Избан ҳҷаԥшьалар зҳахәҭоу?
«Иҳақәиҭу данаауа асааҭ шәыздырӡом» (МАТФЕИ 24:42).
1. Аҿырԥштәы шәхы иархәаны иаҳзеиҭашәҳәа ҳанынхо аамҭа, насгьы ҳакәша-мыкәша иҟоу ибзианы аилкаара зҳахәҭоу. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ХӘБА, ԥшьба, хԥа, ҩба, акы! Аконгресс аҿы апрограмма иалагаанӡа шаҟа аамҭа нхаз узырбо асааҭ аекран аҿы ҳанахәаԥшуа, еилаҳкаауеит амузыка ҳазыӡырҩырц азы ҳҭыԥқәа раанкыларазы аамҭа шааиз. Уажәы Ахьчаратә Бааш роркестр инанагӡо амузыка ҳазыӡырҩыр ҳалшоит, аха еиҳа ихадоу, ҳгәи ҳахшыҩи ажәахәқәа рзыӡырҩразы иазыҟаҳҵоит. Аха игәаҳҭар ҳалшоит шьоукы уеизгьы аныҟәара ишаҿу, рҩызцәа ишрацәажәо, апрограмма уажәымзар-уажәы ишалаго рхашҭны. Урҭ аамҭеи рыкәша-мыкәша иҟоуи иацклаԥшӡомызт: апрограмма ахантәаҩы асценахь дааихьеит, амузыка абжьы гахьеит, зегьы рҭыԥқәа ааныркылахьеит. Иаҳнарҵозеи ҳара зегь иаҳдыруа ари аҭагылазаашьа? Иахьа еиҳа ихадоу ахҭыс ааигәахара иаҿуп, убри аҟынтә иаарласны иҟало ибзианы еилаҳкаалароуп. Иарбан хҭысу?
2. Избан Иисус иҵаҩцәа ҷаԥшьаларц зрыдиҵаз?
2 Иисус ари асистема ахыркәшареи аиасреи данрылацәажәоз, иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Абас, шәҷаԥшьала, шәныҳәала; избан акәзар уи аамҭа анааиша шәыздырам». Уи ашьҭахь иара еиҭа иҳәеит: «Шәҷаԥшьала» (Матфеи 24:3, шәаԥхьа Марк 13:32—37). Абарҭ ахҭысқәа дрыхцәажәо, аевангелист Матфеигьы иҩуеит Иисус ишьҭанеицәа ишреиҳәоз агәҽанызаара шаарԥшлатәу: «Шәҷаԥшьала, избан акәзар Иҳақәиҭу данаауа асааҭ шәыздырӡом. [...] Шәыхианы шәыҟаз, шәанымгәыӷӡо асааҭ азы ауп Ауаҩытәыҩса Иԥа данаауа». Анаҩс даҽа знык иҳәеит: «Убас, шәҷаԥшьала, избанзар шәарҭ Ауаҩытәыҩса Иԥа данаауа амшгьы, асааҭгьы шәыздырӡом» (Матфеи 24:42—44; 25:13).
3. Избан Иисус игәҽанҵара ҳзазҿлымҳау?
3 Иегова ишаҳаҭцәа раҳасабала, Иисус игәҽанҵара ҳазҿлымҳазар ауп. Ҳара иаҳдыруеит «аҵыхәтәа аамҭа» анҵәара ишаҿу, насгьы «агәырҩа ду» алагарц азы маҷк шынхаз (Даниил [Даниил] 12:4; Матфеи 24:21). Ҳара иаҳбоит адунеи аҿы ишьаарҵәыроу аибашьрақәа, адгьылҵысрақәа, амлакра, ачымазарақәа шыҟоу. Амцдинхаҵарақәа ауаа ржьоит, агәаԥхашәадареи азакәанеилагареи уаанӡа еиԥшымкәа ирацәахеит. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ижәлар зеиԥшыҟам аус ду шынарыгӡо — адунеи ахьынӡа-наӡааӡо Аҳра ажәабжь ауаа ирыладырҵәоит (Матфеи 24:7, 11, 12, 14; Лука 21:11). Ҳара Иҳақәиҭу данаауа, насгьы Анцәа игәаԥхара анынагӡахо аамҭа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп (Марк 13:26, 27).
АМШ ААИГӘАХАРА ИАҾУП
4. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус Армагеддон аналаго уажәы идыруеит ҳәа? б) Зыгәра ганы ҳаҟоузеи, агәырҩа ду аналаго шаҳзымдыруагьы?
4 Ишаҳдыруа еиԥш, аконгресс апрограмма ахәҭақәа зегьы ианаамҭоу ирылагалар ауп. Аха агәырҩа ду ҳалацәажәозар, егьа ҳҽазаҳшәаргьы, уи анааиуа ашықәсҵәҟьагьы аилкаара ҳалшом, амши асааҭи ракәымкәа. Иисус Христос адгьыл аҿы даныҟаз иҳәеит: «Уи амши асааҭи ртәы аӡәгьы издырам, жәҩан Амаалықьцәа ракәзаргьы, уи здыруа Сара Саб заҵәык иоуп» (Матфеи 24:36). Иисус ажәҩан ахь даныхынҳә, Аҩсҭаа идунеи дабашьырц азы Анцәа амчра ииҭеит (Аатра 19:11—16). Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит Иисус Армагеддон аныҟало уажәы идыруеит ҳәа. Ҳара уи ҳаздырӡом, убри аҟынтә агәырҩа ду алагаанӡа агәҽанызаара ааҳарԥшлар ауп. Аха Иегова ари асистема анхыркәшахо аамҭа алихижьҭеи акыр ҵуеит. Анцәа агәырҩа ду алагаанӡа инхаз аамҭа аԥхьаӡара даҿуп, уи «агхаӡом». (Шәаԥхьа Аввакум 2:1—3.) Избан уи агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
5. Иаажәга Иегова иԥааимбаражәақәа еснагь ианаамҭоу ишынаӡо узырбо аҿырԥштәы.
5 Иегова иԥааимбаражәақәа еснагь ианаамҭоу инаӡоит. Шәааи еилҳаргап Анцәа израильаа Мысра ианалигаша аамҭа шалихыз. Моисеи нисан 14, 1513 шықәса ҳ. ҟ. дазхьаԥшуа, иҳәеит: «Ԥшьышәи ҩажәижәаба шықәса рынҵәамҭазы, убри амш аҽны Иегова ируаа зегьы Мысра адгьыл иалҵит» (Ақәҵымҭа [Исход] 12:40—42). Арҭ 430 шықәса ирылагеит Иеговеи Авраами ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра аусура ианалага 1943 шықәса рзы ҳ. ҟ. (Галаҭаа рахь 3:17, 18). Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Авраам иеиҳәеит: «Иудыруаз, иухылҵуа абиԥара даҽа дгьылк аҿы итәымуаахоит, тәцәаны иҟалоит, ԥшьышә шықәса идыргәаҟлоит» (Аҟазаара [Бытие] 15:13; Аусқәа 7:6). Ԥшьышә шықәса ицоз ари агәаҟра апериод 1913 шықәса ҳ. ҟ. иалагазар ҟалап, усҟан Исаак иан лгәыԥҳәы даҵхын, насгьы Измаил уи ихыччара далагеит. Уи апериод нҵәеит израильаа Мысра ианалҵ 1513 шықәса ҳ. ҟ. (Аҟазаара [Бытие] 21:8—10; Галаҭаа рахь 4:22—29). Убас, иҟалараны иҟаз ахҭысқәа ԥшышә шықәса шрыгыз Иегова ижәлар рхы ианақәиҭитәуа аамҭа алиххьан.
6. Избан Иегова ижәлар шеиқәирхо агәра ганы ҳзыҟоу?
6 Мысратәи атҟәара иалҵыз ажәлар ирылаз Иисус Навин израильаа иргәалаиршәеит: «Шәара ибзианы ижәдыруеит Шәынцәа Иегова ишәаиҳәаз иқьиоу ажәақәа рҟынтәи ажәакгьы намӡакәа ишнымхаз. Урҭ зегьы наӡеит. Ажәакгьы намӡакәа инымхеит» (Иисус Навин [Иисус Навин] 23:2, 14). Агәырҩа ду аан Иегова ҳшеиқәирхо ала иҳаиҭаз ажәа шынаигӡо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Аха Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа ҳацәынхарц ҳҭахызар, ҳҷаԥшьалароуп.
АГӘҼАНЫЗААРА УЕИҚӘНАРХОИТ
7, 8. а) Иарбан рольу ахьчаҩцәа ажәытәан инарыгӡоз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? б) Иҟалар алшози, ахьчаҩцәа амхацәазҭгьы? Иаажәга аҿырԥштәы.
7 Агәҽанызаара шаҟа ихадоу ажәытәан иҟаз ҿырԥштәык иаҳнарбоит. Уаанӡа ақалақь дуқәа иаарыкәыршаны аҭӡамц ҳаракқәа дыргылон. Урҭ ақәылаҩцәа рҟынтәи ақалақь рыхьчон, насгьы урықәгыланы уԥшыр, акәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәа зегьы ибзианы иубон. Уахи-ҽни аҭӡамцқәеи ақалақь агәашәқәеи рҿы ахьчаҩцәа ҷаԥшьон. Шәарҭарак анцәырҵуаз, дара ақалақьуаа ргәырҽанырҵалар акәын (Исаиа [Исаия] 62:6). Урҭ ирдыруан агәҽанызаара аарԥшреи аҷаԥшьареи шаҟа ихадаз, избанзар ус ҟарымҵалазҭгьы, ирацәаны ауаа ԥсыр ауан (Иезекииль [Иезекииль] 33:6).
8 Аиудеиатәи аҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави ишиҳәо ала, 70 шықәса ҳ. ҳ. римтәи аруаа Иерусалим аҭӡамц иадҟаҵалаз Антони ибааш рымпыҵархалеит, избанзар агәашәқәа рҿы иҷаԥшьоз ахьчаҩцәа амхацәеит. Уи ашьҭахь римаа аныҳәарҭа хдырбгалеит, насгьы амца ацрарҵеит. Иерусалими уа инхоз ажәлари зықәшәаз ари арыцҳара ду абас ихыркәшахеит. Уи аҩыза арыцҳара Иерусалими ауриацәеи ахаан ирымбацызт.
9. Ирзымдыруазеи ауаа реиҳараҩык?
9 Иахьа аҳәынҭқаррақәа реиҳарак убас еиԥш иҟоу «ахьчаҩцәа» рымоуп, иаҳҳәап, аҳәаа ахьчаҩцәа, насгьы авидеокамерақәа. Урҭ атәыла аӷацәа рҟынтәи ирыхьчоит. Аха урҭ «ахьчаҩцәа» ирылшо ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа рҟынтә иаауа ашәарҭара абара ауп. Дара Иисус Христос аҳас дызхагылоу Анцәа жәҩантәи инапхгара шыҟоу, насгьы аԥхьаҟа ажәларқәа зегьы ианрықәыӡбахо уи рольс инанагӡо рыздырӡом (Исаиа [Исаия] 9:6, 7; 56:10; Даниил [Даниил] 2:44). Аха ҳара уи ҳдыруеит. Доуҳала ҳгәаҳҽанызар, ақәыӡбара амш ҳазыҟаҵазаауеит, уи анааиуа иарбан мшызаалакгьы (Аԥсалом 129:6 [130:6, АдҾ]).
АГӘҼАНЫЗААРА ШӘЦӘЫМӠЫН
10, 11. а) Иабааҳарԥшлар акәу агәҽанызаара, насгьы избан? б) Агәра шәзыргозеи шәара Аџьныш ихҟьаны ауаа абиблиатә ԥааимбаражәақәа ишрызхьамԥшуа?
10 Шәхаҿы даажәг аухантәарак зылацәа ааихьызымшьыз ахьчаҩ. Иҷаԥшьара аамҭа аҵыхәтәахьы инеицыԥхьаӡа, еиҳа ацәа дҭанагалоит. Убас еиԥш, Аҩсҭаа исистема аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа, аҷаԥшьара еиҳа иаҳцәыцәгьоуп. Шаҟа илахьеиқәҵагахозеи агәҽанызаара ҳцәыӡыр! Шәааи еилҳаргап ҳхы ҳацкламԥшлар, агәҽанызаара аарԥшра иаҳԥырхагахо х-факторк.
11 Аџьныш ауаа ижьоит. Иисус иԥсра маҷк шагыз иҵаҩцәа «аԥсабара аҳ» иӡбахә хынтә иреиҳәеит (Иоанн 12:31; 14:30; 16:11). Иара идыруан Аџьныш ихҟьаны ауаа адоуҳатә лашьцара ишамҟәыҵанакуа. Аџьныш иҭахуп ауаа аҵыхәтәа шааигәоу узырбо абиблиатә ԥааимбаражәақәа ирызхьамԥшларц (Софониа [Софония] 1:14). Аҩсҭаа адунеизегьтәи амцдинхаҵара аимпериа ихы иархәаны ауаа ирлашәуеит. Ауаа шәанрацәажәо, игәашәҭозар ҟалап ус иагьшыҟаҵәҟьоу. Дара цәгьарала иҭәу ари адунеи аҵыхәтәа шааиуа, насгьы Христос Анцәа Иаҳраҿы напхгара шыҟаиҵо аилкаара рылшом (2 Коринфаа рахь 4:3—6). Ҳара лассы-лассы иҳаҳауеит: «Уи сара аинтерес сымаӡам». Ауаа реиҳараҩык ари адунеи иазыԥшу анырзеиҭаҳҳәо, уи хьаас ирымаӡам.
12. Избан Аџьныш амц ҳжьара зилҳмыршар ахәҭоу?
12 Ауаа иаҳҳәо хьаас иахьрымам шәгәы канажьыртә, насгьы агәҽанызаара аарԥшра ишәԥырхагахартә алшәмыршан! Ҳара иаҳдыруеит агәҽанызаара аарԥшра зхадоу. Павел игәрахаҵара ицеиҩызшоз ирзиҩуан: «Шәарҭ иаша-ҵабыргла ижәдыруеит Иҳақәиҭу имш, ҵхагәазы идәықәу аӷьыч иеиԥш, иааираны ишыҟоу». (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:1—6.) Иисус ҳгәаҳҽаниҵон: «Шәыхиаз, избан акәзар Ауаҩытәыҩса Иԥа данаауа асааҭ шәыздыруам» (Лука 12:39, 40). Иаарласны Аҩсҭаа «аҭынчреи ашәарҭадареи» ҟалеит ҳәа ауаа агәра диргоит, насгьы ауаатәыҩса ирԥырхагахо акгьы ыҟам ҳәа рхы иҭеигалоит. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Ақәыӡбара амш аӷьыч иеиԥш иҳахҭыгәымларц азы, ҳгәаҳҽанызар ауп. Убри аҟынтә даара ихадоуп есыҽны Анцәа Иажәа аԥхьара, насгьы Иегова иҳаиҳәо азхәыцра.
13. Ишԥарныруеи ауаа адунеи агәазыҟашьа, насгьы ишԥаҳалшо уи аҿагылара?
13 Адунеи агәазыҟашьа доуҳала ҳарцәоит. Аӡәырҩы ауаа рымч-рылшара зегьы есыҽнытәи аусқәа ирзыркуеит аҟынтә, адоуҳатә ҭахрақәа шрымоу рзеилкааӡом (Матфеи 5:3). Дара ари адунеи ирыднагало, «ацәеижь зызгәыҳәуа, иаҭаху, аблақәа зызгәышьуа, ирҭаху» зегьы рырҳара иашьҭоуп (1 Иоанн 2:16). Есышықәса зхыԥхьаӡара еизҳауа еиуеиԥшым агәырҿыхагақәа ауаа ргәаҳәарақәа рынагӡара ргәазҭарҵоит (2 Тимофеи иахь 3:4). Убри азоуп Павел ақьырсианцәа изреиҳәоз ацәеижь агәаҳәарақәа хҭарымкларц, избанзар урҭ доуҳала удырцәоит (Римаа рахь 13:11—14).
14. Иарбан гәҽанҵароу Лука 21:34, 35 аҿы иану?
14 Ҳара иаҳҭахуп ҳаԥсҭазаара адунеи агәазыҟашьа акәымкәа, Анцәа идоуҳа анырра анаҭаларц. Уи абзоурала Иегова иарбан хҭысқәоу ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ибзианы аилкаара дҳацхраауеит (1 Коринфаа рахь 2:12)1 . Ауаҩы доуҳала дыцәарц азы, маҷк ауп иаҭаху. Иаабац аусқәа адоуҳатә усқәа ирԥырхагахар рылшоит. (Шәаԥхьа Лука 21:34, 35.) Ауаа иааҳарԥшуа агәазыҟашьа анырбо, иаҳхыччалар ауеит, аха уи агәҽанызаара аарԥшра иаҳԥырхагамхар ауп (2 Пиотр 3:3—7). Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа идоуҳа ахьыҟоу аизарақәа ҳарҭаалар, насгьы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыҿцәажәалар ауп.
Ишәылшо зегь ҟашәҵома, доуҳала шәҷаԥшьаларц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—16.)
15. Ирыхьзеи Пиотри, Иакови, Иоанни, насгьы ишԥалшо ҳаргьы убас ҳахьыр?
15 Инаӡам ҳцәеижь агәҽанызаара аарԥшра иаҳԥырхагахар алшоит. Иисус идыруан ауаа шынаӡам, насгьы аԥсыҽрақәа шрымоу. Ҳахәаԥшып Иисус дыршьаанӡа ауха иҟалаз. Анцәа дизиашаны даанхарц азы, Иаб амч ииҭарц диҳәар акәын. Иара Пиотри, Иакови, Иоанни Анцәа диҳәонаҵы иҷаԥшьаларц реиҳәеит. Аха урҭ ирзыԥшыз ахҭысқәа шаҟа ихадаз рзеилкаауамызт. Дара Ирықәиҭу изхәыцуа, аҷаԥшьара аҭыԥан, рыԥсыҽра рҽаҭаны ицәеит. Иисусгьы даара дааԥсаны дшыҟазгьы, ацәара ихы зынӡа иҭаӡамызт, избанзар иара гәык-ԥсык ала Иаб диҳәон. Хҩык иҵаҩцәагьы убасҵәҟьа ҟарҵар рыхәҭан (Марк 14:32—41).
16. Иҳацхраауазеи, Лука 21:36 иану Иисус иажәақәа инарықәыршәаны, «аҷаԥшьара»?
16 Доуҳала ҳҷаԥшьаларц азы, агәаҳәара мацара азхом. Гефсиманиатәи абаҳчаҿы иҟалаз ахҭысқәа мышқәак шрыгыз, Иисус убарҭ хҩык аҵаҩцәа иреиҳәеит иааҟәымҵӡакәа Иегова иҳәаларц. (Шәаԥхьа Лука 21:36.) Убас, доуҳала ҳҷаԥшьаларц азы, ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәалар ауп (1 Пиотр 4:7).
ЕСНАГЬ ШӘҶАԤШЬАЛА
17. Ишԥаҳалшо ҳаԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа ҳшырзыҟаҵоу аилкаара?
17 Иисус иҳәеит аҵыхәтәа ҳанымгәыӷӡо асааҭ азы ишааиуа, убри аҟынтә ҳара доуҳала ҳацәар ҟалаӡом. Аҩсҭаа идунеии иареи иҳадыргало, насгьы инаӡам ҳцәеижь агәаҳәарақәа рынагӡара ҳрышьҭамзар ауп (Матфеи 24:44). Абиблиа аҟынтәи еилаҳкаауеит иаарласны Анцәеи Христоси ҳара ҳзы иҟарҵо, насгьы ҳҷаԥшьалар шҳалшо. Ҳара ҳдоуҳатә ҭагылазаашьа ҳацклаԥшлар, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыхә ҳшьалар, насгьы зегь раԥхьа иргыланы Аҳра ҳашьҭазар ауп. Ҳанынхо аамҭеи адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа рҵаки ибзианы еилаҳкаалар, ҳаԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа ҳарзыҟаҵазаауеит (Аатра 22:20). Уи ҳаԥсҭазаара ахьыԥшуп.