Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • wp16 № 1 ад. 11—14
  • Ашәарҭара ацәанырра ҳаиааир шҳалшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ашәарҭара ацәанырра ҳаиааир шҳалшо
  • Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • УАНЫХӘЫҶЫЗ УШЫХЬЧО АЦӘАНЫРРА УМАМЫЗҬГЬЫ
  • АНЦӘА ҲАРА ДҲАИҶАҲАУЕИТ
  • АШӘАРҬАДАРА АЦӘАНЫРРА УЗҬО Х-ШЬАҾАК
  • АШӘАРҬАДАРА АУАА ЗЕГЬ РЗЫ
  • Уара узаҵәым — Иегова есымша уааигәа дыҟоуп!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Шәеихьӡарақәа шәрылагәырӷьала!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аамҭа цәгьақәа раан агәырҭынчра
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
wp16 № 1 ад. 11—14
Ахәыҷы лаб ишьамхы дықәтәоуп

Ашәарҭара ацәанырра ҳаиааир шҳалшо

АДУНЕИ аҿы зегь раасҭа зхы ззымыхьчо ҿыц ииз асаби иоуп ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара ҳаниуа, ҳаԥсҭазаара зхьыԥшу ҳҭаацәа роуп. Аныҟәашьа анаҳҵоз, егьырҭ ауаа адауцәа реиԥш иаҳбон. Уи ҳара ҳаршәон, ҳҭаацәа ҳааигәа иҟамызҭгьы. Ҳаб, ма ҳан ҳнапы аныркуаз, ҳгәы ҳарҭынчуан.

Ҳаныхәыҷқәаз ҳара ҳазгәаҟәуан ҳҭаацәа рыбзиабареи рыразреи. Ҳҭаацәа бзиа ҳшырбо анаҳдыруаз, ҳшыхьчо агәра ҳгон. Ҳандырҽхәоз ҳгәы ӷәӷәахон, насгьы еиҳа ҳаиӷьхарц ҳҽазаҳшәон.

Иҳазҳацыԥхьаӡа ҳшыхьчо ацәанырра ҳаман ҳҩызцәа гәакьақәа рыбзоурала. Урҭ ҳааигәа ианыҟаз ҳгәы ҭынчын, насгьы ашкол аҿы иҟаз атмосфера уиаҟара ҳаршәомызт.

Ҳәарада, ара зыӡбахә ану зеиԥшыҟам хәыҷроуп. Ирацәаҩым аҩызцәа гәакьаҵәҟьақәа змаз, еиҳагьы еиҳауп аҭаацәа рҟынтә ацхыраара змауаз. «Ак еицыҟазҵо насыԥ змоу аҭаацәара анызбо сара еснагь сазхәыцуеит: „Ишԥасҭахыз саргьы уи аҩыза ахәыҷра!“»,— лҳәоит Мелиссаa. Иҟалап шәаргьы ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәызцәырҵуазар.

УАНЫХӘЫҶЫЗ УШЫХЬЧО АЦӘАНЫРРА УМАМЫЗҬГЬЫ

Иҟалап шәхаҭара анышьақәгылоз ашықәсқәа раан шәылшарақәа шәрықәымгәыӷуазҭгьы, мамзаргьы абзиабареи азҿлымҳареи имаҷны ишәоуазҭгьы. Шәара ишәгәалашәозар ауеит шәҭаацәа еснагь ишеисуаз, нас ишеилыҵыз, насгьы иҟалап уи азы шәара шәхы ахара адышәҵозар. Ма еиҳа еицәоу, иҟалап шәҭаацәа руаӡәк жәала, ма даҽакала шәлаирҟәуазҭгьы.

Ихы шԥамҩаԥиго ахәыҷы, дшыхьчо ацәанырра имамкәа ианизҳауа? Ԥыҭҩык ахбыџқәа анаркотикқәа рыдыркыло иалагоит, мамзаргьы мыцхәы арыжәтә рҽадырцалоит. Егьырҭ ауаа аҩызцәа рыԥшаарц азы, абандақәа ирылалоит. Абзиабареи азҿлымҳареи ззымхо ахбыџқәа аромантикатә еизыҟазаашьақәа ирышьҭалар ауеит. Аха ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа лассы-лассы аиԥырҵрала инҵәоит, насгьы ихьчамызшәа ирымаз ацәанырра еиҳагьы еиҳахоит.

