Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииуль ад. 9—14
  • Аҳра шәашьҭаз, амал аизгара акәымкәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҳра шәашьҭаз, амал аизгара акәымкәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АМАЛ АИЗГАРА АГӘАҲӘАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • ИЕГОВА ЕСЫҼНЫТӘИ ҲҬАХРАҚӘА ДРЕИҶАҲАУЕИТ
  • ШӘАШЬҬОУМА ШӘАРА АҲРА ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ?
  • ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ АҲРА ШӘАШЬҬАЗ, ЕГЬЫРҬ ЗЕГЬЫ ИЕГОВА ИШӘИҬОИТ
  • Шәазымхьаалан
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахьча бзиа ишәирҵо шәазыӡырҩла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииуль ад. 9—14
Иегова ишаҳаҭ аԥҳәыс ажәабжь лзеиҭалҳәоит; ашәҭқәеи аҵарақәеи рсахьа

Аҳра шәашьҭаз, амал аизгара акәымкәа

«Зегь раԥхьа игылоу, Анцәа Иԥсҳара шәахьашьҭазааша ауп, егьырҭ зегьы шәара ишәыҭахап» (ЛУКА 12:31).

АШӘАҚӘА: 40, 98

ШӘГӘЫ ИШԤААНАГО?

  • Излеиԥшымзеи аҭахрақәеи агәаҳәарақәеи?

  • Избан амал аизгара ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу?

  • Избан агәра ганы шәзыҟоу Иегова есыҽнытәи шәҭахрақәа дышреиҷаҳауа?

1. Излеиԥшымзеи аҭахреи агәаҳәареи?

ЛАССЫ-ЛАССЫ ирҳәалоит ауаҩы иҭахрақәа рацәам, аха игәаҳәарақәа ҳәаа рымам ҳәа. Аӡәырҩы аҭахрақәеи агәаҳәарақәеи злеиԥшым рзеилымкаауазар ҟалап. Излеиԥшымзеи дара? Аҭахра — ари зда ԥсыхәа ҳамам ауп. Ауаа зегьы афатәи, ашәҵатәи, ахыҵакырҭеи рыда ԥсыхәа рымам. Агәаҳәара — ари иаҳҭаху, аха аԥсҭазааразы уиаҟара ихадам ауп.

2. Ирҭахузеи ауаа иахьа?

2 Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ауаа ргәазыҳәарақәа еиԥшым. Аизҳазыӷьара иаҿу атәылақәа рҿы аӡәырҩы ирҭаху асмартфон, амопед, ма дгьыл ҿаҵак аахәаразы аԥара аизгара ауп. Еиҳа ибеиоу атәылақәа рҿы ауаа даҽа гәаҳәарақәак рымоуп: амода иаццо амаҭәа, аҩн ду, ма еиҳа зыхә цәгьоу амашьына аахәара. Аха ара аматериализм акаҭа уаҿашәар ауеит — иаҳҭахы-иаҳҭахым, иаҳзаахәа-иаҳзаамхәа, еиҳаны амазаара агәаҳәара.

АМАЛ АИЗГАРА АГӘАҲӘАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

3. Изакәызеи амал аизгара?

3 Амал аизгара, ма аматериализм,— ари адоуҳатә усқәа ракәымкәа, амазара ухы аназушьҭуа ауп. Ауаҩы амал аизгара дшашьҭоу иҽазышәарақәеи ихықәкқәеи иаадырԥшуеит. Иара имоу изхом, еснагь еиҳаны имазар иҭахуп. Амал аизгара иашьҭоу ауаҩы дбеиамзаргьы ауеит, насгьы зыхә цәгьоу амаҭәарқәа ааимхәозар ҟалоит. Иӷару ауаагьы аматериализм акаҭа иаҿашәар, насгьы зегь раԥхьа иргыланы Аҳра ашьҭазаара иаҟәыҵыр рылшоит (Ауриацәа рахь 13:5).

4. Ихы ишԥаирхәо Аҩсҭаа «аблақәа зызгәышьуа»?

4 Аҩсҭаа анасыԥ ҳамазарц азы уиаҟара иаҳҭахым амаҭәарқәа ҳамазар ауп ҳәа агәра ҳаргара иҽазишәоит. Уи азы иара анапхгара ззиуа акоммерциа адунеи, насгьы «аблақәа зызгәышьуа» ихы иаирхәоит (1 Иоанн 2:15—17; Аҟазаара [Бытие] 3:6; Ажәамаанақәа [Притчи] 27:20). Ари адунеи иҳаднагало рацәоуп: зда ԥсыхәа ыҟам, насгьы зхаҭабзиара ҳараку инадыркны зынӡа иаҳҭахым, ҵакы змам, аха ҳхызхуа рҟынӡа. Иаашәхәахьоума шәара зныкыр маҭәарк, уи ада ԥсыхәа ахьшәымамыз акәымкәа, баша аӡыргараҿы ма авитрианаҿы иахьыжәбаз азы? Еилышәкаама анаҩс уи зынӡаск ишышәҭахымыз? Абас еиԥш иҟоу иаҳҭахым амаҭәарқәа ҳаԥсҭазаара дыруадаҩуеит. Урҭ Абиблиа аҭҵаареи, аизарақәа рҽырзыҟаҵареи рҭаареи, иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәара аҽалархәареи реиԥш иҟоу адоуҳатә усқәа рынагӡараҿы иаҳԥырхагахоит. Апостол Иоанн ҳгәаҳҽаниҵон ари адунеи, насгьы уи агәаҳәарақәа зегьы шымҩасуа, ишиасуа.

5. Ирыхьыр рылшозеи амазара аизырҳара мацара зхы азызышьҭуа?

5 Аҩсҭаа иҭахуп Анцәа иакәымкәа, амазара амаҵ ҳауларц (Матфеи 6:24). Аха амазара аизырҳара мацара ҳхы азаҳашьҭуазар, ҳаԥсҭазаара ҵакыдахоит, ҳгәы каҳар ауеит. Еиҳа еицәоу, доуҳала ҳаԥсыҽхар алшоит (1 Тимофеи иахь 6:9, 10; Аатра 3:17). Ажәлаҟьаҩ изкыз Иисус иҿырԥштәаҿы иҳәеит Аҳра ажәла амаӷраҿы ианылаҵоу иҟало. Ауаа «абеиара ихнахыр, егьырҭ агәаҳәарақәа иртәыртәыр, ираҳаз ажәа хәаҽхоит, ҽаҩра азаашьҭуам» (Марк 4:14, 18, 19).

6. Иаҳнарҵозеи ҳара Варух иҿырԥштәы?

6 Иаҳгәалаҳаршәап аԥааимбар Иеремиа иписар Варух иҿырԥштәы. Заа зыӡбахә ҳәаз Иерусалим аилабгара анааигәаха, Варух «еиҳау» — уиаҟара зыхә ҳаракым — дашьҭалеит. Аха Иегова Варух иеиҳәеит: «Уара уԥсы еиқәсырхоит» (Иеремиа [Иеремия] 45:1—5, СРП). Варух уаҳа акгьы дазыԥшымзар акәын. Анцәа аилабгара ззыԥшыз ақалақь аҿы аӡәгьы имазара аиқәырхара игәы иҭамызт (Иеремиа [Иеремия] 20:5). Ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа зынӡа иааигәоуп аҟынтә, уажәы амазара аизырҳара иаамҭам. Арыцҳара ду аан ҳмазара аҟынтә ак еиқәхоит ҳәа агәыӷра иашам, уи ҳара ҳзы даара зыхә ҳараку ак акәзаргьы (Ажәамаанақәа [Притчи] 11:4; Матфеи 24:21, 22; Лука 12:15).

7. Еилҳаргозеи ҳара уажәы, насгьы избан?

7 Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҟны иҳаиҭеит зеиԥшыҟам алабжьара. Уа иҳәеит адоуҳатә усқәа ҳрыгәҭамскәа, амал аизгара ҳашьҭамлакәа, насгьы мыцхәы ак гәҭыхас ишьҭымхкәа, есыҽнытәи ҳҭахрақәа шынаҳагӡалаша (Матфеи 6:19—21). Шәааи Матфеи 6:25—34 ҳаԥхьап, насгьы ҳазхәыцып. Уи агәра ҳнаргоит анаҩсгьы зегь раԥхьа иргыланы Аҳра ҳашьҭазар шакәу, амал аизгара акәымкәа (Лука 12:31).

ИЕГОВА ЕСЫҼНЫТӘИ ҲҬАХРАҚӘА ДРЕИҶАҲАУЕИТ

8, 9. а) Избан есыҽнытәи ҳҭахрақәа рзы мыцхәы агәҭынчымра зааҳмырԥшлар акәу? б) Иидыруази Иисус ауаа, насгьы урҭ рҭахрақәа ирызкны?

8 Шәаԥхьа Матфеи 6:25. Иисус изыӡырҩуаз «иаҳфарызеи, иаҳажәрызеи ҳәа шәгәы-шәыԥсы, шәцәеижь шәрышьҭамлан» ҳәа иреиҳәаз иаанагон мыцхәы ак гәҭыхас аҟаҵара иаҟәыҵырц шрыхәҭоу. Иҟалап дара иаҭахым азы агәҭынчымра рымазҭгьы. Избан Иисус ус зиҳәаз? Избанзар мыцхәы ак гәҭыхас ианыҟауҵо, уи амзыз амазаргьы, ихадоу адоуҳатә усқәа рынагӡара иуԥырхагахоит. Иисус иҵаҩцәа дрызхәыцуан аҟынтә, ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы агәҭынчымра шшәарҭоу даҽа ԥшьынтә ргәырҽаниҵеит (Матфеи 6:27, 28, 31, 34).

9 Избан Иисус афатәи ашәҵатәи шәрышьҭамлан ҳәа зиҳәаз? Урҭ зда ԥсыхәа ыҟам ҳҭахрақәа ракәӡами? Ҳәарада! Афатәи амаҭәеи злааҳхәо ҳамамзар, хымԥада, уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит. Иисус уи идыруан. Иара ибзианы идыруан ауаа есыҽны ирҭаху. Уи инеиҳангьы, еиликаауан ашәышықәсақәа рышьҭахь ишьҭанеицәа ихьанҭоу, «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан ишынхало (2 Тимофеи иахь 3:1). Усҟан аӡәырҩы усурада инхоит, аинфлиациа ҟалоит, афатә рыгхоит, ма зынӡа ирфо рмоуа иаанхоит. Аха Иисус еиликаауан ауаҩы иԥсҭазаара афатә аасҭа ахә шыҳараку, ацәеижьгьы амаҭәа аасҭа ишхадоу.

10. Ихадазар акәзеи ҳара ҳзы, Иисус иҳаиҭаз узҿыԥшуа анцәаиҳәара инақәыршәаны?

10 Уи аԥхьа Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы ауаа рматериалтә ҭахрақәа рзы Анцәа иҳәаларц дирҵон. Дара жәҩантәи Раб абас и́ҳәалар рылшон: «Иахьа зда ԥсыхәа ҳамам ача ҳаҭ» (Матфеи 6:11). Ԥыҭрак ашьҭахь иара Анцәа абас и́ҳәаларц реиҳәеит: «Есымша зда ҳхәарҭам ача ҳаҭала» (Лука 11:3). Аха уи иаанагом ҳматериалтә ҭахрақәа еиҳа ҳрызхәыцлар ауп ҳәа. Узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы Иисус зегь раԥхьа иргыланы Анцәа Иаҳра ааирц ҳаҳәаларц ҳирҵон (Матфеи 6:10; Лука 11:2). Изыӡырҩуаз ргәы ирҭынчырц азы, Иисус иргәалаиршәеит Иегова ишамҭақәа зегьы дышреиҷаҳауа.

11, 12. Иаҳҵозеи ҳара Иегова аҵарақәа дышреиҷаҳауа аҟынтә? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

11 Шәаԥхьа Матфеи 6:26. Ҳара ажәҩан иалоу аԥсаатә ҳрыхәаԥшыроуп. Арҭ ашамҭақәа шхәыҷқәоугьы, даараӡа ирацәаны ашәырқәеи, ажәлақәеи, ахәаҷа-маҷеи рфоит. Иаҳҳәап, аҵыс ауаҩы икапан амазҭгьы, уи ауаҩы иаасҭа еиҳаны акрафон. Аха дара рхы ныҟәыргарц азы, адгьыл аус адулареи ақәаарыхреи рықәшәаӡом. Ирҭаху зегьы Иегова ириҭоит (Аԥсалом 146:9 [147:9, АдҾ]). Ҳәарада, иара афатә инаганы рҿы иҭеиҵаӡом! Уи дара рхала ирыԥшаалар ауп. Аха ирыԥшааша меигӡарахда ирымоуп.

12 Иисус агәра ганы дыҟан жәҩантәи Иаб аҵарақәа афатә риҭозар, ауаа есыҽнытәи рҭахрақәа хымԥада дышреиҷаҳауа (1 Пиотр 5:6, 7)1 . Ҳәарада, Иегова афатә ҳҿы иҭеиҵом, аха зда ԥсыхәа ҳамам афатә ааҳрыхырц, ма уи азы иаҭаху аԥара ҳарҳарц азы иҟаҳҵо аҽазышәарақәа дырзылԥхоит. Ак ҳагхар, иара аӡәы ацхыраара ҳаиҭарц азы игәазҭеиҵар илшоит. Иисус имҳәаӡеит аҵарақәа ахыҵакырҭа зларыԥшаауа, аха Анцәа урҭ аинстинкти, алшарақәеи, рыҭра злаҟарҵашеи риҭеит. Убас еиԥш Иегова ҳҭаацәеи ҳареи иаҳнаало анхарҭа ҳамазарц азы дҳацхраар илшоит.

13. Избан аҵарақәа раасҭа ҳахә шыҳараку агәра ҳгар зҳалшо?

13 Иисус аҵарақәа рыӡбахә аниҳәа ашьҭахь, изыӡырҩуаз ауаа дразҵааит: «Убарҭ реиҳа шәеиӷьӡами шәара?» Агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит уи аамҭазы Иисус иаарласны ауаатәыҩса зегьы иԥсы рыхҭниҵар шакәу дшазхәыцуаз. (Иаҿшәырԥш Лука 12:6, 7.) Иисус иԥсы ауаа мацара роуп изыхҭниҵаз. Ааи, Иисус дзыԥсыз аҵарақәа рзы акәӡам, аха ҳара ҳзы ауп! Уи абзоурала наӡаӡа ҳанхалар ҳалшоит (Матфеи 20:28).

14. Иабеимыхәо ауаҩы агәҭынчымра аарԥшра?

14 Шәаԥхьа Матфеи 6:27a. Избан Иисус изиҳәаз ауаҩы агәҭынчымра аарԥшуа, иԥсҭазаара рак иадамзаргьы изацҵом ҳәа? Избанзар баша агәҭынчымра аарԥшра ҳанҵыра иацнаҵом, еиҳагьы иагнархар алшоит.

15, 16. а) Иаҳҵар ҳалшозеи Иегова «адәыкрынқәа» дышреиҷаҳауа аҟынтә? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, насгьы избан?

15 Шәаԥхьа Матфеи 6:28—30. Дызусҭада ҳара ҳҟынтә амаҭәа ԥшӡа зҭахым, еиҳарак адоуҳатә усқәа рыҽрылархәразы — ажәабжьҳәаразы, ма аизарақәеи аконгрессқәеи рҭааразы! Ус ишыҟоугьы, иаԥсоума ашәҵатәы азы агәҭынчымра аарԥшра? Еиҭа Иисус Иегова ишамҭақәа ҳрыхәаԥшырц ҳаиҳәоит. Ҳара адәыкрынқәа рыԥшӡара ҳазхәыцыр, иаҳҵо рацәоуп. Иҟалап Иисус адәыкрын иеиԥшу еиуеиԥшым ашәҭ ԥшӡақәа дрыхцәажәозҭгьы. Арҭ ашәҭқәа зегьы уамашәа иԥшӡоуп. Уи азы дара ирҭахӡам ахахара, асра, ма даҽа шәҵатәык аӡахра. Аха урҭ убриаҟара иԥшӡоуп, уанрыхәаԥшуа убла хыркуеит. Иисус иҳәеит «Соломон еиҳа ианиааз аамҭақәа рызгьы, убарҭ шеилаҳәоу деилаҳәамызт» ҳәа.

16 Анаҩс Иисус изыӡырҩуаз ихадаз зҵаарак риҭеит: «Адәы-ҳаскьын Анцәа абас аиԥш ала иеилеиҳәозар, шәарҭ заҟа еиӷьны шәеибиҭарызеи, агәрахаҵара зыцәмаҷу ауаа!» Ҳәарада, Анцәа ус иагьыҟаиҵоит! Аха Иисус иҵаҩцәа рыгәрахаҵара ӷәӷәамзар ҟаларын (Матфеи 8:26; 14:31; 16:8; 17:20). Дара Иегова иахь ирымаз агәрагара дырӷәӷәалар акәын. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Шаҟа иӷәӷәаны агәра ҳгозеи Иегова ҳаиҷаҳара шиҭаху, насгьы уи иара ишилшо?

17. Ибжьызхыр алшозеи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа?

17 Шәаԥхьа Матфеи 6:31, 32. «Амурҭаҭцәа» аҵыхәтәанынӡа агәра ргом бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб зегь раԥхьа иргыланы Аҳра иашьҭоу дышреиҷаҳауа. Ҳара урҭ ҳреиԥшымзар ауп. Амурҭаҭцәа зышьҭоу аизырҳара ҳҽаназаҳшәо, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьаҳхыр ауеит. Аха Иегова ишиҭаху еиԥш ҳхы анымҩаԥаҳго — адоуҳатә усқәа зегь раԥхьа ианҳаргыло — иара дшаҳзылԥхо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашара ҳацхраауеит «цәашәҵатәыки фатәыки ҳамазар», уи ҳзырхара (1 Тимофеи иахь 6:6—8).

ШӘАШЬҬОУМА ШӘАРА АҲРА ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ?

18. Иидыруазеи Иегова ҳара зегьы иҳазкны, насгьы дзеиҷаҳауазеи иара?

18 Шәаԥхьа Матфеи 6:33. Ақьырсианцәа еснагь зегь раԥхьа иргыланы Аҳра иашьҭазар ауп. Усҟан, Иисус ишиҳәаз еиԥш, Иегова егьырҭ зегь риҭоит. Аха избан Иисус уи агәра ганы дзыҟаз? Аҭак ҳауеит уи аԥхьа иҟоу ажәеинраалаҿы: «Жәҩан иҟоу Шәаб убарҭқәа шышәҭаху атәгьы идыруеит». Иегова ибоит афатәи, ашәҵатәи, анхарҭеи рганахь ала иҳазцәырҵуа аҭахрақәа, урҭ ҳхаҭа еилаҳкаанӡа (Филиппаа рахь 4:19). Иара идыруеит ҳамаҭәақәа рҟынтә иаарласны ихо. Иегова еиликаауеит иарбан фатәу, насгьы нхарҭоу ҳҭаацәеи ҳареи иаҳҭаху. Иегова иаҳҭахыҵәҟьоу ҳамазарц хымԥада деиҷаҳауеит.

19. Избан ԥхьаҟатәи аԥеиԥш мыцхәы гәхьаас аҟаҵара зҳахәҭам?

19 Шәаԥхьа Матфеи 6:34. Иазгәашәҭ, Иисус ара еиҭа шәазымхьаан иҳәоит. Иара иҭахуп иахьатәи амш ҳхы азаҳашьҭларц, насгьы аҵыхәтәанынӡа Иегова ҳиқәгәыӷларц. Ауаҩы мыцхәы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш гәхьаас имазар, Анцәа иакәымкәа, еиҳа ихы дақәгәыӷуа далагар ауеит, уи Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьнахуеит (Ажәамаанақәа [Притчи] 3:5, 6; Филиппаа рахь 4:6, 7).

ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ АҲРА ШӘАШЬҬАЗ, ЕГЬЫРҬ ЗЕГЬЫ ИЕГОВА ИШӘИҬОИТ

Хаҵеи-ԥҳәыси рбиуџьет иалацәажәоит

Ишәылшарызма шәыԥсҭазаара армариара, Аҳра аус еиҳа активла аҽалархәразы? (Шәахәаԥш абзац 20.)

20. а) Иарбан хықәку Иегова имаҵ аураҿы ишәыргылар шәылшо? б) Ишԥашәылшарыз шәыԥсҭазаара армариара?

20 Шаҟа иҟәыӷарамхози зегь раԥхьа иргыланы Аҳра ашьҭалара аҭыԥан, амал аизгара ҳҽаҳҭар! Адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара иаԥсаҵәҟьоу усуп. Иаҳҳәап, иҳалшарызма ҳара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аизарахь аиасра? Пионерс аҟалара? Шәара пионерс амаҵ жәуазар, шәазхәыцхьоума Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол шәахысырц азы анкета ахарҭәаара? Ишәылшарызма шәара аамҭа-аамҭала Вефиль ма аиҭагаратә офис аҿы ацхыраара? Ишәҭахума шәахьынхо аҭыԥ аҿы Аҳратә залқәа рыргылараҿы хатәгәаԥхарала аҽалархәра, насгьы зны-зынла еиуеиԥшым апроектқәа шәхы рылархәра? Шәазхәыц Аҳра аус активла аҽалархәразы шәыԥсҭазаара армариара шшәылшо. Анцәа шәиҳәаны, арамка «Аԥсҭазаара шырмариатәу» шәазхәыц, анаҩс шьаҿа-шьаҿала шәхықәкқәа нашәыгӡала.

Аиашьа аус ахьиуа аиҳабы диацәажәоит, хаҵеи-ԥҳәыси ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥ аҿы ажәабжь рҳәоит, хаҵеи-ԥҳәыси Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара рҵоит

21. Иҳацхраауазеи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара?

21 Шаҟа ибзиоузеи Иисус зегь раԥхьа амал аизгара акәымкәа, Аҳра ҳашьҭазарц ҳгәы ахьазҭеиҵоз! Ус ҟаҳҵалар, есыҽнытәи ҳҭахрақәа рзы агәҭынчымра ааҳмырԥшлар ҳалшоит. Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахоит, аҵыхәтәанынӡа ҳиқәгәыӷуазар, уиаҟара ихадам ҳгәаҳәарақәа рынагӡареи ари адунеи иҳаднагало зегьы аиуреи ҳрышьҭамзар, уи азы алшара ҳамазаргьы. Ҳара уажәнатә имариоу аԥсҭазаара мҩаԥаҳгозар, ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу «наунагӡатәи аԥсҭазаара» ҳаҭәахоит! (1 Тимофеи иахь 6:19).

^ 1 Абзац 12. Иегова имаҵзуҩцәа ак анрыгхо ыҟоуп. Уи иара зны-зынла изиаҩижьуа еилыргоуп аброшиура «Почему вы убеждены, что у вас истина?» аҿы иану «Вопросы читателей» аҟны, адаҟьа 22.

Аԥсҭазаара шырмариатәу

  1. Аԥсҭазааразы ишәҭахыҵәҟьоу шәазхәыц

  2. Баша аԥара нышәымхлан

  3. Ишәнаало абиуџьет шьақәшәыргылb

  4. Ишәҭахым амаҭәарқәа ықәыжәга

  5. Шәуалқәа шәшәа

  6. Аусура иазышәкуа аамҭа шәырмаҷ

  7. Амаҵзураҿы аҽырҭбааразы ахықәкы ықәшәыргыл, насгьы уи шынашәыгӡаша шәазхәыц

a Матфеи 6:27 (АдҾ): «Дарбану шәара шәахьтә агәҭынчымра аарԥшуа, зыԥсҭазаара рак иадамзаргьы ацҵара зылшо?»

b Шәахәаԥш ииуль мза 2010 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы арамка «Как составить бюджет», адаҟьа 8.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра