АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50
Ахьча бзиа ишәирҵо шәазыӡырҩла
«Урҭ Сара сыбжьы раҳап» (ИОАНН 10:16).
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
АХҲӘААa
1. Избан Иисус иҵаҩцәа ауасақәа изрыҿирԥшыз?
ИИСУС иҵаҩцәеи иареи ирыбжьаз аизыҟазаашьақәа ахьчеи ауасақәеи шеизыҟоу иаҿирԥшит (Иоанн 10:14). Уи еиҿырԥшра бзиоуп. Ауасақәа ахьча ибжьы бзианы ирдыруеит, насгьы изыӡырҩуеит. Ныҟәаҩык еиҭеиҳәаз уи шьақәнарӷәӷәоит: «Ҳара ауасақәа рпатреҭ ҭаҳхыр ҳҭахын, убри аҟынтә ҳрыԥхьо ҳалагеит. Аха урҭ хьаасгьы ҳрымкит, избанзар ҳабжьы рыздырӡомызт. Аха ахьча хәыҷ дааины данрыԥхьа, иаразнак ишьҭалеит».
2, 3. а) Иаанагозеи Иисус ибжьы азыӡырҩра? б) Еилҳаргозеи ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы?
2 Ари аҿырԥштәы ибзианы иаҳнарбоит «урҭ Сара сыбжьы раҳап» ҳәа Иисус ииҳәаз ажәақәа ҵакыс ирымоу (Иоанн 10:16). Ус анакәха, Христос иҵаҩцәа Ирықәиҭу ибжьы иазыӡырҩлароуп. Аха Иисус уажәы ажәҩан аҿы дыҟоуп. Ишԥаҳалшо нас ҳара ибжьы азыӡырҩра? Иисус ибжьы азыӡырҩра иаанаго иҵаҩцәа идирҵоз аҭҵаареи уи ҳаԥсҭазаараҿы ақәныҟәареи ауп (Матф. 7:24, 25).
3 Ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы ҳара ахьча бзиа, Иисус, имҩақәҵарақәак еилҳаргоит. Иара иҳәеит иҟаҳамҵалар акәу, иара убас иҟаҳҵалар акәу. Ари астатиа аҟны иҟаҳамҵалар акәу иазкны Иисус иҳаиҭаз ҩ-мҩақәҵарак ҳрылацәажәоит.
«АГӘАҬЕИРА ШӘАҞӘЫҴ»
4. Ҳзыргәаҭеилар алшозеи Лука 12:29 иану инақәыршәаны?
4 Шәаԥхьа Лука 12:29b. Иисус иҵаҩцәа ҳхы зланыҟәаҳгарызеи ҳәа агәаҭеира иаҟәыҵырц реиҳәон. Ҳәара аҭахума Иисус илабжьарақәа еснагь ахәарҭа ҳзааргоит. Аха ари алабжьара ақәныҟәара еснагь имариаӡам. Избан?
5. Ирызцәырызгозеи шьоукы агәҭынчымрақәа?
5 Шьоукы рҭаацәеи дареи афатәи, ашәҵатәи, иахьынхалашеи рымазарц азы аԥара шдырҳаша хьаас ирымоуп. Даҽа шьоукы иӷару атәылақәа рҿы инхоит аҟынтә, ачахә аарла идырҳауеит. Иҟоуп апандемиа COVID-19 иахҟьаны аусура зцәыӡыз, насгьы ԥарада иаанхаз. Ҭаацәарақәак рҿы рҭаацәа ныҟәызгоз дыԥсит (Еккл. 9:11). Ҳаргьы ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳрықәшәазар, ишԥаҳалшо Иисус «агәаҭеира шәаҟәыҵ» ҳәа иҳаиҭаз амҩақәҵара ҳақәныҟәалар?
Ҳхы зланыҟәаҳгарызеи ҳәа мыцхәы ахәыцра аҭыԥан, Иегова иахь шәыгәрагара шәырӷәӷәала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—8.)c
6. Ихьзеи апостол Пиотр ҽнак зны?
6 Ҽнак зны Пиотри егьырҭ апостолцәеи ашхәа иҭатәаны Галилеиатәи амшын ихыланы ишцоз афырҭын ӷәӷәа иақәшәеит. Иаалырҟьаны Иисус аӡы дықәланы дара рахь дшаауаз рбеит. Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу! Ари Уара уакәзар, амшын сықәланы Уара уахь снашьҭы». Иисус иеиҳәеит: «Уааи». Усҟан «ашхәа дынҭыҵны, Пиотр аӡы дықәла иҿынаихеит». Иҟалазеи анаҩс? Пиотр «аԥша ӷәӷәа шасыз аниба, дшәеит, дӡааҟәрыло даналага, дыҳәҳәеит: „Иҳақәиҭу! Сеиқәырха“». Иисус Пиотр инапы иҭаны дааникылт. Иазгәашәҭ, Пиотр Иисус дихәаԥшнаҵы ицәқәырԥоз амшын дықәланы дцон. Аха афырҭын данахәаԥш, дшәаны аӡааҟәрылара далагеит (Матф. 14:24—31).
7. Иаҳнарҵозеи Пиотр дзықәшәаз ахҭыс?
7 Пиотр дзықәшәаз ахҭыс иаҳнарҵо ак ыҟоуп. Иара анышь дҭыҵны амшын данықәла афырҭын дацәшәаны аӡааҟәрылара далагоит ҳәа дыҟамызт. Аха Пиотр Иисус илаԥш иҟәигеит. Ҳәарада, ҳара амшын ҳақәланы ацара ҳақәшәаӡом, аха ҳара ҳаԥсҭазаараҿгьы ҳагәрахаҵара шаҟа иӷәӷәоу ԥызшәо ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Убасҟан Иеговеи иқәыргәыӷрақәеи ҳалаԥш рҟәаҳгар аӡааҟәрылара ҳалагоит, даҽакала иуҳәозар ҳагәрахаҵара ԥсыҽхоит. Аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, Иегова дышҳаиҷаҳало агәраганы ҳаҟазароуп. Шәааи, Иегова дышҳацхраауа ҳазхәыцып.
8. Иҳацхраауазеи ҳхы зланыҟәаҳгаша мыцхәы азымхәыцра?
8 Иегова иахь агәрагара агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраауеит. Жәҩантәи Ҳаб агәра ҳиргоит: ҳаԥсҭазаараҿы имаҵ аура зегь реиҳа ихадазар, ҳҭахрақәа дреиҷаҳалоит (Матф. 6:32, 33). Ҳара уи ҳхаҳмыршҭлароуп! Иегова еснагь иажәа наигӡоит (Ҩынтә. 8:4, 15, 16; Аԥсал. 37:25). Уи адагьы, Иегова аҵарақәа акрырҿеиҵозар ашәҭқәа ԥшӡаны еилеиҳәозар, ҳаргьы ҳаанижьӡом (Матф. 6:26—30; Флп. 4:6, 7). Аҭаацәа рхәыҷқәа бзиа ишырбо, насгьы рҭахрақәа ишреиҷаҳауа еиԥш жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳаибоит, насгьы иҳагу зегь ҳаиҭоит. Ааи, Иегова ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит!
9. Иҳаилдыркаауазеи хаҵеи-ԥҳәыси зықәшәаз ахҭысқәа?
9 Иегова иҳагу ҳаиҭар шилшо шьақәзырӷәӷәо аҿырԥштәқәа рацәоуп. Абар пионерс амаҵ зуа хаҵеи-ԥҳәыси зықәшәаз ахҭыс. Зны дара иажәхьаз рмашьынала аиҳәшьцәа аизарахь иргеит. Урҭ аиҳәшьцәа ахҵәацәа рлагер аҿы инхон. Уантәи Аҳратә зал ахь уаарц азы сааҭк машьынала амҩа уқәхон. Аиашьа еиҭеиҳәоит: «Аизара ашьҭахь ҳара урҭ аиҳәшьцәа акрыҳацырфарц ааԥхьара раҳҭеит. Аха нас ауп ианаҳгәалашәа ирҿаҳҵоз ҳәа акгьы шҳамамыз». Иҟалазеи анаҩс? «Аҩны ҳанааи, ҳаҩнашә аԥхьа фатәыла иҭәыз ҩ-пакет дук гылан. Урҭ ҳзаазгаз уажәгьы иҳаздырӡом. Иегова иҳагыз ҳаиҭеит». Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рмашьына бжьысит, аха уи злаҟарҵоз рымамызт. Дара уи ажәабжьҳәаразы даара ирҭахын. Уи аҟаҵара шаҟа ирызтәо еилыркаарц азы амашьынақәа ҟазҵо идырбарц иргеит. Иаалырҟьаны хаҵак днарыдгылан ус дразҵааит: «Изтәыда ари амашьына?» Ҳашьа иҳәеит иара ишитәу, насгьы уи шыбжьысыз. Усҟан ахаҵа иҳәеит: «Акәзааит, сыԥҳәыс абри аҩыза амашьына лҭахуп, аԥштәгьы илҭахыҵәҟьоу ауп. Шаҟа ҳәа исуҭои?» Ҳашьа иоуз аԥарала амашьына ҿыц ааихәеит. Иара иҳәоит: «Уи шаҟа ҳаигәырӷьаз ҳәашьа сзаҭом. Ҳара агәраганы ҳаҟан уи ахаҵа баша дышҳақәымшәаз. Иегова аҳамҭа ҳзыҟаиҵеит».
10. Ишԥаҳацхраауеи Аԥсалом 37:5 ҳхы зланыҟәаҳгарызеи ҳәа ҳамгәаҭеиларц?
10 Ҳара «агәаҭеира шәаҟәыҵ» ҳәа Иисус иҳаиҳәаз ажәақәа ҳарзыӡырҩуазар, Иегова ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (шәаԥхьа Аԥсалом 37:5; 1 Пиотр 5:7). Шәааи еиҭа ҳрызхәыцып 5-тәи абзац аҿы ҳзыхцәажәаз ауадаҩрақәа. Шәҭаацәара ныҟәызгоз дыԥсызар, ма аусура шәцәыӡзар, уи иаанагаӡом Иегова шәеиҷаҳара илшаӡом ҳәа. Уажәшьҭа шәҭаацәара ныҟәызго даныҟам, ма усурада шәанаанха, Иегова дшәыцхраарц азы даҽа лшарак иԥшаауеит, хымԥада иԥшаауеит. Шәааи уажәшьҭа еилаҳкаап Иисус иҟаҳамҵалар акәу ҳәа зыӡбахә иҳәаз даҽакы.
«ШӘАҞӘЫҴ АУАА РЫҚӘЫӠБАРА»
Егьырҭ рҭагылазаашьақәа зегь шаҳзымдыруа еилаҳкаауазар, уи рықәмыӡбара иҳацхраауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 14—16.)d
11. Иҟаҳамҵалар акәзеи еиҭа Матфеи 7:1, 2 иану инақәыршәаны, насгьы избан уи мариамзар залшо?
11 Шәаԥхьа Матфеи 7:1, 2. Иисус еиликаауан изыӡырҩуаз ауаа шынаӡамыз, убри аҟынтә егьырҭ ауаа рыгхақәа рхы шырзырышьҭло. Убри азоуп «шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара» ҳәа зреиҳәазгьы. Ҳәарада, ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрықәыӡбалар ҳҭахӡам, аха ҳара ҳнаӡаӡам. Иҟаҵатәузеи ауаа рықәыӡбара шьцыларас ишҳамоу гәаҳҭазар? Иисус шәизыӡырҩла, насгьы уи ашьцылара шәаиааирц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала.
12, 13. Избан Иегова Давид дшизыҟаз ҳазхәыцлар зыбзиоу?
12 Иегова иҿырԥшы иаҳнарҵо рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы иара дызхәаԥшуа ҳҟазшьа бзиақәа роуп. Давид иԥсҭазааратә ҭоурых уи шьақәнарӷәӷәоит. Иара агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит. Иаҳҳәап, Вирсавиа дхихит, лхаҵа дыршьыртәгьы ҟаиҵеит (2 Сам. 11:2—4, 14, 15, 24). Уи алҵшәа бааԥсқәа аанагеит, Давид ихаҭа изгьы, иҭаацәара рзгьы, иҳәсагьы уахь иналаҵаны (2 Сам. 12:10, 11). Даҽа ҭагылазаашьак аҿгьы Давид Иегова иахь агәрагара изымхаӡеит. Иара израильтәи аруаа иԥхьаӡеит, уи азы Анцәа азин шиимҭазгьы. Иҟалап уи изырҟаҵаз аԥагьара акәзар, мамзаргьы иҟалап Иегова иаасҭа ар дрықәгәыӷуазҭгьы. Давид ихҟьаны 70 000-ҩык израильаа аҿкы иагеит! (2 Сам. 24:1—4, 10—15).
13 Шәгәы иаанагарызи Давид изы усҟан Израиль шәынхозҭгьы? Арыцҳашьара даԥсоуп ҳәа шәҳәарызу? Аха Иегова убасҵәҟьоуп ишиԥхьаӡаз. Избан? Иара ихамышҭӡеит Давид акыршықәса рыҩныҵҟа гәыкала имаҵ шиуаз, насгьы гәыкала дшахьхәыз ибеит. Убри аҟынтә Иегова Давид игәнаҳақәа ианаижьит. Иара идыруан Давид гәыкала бзиа дшибоз, насгьы ииашаны ихы мҩаԥигалар шиҭахыз. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи Анцәа раԥхьаӡа иргыланы ҳҟазшьа бзиақәа ахьибо! (1 Аҳ. 9:4; 1 Аш. 29:10, 17).
14. Ирыцхраауазеи ақьырсианцәа егьырҭ рықәмыӡбара?
14 Иегова ауаа рҟынтә анаӡара дазыԥшӡам. Ус анакәха, ҳаргьы иара иеиԥш ауаа ҳарзыҟазароуп, насгьы ирылоу аҟазшьа бзиақәа гәаҳҭалароуп. Аиаша ҳҳәозар, егьырҭ рыгхақәа ргәаҭареи ак рыхҳәаареи мариоуп. Аха Иегова иҿыԥшуа ауаҩы егьырҭ рыгхақәа ихы рзишьҭӡом, насгьы зегьы драабуеит. Аус здырымулац алмаз уиаҟара иԥшӡамзар алшоит, аха атәы здыруа уи алмаз шакәу еиликаауеит, насгьы аус анадырулалак ашьҭахь шаҟа иԥшӡахо ихаҿы иааигоит. Убри аҟынтә, шәааи Иеговеи Иисуси реиԥш ауаа ҳармықәыӡбалап, насгьы ирылоу аҟазшьа бзиақәа гәаҳҭалап.
15. Избан ауаа зықәшәо ауадаҩрақәа ҳрызхәыцлар зҳахәҭоу?
15 Иҳацхраауазеи иҵегьы ауаа рықәмыӡбара? Дара зықәшәо ауадаҩрақәа шәрызхәыц. Иаҳгәалаҳаршәап Иисус иԥсҭазаара аҟынтә хҭыск. Зны иара аныҳәарҭаҿы даныҟаз, иӷарыз ԥҳәысеибак ахазынаҭра ҩ-лептак шҭалыԥсаз ибеит. Иара имҳәаӡеит: «Избан ас имаҷны?» Иисус изы ихадаз уи аԥҳәыс шаҟа аалгаз акәӡамызт, иара дзызхәыцуаз уи заалгаз, насгьы лҭагылазаашьақәа ракәын. Убри азоуп иаалырԥшыз аҳалалразы дызирҽхәазгьы (Лука 21:1—4).
16. Иаҳнарҵозеи Вероника еиҭалҳәаз ахҭыс?
16 Вероника лыхҭыс ишьақәнарӷәӷәоит егьырҭ рҭагылазаашьақәа зеиԥшроу азхәыцра шаҟа ихадоу. Леизараҿы дыҟан зхала зԥа дзааӡоз иаҳәшьак. Вероника илҳәоит: «Сара сгәы иаанагон дара лассы-лассы аизарақәа бжьарыжьуеит, насгьы имаҷны ажәабжь рҳәоит ҳәа. Убри аҟынтә уиаҟара пату рықәысҵомызт. Аха зны уи аиаҳәшьа ажәабжьҳәара слыццеит. Лара исалҳәеит лԥа аутизм шимоу. Лара даараӡа ишылцәыцәгьазгьы лҭаацәара хәыҷ ныҟәылгарц азы, насгьы лхәыҷы Иегова бзиа дибарц азы илылшоз зегь ҟалҵон. Уи адагьы, лԥа ичымазара иахҟьаны зны-зынла даҽа еизарак ахь ацара рықәшәон». Абар уи ашьҭахь Вероника еилылкааз: «Сара уи аиаҳәшьа илхылгоз схаҿгьы исзаагомызт. Уажәшьҭа сара уи лыхә сшьоит, насгьы пату лықәысҵоит, избанзар лара Иегова изы иҟалҵо даара ирацәоуп!»
17. Иарбан закәану Иаков 2:8 иану, насгьы ишԥаҳалшо уи наҳагӡалар?
17 Иҟаҳҵар акәзеи ҳашьа, ма ҳаҳәшьа ҳашрықәыӡбо гәаҳҭазар? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп: иаҳзааигәоу бзиа рбара — ҳара ҳзы закәануп. (Шәаԥхьа Иаков 2:8.) Иара убас ҳара егьырҭ рықәыӡбара ҳаҟәыҵырц азы Иегова амч ҳаиҭарц ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалароуп. Уи гәыкала иаҳҭахызар, ҳазқәыӡбо ауаҩы еиҳаны аамҭа ицаҳхаҳгалоит, насгьы еиҳа еиӷьны ҳиабадыруеит. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит ажәабжьҳәара ҳиццар, ма акреицаҳфарц азы дааҳаԥхьар. Иара убас, шәааи Иеговеи Иисуси ҳарҿыԥшлап: ауаа ирылоу аҟазшьа бзиақәа гәаҳҭалап. Убас ҳара иааҳарԥшуеит «шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара» ҳәа ҳазҳәаз ахьча бзиа, Иисус, ҳшизыӡырҩуа.
18. Ишԥааҳарԥшуеи ахьча бзиа ҳшизыӡырҩуа?
18 Ауасақәа ахьча ибжьы иазыӡырҩуеит, ииашоу ақьырсианцәа — Иисус ибжьы. Ҳара «агәаҭеира шәаҟәыҵ», насгьы «шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара» ҳәа иану амҩақәҵарақәа наҳагӡаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иеговеи Иисуси ҳацхраауеит. «Агәарҭа маҷ» ахь ҳаҵанакуазаргьы, «егьырҭ ауасақәа» рахь ҳаҵанакуазаргьы шәааи, анаҩсгьы ахьча бзиа ибжьы ҳазыӡырҩлап, насгьы ииҳәо ҟаҳҵалап (Лука 12:32; Иоанн 10:11, 14, 16). Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус иҳаиҭаз даҽа ҩ-мҩақәҵарак. Урҭ иҟаҳҵалар акәу ҳдырбоит.
АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит
a Иисус иҳәеит: «Урҭ Сара сыбжьы раҳап». Ииҳәарц ииҭахызи иара? Иҵаҩцәа иара ишизыӡырҩло, насгьы идирҵоз ишықәныҟәало. Ари астатиаҿы Иисус иҳаиҭаз ҩ-лабжьарак еилҳаргоит: «Агәаҭеира шәаҟәыҵ », насгьы «Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара». Иара убас ҳара еилаҳкаауеит Иисус ииҳәаз ҳақәныҟәалар шҳалшо.
b Лука 12:29, АдҾ: «Убри аҟынтә ишәфаша ишәжәыша уаҳа хьаас иҟашәымҵалан, насгьы агәаҭеира шәаҟәыҵ».
c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Ҳашьа усурада даанхеит. Иара иҭаацәа зланыҟәигаша аԥара изхаӡом, иахьынхалогьы иԥшаароуп. Арҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Иегова имаҵ ауразы аамҭа аԥшаара ицәыцәгьахар алшоит.
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Ҳашьа аизарахь дагхан дааит. Аха уи иаанагаӡом иара гәыкала Иегова имаҵ иуӡом ҳәа. Аиашьа алшара шааиоулак еиԥш ажәабжь иҳәоит, зықәрахь инеихьоу дрыцхраауеит, насгьы Аҳратә зал арԥшӡара дацхраауеит.