Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 сентиабр ад. 5—6
  • Аамҭа цәгьақәа раан агәырҭынчра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аамҭа цәгьақәа раан агәырҭынчра
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУСУРҬА ҬЫԤ АНУЦӘЫӠУА
  • АИЛЫҴРА
  • АЧЫМАЗАРЕИ АЖӘРЕ́И
  • ИУЗААИГӘОУ АУАҨЫ ДАНԤСУА
  • Агәырҭынчра зегьы ирҭахуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Анцәа иҳаиҭо агәырҭынчра
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Анцәаиҳәара. Уи иаҳнаҭар алшо
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 сентиабр ад. 5—6

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАБАԤШААТӘУ АГӘЫРҬЫНЧРА?

Аамҭа цәгьақәа раан агәырҭынчра

Агәаҟрақәа зегь узеиқәыԥхьаӡом. Еилҳаргап хыхь зыӡбахә ҳәаз ԥшь-ҭагылазаашьак. Иазгәашәҭ аҭагылазаашьа цәгьақәа раан ауаа Анцәа иҿы агәырҭынчра иашаҵәҟьа шырыԥшааз.

АУСУРҬА ҬЫԤ АНУЦӘЫӠУА

«Сыԥҳәыси сареи ҳусурҭа ҭыԥқәа еицаҳцәыӡит,— игәалаиршәоит Сетa.— Ҩышықәса ҳҭынхацәа рыцхыраарала, насгьы зны-зынла иҳарҳауаз аԥарала ҳанхон. Урҭ зегь ирыхҟьаны сыԥҳәыс Приссилла лгәы каҳаит, саргьы акгьы саԥсамызшәа схы збо салагеит.

Ҳашԥаиааи уи? Приссилла еснагь илгәалалыршәон Матфеи 6:34 иану Иисус иажәақәа. Иара иҳәеит уаҵәтәи амш шәазымхьаан, избанзар уаҵәтәи амш ахатә уадаҩрақәа аанагоит ҳәа. Сыԥҳәыс ӷәӷәала Анцәа диҳәон, уи лгәы камҳарц илыцхраауан. Сара сакәзар, сгәы дырҭынчуан Аԥсалом 54:23 (55:22, АдҾ) иану ажәақәа. Аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш, саргьы сыуадаҩрақәа зегьы Иегова идысҵеит, насгьы иара ицхыраара снырит. Иахьа аусурҭа ҭыԥ сымоуп, аха ҳара ҳҽазаҳшәоит ирмариоу аԥсҭазаарала анхара, Матфеи 6:20—22 рҿы иану алабжьара инақәыршәаны. Уи абзоурала ҳара еиҳагьы Анцәа ҳаизааигәахеит, иара убас лареи сареи иҵегь ҳаизааигәахеит».

«Ҳҭаацәаратә бизнес хәыҷы анхыбгала, ԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазааразы ашәара сызцәырҵит,— иҳәоит Џьонатан.— Аекономикатә кризис иахҟьаны акгьы ҳамамкәа ҳаанхеит — уи зегь ҟалеит аусураҿы 20 шықәса аџьабаа ӷәӷәа анаҳба ашьҭахь! Сыԥҳәыси сареи аԥара иахырҟьаны ажәеимакра ҳалагеит. Ҳара акредиттә карта ахархәара ҳалшомызт, избан акәзар мап ҳцәыркыр ҳәа ҳшәон.

Абиблиеи иԥшьоу адоуҳаи рыбзоурала ҳара иҳалшеит иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара. Сара иарбанзаалак аус насыгӡон, насгьы иаҭахымыз ахарџьқәа зегь мап рцәаҳкит. Иара убас ҳҩызцәа, Иегова ишаҳаҭцәа, ҳгәы шьҭырхуан. Еиҳараӡак ианаҳцәыцәгьаз дара еснагь ҳгәы камҳарц иҳацхраауан».

АИЛЫҴРА

«Схаҵа иаалырҟьаны санкаижь, раԥхьатәи цәаныррақәаны исызцәырҵыз агәыԥжәареи агәаареи роуп,— илгәалашәоит Ракель.— Сара даара сгәы каҳаны сыҟан. Аха Анцәа иҿы ацхыраара сашьҭан, насгьы иара сгәы ирҭынчит. Есыҽнытәи сынцәаиҳәарақәа сгәы дырҭынчит. Сара иснырит Анцәа ахәра змаз сгәы шихәышәтәыз.

Иара Иажәа, Абиблиа, абзоурала сара агәыԥжәареи агәаареи сыриааит. Даара исыцхрааит Римаа 12:21 аҟны иану апостол Павел илабжьара: „Ацәгьара аиааира злашәыргаша шәашьҭамлан, уи хирла, гәыбылрала шәаиааила“.

Доуҳала ишәу қьырсианк исеилиркааит анаҩс анхара шаҭаху. Уи исирбеит Екклезиаст (Экклезиаст) 3:6 иану ажәақәа, насгьы хаала исгәалаиршәеит зны-зынла „ацәыӡ аҽарнаалара“ шаҭаху. Ус еиԥш иҟоу алабжьара адкылара мариамызт, аха убри акәын сара исҭахыҵәҟьаз. Уажәшьҭа сыԥсҭазаараҿы иҿыцу ахықәкқәа соуит».

«Уҭаацәара анхыбгало агәышьҭыхра даара иуҭахуп,— лҳәоит Елизабет.— Сара аҩыза бзиа дсымоуп, уи сара сзы гәышьҭыхганы дҟалеит. Лара дсыцҵәуон, сгәы лырҭынчуан, насгьы илылшоз зегь ҟалҵон аӡәгьы ииҭахым иеиԥш схы сымбаларц, аха бзиа сшырбо еилыскааларц азы. Агәра ганы сыҟоуп уи лыцхыраарала Иегова сыхәрақәа шихәышәтәыз».

АЧЫМАЗАРЕИ АЖӘРЕ́И

Ари астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз Луис агәыхь имоуп, иара ҩынтә аԥсра дахыԥеит. Иахьа Луис уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа 16 сааҭ аҳауа изназго аппарат ада дзынхаӡом. «Сара еснагь Иегова сиҳәоит,— иҳәоит иара.— Анцәа саниҳәалак, сара исныруеит иԥшьоу идоуҳала дышсыцхраауа. Анцәаиҳәара аԥсҭазаара азықәԥаразы агәымшәара снаҭоит, избанзар сара ӷәӷәала агәра ганы сыҟоуп Анцәа дшыҟоу, насгьы хьаас сышимоу».

«Сара иҟасҵарц исҭаху рацәоуп, аха исылшаӡом,— лҳәоит 80 шықәса инареиҳаны изхыҵуа Петра.— Илахьеиқәҵагоуп сымч еиҳа-еиҳа ишмаҷхо аилкаара. Сцәеижь аҵыкәкәара иаҿуп, хәшәыдагьы сахәаӡом. Сара лассы-лассы исгәаласыршәоит Иисус Иаб дышиҳәоз, иалшозар аԥышәара иаҩигарц азы. Аха уи аҭыԥан Иегова Иисус дирӷәӷәеит. Анцәа саргьы сирӷәӷәоит. Анцәаиҳәара есыҽнытәи ахәшә исзаҩызоуп. Анцәа саниацәажәалак ашьҭахь, схы акырӡа еиӷьны избоит» (Матфеи 26:39).

Уи дақәшаҳаҭуп Ҳулиан, иара 30 шықәса ҵуеит асклероз имоижьҭеиb. «Сара адиректор икресла ааныжьны, аинвалид икреслахь сиасит,— иҳәоит иара. Аха сыԥсҭазаара аҵакы ацәымӡӡеит, избанзар уи егьырҭ рымаҵ аура иазкуп. Ауаа уанрыцхраауа ухаҭагьы угәы ҭынчхоит. Сара агәра згеит аамҭа цәгьақәа раан Иегова ҳаширӷәӷәо ала иажәа шынаигӡо. Апостол Павел иеиԥш сара исҳәар сылшоит: „Амч-алшара сызҭо... иҿы зегь сылаӡоит, зегь сычҳауеит“» (Филиппаа рахь 4:13).

ИУЗААИГӘОУ АУАҨЫ ДАНԤСУА

«Саб амашьына шисыз ансаҳа, сара раԥхьа уи агәра сымгеит,— игәалаиршәоит Антонио.— Уи иара иқәнагамызт, избанзар иара ихарамызт! Аха сара акгьы сзыԥсахуамызт. Хәымш иара акома дҭан, нас дыԥсит. Сан лҿаԥхьа иахьынӡасылшоз исычҳауан, аха схала санаанха аҵәыуара салагеит. „Избан абри зыҟалаз?!“ — ари азҵаара схы иҭыҵуамызт.

Ицәгьаз урҭ аамҭақәа раан сара Иегова сиҳәон семоциақәа риааира дсыцхраарц, насгьы агәҭынчра соурц азы. Ԥыҭрак ашьҭахь еиҳа сеиӷьхеит. Сара исгәаласыршәон абиблиатә ҵабырг, „аамҭеи амашәыри“ зегьы ақәшәар шалшо. Издыруеит Анцәа амцҳәара шилымшо, убри аҟынтә агәра ганы сыҟоуп саб иԥсы шҭало, насгьы ҳшеибабо» (Екклезиаст [Экклезиаст] 9:11; Иоанн 11:25; Тит иахь 1:2).

«Аҳаирплан ахькаҳаз иахҟьаны ҳаҷкәын даҳцәыӡит, аха ҳара иаҳзынхеит аамҭа анеицаҳхаҳгозтәи агәалашәара бзиақәа» (Роберт)

Раԥхьатәи астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз Робертгьы убарҭ рҩызцәа ацәаныррақәа иман. Иара еиҭеиҳәоит: «Сыԥҳәыси сареи иаҳнырит Филиппаа рахь 4:6, 7 иану аҭынчра. Уи зегь Иегова ҳахьиҳәоз иабзоуран. Аҩныҵҟатәи агәҭынчра ҳаман аҟынтә, ҳара иҳалшеит аԥсҭалара иазкны иҳамаз агәыӷра аӡбахә ажурналистцәа рзеиҭаҳәара. Аҳаирплан ахькаҳаз иахҟьаны ҳаҷкәын даҳцәыӡит, аха ҳара иаҳзынхеит аамҭа анеицаҳхаҳгозтәи агәалашәара бзиақәа. Убарҭ рызхәыцра ҳҽазаҳшәоит.

Ақьырсиантә еизара аҟынтә ҳҩызцәа ателехәаԥшрала ҳанырба, иџьаршьеит ҳагәрахаҵара атәы шаҟа ҭынч еиҭаҳҳәоз. Урҭ ирзеиҭаҳҳәеит уи злаҳалшаз аӡәырҩы ҳара ҳзы Анцәа иахьиҳәоз азы шакәыз. Сара агәра ганы сыҟоуп Иегова урҭ зеиԥшыҟам ауааи игәырҭынчгаз ражәақәеи рыла ҳгәы шышьҭихыз».

Иаагоу аҿырԥштәқәа ишаҳдырбо ала, Анцәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳгәы ирҭынчыр илшоит. Илшома иара хаҭала шәара шәгәы ирҭынчыр? Агәра ганы шәыҟаз: шәзықәшәо ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, агәырҭынчра шәааигәа иҟоупc. Ҳзимыҳәарызеи нас Иегова ацхырааразы? Ишәхашәмыршҭын иара «агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» шиакәу (2 Коринфаа рахь 1:3).

a Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.

b Асклероз — ари анервеибаркыра хада ачымазара ауп. Уи ачымазара аан ауаҩы хәыҷы-хәыҷла ишьапы дыннамкыло далагоит, инапқәеи ишьапқәеи имыхәо дҟалоит; иблабара, ицәажәашьа, мамзаргьы иеилкаара еицәахоит.

c Шәара Анцәа шәизааигәахар шәҭахызар, насгьы агәырҭынчра шәашьҭазар, шәахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа шәрыдҵаал, мамзаргьы зегь реиҳа ишәзааигәоу афилиал ахь асаламшәҟәы жәҩы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра