АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9
Иқәыԥшу аишьцәа, иҟашәҵар шәылшозеи шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәыгәра ргаларц азы?
«Иумоу аҿар рацәа... ашьыжьтәи ашәаԥшь иалҵыз аӡаӡа иаҩызоуп» (АԤСАЛ. 110:3, АдҾ).
АШӘА 39 Анцәа иҿаԥхьа ахьӡ бзиа шәырҳала
АХҲӘААa
1. Иаҳҳәар ҳалшозеи иқәыԥшу аишьцәа ирызкны?
ИҚӘЫԤШУ аишьцәа, шәара аизаразы акыр шәаԥсоуп. Шәара амч шәымоуп, убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы иҟашәҵар шәылшо рацәоуп (Ажәам. 20:29). Иҟалап шәара шәгәы хыҭ-хыҭуа маҵзуратә цхырааҩыс шәаныҟало аамҭа шәазыԥшызар. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи азы шәқәыԥшцәоуп, насгьы аԥышәа шәызхаӡом ҳәа рыԥхьаӡозар ауеит. Ус иҟазаргьы, агәра ганы шәыҟаз шаҟа шәхыҵуазаалакгьы, аишьцәеи аиҳәшьцеи рҿаԥхьа ахьӡ бзиа шәырҳарц азы иҟашәҵар шәылшо шырацәо.
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ари астатиаҿы ҳара ҳарзааҭгылоит Давиди, Асеи, Иосафати рҿырԥштәқәа. Ҳара еилҳаргоит Иегова имаҵ зуаз урҭ аҳцәа зықәшәоз ауадаҩрақәа, дара урҭ ауадаҩрақәа рҿы рхы шымҩаԥыргоз, насгьы уи иқәыԥшу аишьцәа иднарҵо.
ИАҲНАРҴОЗЕИ АҲ ДАВИД ИҾЫРԤШТӘЫ?
3. Ирыцхраалар шԥарылшо иқәыԥшу аишьцәа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
3 Давид данқәыԥшыз инаркны ашәаҳәареи амузыкатә инструмент арҳәареи дазҟазан. Иара доуҳала дшәын, убри аҟынтә иҟазара ииашаны ихы иаирхәон — Иегова аҳас иалихыз Саул изы амузыка аирҳәон (1 Сам. 16:16, 23). Иқәыԥшу аишьцәа, ишәылома шәара егьырҭ ахәарҭа рзаазгар алшо аҟазара? Ишшәыло агәра ганы ҳаҟоуп. Иҟалап шәара игәашәҭазар зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыпланшетқәеи, релектронтә хархәагақәеи рхархәара шырцәыцәгьоу. Шәара урҭ рхархәашьа ибзианы ижәдыруеит аҟынтә, зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхатә ҭҵаареи аизарақәеи рҿы урҭ рхы ишадырхәалаша дшәырбар шәылшоит. Ҳәарада, дара уи даараӡа еигәырӷьоит.
Давид иаб иуасақәа анихьчоз агәрагара дшаԥсаз ааирԥшит. Иара урҭ амшәгьы иацәихьчахьан. (Шәахәаԥш абзац 4.)
4. Иарбан ҟазшьақәоу иқәыԥшу аишьцәа еиздырҳалар рыхәҭоу? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
4 Давид даныхәыҷыз инаркны уиқәгәыӷыртә дшыҟаз ааирԥшуан. Иаҳҳәап, иара иаб иуасақәа ихьчон. Уи аус шшәарҭазгьы, иара гәымшәарала уи наигӡон. Ԥыҭрак ашьҭахь иара уи иазкны аҳ Саул иеиҳәеит: «Умаҵзуҩы иаб иуасақәа ихьчон. Зны-зынла алым ма амшә ааины ауаса аманы ицон. Сара уи сашьҭаланы, икны иамхны иаазгон» (1 Сам. 17:34, 35). Давид иаб иуасақәа инапы ишаныз еиликаауан, убри аҟынтә гәымшәарала урҭ ихьчон. Иқәыԥшу аишьцәа, ишәылшома шәара, Давид иеиԥш, ишәыдырҵо адҵа зеиԥшразаалакгьы, уи ибзианы анагӡара?
5. Иҟарҵалар акәзеи иқәыԥшу аишьцәа зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсалом 25:14 иану инақәыршәаны?
5 Давид дышқәыԥшызгьы, Иегова иҿы аиҩызара ӷәӷәа еизирҳаит. Уи илаз аҟазареи агәымшәареи раасҭа ихадан. Иегова Давид Инцәа иакәын. Аха уи адагьы, Давид изы уи иреиӷьу Аҩыза иакәын. (Шәаԥхьа Аԥсалом 25:14.) Иқәыԥшу аишьцәа, жәҩантәи Шәаби шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала. Уи ауп зегь раасҭа ихадоу. Усҟан аизараҿы аҭакԥхықәрақәа рынагӡарагьы шәазхиазаауеит.
6. Ишԥаизыҟаз шьоукы Давид?
6 Аха шьоукы Давид датәарбаӡомызт. Иаҳҳәап, иара Голиаф дишьырц аниҭахха, аҳ Саул макьана ухәыҷцәоуп ҳәа иеиҳәеит (1 Сам. 17:31—33). Иашьа гәакьа иакәзар, агәрагара иаԥсам аӡә ишиацәажәо еиԥш диацәажәеит (1 Сам. 17:26—30). Аха Иегова Давид дхәыҷцәоуп, мамзаргьы агәрагара даԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡаӡомызт, избанзар иара Давид ибзианы дидыруан. Давид Иҩыза Иегова диқәгәыӷуан аҟынтә, Голиаф дииааит (1 Сам. 17:45, 48—51).
7. Ишәнарҵозеи шәара Давид иҿырԥштәы?
7 Ишәнарҵозеи шәара Давид иҿырԥштәы? Актәи, ачҳара аашәырԥшла. Шәхәыҷаахыс шәыздыруа шәшеизҳаз еилыркаарц азы аамҭа рҭаххар ауеит. Аха Иегова изы ихадоу шаҟа шәхыҵуа акәӡам, убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьлан. Иегова ибзианы шәидыруеит, ишәыло аҟазарагьы ибоит (1 Сам. 16:7). Аҩбатәи, Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала. Давид Иеговеи иареи ирыбжьаз аиҩызара ирӷәӷәаларц азы ашамҭақәа дрыхәаԥшуан, насгьы урҭ Иегова изкны идырҵо дазхәыцуан (Аԥсал. 8:3, 4; 139:14; Рим. 1:20). Ахԥатәи, Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Ишәхыччома шәара аҵара шәыцызҵо, Иегова ишаҳаҭ ахьшәакәу азы? Ааи акәзар, Иегова уи ауадаҩра ахгара дшәыцхраарц азы шәиҳәала. Шәхы иашәырхәала Абиблиеи, уи шьаҭас измоу апубликациақәеи, авидеонҵамҭақәеи рыла иҳауа алабжьарақәа. Иегова дышшәыцхраауа жәбацыԥхьаӡа, иара иахь шәыгәрагара еизҳалоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы Иегова шәышиқәгәыӷуа рбацыԥхьаӡа еиҳагьы шәыгәра ргалоит.
Иқәыԥшу аишьцәа егьырҭ ирыцхрааларц азы иҟарҵалар рылшо рацәоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
8, 9. Ицхраази Давид аҳра иоуаанӡа ачҳара аарԥшны аԥшра? Иднарҵозеи уи иҿырԥштәы иқәыԥшу аишьцәа?
8 Давид даҽа уадаҩракгьы дақәшәеит. Иара аҳас дшалхызгьы аҳра иоуаанӡа акыршықәса дыԥшын (1 Сам. 16:13; 2 Сам. 2:3, 4). Ицхраауази иара ачҳара аарԥшра? Давид игәы камыжьӡакәа илшоз зегь ҟаиҵон. Иаҳҳәап, иара Саул иҟынтә иҽаниҵәахуаз, насгьы филистимаа рыдгьыл аҿы данынхозгьы Израиль аӷацәа драбашьуан. Убас ала Иуда аҳәаақәа ихьчон (1 Сам. 27:1—12).
9 Ишәнарҵар алшозеи шәара Давид иҿырԥштәы? Амаҵзураҿы ишәылшо ҟашәҵала. Шәааи ҳахәаԥшып Рикардоb иҿырԥштәы. Рикардо данқәыԥшыз пионерс амаҵ аура далагарц иҭахын, аха аизара аиҳабацәа уи дазхиаӡам ҳәа рыԥхьаӡон. Аха Рикардо игәы каимыжьӡеит, аишьцәагьы дырцәымгәааӡеит. Уи аҭыԥан еиҳаны амаҵ аура далагеит. Иара иҳәоит: «Уажәы сара еилыскаауеит пионерс амаҵ зуларц азы аԥышәа еизсырҳар шсыхәҭаз. Сара сҽазысшәон ауаа иаадырԥшуаз аинтерес аизырҳара, насгьы аиҭанеирақәа ибзианы рыҟаҵара. Уи абзоурала Абиблиа аҵара зҭахыз ауаҩгьы дсыԥшааит. Амаҵзураҿы аԥышәа еизсырҳацыԥхьаӡа ашәара наҟ ицон». Уажәы Рикардо пионерс, насгьы маҵзуратә цхырааҩыс амаҵ иуеит.
10. Иҟаиҵазеи Давид зны ихадоу аӡбара идикылаанӡа?
10 Шәааи Давид дзықәшәаз даҽа хҭыск еилҳаргап. Зны иара Саул иҟынтә филистимаа рыдгьыл аҿы иҽаниҵәахуаз ируааи иареи еибашьра ицеит. Уи аамҭа рҽақәыршәаны аӷацәа Давид ируааи иареи рыҩнқәа дырҳәит, насгьы рыҳәсеи рхәыҷқәеи тҟәаны иргеит. Давид аибашьраҿы аԥышәа ду иман, убри аҟынтә иҭаацәа шеиқәирхаша ихалагьы ихәыцуеит ҳәа игәы иаанагар ҟалон. Аха иара ихы дақәымгәыӷӡеит. Уи аҭыԥан аԥшьаҩы Авиафар ила иҟаиҵаша Иегова диазҵааит. Иегова Давид урҭ дрышьҭаларц иеиҳәеит, ақәҿиара шиоуагьы агәра ииргеит (1 Сам. 30:7—10). Ишәнарҵар алшозеи шәара ари ахҭыс?
Иқәыԥшу аишьцәа аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара иашьҭазароуп. (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Иҟашәҵар акәзеи аӡбара шәыдышәкылаанӡа?
11 Аӡбара шәыдышәкылаанӡа алабжьара шәашьҭал. Шәрацәажәа шәҭаацәа, мамзаргьы аизара аиҳабацәа. Иегова урҭ ахацәа рыгәра игоит, шәаргьы рыгәра жәгалар шәылшоит. Урҭ Иегова иҟынтә ҳамҭақәоуп (Еф. 4:8). Урҭ рыгәрахаҵара шәаҿыԥшлар, насгьы ишәырҭо иҟәыӷоу алабжьарақәа шәырзыӡырҩлар, ииашоу аӡбарақәа шәыдышәкылалоит. Уажәшьҭа шәааи аҳ Аса иҿырԥштәы еилҳаргап.
ИАҲНАРҴОЗЕИ АҲ АСА ИҾЫРԤШТӘЫ?
12. Иарбан ҟазшьақәоу Аса аҳра аура даналага иааирԥшуаз?
12 Аса данқәыԥшыз ахынраалареи агәымшәареи ааирԥшуан. Иара иаб Авиа иҭыԥан аҳра аура даналага аныхамҵахырхәара ақәгара иҽазикит, насгьы ажәлар Иегова дрыԥшааларц, изакәанқәагьы нарыгӡаларц ргәазҭеиҵон (2 Аш. 14:1—7). Ԥыҭрак ашьҭахь, миллионҩык аруаа ирхагылаз Зара данижәла, иара ацхырааразы Иегова диҳәеит. Аса иҳәеит: «Иегова, уара иӷәӷәоу иеиԥш имчыдоугьы уицхраар улшоит. Уҳацхраа, Ҳанцәа Иегова, избанзар уара уоуп ҳзықәгәыӷуа». Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Аса Иегова ижәлар реиқәырхара шилшо агәра ганы дшыҟаз. Аса жәҩантәи Иаб диқәгәыӷит, убри аҟынтә Иегова ефиопиатәи ар ԥыххааса игеит (2 Аш. 14:8—12).
13. Дзықәшәазеи Аса ԥыҭрак ашьҭахь, насгьы избан?
13 Аса ефиопиатәи ар ду анижәла ауадаҩра ду дҭагылеит. Аха Иегова дахьиқәгәыӷыз абзоурала ижәлари иареи еиқәхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Аса еиҳа имаҷыз ар ижәлеит. Уи Иегова имаҵ зымуаз израильтәи аҳ Вааса дахагылан. Аха усҟан Аса Иегова иакәымкәа, сириатәи аҳ ацхырааразы диҳәеит. Уи алҵшәа бааԥсқәа аанагеит. Иегова аԥааимбар Анани ила Аса иеиҳәеит: «Уара Унцәа Иегова иакәымкәа, Сириа аҳ уиқәгәыӷит». Убри аҟынтә убри инаркны Аса еснагь аӷацәа ижәлон (2 Аш. 16:7, 9; 1 Аҳ. 15:32). Ишәнарҵозеи уи шәара?
14. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова шәышиқәгәыӷуа? Иарбан лҵшәақәоу уи ишәзаанаго, 1 Тимофеи иахь 4:12 иану инақәыршәаны?
14 Ахынраалара аарԥшреи Иегова иқәгәыӷреи шәаҟәымҵлан. Шәара шәҽанӡаашәх Иегова игәра шыжәго, насгьы шәышиқәгәыӷуа аашәырԥшит. Иегова гәыкала шәидикылеит, убри аҟынтә шәара иҭаацәара шәахәҭакхеит. Аха Иегова иқәгәыӷра шәаҟәымҵроуп. Ҳара ҳаԥсҭазаара зегь ианыруа аӡбарақәа анҳадаҳкыло Иегова иҿы анапхгара ҳашьҭоуп. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи егьырҭ аӡбарақәа ирызкны? Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ҳаԥсы шаҳшьаша, аус ахьаҳаулаша, насгьы хықәкыс иқәҳаргылаша анаҳаӡбо? Шәхы шәақәымгәыӷлан, аха шәҭагылазаашьа ианаало абиблиатә принципқәа шәыԥшаала, насгьы урҭ шәрықәныҟәала (Ажәам. 3:5, 6). Ус ҟашәҵалар Иегова дшәыргәырӷьалоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы пату шәықәырҵалоит. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:12.)
ИАҲНАРҴОЗЕИ АҲ ИОСАФАТ ИҾЫРԤШТӘЫ?
15. Иарбан гхақәоу аҳ Иосафат иҟаиҵоз, 2 Ашықәсынҵа 18:1—3, насгьы 19:2 иану инақәыршәаны?
15 Ҳәарада, ауаа зегь реиԥш, шәаргьы шәнаӡаӡам, убри аҟынтә агхақәа ҟашәҵалоит. Аха шәыгхақәа Иегова имаҵ аураҿы ишәылшо зегь аҟаҵара ишәԥырхагамхалароуп. Шәааи аҳ Иосафат иҿырԥштәы ҳазхәыцып. Иара илаз аҟазшьа бзиақәа рацәан. Данқәыԥшызгьы «иара иаб Инцәа диԥшаауан, иԥҟарақәагьы наигӡон». Уи адагьы, иара Иуда ақалақьқәа зегь рахь аҭауадцәа ишьҭит, ажәлар Иегова изакәан ддырҵаларц азы (2 Аш. 17:4, 7). Аха зны-зынла Иосафат ииашам аӡбарақәа идикылон. Уи иахҟьаны зны Иегова ихаҭарнак диқәыӡбеит. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 18:1—3; 19:2.) Ишәнарҵозеи уи шәара?
Иқәыԥшу аишьцәа рхы иамеигӡозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ рыгәра ргалоит. (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Ишәнарҵозеи шәара Раџьив иҿырԥштәы?
16 Ишәырҭо алабжьарақәа шәыдышәкылала. Иҟалап, арԥарцәа аӡәырҩы реиԥш, шәара Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара шәцәыцәгьазар. Ус акәзаргьы, шәгәы кашәмыжьын. Шәааи Раџьив иҿырԥштәы ҳазхәыцып. Иара иҳәоит: «Саныхбыџыз исҭахыз схаҭа исыздыруамызт. Арԥарцәа аӡәырҩы реиԥш, ажәабжьҳәареи аизарақәеи раасҭа аспорти агәырҿыхагақәеи еиҳа исгәаԥхон». Ицхраазеи нас Раџьив? Аизара еиҳабык ииҭаз алабжьара. Иара иҳәоит: «Уи аиашьа 1 Тимофеи иахь 4:8 иану апринцип азхәыцра дсыцхрааит». Раџьив ахынраалара аарԥшны алабжьара идикылеит, насгьы ихықәкқәа иԥсахит. Иара иҳәоит: «Сара Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥаҿы исыргыларц сыӡбеит». Иалҵшәахазеи уи? Шықәсқәак рышьҭахь Раџьив маҵзуратә цхыраҩыс дҟалеит.
ШӘЫԤСҬАЗААШЬА ЗЕГЬ АЛА ЖӘҨАНТӘИ ШӘАБ ДШӘЫРГӘЫРӶЬАЛА
17. Ишԥарзыҟо зықәра шәхьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имаҵ зуа аҿар?
17 Иқәыԥшу аишьцәа, Иегова имаҵ аураҿы ишәывагылоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы шәыхә даараӡа иҳаракуп! (Соф. 3:9). Ишәыду адҵақәа гәыкала, гәацԥыҳәарала ишынашәыгӡо анырбо дара ргәы шьҭыҵуеит. Урҭ даараӡа бзиа шәырбоит (1 Иоанн 2:14).
18. Дышԥарзыҟоу Иегова иқәыԥшу имаҵзуҩцәа, Ажәамаанақәа 27:11 иану инақәыршәаны?
18 Иқәыԥшу аишьцәа, Иегова даараӡа бзиа шәибоит, шәыгәрагьы игоит. Иара аԥааимбаражәаҿы заа иҳәахьан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имаҵ ауразы зхы иамеигӡо аҿар шырацәахо (Аԥсал. 110:1—3). Иара идыруеит бзиа дшыжәбо, насгьы иара изы акгьы шәшамеигӡо. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи рахь ачҳара аашәырԥшла, шәыхгьы мыцхәы шәамықәыӡбалан. Агхақәа аншәыхьуа ишәырҭо алабжьарақәа шәыдышәкылала, насгьы шәыҽшәыриашала (Аур. 12:6). Ишәыдырҵо адҵақәа зегь гәыкала инашәыгӡала. Ажәакала, шәыԥсҭазаашьа зегь ала жәҩантәи Шәаб дшәыргәырӷьала. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11.)
АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»
a Иқәыԥшу аишьцәа доуҳала еизҳацыԥхьаӡа Иегова изы еиҳаны аҟаҵара рҭаххоит. Аха дара маҵзуратә цхырааҩцәаны иҟаларц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿаԥхьа ахьӡ бзиа дырҳароуп. Ари астатиаҿы уи аҟаҵара ирыцхраауа еилҳаргоит.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.