иара имаҷымкәа аҟазшьа бзиақәа илан. Анцәа диқәгәыӷуа, Иосафат аус қьиақәа рацәаны иҟаиҵеит. Аха уеизгьы, ииашамыз аӡбарақәагьы идикылон. Иара аҩадатәи аҳраҿы напхгара зуаз аҳ Ахав иҿы аҭаацәалазааратә еиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Ахав дидгыланы сириаа дырҿагылеит, аԥааимбар Михеи ус ҟаимҵарц шиеиҳәазгьы. Аибашьраҿы Иосафат дыршьырц ак игымхеит. Уи ашьҭахь иара Иерусалимҟа дхынҳәит (2 Аш. [2 Лет.] 18:1—32). Уа аԥааимбар Ииуи диазҵааит: «Иухәҭазма амцқьацәа рыцхраара, насгьы Иегова дызцәымӷу бзиа рбара?» (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 19:1—3.)

8 Акыр инарҵама Иосафат дзықәшәаз? Иара гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ шиуазгьы, иҟалап дзықәшәаз акгьы инамырҵазар, насгьы Ииуи иажәақәа дрықәымныҟәазар. Иосафат ииашамыз даҽа ӡбарак идикылеит. Иара Анцәа иаӷа ицәгьаз аҳ Охозиа иҿы аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит, уи Ахав иԥа иакәын. Ари аӡбарагьы иашамызт. Иосафати Охозиеи аӷбақәа рыргылара иалагеит, аха урҭ ԥыххааса ицеит, рыгәҭакгьы мнаӡеит (2 Аш. [2 Лет.] 20:35—37).

9. Ишԥаҳнырыр алшо иҽеим аиҿцәажәара?

9 Иосафат иҿырԥшы ҳаԥсҭазаара азхәыцра ҳгәазҭанаҵар ауп. Иааизакны иаҳҳәозар, Иосафат дыцәгьамызт. Иара ииашаз ҟаиҵон, насгьы «гәык-ԥсык ала Иегова диԥшаауан» (2 Аш. [2 Лет.] 22:9). Аха иара иҽеимыз аиҿцәажәара иаанагаз алҵшәа бааԥс дзацәымцеит. Ажәамаанақәа [Притчи] 13:20 аҿы ишаҳәо еиԥш, «аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит, ахшыҩдақәа рҟны аус змоу арыцҳара дақәшәоит». Ганкахьала, ҳара ауаа аҵабырг аилкаара ҳрыцхраалар ауп. Даҽа ганкахьала, иаҳхаҳмыршҭлароуп Иосафат Ахав дицхраарц игәы иахьҭеикыз азы,— уи шаҭахымызгьы,— иԥсҭазаара ицәыӡырц ак игымхеит. Убас еиԥш, ҳаргьы иқьырсианым мыцхәы иааигәаны ҳрыҿцәажәозар, ҳхы ашәарҭара иҭаҳаргылоит.

10. а) Иднарҵар алшозеи аҭаацәара алалара згәы иҭоу Иосафат иҿырԥштәы? б) Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара?

10 Иаҳнарҵар алшозеи еиҭа Иосафат иҿырԥштәы? Ақьырсиан Иегова бзиа дзымбо иахь аромантикатә цәаныррақәа реизырҳара далагар алшоит. Уи дхәыцуазар ауеит ақьырсианцәа рыбжьара хатә ҩызас иалухуа аӡәгьы дыҟам ҳәа. Шьоукы рҭынхацәа рықәыӷәӷәозар ауеит. Дара иааҟәымҵӡакәа ирҳәозар алшоит уажәшьҭа ахатә ҩыза дуԥшаароуп, мамзар ус уаанхоит ҳәа. Уи адагьы, ақьырсианцәа шьоукы иаҳәшьак лцәаныррақәа лыцеиҩыршоит, лара илҳәеит: «Ҳара иаҳҭахуп абзиабара, насгьы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа. Ус Анцәа ҳаишеит». Иҟарҵарызеи нас ақьырсианцәа? Иаҳгәалаҳаршәап Иосафат иҿырԥштәы. Абжьааԥны иара Анцәа инапхгара даҳәон (2 Аш. [2 Лет.] 18:4—6). Аха иҟалазеи Иосафат Иегова бзиа дзымбоз Ахав иааигәаны иҿцәажәара даналага? Иосафат ихамышҭлар ихәҭан Иегова гәык-ԥсык ала изыҟоу илаԥш шырху. Иахьагьы Иегова «адгьыл зегь илаԥш ахуп», насгьы ацхыраара ҳаҭаразы «имч аарԥшра» дазхиоуп (2 Аш. [2 Лет.] 16:9). Иара ҳцәаныррақәа еиликаауеит, насгьы бзиа ҳаибоит. Агәра жәгома шәара абзиабареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәеи рганахь ала Анцәа шәҭахрақәа шынаигӡо? Агәра ганы шәыҟаз ҽнак зны уи шыҟало!

Агәрахаҵара змам ауаа руӷә аҽаҵаҳәара шаҟа ишәарҭоу шәхашәмыршҭлан (Шәахәаԥш абзац 10.)

ШӘГӘЫ ԤАГЬАХАРТӘ АЛШӘМЫРШАН

11, 12. а) Ишԥеилкаахеи Езекиа игәы иҭаз? б) Избан Езекиа Анцәа игәыԥжәара дзацәцаз?

11 Езекиа иҿырԥштәы иаҳнарбоит ҳгәы ацклаԥшра шхадоу. Зны Иегова Езекиа игәы иҭаз ааирԥшит. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 32:31.) Езекиа ӷәӷәала данычмазаҩха, Анцәа уи адырга ииҭеит — ихынҳәыз агага,— уи ишьақәнарӷәӷәон иара ичымазара дшалҵуа. Вавилон аҭауадцәа уи адырга аҵакы аилкааразы аҳ иахь ауаа рышьҭит (2 Аҳ. [2 Цар.] 20:8—13; 2 Аш. [2 Лет.] 32:24). Анцәа Езекиа «дԥишәарц азы даницәхьаҵ», иара «ихазынаҭра зегьы дирбеит». Ииашамыз ари ихымҩаԥгашьа «игәы иҭаз зегь» аанарԥшит.

12 Абиблиаҿы Езекиа игәы зԥагьахаз аӡбахә анӡам. Иҟалап уи зыхҟьаз аҳ асириаа дахьыриааиз азы акәзар. Мамзаргьы Анцәа џьашьахәыла ичымазара дахьалиргаз азы акәзар ауеит. Иара убас даара амал ду ахьирҳаз, насгьы ахьӡ-аԥша ахьиоуз акәзар алшоит. Ишыҟазаалакгьы, Езекиа дԥагьахеит, насгьы «изыҟарҵаз абзиара ишахәҭаз еиԥш дазымнеит». Шаҟа илахьеиқәҵагоузеи! Уаанӡа Езекиа Иегова гәыкала имаҵ шиуаз игәалаиршәарц дышиҳәозгьы, уи даара игәы иирхьит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Езекиа ахынраалара ааирԥшит, убри аҟынтә аҳи уи ижәлари рахь Иегова игәыԥжәара ааимырԥшӡеит (2 Аш. [2 Лет.] 32:25—27; Аԥсал. 137:6 [138:6, АдҾ]).

13, 14. а) Ианбаилшо Иегова ҳԥишәарц азы ҳацәхьаҵра? б) Ишԥаҳахәҭоу ҳхы амҩаԥгара, ҳақәҿиарақәа рзы ҳандырҽхәо?

13 Иаҳнарҵар алшозеи ҳара Езекиа иҿырԥштәы? Иазгәашәҭ, иара дԥагьахеит Иегова Сеннахирим данииааи, насгьы Езекиа ичымазара даналирга ашьҭахь. Дҳацәхьаҵыр алшома Иегова уск аҿы ақәҿиарақәа анҳаулак, Езекиа иеиԥш, ҳаргьы ҳԥишәарц, насгьы ҳгәы иҭоу ибарц азы? Шәхаҿы даажәг акыраамҭа ажәахә зҽазыҟазҵоз аиашьа. Иара ауаа рацәа рҿаԥхьа дықәгыланы ажәахә иҳәеит. Данықәгыла ашьҭахь аӡәырҩы ддырҽхәоит. Дышԥазнеиуеи иара арҽхәара?

14 Ҳара аҟәыӷара ааҳарԥшуеит, ҳандырҽхәо Иисус илабжьара ҳақәныҟәозар: «Шәарҭгьы убас, нагӡатәыс ишәыдырҵаз зегьы анынашәыгӡалакь, ишәҳәар ауеит: „ҳарҭ, акагьы иаԥсам атәқәа, иаҳуалыз ҟаҳҵеит“» (Лука 17:10). Арагьы аҳ Езекиа ҳизхәыцыр ҳалшоит. Иара иԥагьара ааԥшит, «изыҟарҵаз абзиара ишахәҭаз еиԥш» даназымнеи. Анцәа иаҳзыҟаиҵахьоу ҳаназхәыцуа, ҳгәаҿы иара ицәымӷу аҟазшьақәа еизҳаӡом. Аџьшьара аарԥшны ҳара Иегова иӡбахә ҳҳәалар ҳалшоит. Анцәа иара Иажәа ҳаиҭеит, уи ихы иархәаны ижәлар дрыцхраауеит.

АӠБАРАҚӘА АНШӘЫДЫШӘКЫЛО, АГӘҼАНЫЗААРА ААШӘЫРԤШЛА

15, 16. Избан Иосиа Анцәа ихьчара, насгьы иԥсҭазаара зицәыӡыз?

15 Иаҳнарҵар алшозеи ҳара аҳ бзиа Иосиа дзықәшәаз? Ҳрызхәыцып дҭазырхаз ахҭысқәа. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 35:20—22.) Иосиа Мысра аҳ Нехо иабашьра далагеит, уи аҳ Иосиа иахь гәала шимам шиҳәазгьы. Абиблиаҿы иануп Нехо иажәақәа «Анцәа иҟынтә» иаауан ҳәа. Нас избан Иосиа аибашьра дзалагаз? Абиблиаҿы уи азҵаара аҭак анӡам.

16 Ишԥаилшоз Иосиа Нехо иажәақәа Иегова иҟынтә ишаауаз аилкаара? Иаҳҳәап, иара илшон Анцәа изиашаз иԥааимбар Иеремиа диазҵаар (2 Аш. [2 Лет.] 35:23, 25). Аха џьаргьы ианӡам иара ус ҟаиҵеит ҳәа. Уи адагьы, Нехо Кархемис ауп дахьцоз. Иара Иерусалим акәымкәа, «даҽа ҩнык» дабашьырц акәын ииҭахыз. Иосиа иара убас Анцәа ихьӡ ахьчарагьы ихәҭамызт, избанзар аҳ Нехо Иегова ижәлари иареи дырхыччомызт. Убри аҟынтә Иосиа иганахь ала даара иҟәыӷарамызт Нехо иабашьра. Иарбан уроку иалҳкаар ҳалшо? Имариам аҭагылазаашьа ҳақәшәазар, ҳара Иегова игәаԥхара иаҵанакуа еилаҳкаалар ауп.

17. Ишԥаҳалшо Иосиа иҟаиҵаз агха ҳҽацәыҳахьчар?

17 Ауадаҩра ҳанақәшәо, уи иадҳәалоу абиблиатә принципқәа ҳрызхәыцыр, насгьы иҭышәынтәалоу аӡбара ҳадаҳкылар ауп. Ҭагылазаашьақәак рҿы аизара аиҳабацәа ҳразҵаар бзиоуп. Иҟалап аҭагылазаашьа ибзианы ҳазхәыцны, иадҳәалоу зегь ҭаҳҵаазар. Аха принципқәак ҳхахьы иааҳамгазар ауеит, урҭ ҳара ҳрызхәыцырц азы аизара аиҳабацәа ҳацхраауеит. Еилҳаргап ҿырԥштәык. Аиаҳәшьа ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара шлыхәҭоу ибзианы еилылкаауеит (Аус. 4:20). Лара амш алхны ажәабжьҳәара дцарц лыӡбоит. Аха Анцәа дхазымҵо лхаҵа аҩны даанхарц длыҳәоит. Иара иҳәоит дара аамҭа маҷны ишеицырхырго. Аиаҳәшьа ианаало абиблиатә принципқәа дрызхәыцуазар ауеит, иаҳҳәап, Анцәа изыӡырҩра, насгьы аҵаҩцәа разыҟаҵара ирызку (Матф. 28:19, 20; Аус. 5:29). Аха лара иара убас лхаҵа изыӡырҩра, насгьы аҟәыӷара аарԥшра шлыхәҭоу дазхәыцыр ауп (Еф. 5:22—24; Флп. 4:5). Лхаҵа ииҭаху лара ажәабжьҳәара дымцаларц аума, мамзаргьы уи аҽны заҵәык лусқәа лыԥсахыр акәу? Ҳара Анцәа игәаԥхара анагӡаразы агәаҳәареи аламысцқьареи ҳамазар ҳҭахуп аҟынтә, иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы зегьы ҳахшыҩ азышьҭны ҳазхәыцлар ауп.

ГӘЫКАЛА, НАСГЬЫ ГӘЫРӶЬАРЫЛА АНЦӘА ИМАҴ ЖӘУЛА

18. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго ари астатиаҿы еилҳаргаз ԥшьҩык аҳцәа рҿырԥшы азхәыцра?

18 Ҳара ҳнаӡаӡам, насгьы ари астатиаҿы зыӡбахә ҳҳәоз ԥшьҩык аҳцәа иҟарҵоз агхақәа зны-зынла ҳаргьы иҟаҳҵоит. Ҳара иҳалшоит: 1) ҳазымхәыцкәа ҳхы, ма егьырҭ ауаа ҳрықәгәыӷыр, 2) иҽеим аҩызцәа алҳхыр, 3) аԥагьара ааҳарԥшыр, 4) Анцәа игәаԥхара еилымкааӡакәа аӡбара ҳадаҳкылар. Шаҟа ҳгәы иахәозеи ҳара Иегова иҳалоу абзиара ахьибо, ԥшьҩык аҳцәа ирылаз абзиара шибоз еиԥш! Уи адагьы, Иегова шаҟа бзиа даҳбо, насгьы имаҵ аураҿы иҳалшо зегь аҟаҵара шаҳҭаху идыруеит. Убри аҟынтә иара Абиблиаҿы угәуҽанызҵо аҿырԥштәқәа ҳаиҭеит. Урҭ агха ӷәӷәақәа рҽырцәыхьчара иҳацхраауеит. Шәааи арҭ аҿырԥштәқәа ҳрызхәыцлап, насгьы Иегова урҭ рзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәалап!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра