Иоанн Аӡӡаахҩы. Агәырӷьара ахьчара иҳацхраауа аҿырԥштәы
ИҞОУМА шәара бзиа ижәбо, аха зынагӡара шәылымшо маҵзура хкык? Иҟалап уи даҽаӡәы инаигӡо амаҵзура ахкы акәзар. Мамзаргьы уи уаанӡа инашәыгӡоз амаҵзура акәзар ауеит. Аха шәықәра, шәгәамбзиара, аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, ма аҭаацәаратә ҭакԥхықәрақәа ирыхҟьаны уаанӡа иҟашәҵоз шәзыҟамҵозар ауеит. Мамзаргьы ҳорганизациаҿы иҟаҵаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны акыршықәса рыҩныҵҟа инашәыгӡоз амаҵзура хкы ааныжьра шәықәшәазар алшоит. Ишыҟазаалакгьы, Анцәа имаҵ аураҿы шаҟа шәҭаху шәзыҟамҵошәа шәгәы иабозар ауеит. Еилкаауп уи иахҟьаны зны-зынла шәгәы каҳалар шалшо. Аха иҟаҵатәузеи агәкаҳареи, агәхьааи, агәыԥжәареи реиԥш иҟоу ацәаныррақәа ҳгәаҿы адацқәа рмышьҭырц азы? Ишәыцхраар алшозеи агәырӷьара ахьчара?
Иоанн Аӡӡаахҩы иҿырԥштәы агәырӷьара шыхьчалатәу ҳнарҵоит. Иара даараӡа иҷыдаз адҵақәа наигӡон, аха иԥсҭазаараҿы дзықәшәаз ахҭысқәа зынӡа дырзыԥшымызҭгьы ҟалап. Иара ихаҿгьы изаамгозҭгьы ҟаларын Анцәа имаҵ аураҿы аасҭа абахҭаҿы еиҳаны аамҭа шихиго. Ус шакәызгьы, Иоанн агәырӷьара ицәымӡӡеит, уи иԥсы ахьынӡаҭаз иааирԥшуан. Ицхраазеи иара? Насгьы ишԥаҳалшо ҳара ҳгәы казыжьуа акы ҳанақәшәогьы, агәырӷьара ахьчара?
АГӘЫРӶЬАРА ЗЦЫЗ АМАҴЗУРА
Ааԥын, 29 шықәса ҳ. ҳ. азы Иоанн Анцәа идиҵаз амаҵзура далагеит. Иара ауаа Мессиа иаара иазыҟаиҵон, абас ҳәауа: «Шәыгәнаҳарақәа шәрыхьхәы, избанзар Жәҩантәи Аҳра ааигәахеит» (Матф. 3:2; Лука 1:12—17). Иоанн иажәабжь иақәҿызҭыз рацәаҩхеит. Ажәлар геи-шьхеи ирхысны Иоанн изыӡырҩырц иаауан, зыгәнаҳақәа ирыхьхәны зыҽӡаазхызгьы маҷҩымхеит. Иоанн иара убасгьы зхы бзиа избоз адиннапхгаҩцәа гәымшәарала ргәырҽаниҵон. Иара иҳәон урҭ рҽырмыԥсахыр, Анцәа дышрықәыӡбо (Матф. 3:5—12). Ҭагалан, 29 шықәса ҳ. ҳ. азы Иоанн Аӡӡаахҩы имаҵзураҿы зегь реиҳа аҵак ду змаз ахҭыс ҟалеит — иара Иисус аӡы дӡааихит. Убри нахыс иара ауаа зқәыргәыӷыз Мессиа, Иисус, ишьҭанеиларц реиҳәон (Иоанн 1:32—37).
Иоанн иҷыдоу амаҵзура наигӡон, убри аҟынтә Иисус иҳәеит: «Ԥҳәыс илыхшахьоу рахьтә дарбанзаалакь Иоанн Аӡӡаахҩы иеиҳау дымгылацт» (Матф. 11:11). Ҳәара аҭахума, Иоанн иоуз азылԥхарақәа дреигәырӷьон. Иахьагьы даара ирацәоуп Иоанн иеиԥш зеиԥшыҟам азылԥхарақәа зауз ақьырсианцәа. Ҿырԥштәыс дааҳгап аиашьа Терри. Иԥҳәыс Сандреи иареи 50 шықәса инареиҳаны раамҭа зегь амаҵзура иазыркуан. Абар Терри ииҳәо: «Сара зеиԥшыҟам амаҵзура ахкқәа насыгӡон. Иаҳҳәап, пионерс амаҵ зуан, анаҩс Вефиль аҿы, иҷыдоу пионерс, раионтә хылаԥшҩыс, аобласттә хылаԥшҩыс, уажәы еиҭах иҷыдоу пионерс амаҵ зуеит». Ааи, амаҵзураҿы иҳадырҵо адҵақәа агәырӷьара ду ҳзааргоит, аха Иоанн иҿырԥштәы иаҳнарбоит ҳаԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟало агәырӷьара ҳцәымӡырц азы аџьабаа абара шаҭаху.
ЕСНАГЬ АЏЬШЬАРА ААШӘЫРԤШЛА
Иоанн ахаангьы агәырӷьара ицәыӡуамызт, избанзар амаҵзураҿы иоуз азылԥхарақәа рзы еснагь аџьшьара ааирԥшуан. Ҳазхәыцып уи шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәык. Иисус аӡы иҽанӡааих ашьҭахь, Иоанн иҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иагхо иалагеит, аха Иисус иҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еизҳауан. Иоанн иҵаҩцәа уи ргәы иҵхон, убри аҟынтә иарҳәеит: «[Иисус] инаҭуа далагеит, зегьы Иара иахь ицоит» (Иоанн 3:26). Аха Иоанн ҭакс иреиҳәеит: «Аԥҳәызба дзызҳәоу дмаҳәуп; амаҳәҩыза амаҳә дивагыланы, иажәақәа дырзыӡырҩуа дрызгәырӷьоит: абри иеиԥшу агәырӷьара сеимнадоит» (Иоанн 3:29). Иоанн Иисус диацлабуамызт, иара убасгьы Иисус инаигӡоз амаҵзура еиҳа иахьхадаз азы иара имаҵзура уиаҟара ихадаӡам ҳәа ахәыцра даламгаӡеит. Иара «амаҳәҩыза» иеиԥш инаигӡоз ароль ахә ҳаракны ишьон, убри аҟынтә агәырӷьара ицәыӡуамызт.
Иоанн инаигӡоз амаҵзура мариамызт, аха имаз агәазыҟашьа агәырӷьара ахьчара ицхраауан. Иаҳҳәап, иара даниз инаркны назореис дыԥхьаӡан, убри аҟынтә аҩы ижәыр ҟаломызт (Лука 1:15). Имариаз Иоанн иԥсҭазаашьа даналацәажәоз Иисус иҳәеит: «Иоанн дааит, акгьы ифом, акгьы ижәуам». Иисус иҵаҩцәеи иареи ракәзар, урҭ назореицәамызт, убри аҟынтә зегь реиԥш инхалар рылшон (Матф. 11:18, 19). Убри адагьы Иоанн идыруан Иисус иҵаҩцәа — уаанӡа иара иҵаҩцәақәазгьы уахь иналаҵаны — аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч шрымаз, аха иара ихаҭа уи аҩыза амч имамызт (Матф. 10:1; Иоанн 10:41). Аха Иоанн мыцхәы дазхәыцуамызт Иисус иҵаҩцәеи иара иҵаҩцәеи рмаҵзура злеиԥшымыз, уи аҭыԥан иара Анцәа идиҵаз адҵа гәацԥыҳәарала инаигӡон.
Ҳаргьы уажәы инаҳагӡо амаҵзура ахә ҳшьозар, агәырӷьара ҳамазаауеит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Терри иҳәоит: «Сара исыдырҵоз амаҵзура хкы зеиԥшразаалакгьы, уи схы азысышьҭуан». Уажәы имаҵзура даназхәыцуа иҳәоит: «Сара сгәы сзырхьуа ҳәа акгьы ыҟам, Иегова имаҵ аураҿы исхызгаз ашықәсқәа санрызхәыцуа сгәы ҭгәырӷьаауеит».
Ҳара ҳазхәыцлароуп инаҳагӡо амаҵзура ахә зыҳараку. Усҟан иҳамоу агәырӷьара еизҳалоит. Инаҳагӡо амаҵзура хкы зеиԥшразаалакгьы, ҳара Анцәа аус ицаҳуеит. Уи зеиԥшыҟам ҳаҭыруп (1 Кор. 3:9). Зыхә ҳараку маҭәарк еснагь иԥшӡазаауеит, уи еснагь ҳаиҷаҳауазар. Убас еиԥш Анцәа аус ицура шҳаҭыр дуу еснагь ҳазхәыцуазар, агәырӷьара ахаангьы иаҳцәыӡӡом. Усҟан ҳара Иегова изы иҟаҳҵои егьырҭ иҟарҵои еиҿҳарԥшлаӡом. Насгьы ҳара инаҳагӡо амаҵзура егьырҭ рмаҵзура еиԥш ихадаӡам ҳәа ҳгәы иаанагалаӡом (Гал. 6:4).
ИЕГОВА ИЗЫ ИХАДОУ ШӘХЫ АЗЫШӘЫШЬҬЛА
Иоанн еиликаауазар ҟаларын иаарласны имаҵзура уаҳа ишынаимыгӡало, аха иҟалап иара ихаҿгьы изаамгозҭгьы уи убас иаалырҟьаны ишыҟалоз (Иоанн 3:30). 30 шықәса ҳ. ҳ. азы, Иоанн Иисус аӡы данӡааих ашьҭахь фымз раҟара анҵы, аҳ Ирод Иоанн абахҭа дҭеикит. Ус шакәызгьы, иара излаилшоз ала анаҩсгьы ажәабжь иҳәон (Марк 6:17—20). Ицхраазеи Иоанн агәырӷьара ахьчара иԥсҭазаара абас аҽшаԥсахызгьы? Иара еснагь Иегова изы ихадоу дазхәыцуан.
Абахҭаҿы Иоанн иаҳаит Иисус имаҵзура еиҳа-еиҳа аҽшарҭбаауаз (Матф. 11:2; Лука 7:18). Иара агәра ганы дыҟан Иисус Мессиа шиакәыз, аха иҟалап еиликаар иҭахызҭгьы Иисус Мессиа изку аԥааимбаражәақәа зегь шынаигӡо. Иара идыруан Мессиа аҳра иоураны дшыҟаз, убри аҟынтә иҟалап дхәыцуазҭгьы: «Далагома Иисус иаарласны аҳра аура? Сҭигоума сара абахҭа?» Изҵаарақәа рҭак иоурц азы Иоанн иҵаҩцәа ҩыџьа Иисус иахь ишьҭит, насгьы ус иазҵаарц дрыҳәеит: «Иаараны иҟоу Уара уакәу уакәму, ма даҽаӡәы ҳаизыԥшызаару?» (Лука 7:19). Иҟалап дара аныхынҳә, Иоанн илымҳа кыдҵаны дырзыӡырҩуазҭгьы. Иоанн иҵаҩцәа изеиҭарҳәеит Иисус џьашьахәыла ауаа шихәышәтәыз, насгьы Иисус изааицҳаз иарҳәеит: «Алашәцәа рыблақәа хтуеит, ацыркьцәа ныҟәоит, ацәеилабаара змоу рцәа цқьа-шәқьахоит, адагәацәа ираҳауеит, аԥсцәа гылоит, аччиацәа агәырӷьажәа рҳәоит» (Лука 7:20—22).
Ҳәара аҭахума, Иоанн иаҳаз игәы арӷәӷәеит. Уи агәра инаргеит Иисус Мессиа изку аԥааимбаражәақәа шынаигӡо. Иисус Иоанн абахҭа дышҭимгазгьы, иара идыруан имаҵзура ахә шыҳараку. Иҭагылазаашьақәа шымариамызгьы, иара агәырӷьаразы амзызқәа иман.
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ажәабжьҳәаратә ус қәҿиарала ишынарыгӡо ҳхы азаҳашьҭуазар, агәырӷьара ҳамазаауеит
Ҳаргьы Иоанн иеиԥш Иегова имаҵ аура ҳхы азаҳашьҭуазар, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы агәырӷьареи ачҳареи раарԥшра ҳалшоит (Кәал. 1:9—11). Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи аԥышәарақәа рыхгара иҳацхраауеит, иара убас уи иаҳгәаланаршәоит Анцәа изы иҟаҳҵо зегьы ахә шишьо (1 Кор. 15:58). Абар Сандра илҳәо: «Сара есыҽны Абиблиа аҟынтә хык саԥхьоит, уи Иегова изааигәахара исыцхраауеит. Уи абзоурала раԥхьаӡа иргыланы схы акәымкәа, Иегова сизхәыцуеит». Иара убасгьы ҳара иҳалшоит адунеи ахьынӡанаӡааӡо Анцәа ижәлар инарыгӡо аус ацклаԥшра, усҟан ҳара ҳзы Иегова иусқәа иҳамоу ауадаҩрақәа раасҭа ихадазаауеит. Сандра иацылҵоит: «Ҳтеледырраҭараҿы есымза иҭыҵуа апрограммақәа ҳацхраауеит иҳаду амаҵзура гәырӷьарала анагӡара, насгьы уи абзоурала ҳара Анцәа иорганизациа ҳшахәҭаку ҳбоит».
Иоанн Аӡӡаахҩы имаҵзура иаалырҟьаны ишҿахҵәазгьы, «уи Илиа идоуҳаи илшареи иманы» инаигӡон. Иара убасгьы Иоанн, Илиа иеиԥш, «ҳарҭ зегьы иҳаиԥшыз аӡә иакәын» (Лука 1:17; Иак. 5:17). Иоанн иеиԥш ҳаргьы аџьшьара ааҳарԥшуазар, насгьы Иегова имаҵ аура еснагь ҳхы азаҳашьҭуазар, ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәалалакгьы, ҳмаҵзура гәырӷьарала инаҳагӡалоит.