Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 октиабр ад. 22—27
  • Шәҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуагьы аҩныҵҟатәи аҭынчра шәыхьчала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуагьы аҩныҵҟатәи аҭынчра шәыхьчала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИҲАИҬО АҬЫНЧРА ШҲАЦХРААУА
  • ШӘИҲӘАЛА ИЕГОВА АГӘҬЫНЧРА ШӘИҬАРЦ АЗЫ
  • ИЕГОВА ДЫЗЗЫЛԤХАША АУСҚӘА ҞАШӘҴАЛА
  • АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ ШЫЖӘУЛАША ШӘАЗХӘЫЦЛА
  • АҴЫХӘТӘАНЫНӠА ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА
  • Иегова ақәҿиара аиура дшәыцхраауеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иегова Иосиф дихамышҭӡеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Анцәа иҳәатәы назыгӡоз арԥыс тәыс дҟалоит
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 октиабр ад. 22—27

Шәҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуагьы аҩныҵҟатәи аҭынчра шәыхьчала

«Сара сгәы сыжьжьон, исырҭынчуан» (АԤСАЛОМ 131:2).

АШӘАҚӘА: 128, 129

ИШӘГӘАЛАШӘОМА ШӘАРА?

  • Ишԥаҳацхраар алшо Анцәа иҭынчра ҳаззыԥшымыз аԥсахрақәа ҳанрықәшәо?

  • Ишԥаҳалшо Иосиф ҳаиҿыԥшлар, ҳҭагылазаашьақәа иаалырҟьаны рҽанырыԥсахуа?

  • Иаҳнарҵар алшозеи ажәабжь бзиа зҳәоз Филипп иҿырԥшы?

1, 2. а) Ишԥаҳнырыр алшо ҳаззыԥшым аԥсахрақәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иҳацхраар алшозеи аҩныҵҟатәи аҭынчра ахьчара 131-тәи Аԥсалом инақәыршәаны?

ЛЛОИДИ АЛЕКСАНДРЕИ 25 шықәса инареиҳаны Вефиль аҿы амаҵ руан. Аха анаҩс дара ажәабжьҳәара идәықәырҵеит. Раԥхьаӡа дара ргәы каҳаит. Ллоид иҳәоит: «Сара Вефиль аҿы инасыгӡоз аус даараӡа бзиа избон, убри аҟынтә даҽа уск насыгӡалоит ҳәа схаҿгьы исзаагомызт. Сара еилыскаауан аԥсахра зыдҳәалаз, аха амчыбжьқәеи амзақәеи рыҩныҵҟа арҭ аԥсахрақәа рыдкылра сцәыцәгьан». Аҭагылазаашьа ҿыцқәа Ллоид зны агәырӷьара изааргон, зны илахь еиқәырҵон.

2 Ҳаргьы ҳаззыԥшымыз аԥсахрақәа ҳрықәшәар ҳалшоит, урҭ ирыхҟьаны аҭынчра ҳцәыӡыр ауеит (Ажәамаанақәа 12:25). Ишԥаҳалшо аҩныҵҟатәи аҭынчра ахьчара аԥсахрақәа рыдкылара, мамзаргьы рыҽрықәыршәара анымариам? (Шәаԥхьа Аԥсалом 131:1—3.) Шәааи ҳахәаԥшып ажәытәан, насгьы ҳаамҭазы инхо Иегова имаҵзуҩцәа рыԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽанаԥсахуаз, аҩныҵҟатәи аҭынчра ахьчара шрылшаз.

АНЦӘА ИҲАИҬО АҬЫНЧРА ШҲАЦХРААУА

3. Аҽшԥаԥсахи иаалырҟьаны Иосиф иԥсҭазаара?

3 Шәазхәыц Иосиф иҿырԥштәы. Иаб егьырҭ иԥацәа зегь раасҭа иара еиҳа бзиа дибон. Убри аҟынтә дара иҵашьыцуан. Иосиф 17 шықәса анихыҵуаз, иашьцәа тәыс дырҭиит (Аҟазаара 37:2—4, 23—28). 13 шықәса раҟара иара Мысра ддыргәаҟуан, раԥхьа иара тәыс дрыман, анаҩс абахҭа дҭаркит. Иосиф даараӡа бзиа иибоз иаб дицәыхаран. Абас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа рҿы иара агәыӷра ицәыӡыр, насгьы дгәымбылџьбарахар алшон, аха Иосиф уи алимыршаӡеит. Ицхраазеи иара?

4. а) Иҟаиҵози Иосиф абахҭа данҭакыз? б) Ишԥаҟаиҵеи Иегова Иосиф иҳәарақәа рҭак?

4 Иосиф абахҭа данҭакыз Иегова дышицхраауаз дазхәыцуазар ҟаларын (Аҟазаара 39:21; Аԥсалом 105:17—19). Иҟалап иара еиҭах дрызхәыцуазҭгьы еиҳа данқәыԥшыз иибахьаз аԥааимбартә ҵакы змаз аԥхыӡқәа, урҭ игәаладыршәон Иегова иара дшаанимыжьуа (Аҟазаара 37:5—11). Уи адагьы иара лассы-лассы Иегова диҳәозҭгьы, насгьы игәы иҭоу зегь изеиҭеиҳәозҭгьы ауан (Аԥсалом 145:18). Иегова Иосиф иҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит, иара Иосиф агәра ииргеит иҟалалакгьы дышицзаауа (Аусқәа 7:9, 10).a (Шәахәаԥш албаага.)

5. Ишԥалшо «Анцәа иҭынчра» анаҩсгьы Иегова имаҵ ауразы амч ҳнаҭар?

5 Ҳҭагылазаашьа егьа имариамзаргьы, Анцәа иҭынчра ҳаур ҳалшоит, уи ҳгәи ҳахшыҩи ахьчоит, насгьы агәҭынчра ахьчара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7b.) (Шәахәаԥш албаага.) Агәҭынчымрақәа ҭаха анҳарымҭо «Анцәа иҭынчра» анаҩсгьы Иегова имаҵ ауразы амч ҳнаҭар, насгьы агәҭынчымра аҽамҭара иҳацхраар алшоит. Шәааи еилҳаргап уи аҩыза иақәшәаз ҳаамҭазы инхо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҿырԥштәқәа.

ШӘИҲӘАЛА ИЕГОВА АГӘҬЫНЧРА ШӘИҬАРЦ АЗЫ

6, 7. Ишԥаҳацхраауеи аҭынчра ахьчара, Анцәа ҳаниҳәо? Иаажәга аҿырԥштәы.

6 Раиани Џьулиетти аамҭала иҷыдоу пионерс амаҵ руан, дара уи амаҵзура уаҳа ишынармыгӡало анеилыркаа ргәы каҳаит. Раиан иҳәоит: «Ҳара Иегова ҳиҳәон, насгьы ҳагәҭынчымрақәа зегь инапы ианаҳҵеит. Ҳара еилаҳкаауан ари аҭагылазаашьа игәра шаҳго аарԥшразы алшара шаҳнаҭоз. Ҳаизараҿы ҿыц аҵабырг здызкылаз рхыԥхьаӡара рацәан, убри аҟынтә ҳара Иегова ҳиҳәон агәрахаҵара аарԥшраҿы урҭ аҿырԥш бзиа дырбара дҳацхраарц азы».

7 Ишԥаҟаиҵеи Иегова урҭ рыҳәара аҭак? Раиан иҳәоит: «Анцәа ҳаниҳәа ашьҭахьҵәҟьа иҽеим ацәаныррақәеи агәҭынчымреи наҟ иаҳԥырҵит. Анцәа иҭынчра ҳгәи ҳахшыҩи ахьчон. Ҳара еилаҳкааит агәазыҟашьа бзиа ааҳарԥшлар, анаҩсгьы Иегова изы ак аҟаҵара шҳалшо».

8—10. а) Ишԥаҳацхраар алшо Анцәа идоуҳа ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? б) Дышԥаҳацхраауеи Иегова имаҵ аура ҳхы аназаҳашьҭуа?

8 Анцәа идоуҳа аҭынчра ахьчара иҳацхраар алшоит, иара убас уи иаҳгәаланаршәоит аԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоу ҳзырбо абиблиатә жәеинраалақәа. (Шәаԥхьа Иоанн 14:26, 27c.) (Шәахәаԥш албаага.) Шәазхәыц Филиппи Мерии рҿырԥштәы. Дара 25 шықәса раҟара Вефиль аҿы амаҵ руан. Ԥшьымз рыҩныҵҟа рҩыџьагьы ранацәа рцәыԥсит, иара убас Филипп иуаз даҽаӡәгьы дицәыԥсит. Уи инеиҳангьы, дара зхы цаз Мери лаб ихылаԥшлар акәын.

9 Филипп иҳәоит: «Сара сгәы иаанагон ари ауадаҩра ахгаразы иаҭаху аҟазшьақәа зегь сымоуп ҳәа, аха уи ус акәмызт. Аҵаразы иҟоу астатиақәа руак санаԥхьоз Кәаласаа рахь 1:11 сазхәыцит. Сара ауадаҩрақәа схызгон, азиашара аасырԥшуан, аха уеизгьы ак сыгын. Ачҳареи агәырӷьареи сызхомызт. Ари ажәеинраала исгәаланаршәеит агәырӷьара зхьыԥшу сҭагылазаашьақәа ракәымкәа, иԥшьоу адоуҳа сымоу исымаму шакәу».

10 Филиппи Мерии анаҩсгьы Иегова имаҵ шырулаша рхы азырышьҭуан, убри аҟынтә Иегова меигӡарахда дырзылԥхеит. Вефиль аҿы амаҵ аура ианаҟәыҵ ашьҭахь дук мырҵыкәа, дара рҩыџьагьы ирыԥшааит Абиблиа аҵара зҭахыз ауаа. Урҭ доуҳала еизҳауан, насгьы мчыбжьык ахь знык аасҭа еиҳаны Абиблиа рҵалар рҭахын. Мери илҳәоит: «Урҭ даараӡа ҳдыргәырӷьон, насгьы дара рыла Иегова иаҳирбон ахаангьы ҳшаанимыжьуа».

ИЕГОВА ДЫЗЗЫЛԤХАША АУСҚӘА ҞАШӘҴАЛА

Ишԥаҳалшо Иосиф иҿыԥшра, ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәозаалакгьы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—13.)

11, 12. а) Иҟаиҵози Иосиф Иегова дизылԥхарц азы? б) Дышԥеизылԥхеи Иегова Иосиф?

11 Ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽанаԥсахуа ҳхы зегьы ҳзықәшәаз ауадаҩра иазаҳашьҭыр алшоит. Иосифгьы убас ихьыр ауан. Аха уи аҭыԥан, иара илшоз зегь ҟаиҵаларц иӡбеит. Потифар изы гәык-ԥсыкала аџьабаа шибоз еиԥш, иара абахҭаҿгьы абахҭа ахьчаҩцәа реиҳабы идиҵаз зегь гәыкала инаигӡон (Аҟазаара 39:21—23).

12 Ҽнак Иосиф идырҵеит афараон иашҭаҿы аҭыԥ ду аанызкылоз ҩыџьа ахацәа рымаҵ иуларц. Иосиф урҭ рахь ақьиара ааирԥшуан, убри аҟынтә дара ргәы иҵхоз изеиҭаҳәара рзымариан. Дара Иосиф изеиҭарҳәеит уи ауха ирбаз ргәы иҵхоз аԥхыӡқәа (Аҟазаара 40:5—8). Иосиф ихаҿгьы изаагомызт уи аиҿцәажәара абзоурала ахақәиҭра иоур шилшоз. Ҩышықәса рышьҭахь иара абахҭа дҭыҵит, насгьы амчра змоу анапхгаҩ иаҳасабала Мысра дахагылеит. Афараон заҵәык иакәын Иосиф иаасҭа еиҳаз! (Аҟазаара 41:1, 14—16, 39—41).

13. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова даҳзылԥхаларц азы?

13 Иосиф иеиԥш ҳаргьы иаҳзымԥсахуа ҭагылазаашьак ҳақәшәар ауеит. Аха ачҳара ааҳарԥшуазар, насгьы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова даҳзылԥхалоит (Аԥсалом 37:5). Иҟаҳҵаша ҳзымдыруазаргьы, ҳара «ҳгәыӷрақәа ҳцәыӡуам» (2 Коринфаа рахь 4:8). Иегова ҳаанижьӡом, еиҳараӡак анаҩсгьы имаҵ шаҳаулаша ҳхы азаҳашьҭуазар.

АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ ШЫЖӘУЛАША ШӘАЗХӘЫЦЛА

14—16. Ишԥааирԥшуаз Филипп амаҵзура иара изы зегь реиҳа ишхадаз, аԥсахрақәа данрықәшәозгьы?

14 Ажәабжьҳәаҩ Филипп дзықәшәоз аԥсахрақәа дырмыхәаԥшӡакәа еснагь Анцәа имаҵ аура ихы азишьҭуан, убас ала иара аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Раԥхьа иара Иерусалим иоуз аҭакԥхықәра ҿыц дгәырӷьаҵәа инаигӡон (Аусқәа 6:1—6). Аха ԥыҭрак ашьҭахь аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Стефан даныршь ашьҭахь ақьырсианцәа гәымбылџьбарала ирышьҭашәарыцо иалагеит. Уи иахҟьаны дара Иерусалим иалҵуа иалагеит. Филипп иҭахын анаҩсгьы гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ иуларц, убри аҟынтә Самариаҟа диасит уа инхоз ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәаларц азы (Матфеи 10:5; Аусқәа 8:1, 5).

15 Филипп дазхиан Анцәа идоуҳа анапхгара ахьинаҭоз ацара. Убри аҟынтә Иегова уи дишьҭуеит ауаа ажәабжь ахьырмаҳацыз аҭыԥ ахь. Аиудеиаа рҟынтә аӡәырҩы Самариаа атәарбомызт, насгьы иҽеимкәа ирызныҟәон. Аха Филипп ус дыҟамызт, иара гәацԥыҳәарала урҭ ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон. Дара Филипп «рлымҳа кыдҵаны изыӡырҩуан» (Аусқәа 8:6—8).

16 Анаҩс иԥшьоу адоуҳа Филипп даҽаџьара ддәықәнаҵеит. Уи анапхгара инақәыршәаны иара ақалақьқәа Азоти Кесариеи рҿы ажәабжь иҳәалар акәын, уа егьырҭ ажәларқәа ирыҵанакуаз ауаа рацәан (Аусқәа 8:39, 40). Уи ашьҭахь Филипп иԥсҭазаара дырҩегь аҽаԥсахит. Иара уи аҭыԥ аҿы даанхеит, насгьы аҭаацәара далалеит. Аха иҟалалакгьы, Филипп изы амаҵзура ихадоу аҭыԥ аанакылон, убри аҟынтә Иегова уи иҭаацәеи иареи дырзылԥхон (Аусқәа 21:8, 9).

17, 18. Хәарҭас иаҳзаанагозеи ажәабжьҳәара ҳхы ахьазаҳашьҭуа, ҳаԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак аныҟало?

17 Заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа аӡәырҩы ирҳәоит амаҵзура рхы ахьазырышьҭуаз абзоурала аԥсахрақәа раан агәырӷьара ахьчара шрылшаз. Ҿырԥштәыс иааҳгап Аладатәи Африка инхо Озборни Полаити. Дара Вефиль аҿы амаҵ аура ианаҟәыҵ ргәы иаанагон аусуреи иахьынхаша аҭыԥи ирласны ирыԥшаауеит ҳәа. Аха Озборн иҳәоит: «Илахьеиқәҵагоуп, аха аусура ҳшақәгәыӷуаз еиԥш ирласны иаҳзымԥшааит». Полаит илҳәоит: «Хымз рыҩныҵҟа аусура ҳзыԥшаауамызт, иара убас аԥара ҳамамызт. Ииашаҵәҟьаны уи уадаҩра ӷәӷәан».

18 Ирыцхраазеи Озборни Полаити ари ауадаҩра ахгара? Озборн иҳәоит: «Ҳаизара иатәыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵ ахьрыцаҳуаз абзоурала агәазыҟашьа бзиа ахьчара ҳалшеит». Аҩны итәаны агәамҵра аҭыԥан, дара амаҵзура гәацԥыҳәарала рҽаладырхәларц рыӡбеит. Уи агәырӷьара ду рзаанагеит! Озборн иациҵоит: «Ҳара анаҩсгьы аусура ҳашьҭан, аҵыхәтәаны иагьыҳаԥшааит».

АҴЫХӘТӘАНЫНӠА ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА

19—21. а) Иҳацхраауазеи аҩныҵҟатәи аҭынчра ахьчара? б) Хәарҭас иаҳзаанагозеи аԥсахрақәа ҳҽанрықәҳаршәо?

Аԥсахрақәа ииашаны ианҳадаҳкыло Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит

19 Ишаҳбаз еиԥш, ҳҭагылазаашьақәа рҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, насгьы Иегова аҵыхәтәанынӡа игәра ҳгозар, ҳзықәшәозаалакгьы аҩныҵҟатәи аҭынчра ахьчара ҳалшоит. (Шәаԥхьа Михеи 7:7.) Усҟан ҳара иаҳбоит аԥсахрақәа ииашаны иахьҳадаҳкылаз абзоурала Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы ишыӷәӷәахаз. Полаит илҳәоит ироуз аҭакԥхықәра ҿыц абзоурала ишылҵаз еснагь Иегова иқәгәыӷра. Лара илҳәоит: «Иареи сареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит».

20 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Мери уажәгьы зықәрахь инеихьоу лаб дихылаԥшуеит, иара убас пионерс амаҵ луеит. Лара илҳәоит: «Сара еилыскааит агәҭынчымра ансызцәырҵуа сыҽныскылар, Анцәа сиҳәар, насгьы сгәы сырҭынчыр шсыхәҭоу. Аха еиҳарак ихадоу, сара еилыскааит шаҟа акраҵанакуа зегьы Иегова инапы анҵара, уи ҳаԥхьаҟагьы исыхәоит».

21 Ллоиди Александреи ирҳәоит аԥсахрақәа ишақәымгәыӷуаз еиԥш рыгәрахаҵара шԥыршәаз. Аха дара ирбоит урҭ аԥсахрақәа шрыцхрааз. Уажәшьҭа дара ирдыруеит рыгәрахаҵара еиҳагьы ишыӷәӷәахаз, насгьы доуҳала ишеизҳаз. Уи раԥхьаҟагьы ауадаҩрақәа рыхгара ирыцхраауеит.

Ҳаззыԥшымыз аԥсахрақәа ҳаззыԥшымыз азылԥхарақәа ҳзааргар алшоит! (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19—21.)

22. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳҭагылазаашьаҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар?

22 Ари адунеи аҿы ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыр алшоит. Иҟалоит амаҵзураҿы иҿыцу дҵак ҳарҭар, ҳгәабзиара еицәахар, мамзаргьы ҳҭаацәараҿы иҿыцу аҭакԥхықәрақәа рынагӡара аҭаххар. Аха иҟалалакгьы, Иегова дышшәеиҷаҳало, насгьы ианаамҭоу ацхыраара шшәиҭо агәра ганы шәыҟаз (Ауриацәа рахь 4:16; 1 Пиотр 5:6, 7). Уажәы, шәҭагылазаашьаҿы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Шәиҳәала Шәаб Иегова, насгьы аҵыхәтәанынӡа иқәгәыӷшьа шәҵала. Усҟан, шәзықәшәо аԥсахрақәа зеиԥшразаалакгьы Иегова ишәиҭо аҩныҵҟатәи аҭынчра шәымазаауеит.

a Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиф иԥеиҳаб Манассиа ихьӡиҵеит, иара иҳәеит: «Анцәа сгәаҟрақәа зегь схаиршҭит». Иосиф еиликааит Иегова игәы ирҭынчырц азы аԥа ҳамҭас дышииҭаз (Аҟазаара 41:51, албаага).

b Филиппаа рахь 4:7, АдҾ: «Усҟан ахәыцрақәа зегь иреиҳау Анцәа иҭынчра шәгәи шәыхшыҩи Иисус Христос иҿы иахьчоит».

c Иоанн 14:26, 27, АдҾ: «Сыхьӡ ала Аб ишәзааишьҭуа, ацхырааҩ, иԥшьоу адоуҳа, ишәасҳәоз зегь шәнарҵоит, ишәгәаланаршәоит. Сара аҭынчра шәзынсыжьуеит, исымоу аҭынчра шәара ишәысҭоит. Уи ари адунеи еиԥш акәӡам ишшәысҭо. Шәгәы кашәмыжьын, шәымшәан».

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Анцәа иҭынчра ари Иегова иҳаиҭо агәҭынчреи ахьчареи роуп. Уи иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоуп, убри аҟынтә ҳҭагылазаашьақәа ирхьыԥшым. Ҳзықәшәозаалакгьы уи ҳгәи ҳахшыҩи ахьчар, иара убас анаҩсгьы гәырӷьарыла Иегова имаҵ ауразы амч ҳнаҭар алшоит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра