АЖӘЫТӘТӘИ АҞӘЫӶАРА ИАХЬАТӘИ АԤСҬАЗААРАЗЫ
Шәазымхьаалан
АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИП: «Шәазымхьаалан шәыԥсҭазаара» (Матфеи 6:25, АдҾ).
Иаа́нагозеи уи? Иисус Христос арҭ ажәақәа иҳәеит Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы. Абиблиатә жәар инақәыршәаны, «азхьаара» ҳәа еиҭаго абырзен ҟаҵарба иаҵанакыр алшоит «ауаҩы аԥсҭазаараҿы аӷарреи, амлакреи, ма егьырҭ арыцҳарақәа данрықәшәо ихы шымҩаԥиго». Ауаҩы акы даназхьаауа, лассы-лассы ԥхьаҟа иҟалар алшо дазхәыцуеит. Ишаԥу еиԥш, ҳара ҳматериалтә ҭахрақәа, насгьы иаҳзааигәоу ауаа рыбзазара ҳаиҷаҳауеит (Филиппаа рахь 2:20). Иисус «шәазымхьаалан» ҳәа аниҳәоз, иара ишьҭанеицәа ргәазҭеиҵон мыцхәы имгәаҭеиларц — уаҵәтәи амш ирзаанаго мыцхәы иазымхәыцларц, избанзар уи иахьатәи агәырӷьара рымнахыр алшон (Матфеи 6:31, 34).
Ухы иаурхәартә иҟоума иахьа уи? Иисус иажәақәа рзыӡырҩра ҟәыӷарахоит. Избан? Ҭҵаарақәак излаудырбо ала, ауаа мыцхәы акы ианазхьаауа рнервтә ҵакыра хәҭак иааҟәымҵӡакәа аус ауеит, уи ирызцәырнагоит «агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, иаҳҳәап азҩа, агәхьаа, насгьы аԥсакра».
Иисус иааигеит мыцхәы азхьаара заҭахым агәра узырго амзыз: уи хәарҭа амам. Иара дразҵааит: «Дарбан шәара шәахьтә, зхы гәцаркны измоу рыҟнытә, рак иадамзаргьы заура [«зыԥсҭазаара», АдҾ] ацҵара зылшауа?» (Матфеи 6:27). Ҳазхьаарақәа ҳаԥсҭазаара секундкгьы иацырҵом, иагьеиӷьыртәуам. Ҳзыцәшәо ахаангьы иҟамлар алшоит. Абар библиаҭҵааҩык уи иахиҳәааз: «Аԥеиԥш азхьаара — баша аамҭа арӡра ауп. Ҳԥеиԥш цәгьахоит ҳәа ҳазхәыцлар ҳалшоит, аха ус шамахамзар иҟалаӡом».
Ҳашԥаҟәыҵри акы азхьаара? Акы, Анцәа шәиқәгәыӷла. Иара аԥсаатәқәа афатә риҭозар, ашәҭқәа ԥшӡаны еилеиҳәозар, дырмеиҷаҳаӡои иара имаҵ аура зегь раасҭа ихаданы изыԥхьаӡо ауаа? (Матфеи 6:25, 26, 28—30). Ҩбагьы, иахьатәи амш мацара шәазхьаала. «Уаҵәтәи амш шәазымхьаан,— иҳәеит Иисус,— избанзар уаҵәтәи амш аханатә иара ахы агәцаракуп». Шәақәшаҳаҭума «иарбан мшызаалакь иара ахьаа-баа» шамоу? (Матфеи 6:34).
Иисус иҟәыӷоу илабжьара ҳазхәыцыр, ҳгәабзиара ҳахьчар ҳалшоит. Убри инеиҳангьы, ҳара иҳауеит аҩныҵҟатәи агәҭынчра — Абиблиаҿы уи «Анцәа иҭынчра» ҳәа ахьӡуп (Филиппаа рахь 4:6, 7, АдҾ).