Ус еиԥш иҟоу агха ӷәӷәақәа зҽацәызыхьчазгьы рхы лаҟәны иршьалар ауеит. «Сара акгьы саԥсамызшәа схы збон, избанзар сан еснагь уи акәын исалҳәоз,— лҳәоит Анна.— Исгәалашәом знык иадамзаргьы санлырҽхәаз, мамзаргьы санылгәыдлыҳәҳәалаз».

Ҳахьчамызшәа ацәанырра ҳхәыҷра мацара акәӡам изыхҟьар алшо. Уи мзызс иамазар ауеит ахьаа узаазго аилыҵра, ақәра ду иадҳәало ауадаҩрақәа, ма уҭеиҭыԥш мыцхәы хьаас иануку. Мзызс иҟазаалакгьы, уи анасыԥ ҳамнахыр алшоит, насгьы ҳааигәа иҟоу ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирԥырхагахоит. Ҳариааир шԥаҳалшо ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа?

АНЦӘА ҲАРА ДҲАИҶАҲАУЕИТ

Ацхыраара шыҟоу ҳдыруазароуп. Ҳара зегь дҳамоуп ацхыраара ҳазҭар зылшо, насгьы изҭаху — уи Ҳанцәа иоуп.

Убри азхәыцра акәын Анцәа аԥааимбар Исаиа ила ииҳәарц ииҭахыз: «Умшәан, избанзар сара соуп Унцәа. Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит, аиашарыла иҟоу сарӷьа напала унапы скызаауеит» (Исаиа [Исаия] 41:10, 13). Шаҟа ҳгәы иахәозеи Анцәа, инықәырԥшны иуҳәозар, ҳнапы ҳаникырц ахьиҭаху! Убри аҟынтә иаҭахӡам мыцхәы ахьаагара!

Абиблиаҿы иануп ӷәӷәала ишыгәырҩозгьы, Анцәа инапы акышьа зҵаз ауаа рыӡбахә. Самуил иан Анна ахәыҷқәа ахьлымамыз азы, лыԥсҭазаара баша ииасуеит ҳәа лгәы иаанагон. Лара ахшара ахьлымамыз азы, егьырҭ ауаа лассы-лассы илхыччон. Уи иахҟьаны, Анна акрыфара даҟәыҵит, насгьы лассы-лассы дҵәыуон (1 Самуил [1 Самуила] 1:6, 8). Аха лыгәҭыхақәа зегь Анцәа ианиалҳәа, лара лгәы ҭынчхеит (1 Самуил [1 Самуила] 1:18).

Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид лассы-лассы ашәарҭара дҭагылан. Шықәсы рацәала аҳ Саул Давид дишьҭашәарыцон. Изныкымкәа иара аԥсра дахыԥахьан, насгьы зны-зынла иуадаҩрақәа дыршьаҳазшәа игәы иабон (Аԥсалом 54:4—6; 68:2 [55:3—5; 69:1, АдҾ]). Ус шакәызгьы, иара иҩит: «Ҭынч сышьҭалоит, сыцәоит, избанзар, Анцәа Ҳазшаз, уараӡәк уоуп аԥсҭазаара сызцәымшәауа сызҭауа» (Аԥсалом 4:9 [4:8, АдҾ]).

Аннеи Давиди рыҩныҵҟатәи рыгәҭыхақәа Иегова инапы ианырҵеит, ацхыраарагьы роуит (Аԥсалом 54:23 [55:22, АдҾ]). Ҳарҿыԥшыр шԥаҳалшо урҭ ҳара?

АШӘАРҬАДАРА АЦӘАНЫРРА УЗҬО Х-ШЬАҾАК

1. Иегова Абык иеиԥш игәрагашьа шәҵа.

Ахаҵа Абиблиа аҟынтә дзыԥхьаз дазхәыцуеит

Иисус ҳгәазҭеиҵеит Иаб, «иаӡәу Анцәа иаша», ҳиабадырырц (Иоанн 17:3). «Уи ҳара даҳцәыхарам»,— агәра ҳиргоит апостол Павел (Аусқәа 17:27). «Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит»,— иҩит Иаков (Иаков 4:8).

Бзиа ҳазбо, иҳаиҷаҳауа жәҩантәи Аб дышҳамоу анеилаҳкаауа, ҳара ҳагәҭынчымрақәа риааиразы ихадоу ашьаҿа ҟаҳҵоит. Ҳәарада, Анцәа игәрагара аизырҳаразы иаҭахуп аамҭа, аха аӡәырҩы еилыркааит уи ииашаҵәҟьаны ишрыцхраауа. «Иегова Аб иеиԥш данысзыҟала, сара дсоуит сгәаҵа иҭаҵәаху сцәаныррақәа засҳәаша,— лҳәеит Каролина.— Уи даара сгәы арҭынчит!»

«Сҭаацәа рыда санаанха, Иегова ашәара аиааира дсыцхрааит,— илгәалашәоит Реичел.— Сара исыман иацәажәара алшара, насгьы сыуадаҩрақәа рыӡбараҿы дсыцхрааларц иҳәара. Иара ииашаҵәҟьаны дсыцхраауан»b.

2. Адоуҳатә ҭаацәара шәыԥшаа.

Аҳратә Зал аҿы аицәажәара

Иисус иҵаҩцәа ргәазҭеиҵон рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо зегьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи реиԥш ирзыҟазарц. «Шәарҭ зегьы шәеишьцәоуп»,— иҳәеит иара (Матфеи 23:8). Иара иҭахын ишьҭанеицәа бзиа еибабаларц, насгьы идуу доуҳатә ҭаацәакны иҟаларц (Матфеи 12:48—50; Иоанн 13:35).

Иегова ишаҳаҭцәа гәыкала рҽазыршәоит реизарақәа рҿы ибзиоу аизыҟазаашьа ыҟазарц, насгьы зегьы адоуҳатә ҭааацәара иахәҭакны рхы рбаларц (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Аӡәырҩы еилыркааит ахәрақәа зырӷьо ахәырбӷьыц еиԥш, аизарақәагьы аемоциатә ахәрақәа шдырӷьо.

«Аизараҿы сара схьаа еилызкаауаз аҩыза гәакьа дсыман,— лгәалашәоит Ева.— Лара дысзыӡырҩуан, дысзаԥхьон, насгьы лареи сареи Анцәа ҳаициҳәон. Илылшоз зегь ҟалҵон сзаҵәны схы сымбарц азы. Сҩыза сгәы иҭаз зегь аҳәара́ алшара сылҭон. Лара лыбзоурала сара сгәы еиҳа иӷәӷәахеит». «Ақьырсиантә еизараҿы сара исыԥшааит анацәеи абацәеи,— иацылҵоит Реичел.— Урҭ сыцхрааит бзиа сшырбо, насгьы сшыхьчо аилкаара».

3. Иаашәырԥшла егьырҭ рахь абзиабареи ақьиареи.

Егьырҭ рахь абзиабареи ақьиареи анааҳарԥшуа, ҳара аҩызцәа бзиақәа ҳарҳар ҳалшоит. Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аусқәа 20:35). Ус ҳхы мҩаԥаҳгалар, ҳара агәра ҳгоит: шаҟа еиҳаны абзиабара ааҳарԥшуа, убриаҟара еиҳаны арахь иҳауеит. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ирышәҭала, шәаргьы ишәоулап» (Лука 6:38).

Ҳара егьырҭ рахь абзиабара анааҳарԥшуа, насгьы ҳхаҭа егьырҭ рҟынтә уи абзиабара анҳауа, еиҳа аҭынчра ҳамоуп. Абиблиаҿы иануп «абзиабара ахаан еиԥхьбара ақәым» ҳәа (1 Коринфаа рахь 13:8). «Сара зны-зынла схы ииашамкәа сазхәыцуеит, аха издыруеит ус сшыҟам,— лҳәоит Мариа.— Ауаа санрыцхраауа, схы мыцхәы сазхәыцӡом, усҟан сгәалаҟазаара еиӷьхоит. Сара егьырҭ рзы ак аныҟасҵо, уи агәахәара ду сзаанагоит».

Зықәрахь инеихьоу ахаҵа аиҭаҵразы аҵаргәа кны днеиуеит, арԥыс қәыԥш уи дицхраауеит

АШӘАРҬАДАРА АУАА ЗЕГЬ РЗЫ

Хыхь зыӡбахә ҳәаз х-шьаҿак ҳауадаҩрақәа зегь иаразнак џьашьахәыла ирыӡбаӡом. Аха урҭ ашьаҿақәа ирзыԥсахуа рацәоуп. «Зны-зынла ашәара сызцәырҵуеит,— азгәалҭоит Каролина.— Аха уажәшьҭа сара еиҳа аҭынчра сымоуп. Сара издыруеит Анцәа дышсеиҷаҳауа, насгьы ирацәаҩны сзықәгәыӷша аҩызцәа гәакьақәа шсымоу». Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа Реичелгьы илымоуп. «Аамҭа-аамҭала агәкаҳара сызцәырҵуеит,— лҳәоит лара.— Аха сара исымоуп алабжьара сызҭар зылшо адоуҳатә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Дара сгәы шьҭырхуеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, сара дсымоуп есыҽны сзацәажәо жәҩантәи Аб. Сыԥсҭазаара шьаҭанкыла аҽаԥсахит».

Уи адагьы, иҟоуп ҳауадаҩрақәа наунагӡа изыӡбо акы. Абиблиа иаҳәоит иҟалараны иҟоу адунеи ҿыц аӡбахә. Уаҟа ҳара зегьы ашәарҭадара ҳауеит. Анцәа Иажәа ҳақәнаргәыӷуеит: «Дарбанзаалак ауаҩы иӡахәа, насгьы илаҳа рыҵаҟа дтәазаауеит, насгьы аӡәгьы иршәом урҭ» (Михеи [Михей] 4:4). Уи аамҭа анааилак, ҳара уаҳа ҳшәалаӡом, насгьы аӡәгьы ацәгьа ҳзиуӡом. Ауаа уаҳа иргәалашәалом уаанӡа ахьаа ӷәӷәа рзаазгоз агәаҟрақәа (Исаиа [Исаия] 65:17, 25). Анцәа, насгьы иара Иԥа Иисус Христос иҵабыргыҵәҟьоу аиашара шьақәдыргылоит. Аҵыхәтәаны адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҭынчреи ашәарҭадареи наунагӡа иҟалоит (Исаиа [Исаия] 32:17).

a Ахьӡқәа зегь ԥсахуп.

b Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа изааигәахара зҭаху зегьы ирыдыргалоит хәыда-ԥсада иҟоу абиблиатә ҵара.

Ухьчамызшәа ацәанырра анцәырҵуа аҭагылазаашьақәа

«Саб аҩы иҽанаиршьуаз, насгьы иԥсахы анеибакуаз, дузымдыруа аҟынӡа ихы-иҿы аҽаԥсахуан. Иара зԥыхьашәа еимызыжәжәарц зҭаху абга даҩызахон. Идыршәаз ауаса еиԥш, иара илаԥш сыҵамшәартә сҽазысшәон. Абри аҩыза иҿаасҭоу аҭагылазаашьа есыҽны сҭагылан сҳәар сылшоит» (Каролина лхәыҷра иазку лгәалашәарақәа).

«Сара аӡәгьы игәра сызгомызт. Ашьхараҿы уаҩ дахьыҟам сыӡны сыҳәҳәозшәа, аха аӡәгьы сыбжьы имаҳауазшәа сгәы иабон» (ааскьа зхаҵа илҵыз Ева).

«Саб лассы-лассы дысзыҵҟьон: „Уара акгьы уаԥсам. Ахаан аӡәгьы бзиа уибараны дыҟам!“ Акыршықәса схы агәра асыргон сара сышуаҩыцәгьам, насгьы егьырҭ бзиа сшырбо. Ишәаӡыӡо адәы иқәу, ауаа ирхьынҳало, аха зегьы иԥхарҵо аласба еиԥш схы збон» (заб иҟынтә улазырҟәуа ажәақәа заҳауаз Марк).

«Аӡӷаб ԥшӡа данызбо сгәы иаанагоит лара ауаа зегь аҩны ирымазарц ирҭаху аорхидеа ԥшӡа даҩызоуп ҳәа. Сара амҩа ахықә аҿы изызҳауа, асаба зқәу, аӡәгьы игәеимҭо аҵиаа саҩызоуп» (зхы лаҟәны избо Мариа).

«12 шықәса анысхыҵуаз сҭаацәа исеиҵбацәаз саҳәшьцәа сзааныжьны аҳәаанырцәҟа аусура ицеит. Сара даара сзаҵәны схы збон. Сара исҭахын жәала ацхыраара сызҭо аӡәы сааигәара дыҟазарц. Абнаршәыраҿы сҟьалазшәа ацәанырра сыман. Сара исыдыз аусқәа зегь бзианы инасыгӡон, аха уи абнара сылҵындаз ҳәа сыҟан. Насыԥ сыманы хьаа-баада аҟазаара сҭахын» (аемигрантцәа-аусуҩцәа рыԥҳа Реичел).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра