Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 март ад. 15—20
  • Гәыкала Иегова имаҵ жәула

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Гәыкала Иегова имаҵ жәула
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «АСА ИЕГОВА ГӘЫК-ԤСЫК АЛА ДИЗЫҞАН»
  • ИОСАФАТ ИЕГОВА ДИԤШААУАН
  • ЕЗЕКИА ИИАШАЗ ҞАИҴОН
  • ИОСИА ИЕГОВА ИԤҞАРАҚӘА ИХЬЧОН
  • ГӘЫКАЛА ИЕГОВА ИМАҴ ЖӘУЛА
  • Инажәгома шәгәаҵанӡа иҩыз зегьы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иқәыԥшу аишьцәа, иҟашәҵар шәылшозеи шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәыгәра ргаларц азы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иулшома уара Аса иеиԥш агәымшәара ааурԥшлар?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 март ад. 15—20

Аса, Иосафат, Езекиа, Иосиа

Гәыкала Иегова имаҵ жәула

«Иегова, суҳәоит, иугәаларшәа уҿаԥхьа гәрахаҵарала, гәыкала сышныҟәоз» (2 АҲ. [2 ЦАР.] 20:3).

АШӘАҚӘА: 52, 65

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи Иегова гәыкала имаҵ аура?

  • Иаҳнарҵозеи Анцәа иудатәи ԥшьҩык аҳцәа дахьырзыразыз?

  • Шәызҿыԥшлар шәҭахыда шәара урҭ аԥшьҩык аҳцәа рҟынтә, насгьы избан?

1—3. Иҳаилшәыркаа Иегова «гәыкала» имаҵ аура иаанаго.

ҲАРА зегьы ҳнаӡаӡам, насгьы агхақәа ҟаҳҵоит. Насыԥны, ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, насгьы Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны иҳанаижьырц Иегова ҳиҳәозар, усҟан иара «иаҳуаз аиакәымрақәеи ҳагәнаҳарақәеи рыла» дҳазныҟәаӡом (Аԥсал. 102:10 [103:10, АдҾ]). Аха Иегова ҳмаҵзура игәаԥхаларц азы, «гәыкала» имаҵ ҳаулар ауп (1 Аш. [1 Лет.] 28:9). Иаанагозеи уи инаӡам ауаа рзы?

2 Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы, ҳахәаԥшып иудатәи ҩыџьа аҳцәа Асеи Амасиеи рҿырԥштәы. Арҭ аҳцәа аҩыџьагьы Иегова ииҭахыз ҟарҵон, аха Аса заҵәык иоуп гәык-ԥсык ала Анцәа изыҟаз (2 Аш. [2 Лет.] 15:16, 17; 25:1, 2; Ажәам. [Прит.] 17:3). Дара наӡамызт аҟынтә, аҩыџьагьы агхақәа ҟарҵон. Аха Аса Анцәа имҩақәа дрыцәхьаҵӡомызт, избанзар аҵыхәтәанынӡа Анцәа дизиашан. Аха Амасиа ус дыҟамызт. Иара Иегова иаӷацәа даныриааи, урҭ рынцәахәқәа иган, рымҵахырхәара далагеит (2 Аш. [2 Лет.] 25:11—16).

3 «Гәыкала» Анцәа имаҵ аура иаанагоит аҵыхәтәанынӡа иара иахь азиашара аарԥшра, насгьы ахаангьы ицәхьамҵра. Абиблиаҿы ажәа «агәы» ауаҩы ҩныҵҟала дшыҟоу аанарԥшуеит. Уахь иаҵанакуеит ауаҩы игәазыҳәарақәа, ихәыцрақәа, иҟазшьақәа, игәазыҟашьа, илшарақәа, имотивқәа, ихықәкқәа. Ус анакәха, гәыкала иҟоу ауаҩы гәыҩбарада, гәык-ԥсык ала Иегова имаҵ иуеит. Иара Иегова имаҵ аура иаабац ак еиԥш дахәаԥшӡом. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Ҳара, инаӡам ауаа, аҵыхәтәанынӡа Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, насгьы ҳмаҵзураҿы агәыҩбара ааҳмырԥшуазар, иаҳҳәар ҳалшоит гәыкала Иегова имаҵ ҳуеит ҳәа (2 Аш. [2 Лет.] 19:9).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Гәыкала Анцәа имаҵ аура иаанаго еилаҳкаарц азы, шәааи Асеи егьырҭ иудатәи хҩык аҳцәеи — Иосафат, Езекиа, Иосиа — рҿырԥштәы еилҳаргап. Дара гәык-ԥсык ала Иегова изиашаны имаҵ руан. Дара зегьы агхақәа ҟарҵон, аха Иегова урҭ дырзыразын. Избан Иегова урҭ гәыкала имаҵ руан ҳәа зиԥхьаӡоз? Ишԥаҳалшо ҳара рҿыԥшра?

«АСА ИЕГОВА ГӘЫК-ԤСЫК АЛА ДИЗЫҞАН»

5. Иарбан шьаҿақәоу Аса иҟаиҵаз?

5 Аса иудатәи аҳраҿы ахԥатәи аҳ иакәын. Уи шьақәыргылан израильтәи ажәлар израильтәи аҳреи иудатәи аҳреи рыла ианеиҩшаха. Аса иаҳра аныхақәа рҟынтә ирыцқьеит, насгьы ауахәамаҿы акаҳԥра иаҿыз ахацәа ԥхеиҵеит. Уи иара убас «ианду Мааха ихәымгоу аныхақәа ахьыҟалҵоз азы лаҳкәажәра лымихит» (1 Аҳ. [1 Цар.] 15:11—13). Уи адагьы, Аса ажәлар «Иегова дрыԥшааларц... насгьы изакәанқәеи иԥҟарақәеи ирықәныҟәаларц» ргәазҭеиҵон. Ишаҳбо еиԥш, Аса иҵабыргу Анцәа имҵахырхәара гәацԥыҳәарала дадгылон (2 Аш. [2 Лет.] 14:4).

6. Ихы шԥамҩаԥигеи аҳ Аса, идгьыл ефиопаа анақәла?

6 Иегова Иуда дазылԥхеит — Аса раԥхьатәи ажәашықәса аҩныҵҟа аҳра аниуаз аамҭазы ажәлар ҭынч инхон. Аха анаҩс аиудеиаа аефиоп Зара дырҿагылеит. Уи миллионҩык аруааи хышә ҽыуардыни иман (2 Аш. [2 Лет.] 14:1, 6, 9, 10). Ихы шԥамҩаԥигеи Аса имариамыз ари аҭагылазаашьаҿы? Иара Иегова диқәгәыӷит. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 14:11.) Анцәа Аса гәыкала иҟаиҵаз аҳәара иаҳаит, насгьы ефиопаа ԥыххааса рықәҵара дицхрааит (2 Аш. [2 Лет.] 14:12, 13). Аҳцәа Иегова ианизиашамызгьы, ихьӡ аҳаҭыр азы ижәлар аиааира риҭон (1 Аҳ. [1 Цар.] 20:13, 26—30). Аса иакәзар, Иегова диқәгәыӷуан, Иеговагьы иҳәара аҭак ҟаиҵеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Аса ҭагылазаашьақәак рҿы ииашамкәа ихы мҩаԥигеит. Зны иара Иегова иакәымкәа, сириатәи аҳ ацхыраара ииҭарц азы диҳәеит (1 Аҳ. [1 Цар.] 15:16—22). Аха уеизгьы, Абиблиаҿы Аса иӡбахә абас иҳәоуп: «Аса иԥсы ҭанаҵы Иегова гәык-ԥсык ала дизыҟан». Ишԥаҳалшо Аса иҿыԥшра? (1 Аҳ. [1 Цар.] 15:14).

7, 8. Ишԥашәылшо шәмаҵзураҿы Аса шәиҿыԥшлар?

7 Ҳара зегьы ҳгәы ҭаҳҵаар ҳалшоит, уи аҵыхәтәанынӡа Иегова изиашоу изиашаму аилкааразы. Ухы уазҵаа: «Сазхиоума сара Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара, сыгәрахаҵара арӷәӷәара, насгьы Анцәа ижәлар ԥхасҭазтәуа анырра аҟынтә ахьчара?» Шәазхәыц шаҟа агәымшәара иҭахыз Аса иудатәи аҳкәажә Мааха дылҿагыларц азы! Иҟалап Мааха леиԥш зхы мҩаԥызго аӡәгьы дышәзымдыруазар, аха шәыԥсҭазаараҿы Аса иааирԥшуаз агәацԥыҳәара аҿыԥшра ахьаҭаххо аҭагылазаашьа цәырҵыр алшоит. Иаҳҳәап, шәҭынхацәа ма шәҩызцәа гәакьақәа рҟынтә аӡәы агәнаҳа ҟаиҵеит, уи дахьымхәӡеит, насгьы аизара далырцеит. Шәазхиоума шәара уи имацәажәара? Ишәыҵанаҳәозеи шәара шәгәы?

8 Аса иеиԥш, шәаргьы ишәылшоит гәыкала Анцәа имаҵ шыжәуа аашәырԥшыр. Даараӡа ицәгьоу аԥышәара шәақәшәеит ҳәа анышәыԥхьаӡо, аҵыхәтәанынӡа Иегова шәиқәгәыӷла. Иаҳҳәап, шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа ахьракәу азы ашкол аҿы аҵәы рылырхуеит. Егьырҭ адоуҳатә усқәа рзы аԥсшьарамшқәа ахьырго, мамзаргьы аԥара арҳаразы русура амш иацҵаны аус ахьырымуа аус рыцызуа рхыччоит. Арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа рҿы Аса шәиҿыԥшла — Анцәа шәиҳәала. Агәымшәара аашәырԥшла, Анцәа шәиқәгәыӷла, насгьы еснагь ииашоу аҟаҵара шәазхиаз. Ишәхашәмыршҭлан Анцәа Аса дыширӷәӷәаз, насгьы дышицхрааз. Уи шәаргьы амч шәиҭоит.

9. Ишԥаҳалшо ауаа ажәабжь анырзеиҭаҳҳәо, гәыкала Анцәа ҳшизыҟоу ааҳарԥшыр?

9 Анцәа имаҵзуҩцәа рхы мацара иашьҭаӡам. Аса иҵабыргу Анцәа имаҵ аура дадгылан. Аса иеиԥш, ҳаргьы ауаа «Иегова иԥшаара» ҳрыцхраауеит. Хымԥада, ҳара уи зыҟаҳҵо Иегова бзиа дахьаҳбо, иара убас ауаа наӡаӡа инхаларц ахьаҳҭаху азы ауп. Иегова уи анибо, даара игәы иахәоит.

ИОСАФАТ ИЕГОВА ДИԤШААУАН

10, 11. Ишԥашәылшо Иосафат иҿыԥшра?

10 Аса иԥа Иосафат «иаб имҩала дцон» (2 Аш. [2 Лет.] 20:31, 32). Иосафат, иаб иеиԥш, иаргьы ажәлар ргәазҭеиҵон Иегова иԥшаара. Иара зымҽхак ҭбааз акампаниа еиҿикааит, «Иегова изакәан зныз ашәҟәы» ацхыраарала ауаа уа ианыз ддырҵон (2 Аш. [2 Лет.] 17:7—10). Иара убасгьы Израиль иаҵанакуаз аҩадатәи аҳрахь дцеит, ашьхараҿы иҟаз Ефрем ақалақь аҿы инхоз ауаа «Иегова иахь ихынҳәырц» азы ргәазҭеиҵарц (2 Аш. [2 Лет.] 19:4). Аҳ Иосафат еснагь «гәыкала Иегова диԥшаауан» (2 Аш. [2 Лет.] 22:9).

11 Ҳара зегьы иахьа Иегова имҩаԥиго арҵаратә ус ду ҳхы алаҳархәлар ҳалшоит. Иқәшәыргылома шәара ахықәкы есымза Анцәа Иажәа ауаа дырҵареи ргәаҵанӡа анагареи, уи Анцәа имаҵ руларц азы ргәазҭанаҵартә еиԥш? Аҽазышәарақәа аарԥшуа, насгьы Иегова ицхыраара шәақәгәыӷуа, шәара, ҳәарада, абиблиатә ҵара шәалагар шәылшоит. Шәиҳәома шәара уи азы Анцәа? Шәазхиоума шәара абиблиатә ҵара амҩаԥгара, уи шәхатә аамҭа шәымнахыргьы? Аҩадатәи аҳра иаҵанакуаз Ефрем инхоз ауаа Иегова иахь ихынҳәырц азы рыцхраара ицаз Иосафат ҳаиҿыԥшны, ҳаргьы иактивым ажәабжьҳәаҩцәа ҳрыцхраарц азы ҳрызнеилар ҳалшоит. Уи адагьы, аизара аиҳабацәа аизара иалцаз, аха иҟалап зыгәнаҳарақәа ирыхьхәыз ажәабжьҳәаҩцәа ирҭаауеит.

12, 13. а) Ихы шԥамҩаԥигеи Иосафат, имариамыз аҭагылазаашьа данақәшәа? б) Избан, Иосафат ҳаиҿыԥшны, зегь шҳалымшо аилкаара зҳахәҭоу?

12 Иосафат, иаб Аса иеиԥш, ар дуӡӡа Иуда иаҿагыларц ргәы ианҭазгьы, Анцәа дизиашаны даанхеит. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 20:2—4.) Иосафат дшәеит, аха «Иегова иԥшаара иӡбеит». Иара Иегова диҳәеит, ахынраалара аарԥшны ижәлари иареи «ари ар ду аҿагыларазы амч шрымам», насгьы иҟарҵара шырзымдыруа иаартны иҳәеит. Иосафат аҵыхәтәанынӡа Иегова диқәгәыӷит, иара иҳәеит: «Ҳаблақәа уара уахь ирхоуп» (2 Аш. [2 Лет.] 20:12).

13 Зны-зынла ҳаргьы иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳҟалоит, ашәарагьы ҳазцәырҵлоит (2 Кор. 4:8, 9). Аха ишәхашәмыршҭлан Иосафат иҟаиҵаз. Иара ажәлар дрылагыланы Анцәа даниҳәоз, ижәлари иареи аӷа иҿаԥхьа амч шрымам иҳәеит (2 Аш. [2 Лет.] 20:5). Аҭаацәара ахадацәа Иосафат иҿыԥшлар рылшоит. Шәиҳәала Иегова алабжьара шәиҭарц, насгьы ауадаҩрақәа рыхгаразы шәирӷәӷәарц. Шәацәыԥхамшьалан Иегова ацхырааразы шәышиҳәо шәҭаацәа иахьраҳауа. Урҭ ирбоит Иегова шәишиқәгәыӷуа. Анцәа Иосафат иҳәара аҭак ҟаиҵеит, уи, хымԥада, шәаргьы дшәыцхраауеит.

ЕЗЕКИА ИИАШАЗ ҞАИҴОН

14, 15. Ишԥааирԥши Езекиа аҵыхәтәанынӡа Анцәа игәра шигоз?

14 Аҳ Езекиа «ӷәӷәала Иегова идгылаз» иеиԥш дырдыруан. Иара иаб дҿырԥш бзиамызт, насгьы аныхақәа дрымҵахырхәон. Аха Езекиа уеизгьы Иегова дидгылан. Иара «иԥшьоу аколоннақәа, иԥшьоу ашьаҟа, Моисеи абҩа иалхны иҟаиҵаз амаҭ ықәигеит», избанзар уи амаҭ иамҵахырхәо иалагеит. Езекиа гәык-ԥсык ала Иегова дизиашан, иара «анаҩсгьы Иегова Моисеи ииҭаз аԥҟарақәа дрықәныҟәон» (2 Аҳ. [2 Цар.] 18:1—6).

15 Усҟантәи аамҭазы амч ду змаз ассириатәи ар Иуда ианақәла, насгьы Иерусалим ықәыргарц анырҭахха, Езекиа аҵыхәтәанынӡа Иегова диқәгәыӷит. Ассириатәи аҳ Сеннахирим Иегова дихыччон, насгьы Езекиа дхьаҵырц азы диршәон. Аха Езекиа Иегова иҳәара далагеит, насгьы уи реиқәырхара шилшо ала агәрагара ӷәӷәа ааирԥшит. (Уаԥхьа Исаиа [Исаия] 37:15—20.) Иегова уи аҳәара аҭак ҟаиҵеит, иара амаалықь дааишьҭит, уи 185 000-ҩык ассириаа ишьит (Ис. [Ис.] 37:36, 37).

16, 17. Ишԥашәылшо Езекиа иҿыԥшра?

16 Ԥыҭрак ашьҭахь Езекиа ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Иара Иегова диҳәон зиашарала имаҵ шиуаз игәалаиршәарц азы. (Уаԥхьа 2 Аҳцәа [2 Царей] 20:1—3.) Анцәа аҳ иҳәара аҭак ҟаиҵеит, насгьы дихәышәтәит. Аха ҳара Абиблиа аҟынтәи иаҳдыруеит Анцәа џьашьахәыла ҳшимхәышәтәуа, мамзаргьы ҳаԥсҭазаара шацимҵо. Аха Езекиа иеиԥш, Иегова ҳаниҳәо, иаҳҳәар ҳалшоит: «Сара уҿаԥхьа гәрахаҵарала, гәыкала сныҟәон». Ӷәӷәала шәычмазаҩхазар, агәра жәгома Иегова хымԥада дышшәыцхраауа? (Аԥсал. 40:4 [41:3, АдҾ]).

17 Езекиа иҿырԥштәы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, насгьы иара имаҵ аура ирԥырхаго зегьы ааныжьра шаҟа ихадоу азхәыцра ҳгәазҭанаҵоит. Иаҳҳәап, аӡәырҩы егьырҭ ауаа анцәахәқәа реиԥш ирыхәаԥшуеит. Дара еицырдыруа ауаа ҳараркуеит. Урҭ асоциалтә акаҭақәа рҿы даара аамҭа рацәаны ирхыргоит, ус еиԥш иҟоу ауаа рыԥсҭазаара иацклаԥшуа, рпотреҭқәа ирыхәаԥшуа, насгьы дара ирыдҳәалоу зегьы иаԥхьо. Ҳәарада, ақьырсианцәа шьоукы аинтернет алшара рнаҭоит рҭаацәеи рҩызцәеи рацәажәара. Аха ақьырсиан изгәамҭаӡакәа аинтернет аҿы ус баша даара аамҭа рацәаны ихигозар, уи ашәарҭара дҭанаргылар алшоит. Уи ипотреҭ, ма ианиҵаз акы ирацәаҩны ауаа иахьыргәаԥхаз дахыҽхәо далагар ауеит, мамзаргьы идаҟьа аӡәы уаҳа дшаҵаҩым анибо дгәаар илшоит. Шәхаҿы иаажәг апостол Павел ма Акилеи Прискиллеи ҳаамҭазы инхозшәа. Иқәдыргылалозма дара есыҽны аинтернет аҿы рпотреҭқәа, мамзаргьы иацклаԥшлозма иқьырсианым аӡәы иԥсҭазаара? Павел «иаамҭа зегьы Иисус — Христос шиакәу атәы Аиудеиаа рызнагара иазикуан» ҳәа иӡбахә ҳәоуп. Акилеи Прискиллеи егьырҭ Анцәа имҩа еиҳа инарҭбааны, инарҵауланы рзеиҭаҳәара раамҭа зегь азыркуан (Аус. 18:4, 5, 26). Ухы уазҵаар ауеит: «Сҽацәысыхьчома сара аӡәы нцәахәыс иҟаҵара, мамзаргьы зыхә ҳараку саамҭа баша арӡра?» (Уаԥхьа Ефесаа рахь 5:15, 16.)

ИОСИА ИЕГОВА ИԤҞАРАҚӘА ИХЬЧОН

18, 19. Иарбан гану Иосиа шәиҿыԥшларц ахьышәҭаху?

18 Езекиа имаҭа иԥа, аҳ Иосиа, Иегова иԥҟарақәа «гәык-ԥсык ала» дрықәныҟәон (2 Аш. [2 Лет.] 34:31). Данхбыџыз иара «Давид Инцәа иԥшаара далагеит», 20 шықәса раҟара анихыҵуаз Иуда аныхақәа рҟынтә арыцқьара иҽазикит. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 34:1—3.) Иосиа Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара агәаҳәара ӷәӷәа иман, уи ала иудатәи аҳцәа аӡәырҩы дрылукаауан. Аха Моисеи изакәан анырыԥшаа,— иҟалап аоригинал акәызҭгьы,— насгьы азакәан аҳ ианизаԥхьа, Иосиа еиликааит Анцәа имаҵ аураҿы еиҳа аҽазышәарақәа шаҭаху. Иара егьырҭ Анцәа имаҵ аура ргәазҭаҵара далагеит. Абасала, Иосиа иԥсы ҭанаҵы израильаа «Иегова ишьҭанеира иаҟәыҵуамызт» (2 Аш. [2 Лет.] 34:27, 33).

19 Иосиа иеиԥш, аҿар иқәыԥшнаҵы Анцәа дрыԥшаалар рылшоит! Иҟалап зыгәнаҳарақәа ирыхьхәыз аҳ Манассиа Иосиа Анцәа игәрыцҳашьара атәы изеиҭеиҳәозҭгьы. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, шәрыҿцәажәала Анцәа изиашоу зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа шәҭаацәараҿы ма аизараҿы, насгьы еилышәкаала Иегова урҭ азылԥхарақәа шриҭоз. Ишәхашәмыршҭлан: Анцәа Иажәа аԥхьара Иосиа игәаҵанӡа инеит, насгьы уи аусқәа рыҟаҵара игәазҭанаҵеит. Иҟалап Абиблиа шәанаԥхьо, Иегова изы еиҳаны аҟаҵара шәҭаххар. Аҵыхәтәаны шәара еиҳа насыԥ шәоуеит, Анцәа шәизааигәахоит, насгьы егьырҭ Анцәа иԥшаара рыцхраара агәаҳәара шәоуеит. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 34:18, 19.) Абиблиа анҭышәҵаауа, Анцәа еиӷьны имаҵ ауразы шәыԥсҭазаараҿы ак аԥсахра шаҭаху жәбар ауеит. Усҟан, Иосиа иеиԥш, аамҭа мгакәа иаҭаху ашьаҿақәа ҟашәҵа!

ГӘЫКАЛА ИЕГОВА ИМАҴ ЖӘУЛА

20, 21. а) Еицырзеиԥшзи зыӡбахә ҳҳәаз ԥшьҩык аҳцәа? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

20 Ишәгәаԥхама шәара гәыкала Иегова имаҵ зуаз иудатәи ԥшьҩык аҳцәа рҿырԥштәы? Дара гәацԥыҳәарала Анцәа игәаԥхара нарыгӡон, насгьы рыԥсы ҭанаҵы изиашан. Арҭ аҳцәа аӷацәа анырҿагылазгьы, Иегова аҵыхәтәанынӡа иқәгәыӷуан. Аха зегь раасҭа ихадоу, дара Анцәа имаҵ аураҿы ииашоу амотивқәа рыман.

21 Анаҩстәи астатиаҿы ишаҳбо еиԥш, арҭ аҳцәа аԥшьҩыкгьы агхақәа ҟарҵон. Аха агәқәа ҭызҵаауа Анцәа ибеит урҭ гәык-ԥсык ала ишизиашаз. Ҳаргьы ҳнаӡаӡам. Аха Иегова ҳагәқәа анҭиҵаауа, ибома иара гәыкала имаҵ шаҳуа? Шәааи уи анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргап.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра