Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 август ад. 20—25
  • Шәмаҵзура хкы аҽаԥсахуазаргьы, агәырӷьара аашәырԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәмаҵзура хкы аҽаԥсахуазаргьы, агәырӷьара аашәырԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤСАХРАҚӘА РЫҼШРЫҚӘЫРШӘАЛАТӘУ
  • АИШЬЦӘЕИ АИАҲӘШЬЦӘЕИ РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА
  • ԤХЬАҞА ШӘЕИХАЛА
  • «Ауаҩ иаша Иегова дилагәырӷьалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иоанн Аӡӡаахҩы. Агәырӷьара ахьчара иҳацхраауа аҿырԥштәы
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 август ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34

Шәмаҵзура хкы аҽаԥсахуазаргьы, агәырӷьара аашәырԥшла

«Анцәа изалымдароу далаҟам, аиаша-ҵабырг дазгылоуп, Уи шәџьабаақәа ракәзааит, Иара иахь ишәымоу абзиабара акәзааит, акы ихашҭны дыҟаӡам» (АУР. 6:10).

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

АХҲӘААa

1—3. Избан заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз шьоукы рмаҵзура ааныжьра зрықәшәаз?

«ҲАРА 21 шықәса миссионерцәас амаҵ ҳуан, аха иаалырҟьаны ҳҭаацәа рыԥшьҩыкгьы ргәабзиара уашәшәырахеит,— рҳәоит Роберти Мери-Џьои.— Ҳәарада, урҭ реиҷаҳара ҳгәы иахәон, аха бзиа иаҳбаз аҭыԥ ааныжьра ҳцәыцәгьан».

2 «Ҳгәабзиара иахҟьаны ҩаԥхьа ҳмаҵзура анагӡара шҳалымшо анеилаҳкаа, ҳара ҳамхаҵәыуеит,— рҳәоит Уилиами Террии.— Ҳара еснагь иаҳҭахын даҽа тәылак аҿы Иегова имаҵ аура, аха уаҳа уи ҳалшомызт».

3 «Ҳара иаҳдыруан аҳәынҭқарцәа ишырҭахыз амаҵ ахьызуаз Вефиль адыркырц,— иҳәоит Алексеи.— Аха уи аныҟала, насгьы Вефиль ааныжьра анҳақәшәа, ҳара зегьы даараӡа ҳгәы каҳаит».

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа еиҭарҳәар рылшоит заамҭа зегь Анцәа имаҵ аура иазызкуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы, Вефильқәа рҿы амаҵ зуазгьы уахь иналаҵаныb. Анцәа изиашоу урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи даараӡа бзиа ирбоз рмаҵзура ааныжьра рцәыцәгьан. Ирыцхраазеи дара аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара? Ишԥашәылшо шәара урҭ шәрыцхраар? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳара зегьы иҳацхраауеит ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәар алшо аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара.

АԤСАХРАҚӘА РЫҼШРЫҚӘЫРШӘАЛАТӘУ

Избан заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа рмаҵзура ааныжьра рцәыцәгьахар залшо? (Шәахәаԥш абзац 5.)e

5. Иарбан уадаҩрақәоу ҳзықәшәар алшо ҳмаҵзура аҽанаԥсахуа?

5 Ҳара Вефиль аҿы амаҵ ҳуазаргьы, даҽа маҵзура хкык ҳаамҭа зегь азаҳкуазаргьы, амаҵ зцаҳуа ауаа иӷәӷәаны бзиа иаҳбар ауеит, амаҵ ахьаҳуа аҭыԥгьы даара иаҳгәаԥхозар алшоит. Убри аҟынтә мзызқәак ирыхҟьаны ҳмаҵзура ааныжьра ҳақәшәар, даара ҳгәы ҳахьыр ауеит. Ҳара игәхьааҳгоит амаҵ зцаҳуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, насгьы урҭ ҳгәы иҵхоит, еиҳараӡак даҽаџьара ҳзиасуа ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны акәзар (Матф. 10:23; 2 Кор. 11:28, 29). Уи адагьы, даҽа тәылак ахь аиасра мариамхар ауеит, уи иахьҳазҳаз атәыла акәзаргьы, избанзар ҳзышьцылам акультура ҳашьцылар ауп. «Ҳара ҳкультуреи ҳхатә бызшәала ажәабжь аҳәареи ҿыц ҳашьцылар акәхеит,— рҳәоит Роберти Мери-Џьои.— Акыраамҭа даҽа тәылак аҿы амаҵ ҳуан аҟынтә, ҳтәылаҿы атәымуаа реиԥш ҳхы ҳбон». Змаҵзура аҽаԥсахыз ақьырсианцәа шьоукы иаалырҟьаны аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәагьы ирықәшәар алшоит. Дара ашәареи агәҭынчымреи роур, насгьы ргәы каҳар ауеит. Ирыцхраар алшозеи урҭ?

Даараӡа ихадоуп Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара, насгьы иқәгәыӷра (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)f

6. Ишԥаҳалшо анаҩсгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар?

6 Анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала (Иак. 4:8). Аха ишԥаҟаҵалатәу уи? Шәгәы иҵхо зегьы «аҳәарақәа Ирзыӡырҩуа» изеиҭашәҳәала (Аԥсал. 65:2). Аԥсалом 62:8 ишаҳәо еиԥш, шәгәы иҭоу зегьы иара иашәҳәала. Иегова «ҳазҳәо-ҳзызхьуа аҵкыс» аҟаҵара илшоит (Еф. 3:20). Иара ҳаззиҳәо мацара акәӡам иаҳзыҟаиҵо. Иегова ҳауадаҩра ҳшақәымгәыӷуаз еиԥш иӡбар илшоит.

7. а) Иҟаҵалатәузеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьымсырц азы? б) Зылԥхарас иҳауазеи анаҩсгьы зиашарыла Иегова имаҵ ҳуазар, Ауриацәа рахь 6:10—12 иану инақәыршәаны?

7 Иеговеи шәареи шәеиҩызара бжьымсырц азы есыҽны Анцәа Иажәа шәаԥхьала, насгьы шәзыԥхьо инарҵауланы шәазхәыцла. Зны миссионерс амаҵ зуаз аиашьа иҳәоит: «Аԥсахрақәа шәрықәшәаанӡа ишыҟашәҵоз еиԥш, анаҩсгьы иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыжәгала, насгьы аизарақәа шәҽырзыҟашәҵала». Иара убас шәеизара ҿыц аҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәрывагыланы гәацԥыҳәарала ажәабжь шәҳәала. Иегова зиашарыла имаҵ зуа рыхә ҳаракны ишьоит, урҭ уаанӡа иҟарҵоз аҟара уажәшьҭа ирылымшозаргьы. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 6:10—12.)

8. Ишԥашәыцхраауеи 1 Иоанн 2:15—17 иану ажәақәа амал ашьҭамлара?

8 Амал шәашьҭамлан. Аҩсҭаа идунеи иатәу ауаа реиҳараҩык амал иашьҭоуп. Аха шәара уи Иегова имаҵ аура ишәԥырхагахартә алшәмыршан (Матф. 13:22). Шәырзымӡырҩлан аԥара арҳара шәгәазҭазҵо ауаа, урҭ шәҭынхацәа ма шәҩызцәа ракәзаргьы. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 2:15—17.) Иегова шәиқәгәыӷла, иара агәра ҳиргоит иаҳҭаху зегь ианаамҭоу ишҳаиҭо. Иара дреиҷаҳауеит ҳдоуҳатә, ҳемоциатә, насгьы ҳцәеижьтә ҭахрақәа (Аур. 4:16; 13:5, 6).

9. Ҳҽырцәаҳахьчалар зҳахәҭоузеи иаҭахым ауалқәа, Ажәамаанақәа 22:3, 7 иану инақәыршәаны, насгьы иҳацхраар алшозеи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара?

9 Ауалқәа ҟашәымҵалан, уаҳа ԥсыхәа шәымамкәа шәыҟамзар. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:3, 7.) Даҽа ҭыԥк ахь аиасра ахарџь ду ацзар ауеит, убри аҟынтә ауал гатәуп ҳәа шәхәыцыр алшоит. Ауал ду шәықәшәымҵарц азы раԥхьа шәхы шәазҵаа: «Иаԥсаҵәҟьоума ауал аҵалара абри аасхәарц азы?» Ауадаҩрақәа ирыхҟьаны уаҳа наҳалымшо ҳаныҟоу, иаҳҳәап, ичмазаҩхаз ҳҭынхацәа ҳанырхылаԥшуа, уалла аԥара шаҟа ҳҭаху ииашаны иаҳзымԥхьаӡар алшоит. Убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ишәхашәмыршҭлан анцәаиҳәара иҟәыӷоу аӡбара адкылара ишәыцхраар шалшо. Шәгәы ҭыӷьӷьаа Иегова шәиҳәозар, иара шәыгәҭынчымрақәа риааира ишәыцхраауа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу аҭынчра шәиҭар илшоит. Уи ииашаны ахәыцра ишәыцхраауеит (Флп. 4:6, 7; 1 Пиотр 5:7).

10. Ишԥашәылшо аҩызцәа ҿыцқәа рырҳара?

10 Шәҭаацәареи шәҩызцәеи рҿы ишәымоу аиҩызара шәырӷәӷәала. Шәцәаныррақәеи ишәымоу ауадаҩрақәеи шәҩызцәа ирзеиҭашәҳәала, еиҳарак шәҭагылазаашьа аҩыза змаз. Уи шәгәы шьҭнахыр алшоит (Еккл. 4:9, 10). Уаанӡа ишәымаз аҩызцәа аӡәгьы ишәымихӡом, аха уажәшьҭа аҩызцәа ҿыцқәа шәырҳар ауп. Ишәхашәмыршҭлан: аҩыза дурҳарц азы ухаҭа уҩыза бзиазар ауп. Ишԥашәылшо аҩызцәа ҿыцқәа рырҳара? Егьырҭ ирзеиҭашәҳәала Иегова имаҵ аураҿы шәзықәшәоз шәгәы шьҭызхуаз ахҭысқәа. Уи иднарбоит Анцәа имаҵ аура шаҟа агәырӷьара шәзаанаго. Аизараҿы шьоукы ирзеилымкаауазар алшоит шәаамҭа зегь амаҵзура азкра убас изышәгәаԥхо, аха егьырҭ шәҿырԥшы ргәаҵанӡа инеир ауеит, убри аҟынтә ишәҩызцәахарц рҭаххоит. Аха мыцхәы шәхы шәаламцәажәалан, насгьы шәааҟәымҵӡакәа Иегова имаҵ аураҿы иҟашәҵахьоу шәымҳәалан, мамзаргьы еснагь ишәымоу иҽеим ацәаныррақәа ртәы еиҭашәымҳәалан.

11. Ишԥашәылшо шәҭаацәараҿы анасыԥ ахьчара?

11 Шәхатә ҩыза ичымазара иахҟьаны инашәыгӡоз амаҵзура ааныжьра шәықәшәазар, иара акгьы ихарашәымҵалан. Мамзаргьы шәара шәгәамбзиара иахҟьаны уи аҟаҵара шәықәшәазар, шәхы ахара адшәымҵалан. Ишәхашәмыршҭлан шәара «цәеижькны» шәшыҟоу, насгьы шәанеибагоз Иегова ажәа шишәҭаз иҟалалакгьы шәшеихӡыӡаало (Матф. 19:5, 6). Ахшара дшәоурны шәахьыҟоу иахҟьаны шәмаҵзура ааныжьра шәықәшәазар, шәхәыҷы шәара шәзы инашәыгӡоз амаҵзура ахкы аасҭа еиҳа дшыхадоу агәра ишәырга. Шәхәыҷы иашәҳәала Анцәа ишәиҭаз ҳамҭаны дшышәыԥхьаӡо (Аԥсал. 127:3—5). Убри аамҭазгьы иашәҳәала инашәыгӡоз амаҵзура шаҟа агәырӷьара шәзаанагоз. Усҟан шәхәыҷы иҭаххар ауеит шәара шәеиԥш иаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазикырц.

АИШЬЦӘЕИ АИАҲӘШЬЦӘЕИ РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА

12. а) Ишԥаҳалшо заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа рмаҵзура анаҩсгьы анагӡара ҳрыцхраалар? б) Ишԥаҳалшо урҭ рыԥсҭазаараҿы ицәырҵыз аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара ҳрыцхраар?

12 Ҳгәы иахәоит имаҷымкәа аизарақәа, иара убас хаҭала аишьцәеи аиаҳәшьцәеи заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа рмаҵзура анагӡара ирыцхраарц азы ирылшо зегь ахьыҟарҵо. Иаҳҳәап, дара ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи анаҩсгьы рмаҵзура анагӡара ргәазҭарҵоит, ԥарала ирыцхраауеит, иахьынӡарылшо ирыгу-ирыбзоу рыгдырхом, мамзаргьы ирцәыхароу рҭаацәа ирхылаԥшуеит (Гал. 6:2). Заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз шәеизарахь иаарышьҭзар, инарыгӡоз амаҵзура заанрыжьыз гхак ахьрыхьыз азы ауп ҳәа шәымхәыцынc. Уи аҭыԥан рыԥсҭазаараҿы ицәырҵыз аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара шәрыцхраа. Гәаартыла ишәыдышәкыл, насгьы рџьабаа ахә шышәшьо рашәҳәала, урҭ ргәамбзиара иахҟьаны уаанӡа шаҟа ҟарҵоз аҟара рзыҟамҵозаргьы. Еиӷьны шәрабадыр. Ирымоу адырреи, аԥышәеи, угәы шьҭызхуа ахҭысқәеи ахәарҭа рылышәхла.

АИШЬЦӘЕИ АИАҲӘШЬЦӘЕИ ИҞАРҴАР РЫЛШО

Ацхыраара рыдыжәгалала (Шәахәаԥш абзац 13.)

Ажәабжьҳәара шәрыццала (Шәахәаԥш абзац 14.)

13. Иарбан цхыраароу ирҭаххар алшо змаҵзура аҽаԥсахыз ақьырсианцәа?

13 Змаҵзура аҽаԥсахыз ақьырсианцәа шәыцхыраара рҭаххар ауеит, иаҳҳәап, иахьынхалаша рыԥшаарц, изланыҟәалаша еилыркаарц, насгьы усурҭак роурц азы. Иара убасгьы дара ирҭаххар ауеит ашәахтә ашәара, мамзаргьы аҩны аахәара иадҳәалоу аинформациа. Ҳәарада, агәрыцҳашьара аарԥшра хадоуп, аха еиҳараӡак ирҭаху дара еилаҳкааларц ауп. Иҟалап дара ргәабзиара, мамзаргьы рҭынхацәа ргәабзиара ргәы иҵхозар. Ма ирызгәакьоу аӡәы дахьыԥсыз хьааргозар алшоитd. Иара убасгьы дара иаанрыжьыз рҩызцәа гәхьааргозар ауеит, уи рымҳәозаргьы. Ирзеилалаз абарҭ ацәаныррақәа ириааирц азы аамҭа аҭахуп.

14. Ишԥалыцхрааи аиаҳәшьа ҩаԥхьа агәырӷьара аиура аҭыԥантәи ажәабжьҳәаҩцәа?

14 Змаҵзура хкы аҽаԥсахыз ажәабжь рыцышәҳәозар, насгьы аҿырԥш бзиа дшәырбозар, аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара шәрыцхраар ауеит. Акыраамҭа атәымџьара амаҵ зуаз аиаҳәшьа илҳәоит: «Смаҵзура аҽаԥсахаанӡа сара есыҽны абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызгон. Аха ари аҭыԥ аҿы Абиблиа аҟынтә ажәеинраала аԥхьараҵәҟьа, мамзаргьы аӡәы авидеонҵамҭа ирбара сцәыцәгьан. Аха аҭыԥантәи ажәабжьҳәаҩцәа ирымаз аиҭанеирақәеи имҩаԥыргоз абиблиатә ҵарақәеи рахь саарыԥхьон. Агәацԥыҳәареи агәымшәареи злаз арҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи абиблиатә ҵарақәа шымҩаԥыргоз, насгьы ауаа доуҳала аизҳара ишрыцхраауаз ахьызбоз сгәы шьҭыҵуан. Сара еилыскааит иҿыцу аҭыԥ аҿы ауаа рацәажәара ишалагалатәу. Абарҭқәа зегьы ҩаԥхьа агәырӷьара аиура исыцхрааит».

ԤХЬАҞА ШӘЕИХАЛА

Шәеизара ҿыц иаҵанакуа аҭыԥ аҿы шәмаҵзура шшәырҭбааша шәазхәыцла (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)g

15. Ишәыцхраар алшозеи шәмаҵзура ҿыц аҿы ақәҿиара аиура?

15 Шәара ишәылшоит шәмаҵзура ҿыц қәҿиарала инашәыгӡалар. Аԥсахрақәа шәрықәшәазар акгьы шәылымҵит, мамзаргьы акгьы шәаԥсам ҳәа шәымхәыцлан. Шәыԥсҭазаара Иегова инапы ианышәҵа, насгьы ажәабжьҳәара шәаҟәымҵлан. Шәырҿыԥшла актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа, «урҭ ахьнанагалакгьы, Анцәа иажәа рыладырҵәон» (Аус. 8:1, 4). Ажәабжьҳәара шәаҟәымҵуазар, алҵшәа бзиақәа шәоур шәылшоит. Иаҳҳәап, тәылак иалырцаз апионерцәа рхатә бызшәала ажәабжьҳәара ахьаҭахыз атәылахь ииасит. Иалҵшәахазеи уи? Мызқәак рыла хыԥхьаӡарала еизҳауаз агәыԥ ҿыцқәа ҟалеит.

16. Ишәыцхраар алшозеи уажәы инашәыгӡо амаҵзура ахкы бзиа абара?

16 «Иегова игәырӷьара шәара шәбаагәара ауп» (Неем. 8:10). Ҳара инаҳагӡо амаҵзура шаҟа бзиа иаҳбозаалакгьы, зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳгәырӷьара зыдҳәалазар ахәҭоу Иегова иоуп, уи амаҵзура ахкы акәымкәа. Убри аҟынтә анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала, насгьы аҟәыӷареи, анапхгареи, ацхыраареи шәиҭарц азы шәиҳәала. Ахаан ишәхашәмыршҭын: шәара уаанӡа инашәыгӡоз амаҵзура хкы бзиа изыжәбаз гәык-ԥсыкала ауаа шәрыцхрааларц ахьышәҭахыз азы ауп. Шәгәы ақәышәк уажәы инашәыгӡо амаҵзура, усҟан ижәбоит Иегова уи амаҵзура ахкгьы бзиа абара дышшәыцхраауа (Еккл. 7:10).

17. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара?

17 Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап ҳара наунагӡа Иегова имаҵ шаҳауло, насгьы уажәы инаҳагӡо амаҵзура шаамҭалатәиу. Адунеи ҿыц аҿы ҳара зегьы иҿыцу адҵақәа ҳаур ауеит. Астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз Алексеи иҳәеит дзықәшәаз аԥсахрақәа ԥхьаҟатәи аԥсахрақәа рҽырзыҟаҵара ишицхраауа. Иара иҳәоит: «Сара еснагь издыруан Иегова дшыҟаҵәҟьоу, насгьы адунеи ҿыц хымԥада ишыҟалаҵәҟьоу, аха урҭ маҷк ихаразшәа збон. Аха уажәы Иегова сҿаԥхьа дгылаҵәҟьошәа дызбоит, насгьы адунеи ҿыц зынӡа иаарласӡаны ишыҟало агәра ганы сыҟоуп» (Аус. 2:25). Инаҳагӡо амаҵзура ахкы зеиԥшразаалакгьы, шәааи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара еснагь иҳарӷәӷәалап. Иара ахаангьы ҳаанижьӡом, насгьы инаҳагӡо амаҵзура ахкы зеиԥшразаалакгьы уи алагәырӷьара дҳацхраалоит (Ис. 41:13).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҳацхраар алшозеи аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара?

  • Ҳрыцхраар шԥаҳалшо змаҵзура хкы аҽаԥсахыз ақьырсианцәа?

  • Иҳацхраауазеи Иегова имаҵ аураҿы анаҩсгьы иҳалшо зегь аҟаҵара?

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

a Зны-зынла заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҭагылазаашьа иахҟьаны уаҳа рмаҵзура анагӡара рылшом, мамзаргьы урҭ даҽа маҵзура хкык рыдырҵар алшоит. Ари астатиаҿы ҳара ҳрылацәажәоит урҭ зықәшәо ауадаҩрақәа, насгьы еилаҳкаауеит аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара ирыцхраауа. Иара убас еилҳаргоит егьырҭ урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы шьҭырхыр, насгьы ирыцхраар шрылшо. Ҳазлацәажәо апринципқәа ҳара зегьы ҳзықәшәар алшо аԥсахрақәа рыҽрықәыршәара иҳацхраауеит.

b Убас еиԥш аҭакԥхықәра зду аишьцәагьы рықәрахь ианнеилак, инарыгӡо аҭакԥхықәрақәа еиҳа иқәыԥшу аишьцәа ирыдырҵар ауп. Шәахәаԥш сентиабр, 2018 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» аҿы астатиа «Пожилые христиане, Иегова дорожит вашей преданностью», насгьы октиабр, 2018 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Шәҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуагьы аҩныҵҟатәи аҭынчра шәыхьчала».

c Урҭ амаҵ ахьыруаз аизара аиҳабацәа иаарласны асаламшәҟәы реизара ҿыц ахь иаарышьҭроуп. Усҟан дара уи аизараҿы иаразнак пионерс, аизара аиҳабыс, мамзаргьы маҵзуратә цхырааҩыс амаҵ аура иалагар рылшоит.

d Шәрыԥхьа 2018 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» 3-тәи аномер аҿы «Помощь тем, кто скорбит» захьӡу еишьҭагылоу астатиақәа.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: миссионерцәас амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси рмаҵзура ааныжьра рықәшәеит. Дара рылаӷырӡ рызнымкыло реизара аҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи абзиараз ҳәа рарҳәоит.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ртәылахь ианыхынҳә, дара ӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова иҳәоит ауадаҩра ҿыцқәа рыхгара дрыцхраарц азы.

g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иегова ицхыраарала дара ҩаԥхьа раамҭа зегь амаҵзура иазыркуа иалагеит. Миссионерцәас ианыҟаз ирҵаз абызшәа рхы иархәаны реизара ҿыц иаҵанакуа аҭыԥ аҿы атәымтәылауаа ажәабжь рзеиҭарҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра