Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • wp16 № 1 ад. 10
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аҵарауаа ажәытәтәи аикәарҳә «аадыртит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
wp16 № 1 ад. 10

ИЖӘДЫРУАМА ШӘАРА?

Ишԥаҟарҵоз, насгьы рхы ишԥадырхәоз аикәарҳәқәа абиблиатә аамҭақәа раан?

Абиблиатә шәҟәы Есфирь ахьану ацәе́и авелени иалху аикәарҳәқәа (XVIII ашәышықәса ҳ. ҳ.)

Абиблиатә шәҟәы Есфирь ахьану ацәе́и авелени иалху аикәарҳәқәа (XVIII ашәышықәса ҳ. ҳ.)

Лука иҟынтә Аевангелиаҿы иануп Иисус Исаиа ишәҟәы, ма ажәытә бырзен бызшәала еиҭаугозар аикәарҳә, ааиртын даԥхьеит, нас иаиркит ҳәа. Апостол Иоаннгьы ииҩуаз Аевангелиа аҵыхәтәаны Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа зегьы уахь ишизанымҵаз анииҩуаз, аикәарҳә атәы далацәажәеит (Лука 4:16—20; Иоанн 20:30; 21:25).

Ишԥаҟарҵоз аикәарҳәқәа? Ацәа́, апергамент, ма апапирус рыхәҭақәа ихәхәаны иҟаларц азы еиддырҷаблон, нас ирҵәины иҟарҵон. Аикәарҳә ахьҩу аган аҩныҵҟа ирханы, алаба иахарҵәины иарҭон. Уа атекст еиҵаҩны ианын. Иау́з аикәарҳәқәа ралагамҭеи рынҵәамҭеи рҿы алабақәа рыман, насгьы иаԥхьоз ауаҩы дзыԥхьарц ииҭахыз аҭыԥ ааиртырц азы, уи ирҵәиуан лабак аҟынтә даҽа лабак ахь ииаганы.

«Аикәарҳә злабзиаз иахькьаҿмыз ауп (10 метрак рҟынӡа иҟан), шәҟәык шеибгоу иакыртә иҟан, аха иахьурҵәиуаз азы идуӡамызт»,— аҳәоит абиблиатә еилыркаагак аҿы (The Anchor Bible Dictionary). Иаҳҳәап, Лука ииҩыз Аевангелиа азы иаҭаххон жәметраки-бжаки иҟоу аикәарҳә. Зны-зынла аикәарҳә хыхьтәи, насгьы ҵаҟатәи аганқәа ҿахырҵәон, ахаҳә џьаџьала идрыцқьон, нас иршәуан.

Иазусҭцәада Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы «аԥшьаҩ-еиҳабацәа» ҳәа зыӡбахә ану?

Аиудеиатәи аԥшьаҩ-еиҳабацәа

Израильтәи аԥшьамаҵзура аналаргала инаркны аԥхьаԥшьаҩы иҭыԥ аӡәы заҵәык иакәын иаанызкылар зылшоз, насгьы уи аҭыԥ иԥсы ҭанаҵы иааникылон (Ахыԥхьаӡарақәа [Числа] 35:25). Раԥхьаӡатәи аԥхьаԥшьаҩы Аарон иакәын. Ари аҭыԥ ду, ишаԥыз еиԥш, аб иҟынтә аԥа еиҳаб иахь ииасуан (Ақәҵымҭа [Исход] 29:9). Аарон ихылҵшьҭра аҟынтә аӡәырҩы ахацәа ԥшьаҩцәас амаҵ руан, аха ԥхьаԥшьаҩцәас иҟаз маҷын.

Израиль амурҭаҭцәа рнапхгара аҵаҟа ианыҟаз, урҭ анапхгаҩцәа аиудеиатә ԥхьаԥшьаҩцәа ишырҭахыз иарҭон, насгьы иамырхуан. Аха излоубарҭо ала, уи аҭыԥ азы иалырхуан аԥыжәара змаз, еиӷьыз аҭаацәарақәа рҟынтә ауаа, еиҳарак Аарон ихылҵшьҭра аҟынтә. Ажәақәа «аԥшьаҩ-еиҳабацәа» ҵакыс иамазҭгьы ҟаларын аԥшьаҩцәа ихадаз рхаҭарнакцәа. Урҭ рахь иаҵанакуазҭгьы ҟалап ахадацәа, дара аԥшьамаҵзуратә гәыԥқәа 24 иахагылан; еицырдыруаз аԥхьаԥшьаҩцәа рҭаацәа, насгьы Анна иеиԥш уаанӡа ԥхьаԥшьаҩцәас иҟаз, аха амаҵзура иамырхыз (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 24:1—19; Матфеи 2:4 [Аевангелиа цқьа]; Марк 8:31 [Аевангелиа цқьа]; Лука 3:2 [Аевангелиа цқьа]).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра