Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииуль ад. 20—24
  • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара иаҳҭоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара иаҳҭоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ГӘЫҬБААРЫЛА ИҲАҬОУ ИЕГОВА ИҲАМҬА
  • «ҴҨА ЗМАМ АДОУҲАТӘ БЕИАРА»
  • АНЦӘА ИААИРԤШУА ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА ТӘАМБАРАЛА ШӘАЗЫҞАМЫЗ
  • ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АҬАКԤХЫҚӘРА ҲАДНАҴОИТ
  • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә ауаа ирылашәҳәала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳаҭан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • «Ақьиара иазку азакәан» ала шәынхала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииуль ад. 20—24
1. Гәырҩала иҭәу аиаҳәшьа лыԥшәма ииарҭа дадгылоуп. 2. Аԥшацәгьа иарбгаз аҩны аԥхьа игылоу аиаҳәшьа лыԥҳа дылгәыдыҳәҳәаланы дылкуп

Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара иаҳҭоит

«Иара иҭәра-иԥхарахьтә лыԥхаки лыԥхаки еишьҭала иаҳзаауеит» (ИОАНН 1:16).

АШӘАҚӘА: 95, 13

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥааирԥши Иегова ауаатәыҩса рахь ҳзыԥсам ақьиара зеиԥшыҟам знеишьала?

  • Ишԥаҳалшо напхгара ҳзызуа агәнаҳа акәымкәа, ҳзыԥсам ақьиара шакәу ааҳарԥшыр?

  • Иарбан зылԥхарақәоу Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иаҳзаанаго?

1, 2. а) Еиҭашәҳәа аӡахәаҭра аԥшәма изку Иисус иажәамаана. б) Еилаҳкаауазеи ари ажәамаана аҟынтәи агәыҭбаареи ҳзыԥсам ақьиареи ирызкны?

АШЬЫЖЬ шаанӡа иӡахәаҭразы аусуҩцәа иԥшаарц азы, аӡахәаҭра аԥшәма аџьармыкьахь дцоит. Иара ирыдигало аџьаԥса иақәшаҳаҭхо аусуҩцәа иԥшаауеит. Аха аӡахәаҭра аԥшәма аусуҩцәа изхаӡом, убри аҟынтә еиҭа ауаа иԥшаарц азы, зныкымкәа аџьармыкьахь дхынҳәуеит. Аусура аамҭа ахыркәшарахь ианнеиуаз ииԥшаазгьы аԥара бзиа рыдигалоит. Ахәылбыҽха иара аусуҩцәа ааԥхьаны, ирыдигалаз рџьаԥса риҭоит. Зегьы аԥара еиҟараны ироуеит — шьыжьы инаркны аус зуазгьы, сааҭ заҵәык аус зуазгьы. Усҟан шьыжьы инаркны аус зуаз ашшра иалагоит. Аӡахәаҭра аԥшәма иреиҳәоит: «Ишәыдызгалаз аџьаԥса шәақәшаҳаҭхеит. Исымаӡами сара азин досу шаҟа исҭаша аӡбара? Мамзаргьы иаасырԥшуа агәыҭбааразы шәгәы ԥжәоу?» (Матфеи 20:1—15).

2 Иисус еиҭеиҳәаз ари ажәамаана Абиблиа лассы-лассы зыӡбахә аҳәо Иегова иҟазшьақәа руак ҳгәаланаршәоит — ҳзыԥсам иқьиара. Аԥсышәала иҭыжьу Ауасиаҭ Ҿыц аҿы уи абырзен ажәа «алыԥха» ҳәа еиҭагоуп1 . (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 6:1.) Угәы иаанагар алшон сааҭ заҵәык аус зуаз амш зегь азы аџьаԥса иаԥсамызт ҳәа, аха аӡахәаҭра аԥшәма зеиԥшыҟам ақьиара ааирԥшырц иҭаххеит. Абар ҵарауаҩык Абиблиақәа жәпакы рҿы «алыԥха» ҳәа еиҭарго ажәақәа «ҳзыԥсам ақьиара» ирхиҳәааз: «Ари ажәа иаанарԥшуа аҵакы хада ауаҩы иибаз аџьабаа азы акәымкәа, даԥсамкәа, хәыда-ԥсада иоуз аҳамҭа ауп».

ГӘЫҬБААРЫЛА ИҲАҬОУ ИЕГОВА ИҲАМҬА

3, 4. Избан Иегова ауаатәыҩса рахь ҳзыԥсам ақьиара зааирԥшыз, насгьы ишԥаҟаиҵеи уи?

3 Абиблиаҿы иануп «Анцәа иҳаҭәеишьо... алыԥха» аӡбахә (Ефесаа рахь 3:7). Изҳаиҭозеи Анцәа уи алыԥха? Ишԥаҳаиҭо уи? Зегь рыла Иегова иҭахрақәа ҳрықәшәозҭгьы, усҟан иқьиара ҳаԥсахон. Аха уи ҳалшаӡом. Убас, иҟәыӷаз аҳ Соломон иҩит: «Дыҟаӡам адгьыл аҿы гәнаҳак ҟамҵакәа, аус қьиақәа мацара ҟазҵо уаҩ иашак» (Екклезиаст [Экклезиаст] 7:20). Убри аҩыза апостол Павелгьы иҳәеит: «Агәнаҳа иаҵам уаҩԥсы дыҟам, урҭ зегьы Анцәа илыԥха, ихьӡ-иԥша иалыхәдоуп», насгьы «агәнаҳарақәа рылҵшьас, шьаугас ирзыҟоу аԥсроуп» (Римаа рахь 3:23; 6:23а). Уи ауп ҳара ҳзыԥсоу.

4 Аха Иегова агәнаҳара иаҵоу ауаатәыҩса рахь зеиԥшыҟам знеишьала ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Уи ала бзиа ҳшибо агәра ҳиргеит. Иара Ихшаазаҵә ҳара ҳзы дыԥсырц азы, адгьыл ахь дааишьҭит (Иоанн 3:16). Убри аҟынтә Павел иҩит: «Иисус... иахьа хьӡи-ԥшеи иҭоуп, избанзар Анцәа игәаҳәарала зегь ҿызхыз, ирхыԥсааз иакәхеит» (Ауриацәа рахь 2:9). Ииашаҵәҟьаны, «Анцәа иҳамҭа — ҳара Иҳақәиҭу Иисус Христос иҟны наунагӡа аҟазаароуп» (Римаа рахь 6:23б).

5, 6. Лҵшәас иамоузеи а) агәнаҳа напхгара ахьҳазнауа? б) ҳзыԥсам ақьиара напхгара ахьҳазнауа?

5 Ишԥарҭынхеи ауаа агәнаҳаи аԥсреи? Абиблиа иҳаилнаркаауеит «аӡә [Адам] иҟаиҵаз агәнаҳара иахҟьаны аԥсра» ихылҵшьҭра зегь рҿаԥхьа аҳра шауа́з (Римаа рахь 5:12, 14, 17). Аха, насыԥны, агәнаҳа анапхгара аҵаҟа ҳаанхару-ҳаанымхару ҳаӡбар ҳалшоит. Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ҳгозар, Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара анапхгара аҵаҟа ҳҟалоит. Апостол Павел иҩуан: «Ацәгьоурақәа, агәнаҳарақәа рхыԥхьаӡара иахьазҳауа, агәнаҳахыхра, аԥсҿыхра, алыԥхаура аҭыԥ роуеит, избан акәзар ауаа рыҩнуҵҟа агәнаҳарақәа аҳра шрымаз, аԥсрахьы ишкылнагоз аиԥш, ҳиашамҩаҿ аразреи ақьиареи аҳра руеит, урҭ ҳара Иҳақәиҭу Иисус Христос иҿы наӡаӡа иҟазаауеит» (Римаа рахь 5:20, 21).

6 Ҳара агәнаҳа ҳаҵоуп, аха агәнаҳа напхгара ҳазнауларц алҳмыршалар ауп. Агәнаҳа ҟаҳҵазар, Иегова иҳанаижьырц ҳиҳәоит. Павел ақьырсианцәа ргәырҽаниҵон: «Агәнаҳа аԥшәымак аҳасабала шәыҩнуҵҟа аҭыԥ амамзароуп, избан акәзар уажәшьҭа шәара напхгара шәзызуа азакәанԥҟарақәа ракәым, ишәзыԥшу алыԥха-гәыразрақәа роуп» (Римаа рахь 6:14). Убас, ҳара ҳзыԥсам ақьиара напхгара ҳазнауеит. Лҵшәас иамоузеи уи? Павел иҳәоит: «Анцәа иҳаиҭо, ҳаиқәырхара алзыршо алыԥха-агәыԥха — ауаа зегьы иртәуп, ирзеиԥшуп,— уи алшара ҳнаҭоит адгьылтә гәаҳәарақәа мап ҳәа рызҳәара, ари адунеи аҿы иаша ҵабыргла, ԥсы цқьарала аҟазаара» (Тит иахь 2:11, 12).

«ҴҨА ЗМАМ АДОУҲАТӘ БЕИАРА»

7, 8. Иаанагозеи Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҵҩа амам ҳәа иҳәоу ажәақәа? (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.)

7 Апостол Пиотр иҩуан: «Шәара-шәара шәымаҵ еибаула, доусы Анцәа иахьтә ишәаҭәашьоу ҵҩа змам доуҳатә беиарала, баҩхатәрала» (1 Пиотр 4:10). Иаанагозеи уи? Ҳзықәшәо ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, уи ҳаиааирц азы Иегова амч ҳаиҭар илшоит (1 Пиотр 1:6). Ҳзыԥсам ақьиара аарԥшуа, аԥышәарақәа рҿы Анцәа иҳагу ҳаиҭоит.

8 Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ииашаҵәҟьаны ҵҩа амам. Апостол Иоанн иҩуан: «Иара иҭәра-иԥхарахьтә лыԥхаки лыԥхаки еишьҭала иаҳзаауеит» (Иоанн 1:16). Ҵҩа змам Анцәа иқьиара абзоурала, ҳара ирацәаны азылԥхарақәа ҳамоуп. Иарбанқәоу урҭ?

9. Иарбан зылԥхароу иаҳзаанаго Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара, насгьы ишԥаҳалшо уи азы аџьшьара иҭара?

9 Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала, ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, урҭ ҳрыхьхәуазар, насгьы игәнаҳау ҳгәаҳәарақәа ҳааҟәымҵӡакәа ҳарҿагылозар. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 1:8, 9.) Анцәа иааирԥшуа агәшаҭара аџьшьара иҭара, насгьы ихьӡ арҳаракра ҳгәазҭанаҵалар ауп. Павел Анцәа идоуҳала иалхыз аишьцәа ирзиҩит: «Уи [Иегова] ҳара алашьцара зхатәаз адунеи ҳалганы, бзиа иибауа Иара Иԥа Иԥсҳара ҳалаиргылт,— ҳара Уи Ишьала ҳҿыхуп, ҳагәнаҳарақәа ҳанажьуп» (Кәаласаа рахь 1:13, 14). Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа абзоурала, зеиԥшыҟам егьырҭ азылԥхарақәа ҳауеит.

10. Иарбан зылԥхароу Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала иҳауа?

10 Анцәеи ҳареи иҭынчу аизыҟазаашьақәа ҳауеит. Ҳааиижьҭеи агәнаҳа ҳаҵоуп аҟынтә, Анцәа иаӷацәа реиԥш ҳаԥхьаӡан. Апостол Павел иҳәеит «ҳарҭ, ԥаса Анцәа иаӷацәаз ауаа, Иԥа иԥсра» ҳаиннаршәеит ҳәа (Римаа рахь 5:10). Уи иабзоураны Анцәеи ҳареи иҭынчу аизыҟазаашьақәа ҳауит. Павел зеиԥшыҟам уи алшара Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иадиҳәалеит: «Убри аҟнытә, ҳагәрахаҵара [Анцәа идоуҳала иалху Христос иашьцәа рыгәрахаҵара] иабзоураны ҳагәнаҳарақәа анаҳхыхха, Иҳақәиҭу Иисус Христос ила Анцәа дызхылаԥшуа адунеи ҳауит, Иара ила иҭәы-иԥха иҟоу, иахьа ҳара ҳазлахәу аԥсҭазаара ҳзаатит» (Римаа рахь 5:1, 2). Изакәытә зылԥхароузеи уи!

Иегова ишаҳаҭ ахаҵа ажәабжь изеиҭеиҳәоит

Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ахьааԥшуа. Ажәабжь бзиа аларҵәараҿы (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Ишԥанарго Анцәа идоуҳала иалху аиашарахь «егьырҭ ауасақәа»?

11 Анцәа иҿаԥхьа уаа иашаны ҳҟалар ҳалшоит. Аԥааимбар Даниил иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы «аилкаара змоу» Анцәа идоуҳала иалху рҟынтә иаанхаз «аӡәырҩы аиашарахь» инаргалоит ҳәа. (Шәаԥхьа Даниил [Даниил] 12:3.) Ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус абзоурала, дара миллионҩыла «егьырҭ ауасақәа» Иегова иҿаԥхьа уаа иашаны аҟалара ирыцхрааит (Иоанн 10:16). Аха уи алзыршаз Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ауп. Павел иҳәеит: «Рхара зырхыхугьы хара рымамызт азы акәӡам, Христос Иисус ила иҟалаз, хәыда-ԥсада ироуз аҿыхра иабзоураны ауп» (Римаа рахь 3:23, 24).

Гәырҩала иҭәу аиаҳәшьа лыԥшәма ииарҭа лнапқәа ықәкны Анцәа диҳәоит

Анцәа иҳәара алшараҿы (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ишԥеидҳәалоу анцәаиҳәареи ҳзыԥсам ақьиареи?

12 Анцәа итәарҭа ҳазааигәахоит иҳәара абзоурала. Ҳзыԥсам ақьиара аарԥшуа, Иегова даҽа зылԥхарак ҳаиҭоит — иҳәара абзоурала итәарҭа азааигәахара. Павел уи «лыԥха ҳазҭо итәарҭа» ҳәа азиҳәеит, насгьы «ҳамшәа-ҳмырҳа» уи ҳазааигәахар шҳалшо иҳәеит (Ауриацәа рахь 4:16а). Иегова алшара ҳаиҭеит Иԥа ихьӡала ҳиҳәауа ҳаизааигәахаларц. Иисус ибзоурала, «Иара иахь иҳамоу агәрахаҵарала ҳамшәа-ҳмырҳа абри амҩа ҳануп» (Ефесаа рахь 3:12). Иегова иҳәара алшара — ари ҳзыԥсам ақьиара зеиԥшыҟам аарԥшышьақәа ируакуп.

Аиаҳәшьа ацхыраара зҭаху шьыбжьхьафара иаалыԥхьеит

Ианаамҭоу ацхыраара аиураҿы (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. Ишԥаҳалшо Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала ианаамҭоу ацхыраара аиура?

13 Ианаамҭоу ацхыраара ҳауеит. Павел Иегова ҳиҳәо ҳаизааигәахаларц ҳаиҳәеит, ианаамҭоу агәшаҭареи алыԥхеи ҳаурц азы (Ауриацәа рахь 4:16б). Аԥышәарақәеи ауадаҩрақәеи ҳанрықәшәо, Иегова иахь ҳхы рханы, игәшаҭареи ицхыраареи ҳаҳәалар ҳалшоит. Иегова ҳаҳәарақәа рҭак аҟаҵара уалс ишидымгьы, лассы-лассы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыла дҳацхраауеит. Уи ҳацхраауеит агәымшәара аарԥшны аҳәара́: «Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩԥсы исзиураны иҟоузеи?» (Ауриацәа рахь 13:6).

14. Иаҳнаҭозеи Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара?

14 Агәҭынчра ҳаԥшаауеит. Иегова ҳзыԥсам иқьиара ааирԥшуеит аҟынтә, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу агәҭынчра ҳаиҭоит (Аԥсалом 50:19 [51:17, АдҾ]). Павел ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәаз Фессалоника инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит: «Иҳақәиҭу Иисус Христоси ҳара бзиа ҳазбо, лыԥха ҳазҭо, гәыӷрала ҳгәалаҟара шьҭызхуа Аб Анцәеи шәгәы-шәыԥсы дырраҳаҭааит, шәдырӷәӷәааит» (2 Фессалоникаа рахь 2:16, 17). Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи Иегова бзиа ҳшибо, насгьы ҵҩа змам иқьиара шааирԥшуа ахьаҳдыруа!

15. Иарбан гәыӷроу иҳамоу, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала?

15 Наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳамоуп. Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп аҟынтә, Иегова иакәмызҭгьы агәыӷра ҳауамызт. (Шәаԥхьа Аԥсалом 48:8, 9 [49:7, 8, АдҾ].) Иисус ишьҭанеицәа иреиҳәеит: «Сара Саазышьҭыз гәахәарас имоу Уи Иԥа дызбауа дарбанзаалакь Иара дазхеиҵаразы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иауразы ауп» (Иоанн 6:40). Ааи, наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра — ари Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала иҳаиҭо зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. Хымԥада Павел уи еиликаауан, убри аҟынтә иҩуан: «Анцәа иҳаиҭо, ҳаиқәырхара алзыршо алыԥха-агәыԥха — ауаа зегьы иртәуп, ирзеиԥшуп» (Тит иахь 2:11).

АНЦӘА ИААИРԤШУА ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА ТӘАМБАРАЛА ШӘАЗЫҞАМЫЗ

16. Ишԥаадырԥшуаз раԥхьатәи ақьырсианцәа шьоукы Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара тәамбарала ишазыҟаз?

16 Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала имаҷымкәа азылԥхарақәа ҳамоуп, аха ҳгәы иаанамгалар ауп игәнаҳау ҳхымҩаԥгашьа Анцәа игәаԥхалоит ҳәа. Раԥхьатәи ақьырсианцәа шьоукы «Анцәа игәыразра, игәыҭбаара дара бжьысрала, ҳаҭырдарала, калшьҭаныҟәарала аҟазааразы рхы» иадырхәон (Иуда 4). Урҭ ақьырсианцәа ргәы иаанагон иарбанзаалак агәнаҳа аҟаҵара рылшоит, насгьы Иегова еснагь иранаижьлоит ҳәа. Рхаҭа тәамбарала Анцәа иқьиара иахьазнеиуаз адагьы, егьырҭгьы убас ҟарҵаларц ргәазҭарҵон. Иахьагьы уи аҩыза агәазыҟашьа аазырԥшуа зегьы алыԥха-агәыԥха адоуҳа ладырҟәуеит, ацәа ԥырҽуеит (Ауриацәа рахь 10:29).

17. Иарбан лабжьароу Пиотр ақьырсианцәа ириҭаз?

17 Иахьагьы Аҩсҭаа ақьырсианцәа шьоукы агәра диргеит агәнаҳа ҟарҵаларгьы, Анцәа игәшаҭара иазыԥшызар рылшоит ҳәа. Иегова иахьхәыз агәнаҳаҟаҵаҩцәа ранажьра дшазхиоугьы, иара дазыԥшуп ҳхы ҳамеигӡаӡакәа игәнаҳау ҳгәаҳәарақәа ҳарҿагылалоит ҳәа. Иара Пиотр игәазҭеиҵеит ианиҵарц: «Гәы цаҳә-цаҳәла сыззыҟоу, шәгәышәҽаныз, закәанԥҟара ззымдыруа ауаа ражәа ҟьала шәыхнамхразы, шәацымныҟәаразы, ишәымоу агәрахаҵара шәцәымӡразы, Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос илыԥха-гәыԥхала шәыӷәӷәаха, шәмарымажаха» (2 Пиотр 3:17, 18).

ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АҬАКԤХЫҚӘРА ҲАДНАҴОИТ

18. Иарбан ҭакԥхықәроу иҳаднаҵо Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара?

18 Ҳара Иегова иааирԥшуа ақьиаразы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, насгьы еилаҳкаауеит иареи иаҳзааигәоуи рҿаԥхьа ауал шҳаду. Убри аҟынтә иҳамоу аҳамҭақәа Анцәа ирҳаракреи ауаа рыцхраареи рзы ҳхы иаҳархәалар ауп. Ишԥа? Павел иҳаилиркааит: «Иҳауз алыԥха иабзоураны ҳарҭ зегьы, ҳамҭак аҳасабала, баҩхатәрак-баҩхатәрак ҳаҭәашьоуп... амаҵура иазшоу — дзызшоу наигӡалааит; арҵаҩра заҭәашьахаз — арҵаҩра ус инапы алакызааит... агәрахаҵара, агәышьҭыхра иазҟазоу — агәрахаҵареи агәышьҭыхреи дырҿызааит... аӡә ицхыраара иазгәышьуагьы — игәыҭбаара гәаҳәарала идирбалааит» (Римаа рахь 12:6—8). Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит: инагӡаны ақьырсиантә маҵзура аҽалархәра, егьырҭ абиблиатә ҵабырг дырҵара, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра, ҳгәы нзырхаз ранажьра.

19. Иарбан ҭакԥхықәроу анаҩстәи астатиаҿы ҳазлацәажәо?

19 Анцәа ибзиабара ду азы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵалар ауп «ажәабжь бзиа — Аевангелие ауаа рыларҵәара» азы, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара атәы рзеиҭаҳәаразы иҳалшо зегь аҟаҵара (Аусқәа 20:24). Уи аҭакԥхықәра иазкны еиҳа инарҭбааны анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.

^ 1 Абзац 2. Ажәа «алыԥха» ари, насгьы анаҩстәи астатиаҿы абиблиатә жәеинраалақәа рҿы ианҳԥыло, зыӡбахә ҳәоу Анцәа иааирԥшуа «ҳзыԥсам ақьиара» ауп, избанзар уи ажәа рхы иадырхәоит иқьиоу аҳамҭа, ма қьиарала аҭара аарԥшразы. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә ҳаналацәажәо, уи ажәа иаанарԥшуеит Анцәа гәыҭбаарыла, ацымхәра дазымԥшкәа, иҳаиҭо аҳамҭа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра