Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 декабр ад. 8—12
  • Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳаҭан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳаҭан
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АБЗОУРАЛА ҲАГӘНАҲАҚӘА ҲАНАЖЬУП
  • АНЦӘА ИААИРԤШУА ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИАҲШЬОИТ
  • ҲАРА АРИ АҚӘԤАРАҾЫ ҲАИААИР ҲАЛШОИТ
  • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара иаҳҭоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә ауаа ирылашәҳәала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • «Ақьиара иазку азакәан» ала шәынхала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 декабр ад. 8—12

Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳаҭан

«Агәнаҳа аԥшәымак аҳасабала шәыҩнуҵҟа аҭыԥ амамзароуп, избан акәзар уажәшьҭа шәара напхгара шәзызуа... ишәзыԥшу алыԥха-гәыразрақәа [«ҳзыԥсам ақьиара», АдҾ] роуп» (РИМ. 6:14).

АШӘАҚӘА: 2, 61

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Анцәа иаҳзыҟаиҵаз аҿыхра ҳзыԥсам ақьиара ауп ҳҳәар зҳалшо?

  • Ишԥаҳалшо ҳара «агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьоу» ҳакәны ҳҟалар?

  • Избан Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара уиаҟара иӷәӷәам агәнаҳақәагьы рҽырцәыхьчара ҳгәазызҭанаҵо?

1, 2. Избан Иегова ишаҳаҭцәа рзы Римаа рахь 5:12 аинтерес заҵоу?

ШӘХАҾЫ иаажәг Иегова ишаҳаҭцәа ибзианы ирдыруа, насгьы лассы-лассы рхы иадырхәо абиблиатә жәеинраалақәа рсиа шьақәшәыргылар шәҭахушәа. Ишәыргыларызма Римаа рахь 5:12 уи асиа алагамҭаҿы? Шәақәшаҳаҭха, арҭ ажәақәа лассы-лассы амаҵзураҿы шәхы иашәырхәоит: «Аӡәы заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа аҭааит, агәнаҳа — аԥсра ахылҿиааит, абасала, урҭ зегьы иԥсуа-ианыҵуа уааԥсырахеит, избан акәзар агәнаҳа иаҵалт».

2 Шәара шәхәыҷқәа ма даҽа шьоукы Абиблиа дшәырҵозар, иҟалап Римаа рахь 5:12 шәырзаԥхьозар Анцәа адгьыл азы игәы иҭеикыз, аҿыхра инанагӡо ароль, насгьы ауаҩы данԥслак ашьҭахь иҟало шәаналацәажәо. Аха ишәгәалашәыршәома лассы-лассы ари ажәеинраала Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьеи, шәхымҩаԥгашьеи, насгьы ԥхьаҟатәи шәԥеиԥши шәанрызхәыцуа?

3. Иаҳдыруазар акәзеи агәнаҳа иазкны?

3 Ҳара ибзианы иаҳдыруазар ауп зегьы агәнаҳа ҳшаҵоу. Ҳара есыҽны агхақәа ҟаҳҵоит. Аха Анцәа идыруеит асаба ҳшалху, насгьы ҳара ҳахь агәшаҭара аарԥшра даара иҭахуп (Аԥсал. 102:13, 14 [103:13, 14, АдҾ]). Иисус узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы «егьҳанажь ҳагәнаҳарақәа» ҳәа ажәақәа алеиҵеит (Лука 11:2—4). Убри аҟынтә Анцәа иҳанаижьхьоу агхақәа рхьаагара аҭахӡам. Аха уеизгьы, ҳара Анцәа ҳагхақәа ранажьразы шьаҭас иҟаиҵо ҳазхәыцлар ауп.

ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АБЗОУРАЛА ҲАГӘНАҲАҚӘА ҲАНАЖЬУП

4, 5. а) Иҳацхраауазеи Римаа рахь 5:12 аҿы иаагоу ажәақәа рҵакы аилкаара? б) Изакәызеи Римаа рахь 3:24 аҿы зыӡбахә ҳәоу «ҳзыԥсам ақьиара»?

4 Римаа рахь иҩыз асаламшәҟәы егьырҭ ахқәа рҿы, еиҳарак 6-тәи ахаҿы, Римаа рахь 5:12 иану апостол Павел иажәақәа реилкаара иҳацхраауа ихадоу азхәыцрақәа ҳаԥшаар ҳалшоит. Иара убас урҭ рыцхыраарала Иегова ианажьра шьаҭас иамоу еилаҳкаауеит. Ахԥатәи ахаҿы ҳара ҳаԥхьоит: «Агәнаҳа иаҵам уаҩԥсы дыҟам... аха иара [Анцәа] ҳамҭас иҳаиҭаз ҳзыԥсам иқьиара абзоурала, урҭ Христос Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ирнаҭаз ахақәиҭра ала уаа иашақәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп» (Рим. 3:23, 24, АдҾ). Ииҳәарц ииҭахызи Павел, «ҳзыԥсам ақьиара» даналацәажәоз? Иара абырзен ажәа ихы иаирхәеит, еилыркаагатә усумҭак ишаҳәо ала, уи иаанагоит «ацымхәра уамыҳәакәа, мамзаргьы уазымԥшкәа хатәгәаԥхарала ақьиара аарԥшра».

5 Аҵарауаҩ Џьон Паркҳерст иазгәеиҭеит: «Анцәа, мамзаргьы Христос рыӡбахә анырҳәо, уи [ари абырзен ажәа] лассы-лассы иаанагоит ауаа рҿыхразы, насгьы реиқәырхаразы хатәгәаԥхарала иаадырԥшыз ҳзыԥсам ақьиара». Убас, «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы иаагоу ажәақәа «ҳзыԥсам ақьиара» абырзен ажәа ишанаало еиԥш еиҭагоуп. Аха ишԥааирԥши Анцәа ҳзыԥсам ақьиара? Насгьы ишԥарыдҳәалоу уи иҳамоу агәыӷреи иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи? Шәааи арҭ азҵаарақәа еилҳаргап.

6. Ироуазеи ауаа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала?

6 Адунеи агәнаҳаи аԥсреи алазгалаз «аӡәы заҵәык» ҳәа зыӡбахә ҳәоу Адам иоуп. Убас «аӡә иҟаиҵаз аҳәатәхамҵара» иахҟьаны, аԥсра аҳра аура иалагеит. Павел иара убас иҩит ҵҩа змам ҳзыԥсам Анцәа иқьиара «иаӡәу Иисус Христос» ибзоурахеит ҳәа (Рим. 5:12, 15, 17). Ҳзыԥсам Анцәа иқьиара ауаа зегьы азылԥхарақәа рзаанагеит. Абиблиа ишаҳәо ала, «даҽаӡә [Иисус] иҟаиҵаз аӡырҩра иабзоураны, ауаа рацәа рыгәнаҳа рхыххоит». Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит аҟынтә, Иисус Христос ибзоураны, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит (Рим. 5:19, 21).

7. Избан Анцәа иаҳзыҟаиҵаз аҿыхра ҳзыԥсам ақьиара ауп ҳҳәар зҳалшо?

7 Иегова уалс идӡамызт ҳҿихырц азы Иԥа адгьыл ахь иаашьҭра. Уи адагьы, Анцәеи Иисуси агәнаҳа иаҵоу, инаӡам ауаа рзы иҟарҵаз иаԥсаӡамызт. Аҿыхра абзоурала анажьра алшахеит, аха уи дара иаԥсамызт. Ҳагәнаҳақәа ҳанажьны, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра ҳаҭаны, Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Ҳара уи аҳамҭа даара ахә ҳаракны иаҳшьалар, насгьы ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлар ауп.

АНЦӘА ИААИРԤШУА ҲЗЫԤСАМ АҚЬИАРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИАҲШЬОИТ

8. Ишԥарзыҟоу шьоукы рыгәнаҳақәа?

8 Ҳара Адам ихылҵшьҭрақәа ҳауп, насгьы ҳнаӡам аҟынтә агхақәа ҳахьуеит, агәнаҳақәа ҟаҳҵоит. Аха уеизгьы, ҳзыԥсам Анцәа иқьиара цәгьашақә ҳхы иаҳмырхәалар ауп, иаҳҳәап, абас ҳхәыцуа: «Анцәа иҿаԥхьа игәнаҳау ак ҟасҵозаргьы, уиаҟара ахьаагара иаԥсам. Иегова исанаижьуеит». Илахьеиқәҵагоуп, аха апостолцәа рхаан инхоз ақьырсианцәа шьоукы убас ихәыцуан. (Уаԥхьа Иуда 4.) Иҟалап ҳара уи аҩыза ҳабжьы ҭыганы ахаангьы иҳамҳәар, аха џьара ҳгәаҿы ус еиԥш иҟоу ииашам ахәыцрақәа ҭазар ауеит. Урҭ ажәла еиԥш рхы цәырыргар, насгьы ирызҳар рылшоит.

9, 10. Ишԥароуи Павели егьырҭ ақьырсианцәеи агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра?

9 Павел иазгәеиҭеит Анцәа ҳагәнаҳақәа зегь ҳанаижьуеит, насгьы ииашам ҳусқәа зегьы имбозшәа ҟаиҵоит ҳәа ахәыцра шиашам. Урҭ ахәыцрақәа иаразнак мап рцәаҳклар ауп. Аха избан? Избанзар, Павел ишиҳәаз еиԥш, ақьырсианцәа «агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьоу» роуп. (Уаԥхьа Римаа рахь 6:1, 2.) Аха избан раԥхьатәи ақьырсианцәа агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьеит ҳәа зрызҳәаз, макьана адгьыл аҿы инхозҭгьы?

10 Анцәа аҿыхратә ԥсхҭынҵара Павел ихаан инхози иареи ирыдикылеит. Иегова урҭ рыгәнаҳақәа ранаижьит, иԥшьоу идоуҳала иалихит, идоуҳатә ԥацәаны иҟаларц азы ааԥхьара риҭеит, насгьы жәҩантәи агәыӷра роуит. Анцәа изиашаны иаанхазҭгьы, дара ажәҩан аҿы Христос аҳра ицура алшара роуан. Урҭ макьана адгьыл аҿы Анцәа имаҵ шыруазгьы, Павел иҳәар илшон дара «агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьоу» роуп ҳәа. Иара Иисус Христос ҿырԥштәыс дааигеит. Уи адгьыл аҿы дыԥсит, аха нас иԥсы ҭалеит жәҩантәи аԥсҭазааразы ԥсра зқәым доуҳатә хаҭараны. Аԥсра иара иҿаԥхьа уаҳа амч амамызт. Убри иеиԥшуп Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәагьы рҭагылазаашьа — дара «агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьоу» ракәын, аха «Иҳақәиҭу Иисус Христос ила Анцәа иҿы ԥсҭазаара зманы иҟоу шьоук реиԥш» иԥхьаӡан (Рим. 6:9, 11). Урҭ рыԥсҭазаара шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Игәнаҳау ргәазыҳәарақәа уаҳа рыҽрырҭомызт. Дара уаанӡатәи рыԥсҭазааразы иԥсит.

11. Ишԥаҳалшо ҳара «агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьоу» ҳакәны ҳҟалар?

11 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара иҳазкны? Ақьырсианра ҳадаҳкылаанӡа, ҳара лассы-лассы агәнаҳа ҟаҳҵон, зны-зынла иҟаҳҵо Анцәа иҿаԥхьа ишыгәнаҳау ҳзымдырӡакәа. Ҳцәеижь ахәҭақәа, закәандарала ҳныҟәо, агәнаҳарақәа ираҳҭон. Агәнаҳарақәа тәцәас ҳрыман ҳҳәар ҳалшоит (Рим. 6:19, 20). Аха Абиблиа иану аҵабырг анеилаҳкаа ҳаԥсҭазаашьа ҳаԥсахит, Анцәа ҳҽизаҳкит, насгьы ҳаҽӡааҳхит. Уи нахыс Анцәа иҵарақәеи инормақәеи гәык-ԥсык ала ҳрыцныҟәоит. Павел ишиҳәаз еиԥш, ҳара агәнаҳарақәа рахьтә ахақәиҭра ҳауит, иашала аҟазаара тәҵәас ҳазыҟалеит (Рим. 6:17, 18). Убри аҟынтә ҳаргьы «агәнаҳарақәа ирцәыԥсхьоу» ҳауп ҳҳәар ҳалшоит.

12. Иарбан алхроу ҳара зегьы иҟаҳҵар акәу?

12 Уажәшьҭа Павел ииҳәаз абарҭ ажәақәа шәхаҿы иааганы шәхы шәазхәыц: «Аԥсра ззыԥҵәоу шәцәеижь аҟны агәнаҳа аԥшәмара ааннакылар шәымун, шәцәеижь агәаҳәара лаҟәқәа шәрыцымныҟәан» (Рим. 6:12). Инаӡам ҳцәеижь агәаҳәара ҳҽанаҳҭо, агәнаҳа «аԥшәмара» ааннакылартә алҳаршоит. Ҳара агәнаҳа аԥшәмара аура алҳаршару-алҳмыршару ҳаӡбар ҳалшоит. Уи инадҳәаланы азҵаара цәырҵуеит: иаҭахыҵәҟьозеи ҳара ҳгәы? Шәхы шәазҵаа: иалсыршома ииашам сгәазыҳәарақәа убас еизҳартә, агәнаҳа сдырҟаҵартә еиԥш? Мамзаргьы агәнаҳара иацәыԥсхьоу, насгьы Христос Иисус ибзоурала Анцәа изы инхо сакәу? Арҭ азҵаарақәа рҭак Анцәа ҳагәнаҳара ҳанажьны иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиаразы шаҟа аџьшьара ааҳарԥшуа аилкаара иҳацхраауеит.

ҲАРА АРИ АҚӘԤАРАҾЫ ҲАИААИР ҲАЛШОИТ

13. Агәра ҳзыргозеи игәнаҳау аԥсҭазаашьа ааныжьра шалшо?

13 Иегова имаҵзуҩцәа Анцәа деилыркаанӡа, бзиа дырбаанӡа, насгьы имаҵ аура иалагаанӡа имҩаԥыргоз аԥсҭазаашьа мап ацәыркит. Усҟан дара уажәы изцәыԥхашьо, насгьы аԥсра уақәзыршәо аусқәа ирҿызҭгьы ҟаларын (Рим. 6:21). Аха дара рҽырыԥсахит. Убас иҟан апостол Павел асаламшәҟәы ззиҩуаз Коринф инхоз ақьырсианцәагьы рҭагылазаашьа. Урҭ рахьтә шьоукы амурҭаҭ ныхақәа иреихырхәон, икалҭшьҭаныҟәон, ахацәа ахацәа ирыҿцаауан, иӷьычуан, арыжәтә рҽадыршьуан. Аха урҭ рыцқьан (1 Кор. 6:9—11). Убас иҟан Рим инхоз ақьырсианцәа рҭагылазаашьагьы. Павел Анцәа идоуҳа ацхыраарала урҭ ирзиҩит: «Шәцәеижь ахәҭақәа агәнаҳарақәа ирыдшәымгалан, иара ишаҭаху аиԥш иамазааразы, шәхы Анцәа имажәда, Уи шәыҽишәҭ, мшәан шәарҭ, аԥсра аҟнытә аԥсҭазаара зауз, аԥсра иалҵыз шәами, Уи шәара шәцәеижь ахәҭақәа аиашаразы ихы иаирхәааит» (Рим. 6:13). Павел агәра ганы дыҟан урҭ доуҳала ицқьаны иаанхар, насгьы изыԥсам ақьиара анаҩсгьы ирнырлар шрылшоз.

14, 15. Ишԥаҳалшо гәык-ԥсык ала Анцәа изыӡырҩра шаҳҭаху ааҳарԥшыр?

14 Ҳаамҭазгьы убас иҟоуп. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы рхымҩаԥгашьа Коринф инхоз ақьырсианцәа рхымҩаԥгашьа еиԥшын. Аха даргьы рҽырыԥсахит. Урҭ игәнаҳаз амҩа аанрыжьит, насгьы ирыцқьахеит. Иҟалап уаанӡа шәыԥсҭазаараҿы агхақәа шәымазҭгьы, аха изеиԥшроузеи Анцәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа уажәы? Иахьа Анцәа ҳзыԥсам ақьиара анааирԥшуа, насгьы ҳагхақәа ҳанажьра даназхиоу, шәҽазышәшәома Павел имҩақәҵара ақәныҟәара: «Шәцәеижь ахәҭақәа агәнаҳарақәа ирыдшәымгалан, шәхы Анцәа имажәда... Уи шәыҽишәҭ, мшәан шәарҭ, аԥсра аҟнытә аԥсҭазаара зауз, аԥсра иалҵыз шәами»?

15 Ус ҟаҳҵаларц азы коринфаа ақьырсианра рыдыркылаанӡа иҟарҵоз ихьанҭоу агәнаҳақәа ҳҽырцәаҳахьчалар ауп. Ус ҟаҳамҵалар, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳадаҳкылеит, насгьы агәнаҳа уаҳа аҳра ауам ҳәа ҳазҳәом. Аха ҳҽазаҳшәома ҳара гәык-ԥсык ала Анцәа изыӡырҩра, насгьы шьоукы уиаҟара ихьанҭам ҳәа ирыԥхьаӡо агәнаҳақәа рҽырцәыхьчара? (Рим. 6:14, 17).

16. Избан иаҳҳәар зҳалшо ақьырсианцәа зҽырцәырыхьчалар рыхәҭоу иӷәӷәоу агәнаҳақәа рымацара ракәым ҳәа?

16 Ҳазхәыцып апостол Павел иҿырԥштәы. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иара 1 Коринфаа рахь 6:9—11 рҿы еиқәыԥхьаӡоу иӷәӷәоу агәнаҳақәа шыҟаимҵоз. Ус ишыҟазгьы, дшыгәнаҳаз иҳәеит. Иара иҩит: «Сара сдоуҳауаҩым, агәнаҳара тәык иаҳасабала саахәаны самоуп. Иҟасҵо закәу сара схаҭагьы еилкааны исымаӡам, исҭаху ҟасҵаӡом, уи ацынхәрас исцәымӷу сахьынҳалоуп» (Рим. 7:14, 15). Ус анакәха, Павел еиликаауан, егьырҭ агәнаҳақәагьы шыҟоу, насгьы урҭ дырҿагылалар шихәҭоу. (Уаԥхьа Римаа рахь 7:21—23.) Шәааи апостол Павел иеиԥш, гәык-ԥсык ала азыӡырҩра аарԥшра ҳҽазаҳшәалап!

17. Избан аламысцқьара ааҳарԥшлар заҳҭаху?

17 Ҳахәаԥшып аламысцқьара иадҳәалоу азҵаара. Аламысцқьара ақьырсианра иахәҭакуп. (Урыԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 14:5; Ефесаа рахь 4:25.) Ҳара амц абыс иамоу Аҩсҭаа, насгьы амц иахҟьаны аԥсҭазаара зцәыӡыз Ананиа иԥҳәыси иареи ҳреиԥшзар ҳҭахӡам, убри аҟынтә амц ҳҳәаӡом (Иоанн 8:44; Аус. 5:1—11). Аха аламысцқьара иаҵанакуа еиҳа еиҳауп. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара ҳаԥсҭазаараҿы зегь рыла аламысцқьара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит.

18, 19. Избан ламысцқьарала ҳаҟазарц азы амцҳәара аҽацәыхьчара мацара зазымхо?

18 Иегова ииҭаху имаҵзуҩцәа амц ду рҽацәырхьчаларц мацара акәӡам. Иара израильаа ааԥхьара риҭон: «Шәыԥшьаз, избанзар сара шәара шә-Нцәа, Иегова, сыԥшьоуп». Анаҩс иҳаилиркааит уи иаҵанакуа. Анцәа иҳәеит: «Шәымӷьычын, ауаҩы дшәымжьан, насгьы ишәзааигәоу гьангьашрала шәизымныҟәан» (Алев. [Лев.] 19:2, 11). Аха рыцҳарас иҟалаз, ауаҩы ахаангьы амц сҳәаӡом ҳәа ӷәӷәала иӡбазаргьы, аӡәы ижьара илшоит гьангьашрала дизныҟәаны.

Шәҽацәышәыхьчома шәара амц аҳәареи ауаҩы ижьареи? (Шәахәаԥш абзац 19.)

19 Ҳахәаԥшып абас еиԥш иҟоу аҿырԥштәы. Аус зуа ауаҩы иеиҳабы, ма аус зциуа уаҵәы сҟалаӡом, мамзаргьы заа сцароуп ҳәа реиҳәоит, избанзар аҳақьым иахь дцароуп. Аха иара баша аԥҭекаҿы днеир ма иижәыша ахәшә азы аҳақьым дидҵаалар ауп. Иара ииашаҵәҟьаны ииҭаху иаарласны аԥсшьара ма иҭаацәа иманы амшын ахь ацара ауп. Ҳәарада, ииҳәаз зегь мцуп ҳәа ҳазҳәом, аха иаҳҳәар ҳалшома ламысцқьарала ихы мҩаԥигеит ҳәа? Мамзаргьы ауаа ижьоу? Хымԥада, шәара ус еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа еиҭа ижәдыруеит. Иҟалап ауаҩы ахьырхәра иҽацәихьчарц, ма афеида иоурц азы егьырҭ ижьозар. Ауаҩы ииҳәаз зегь мцымзаргьы, иаҳҳәар ҳалшома Анцәа идҵа «ауаҩы дшәымжьан» дықәныҟәоит ҳәа? Шәазхәыц Римаа рахь 6:19 иану: «Шәцәеижь ахәҭақәа... аиаша иамажәда — уи шәара ацқьа-ԥшьарахьы шәкылнагоит».

20, 21. Иарбан гәнаҳақәоу ҳҽызцәаҳахьчало, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ахә ҳаракны иаҳшьозар?

20 Ҳара Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ахә ҳаракны иаҳшьозар, Коринф инхоз ақьырсианцәа зны иҟарҵоз агәнаҳақәа, иаҳҳәап, акалҭшьҭаныҟәара, арыжәтә аҽаршьра, иара убас егьырҭ агәнаҳақәа рымацара ракәӡам ҳҽызцәаҳахьчало. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит асексуалтә гәаԥхашәадара аҽацәыхьчара адагьы, иҽеим агәырҿыхагақәа рахь иҳамоу аинтерес аҿагылара. Ҳара арыжәтә аҽаршьра адагьы, иаҳжәуа ҳашьыртә аҟынӡа ҳхы наҳгаӡом. Ас еиԥш иҟоу ацәеижь аусқәа рҿагылараҿы иаҭаххоит аҽазышәарақәа рацәаны, аха урҭ ҳариааир ҳалшоит.

21 Ҳара агәнаҳа ӷәӷәақәа рыдагьы, уиаҟара иӷәӷәам ҳәа ҳгәы иаанагогьы ҳҽырцәаҳахьчалароуп. Ҳәарада, зны-зынла агхақәа ҟаҳҵалоит. Аха уеизгьы, Павел иеиԥш ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Иара ақьырсианцәа иреиҳәон: «Аԥсра ззыԥҵәоу шәцәеижь аҟны агәнаҳа аԥшәмара ааннакылар шәымун, шәцәеижь агәаҳәара лаҟәқәа шәрыцымныҟәан» (Рим. 6:12; 7:18—20). Ҳара агәнаҳақәа зегьы ҳарҿагылозар, Христос ила Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит.

22. Ирзыԥшузеи Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиаразы аџьшьара аазырԥшуа?

22 Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала ҳагәнаҳақәа ҳанаижьит, насгьы анаҩсгьы ҳанажьра дазхиоуп. Шәааи анаҩсгьы Анцәа иахь аџьшьара аарԥшуа ицәымӷу аусқәа ҳҽырцәаҳахьчалап, егьырҭ урҭ гәнаҳам ҳәа рыԥхьаӡозаргьы. Павел ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аҳамҭа лымкаала ҳазхьаирԥшит: «Иахьа шәара урҭ агәнаҳарақәа рахьтә шәхы шәақәиҭуп, уи иахылҵраны иҟоугьы аԥшьара-ацқьара ауп, аҵыхәтәантәи лҵшәас ҳәа иԥхьаӡахоугьы акоуп — наӡаӡатәи аԥсҭазаара» (Рим. 6:22).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра