ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?
Иҟалозеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?
ШЬОУКЫ АГӘРА РГОИТ ауаҩы данԥслак ашьҭахь даҽа формак ала иԥсҭазаара иациҵоит ҳәа. Даҽа шьоукы ирыԥхьаӡоит аԥсра ашьҭахь акгьы ыҟам ҳәа. Зыгәра жәгозеи шәара?
АБИБЛИА ИАҲӘО
«Иԥсхьоу акгьы рыздыруам» (Екклезиаст [Экклезиаст] 9:5). Ауаҩы данԥслак аҟазаара даҟәыҵуеит.
АБИБЛИА АҞЫНТӘ ЕИҬА ЕИЛАҲКААР ҲАЛШО
Раԥхьатәи ауаҩы Адам данԥсы, асабахь дхынҳәит (Аҟазаара [Бытие] 2:7; 3:19). Убас еиԥш, иԥсуа зегь асабахь ихынҳәуеит (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:19, 20).
Иԥсхьоу ауаҩы «агәнаҳа аҟынтә ихы дақәиҭуп» — игәнаҳақәа зегь ианажьхоит (Римаа рахь 6:7, АдҾ). Ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы анҭаз иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа рзы дахьырхәхаӡом.
Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?
АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?
Ааи
Мап
Иҟалап
АБИБЛИА ИАҲӘО
«Агәыӷра сымоуп... Анцәа — ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә иширгылауазы» (Аусқәа 24:15).
АБИБЛИА АҞЫНТӘ ЕИҬА ЕИЛАҲКААР ҲАЛШО
Абиблиаҿы аԥсра лассы-лассы а́цәа иаҿырԥшуп (Иоанн 11:11—14). Анцәа илшоит иԥсхьоу рырҿыхара; уи иара изымариоуп, ҳара ицәоу ауаҩы ацәа́ иалхра шаҳзымариоу еиԥш (Иов [Иов] 14:13—15).
Абиблиаҿы аԥсҭалара иазкны хҭысқәак аагоуп, урҭ агәра ҳдыргоит иԥсхьоу хымԥада рыԥсы шҭало (1 Аҳцәа [1 Царей] 17:17—24; Лука 7:11—17; Иоанн 11:39—44).