Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииуль ад. 20—25
  • Шәеихьӡарақәа шәрылагәырӷьала!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәеихьӡарақәа шәрылагәырӷьала!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ХАҴЕИ-ԤҲӘЫСИ АҬААЦӘЕИ ИҞАРҴАЛАР РЫХӘҬОУ
  • АИЗАРА АИҲАБАЦӘЕИ ЕГЬЫРҬ АҚЬЫРСИАНЦӘЕИ ИҞАРҴАЛАР РЫЛШО
  • ЗЫНАГӠАРА ШӘЫЛШО АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘШӘЫРГЫЛАЛА
  • ИЕГОВА ИМАҴ АУРАҾЫ АНАҨСГЬЫ ИШӘЫЛШО ҞАШӘҴАЛА
  • Иегова зегь иреиӷьу ахьишәҭо шәеигәырӷьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аҿар, аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аԥҳәыс илхагылоу ахаҵа иоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аиҳәшьцәа ргәы шьҭышәхла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииуль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 29

Шәеихьӡарақәа шәрылагәырӷьала!

«Доусы инапы злаку иусқәа рыла ихы гәеиҭалааит, иҟаиҵаз абзиара дазгәдулааит, егьырҭ иҟарҵаз ирҿырԥшуа акәымкәа» (ГАЛ. 6:4).

АШӘА 34 Ацқьара хьчала

АХҲӘААa

1. Избан Иегова аӡәгьы ҳзиҿимырԥшуа?

ИЕГОВА ишамҭақәа зегь еиԥшызарц иҭахӡам. Еиуеиԥшым аҵиаақәеи аԥстәқәеи, насгьы ԥшрала еиԥшым ауаа уи шьақәдырӷәӷәоит. Зегьы ҷыдарак-ҷыдарак ҳалеиҵеит. Убри аҟынтә Иегова аӡәгьы ҳиҿирԥшӡом. Иара идыруеит ҳзеиԥшроу, насгьы ҳгәы иҭоу (1 Сам. 16:7). Уи адагьы иҳалшо иҳалымшо, насгьы иахьҳазҳауаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз идыруеит. Иара ҳара ҳҟынтә иҳалымшо дазыԥшӡам. Ҳаргьы Иегова ихәаԥшышьала ҳхы ҳахәаԥшлароуп. Убасҟан ҳхы ииашоу ахәшьара аҳҭалоит — ганкахьала акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбалаӡом, даҽа ганкахьалагьы ҳхы ҳараҳклаӡом (Рим. 12:3).

2. Избан ҳхы егьырҭ рҿырԥшра зҽеим?

2 Ишԥабзиоу азиашара аазырԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳавагыланы қәҿиарала ажәабжь ахьырҳәо (Аур. 13:7). Амаҵзураҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәырц азы урҭ ҳарҿыԥшлар ҳалшоит (Флп. 3:17). Аӡәы иҿыԥшра акоуп, аха аӡәы иеихьӡарақәа ҳрыхәаԥшны ҳхы ахәшьара аҭара зынӡа даҽакоуп. Ус ҟаҳҵалар ашьыцра ҳазцәырҵуеит, ҳгәы каҳауеит, ма акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбалоит. Мамзаргьы егьырҭ раасҭа ҳеиӷьушәа ҳхы аарԥшра ҳашьҭалар ауеит. Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш уи ҳдоуҳара ашәарҭара иҭанаргылар алшоит. Убри аҟынтә Иегова абзиабара аарԥшны иҳаиҳәоит: «Доусы инапы злаку иусқәа рыла ихы гәеиҭалааит, иҟаиҵаз абзиара дазгәдулааит, егьырҭ иҟарҵаз ирҿырԥшуа акәымкәа» (Гал. 6:4).

3. Иарбан доуҳатә еихьӡарақәоу агәырӷьара шәзаазгаз?

3 Иегова иҭахуп ҳара иҟаҳҵо адоуҳатә еихьӡарақәа ҳрылагәырӷьаларц. Иаҳҳәап шәара аӡы шәыҽӡаашәххьазар, уи ахықәкы ахьынашәыгӡаз шәеигәырӷьалар шәылшоит. Шәара Анцәа бзиа дыжәбеит, убри азоуп уи аӡбара зшәыдышәкылаз. Шәрызхәыц иара убас аӡы шәҽанӡаашәх ашьҭахь иҟашәҵаз аихьӡарақәа. Иҟалап еиҳа шәгәы ақәкны Абиблиа аԥхьареи шәхатә ҭҵаара амҩаԥгареи шәалагазар, насгьы еиҳа шәазхәыцны гәыкала Анцәа иҳәара шәалагазар (Аԥсал. 141:2). Мамзаргьы ажәабжьҳәара еиҳа шәашьцылазар, насгьы амаҵзуразы иҳамоу амыругақәа шәхы иашәырхәо шәалагазар. Иара убас иҟалап Иегова ицхыраарала ахацәа, аҳәса, насгьы аҭаацәа ирыду ароль еиҳа еиӷьны анагӡара шәалагазар. Иҟаҳҵо аихьӡарақәа ҳанрызхәыцуа ҳгәырӷьалар ҳалшоит.

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ҳрыцхраар ҳалшоит егьырҭ рхы рыҿмырԥшкәа ирымоу аихьӡарақәа рылагәырӷьара. Ари астатиаҿы еилҳаргоит аҭаацәеи, хаҵеи-ԥҳәыси, аизара аиҳабацәеи, аизараҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ус ҟарҵалар шрылшо. Иара убас еилҳаргоит зынагӡара ҳалшо ахықәкқәа рықәыргылара иҳацхраауа абиблиатә принципқәа.

ХАҴЕИ-ԤҲӘЫСИ АҬААЦӘЕИ ИҞАРҴАЛАР РЫХӘҬОУ

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа зегь хаҭала агәра дшәыргала иҟарҵо шгәашәҭо, насгьы уи ахә ҳаракны ишышәшьо. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)d

5. Иҟарымҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәа, Ефесаа рахь 6:4 иану инақәыршәаны?

5 Аҭаацәа рхәыҷқәа еиҿдмырԥшлароуп, ма ирылымшо иазыԥшымзароуп. Уи ахәыҷқәа ирԥырхагахар алшоит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:4.) Сачикоb зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сырҵаҩцәа акласс аҿы зегьы среиӷьны аҵара сҵаларц рҭахын. Сангьы аҵара бзианы исҵаларц лҭахын, саби сырҵаҩцәеи Иегова ишаҳаҭцәа еиҳа пату рықәырҵаларц азы. Лара илҭахын аԥышәарақәа зегьы хәба ҳәа исҭиирц. Аха уи ҟалашьа змамыз ак акәын. Ашкол салгеижьҭеи акыршықәса шыҵуагьы, уи уажәгьы исԥырхагоуп. Зегь иреиӷьу Иегова ианисҭогьы уи дшаргәырӷьо агәра агара сцәыцәгьоуп».

6. Иднарҵозеи аҭаацәа Аԥсалом 131:1, 2 иану ажәақәа?

6 Аԥсалом 131:1, 2 (шәаԥхьа) иану ажәақәа аҭаацәа иднарҵар алшо рацәоуп. Аҳ Давид иҳәеит ихазы зегь иреиҳаз дшашьҭамыз. Ахынраалара Давид аҭынчра инаҭон. Иднарҵозеи аҭаацәа Давид иажәақәа? Ахынраалареи ахӡырымгареи аҭаацәа ирыцхраауеит рхазгьы рхәыҷқәа рзгьы зынагӡара рылшо ахықәкқәа рықәыргылара. Ахәыҷы илшо илымшо ҳдыруазароуп, насгьы зынагӡара илшо ахықәкқәа рықәыргылара ҳицхраалароуп. Усҟан иара бзиа дшырбо ибалоит. Марина зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сан ахаан хҩык сашьцәеи егьырҭ ахәыҷқәеи срыҿлырԥшуамызт. Лара исалҳәон ауаа зегь ҟазарак-ҟазарак шрылоу, насгьы Иегова урҭ зегь бзиа ишибо. Сан лыбзоурала шамахамзар схы аӡәгьы иҿсырԥшӡом».

7, 8. Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс пату лықәҵара?

7 Ахацәа-ақьырсианцәа рыҳәса ҳаҭыр рықәырҵалароуп (1 Пиотр 3:7). Аҳаҭырқәҵара иаанагоит ауаҩы иахь азҿлымҳареи апатуқәҵареи раарԥшра. Ахаҵа иԥҳәыс пату лықәиҵоит, иԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ анылзалихуа. Иара лара лҟынтә илылымшо дазыԥшӡам, насгьы егьырҭ аҳәса дрыҿирԥшлаӡом. Избан аиҿырԥшра зҽеим? Роза зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥштәы уи ҳаилнаркаауеит. Лара лхаҵа Иегова ишаҳаҭ иакәӡам. Игәымбылџьбароу иажәақәа рыла егьырҭ дахьрыҿирԥшуаз иахҟьаны лара акгьы даԥсамшәа лхы лбо далагеит. Лара илҳәоит: «Сара еснагь аӡәы исгәалаиршәалароуп Иегова сыхә ҳаракны ишишьо». Аха ахацәа-ақьырсианцәа аҳәса даҽакалоуп ишырзыҟоу. Дара урҭ ҳаҭыр рықәырҵоит, избанзар еилыркаауеит аҭаацәараҿы уи анасыԥ шырзаанаго, насгьы Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа шарӷәӷәалоc.

8 Зыԥҳәыс пату лықәызҵо ахаҵа есымша абзиоуп илзиҳәо, бзиа дшибо леиҳәоит, насгьы дирҽхәоит (Ажәам. 31:28). Ҳазхысыз астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз Катерина лхаҵа убасҵәҟьоуп ишыҟаиҵо. Уи агәкаҳара аиааира илыцхраауеит. Катерина даныхәыҷыз лан есымша акы лхылҳәаауан, насгьы лҩызцәеи егьырҭ аӡӷабцәеи дрыҿлырԥшуан. Убри аҟынтә Катерина лхаҭагьы лхы егьырҭ рҿырԥшра дашьцылеит. Иегова ишаҳаҭ лакәны даныҟалагьы уи дзаҟәыҵуамызт. Аха лхаҵа уи ауадаҩра аиааира длыцхрааит. Лара илҳәоит: «Иара бзиа сибоит, сирҽхәоит, са сзы Анцәа диҳәоит. Иара Иегова иҟазшьа бзиақәа сгәалаиршәоит. Уи сыцхраауеит иҽеим ахәыцрақәа риааира».

АИЗАРА АИҲАБАЦӘЕИ ЕГЬЫРҬ АҚЬЫРСИАНЦӘЕИ ИҞАРҴАЛАР РЫЛШО

9, 10. Ишԥалыцхрааи аизара аиҳабацәа зегьы дреицәоушәа зхы збоз аиаҳәшьа?

9 Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа егьырҭ рхы рҿырԥшра шьцыларас измоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар? Шәааи Хануни зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥштәы ҳызхәыцып. Даныхәыҷыз лара шамахамзар ддырҽхәаӡомызт. Лара илҳәоит: «Сара саныхәыҷыз сыԥхашьаҩын, насгьы зегьы среицәоушәа сгәы иаанагон. Сара еснагь егьырҭ схы рыҿсырԥшуан». Убри аҟынтә аӡы лыҽӡаахны пионерс амаҵ аура даналагагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа дшырбо агәра агара лцәыцәгьан. Аха Хануни лхы дшазыҟоу аԥсахра лылшеит. Уажәы еиҳа насыԥ лымоуп.

10 Хануни излалҳәо ала аизара аиҳабацәа даара илыцхрааит. Дара агәра лдыргон аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа шрылҭо, насгьы лыхә ҳаракны ишыршьо. Хануни илҳәеит: «Аизара аиҳабацәа изныкымкәа исыҳәахьан иқәыԥшу аиҳәшьцәа ргәы шьҭысхларц. Уи исеилнаркааит аизаразы ак ҟасҵар шсылшо. Ахаан исхашҭӡом аизара аиҳабацәа уи ашьҭахь сышдырҽхәаз, насгьы 1 Фессалоникаа рахь 1:2, 3 ишысзаԥхьаз. Уи сгәаҵанӡа инеит. Иқьиоу урҭ аишьцәа рыбзоурала Иегова иорганизациаҿы иааныскыло аҭыԥ еилыскааит, ахәгьы ашьара салагеит».

11. Ҳрыцхраар шԥаҳалшо згәы каҳаны иҟоу? (Исаиа 57:15).

11 Шәаԥхьа Исаиа 57:15. Иегова згәы каҳаны иҟоу дрыцхраауеит. Ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра зыхәҭоу аизара аиҳабацәа рымацара ракәӡам. Уи азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи лассы-лассы шәышԥаҟоу ҳәа ҳразҵаалар ҳалшоит. Иегова иуасақәа рыхә ҳаракны ишьоит, ҳаргьы убас ҳарзыҟазарц иҭахуп (Кәал. 3:12). Ҳрыцхраар шԥаҳалшо еиҭа акгьы иаԥсамшәа зхы збо аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Ахӡырымгара ааҳарԥшуазар. Ауаҩы дааҟәымҵӡакәа ихы ирҽхәозар, егьырҭ ашьыцра иалагар ауеит. Аха ҳара иҳамоу алшарақәеи адыррақәеи ҳара-ҳара ҳгәы шьҭибахларц азоуп ҳхы иаҳархәалар заҳҭаху (1 Пиотр 4:10, 11).

Иисус иҵаҩцәа аамҭа ицыхгара ргәаԥхон, избанзар ихы ҳареикӡомызт. Иаргьы иҩызцәа рыцҟазаара бзиа ибон. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Избан аҵара змамыз ауаа Иисус бзиа дзырбоз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

12 Иисусгьы ауаа дшырзыҟаз иаҳнарҵо рацәоуп. Уи адгьыл аҿы инхоз ауаа зегьы дышреиҳазгьы ахынраалареи аҟәымшәышәреи илан (Матф. 11:28—30). Адырра дуқәа шимазгьы ахаан уи дахыҽхәаӡомызт. Аҵара змамыз ауаа еилыркаартә имариаз аҿырԥштәқәа ааганы идирҵон (Лука 10:21). Адиннапхгаҩцәа реиԥш Иисус ауаа Анцәа хьаас имамшәа ргәы иаанагалартә еиԥш ахаан ихы мҩаԥигаӡомызт (Иоанн 6:37). Иара ауаа зегь пату рықәиҵон.

13. Ишԥааирԥшуаз Иисус иҵаҩцәа рахь абзиабареи ақьиареи?

13 Иисус иҵаҩцәа дшырзыҟаз ибзиабареи иқьиареи аанарԥшуан. Урҭ рҭагылазаашьақәеи рылшарақәеи шеиԥшымыз еиликаауан. Убри аҟынтә аӡәы илшоз даҽаӡәы илымшар ауан, насгьы рықәҿиарақәа еиԥшымхар алшон. Аха Иисус идыруан дара гәык ала Анцәа имаҵ шыруаз, убри аҟынтә рыхә ҳаракны ишьон. Иисус иҵаҩцәа шеиликаауаз аталантқәа ирызку ажәамаана иаҳнарбоит. Уи ажәамаанаҿы аԥшәма итәцәа рылшарақәа дрызхәыцны адҵақәа риҭеит. Ҩыџьа атәцәа гәыкала аус руит, аха руаӡәк иԥшәма изы еиҳаны аԥара ирҳаит. Ус шакәызгьы иара урҭ рҩыџьагьы ирҽхәеит, иагьреиҳәеит: «Ибзиоуп, суаҩ-қьиа, сыгәрагаҩы!» (Матф. 25:14—23).

14. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус?

14 Иисус ҳаргьы дшаҳзыҟоу ибзиабареи иқьиареи аанарԥшуеит. Иара еиликаауеит ҳаԥсҭазаашьеи ҳалшарақәеи шеиԥшым, насгьы ҳҭагылазаашьаҿы иҳалшо зегь ахьыҟаҳҵо деигәырӷьоит. Ҳаргьы убас егьырҭ ҳарзыҟазароуп. Ҳара иҳахҟьаны ҳашьа, ма ҳаҳәшьа акгьы даԥсамшәа, ма егьырҭ иҟарҵо аҟара ахьырзыҟамҵо азы ахара рыдушәа ргәы иаанагалартә еиԥш ҳхы мҩаԥаҳамгалароуп. Уи аҭыԥан шәааи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова гәыкала имаҵ ахьыруа азы иҳарҽхәалап.

ЗЫНАГӠАРА ШӘЫЛШО АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘШӘЫРГЫЛАЛА

Зынагӡара шәылшо ахықәкқәа ықәшәыргылала. Урҭ рынагӡара агәырӷьара шәзаанагалоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)e

15, 16. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак зынагӡара лылшоз адоуҳатә хықәкқәа ахьықәлыргылоз?

15 Адоуҳатә хықәкқәа ҳаԥсҭазаара аҵаки ахырхарҭеи арҭоит. Аха ҳзызхәыцша ак ыҟоуп. Ҳара иқәҳаргыло ахықәкқәа егьырҭ рҭагылазаашьақәеи рылшарақәеи ракәымкәа ҳара ҳҭагылазаашьақәеи ҳалшарақәеи ирықәшәозароуп. Ус ҟаҳамҵалар ҳгәы каҳауеит, насгьы ҳхы иазеицәо ҟаҳҵоит (Лука 14:28). Шәааи ҳазхәыцып пионерс амаҵ зуа Мидори лҿырԥшы.

16 Иегова имаҵ зымуа Мидори лаб еснагь длаирҟәуан, насгьы илеиҵбацәаз лашьеи, лаҳәшьеи, аҵара лыцызҵози дрыҿирԥшуан. «Сара акгьы саԥсамызшәа схы збон»,— лҳәоит Мидори. Аха ианлызҳа еиҳа лхы дақәгәыӷуа далагеит. Лара илҳәоит: «Иегова сгәы ирҭынчларц, насгьы бзиа сшибо агәра сиргаларц азы есыҽны Абиблиа саԥхьоит». Мидори лымч зықәхо ахықәкқәа ықәлыргылоит, насгьы урҭ рынагӡараҿы Иегова длыцхраарц диҳәоит. Убас лара лдоуҳатә еихьӡарақәа реигәырӷьара лылшоит.

ИЕГОВА ИМАҴ АУРАҾЫ АНАҨСГЬЫ ИШӘЫЛШО ҞАШӘҴАЛА

17. Ишԥаҳалшо анаҩсгьы ҳхәыцшьа арҿыцра? Иарбан хәарҭоу уи иаҳзаанаго?

17 Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар уи ариашаразы аамҭа аҭахуп. Убри азоуп Иегова анаҩсгьы ҳхәыцшьа ҳарҿыцларц зҳаиҳәо (Еф. 4:23, 24). Уи азы ҳара Анцәа ҳиҳәалароуп, Иажәа ҭаҳҵаалароуп, насгьы ҳзыԥхьаз ҳазхәыцлароуп. Уи шьцыларас ишьҭышәхырц Иегова шәиҳәала. Убасҟан иԥшьоу адоуҳа шәыцхраауеит уаҳа егьырҭ шәхы рыҿшәмырԥшларц. Иара убас иара дшәыцхраауеит ахамаԥагьареи ашьыцреи шәызцәырҵзар уи агәаҭара, насгьы урҭ аҟазшьа бааԥсқәа рҿагылара.

18. Шәгәы шԥадырҭынчуеи 2 Ашықәсынҵа 6:29, 30 иану ажәақәа?

18 Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 6:29, 30. Иегова ҳгәы иҭоу идыруеит. Иара убас иара идыруеит ари адунеи адоуҳаи ҳхаҭа иҳалоу аԥсыҽрақәеи рҿагылара шаҳзымариам. Иегова уи азы шаҟа аџьабаа ҳбо анибо еиҳагьы бзиа ҳбара далагоит.

19. Ишԥааирԥшуеи Иегова бзиа ҳшибо?

19 Иегова шаҟа бзиа ҳаибо ааирԥшырц азы ани ахшареи рҿырԥштәы ааигоит (Ис. 49:15). Абар Реичел зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Сыӡӷаб Стефани лаамҭа ааиаанӡа диит. Раԥхьаӡа данызба лара даараӡа дхәыҷын. Даниз ашьҭахь мызк аҩныҵҟа ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Аха аҳақьымцәа есыҽны дышьҭысхларц азин сырҭон. Уи аамҭа аан Стефани сареи даараӡа ҳаизааигәахеит. Уажәы лара фышықәса лхыҵуеит, аха лықәлацәа дреиҵоуп. Есыҽны лара лахь сыбзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит, избанзар лара лыԥсҭазаара дазықәԥон, анасыԥгьы сылҭеит». Убас еиԥшҵәҟьа Иеговагьы даараӡа бзиа ҳаибоит, ҳизиашаны ҳаанхарц азы ҳхы ҳамеигӡакәа шаҟа аџьабаа ҳбо анибо. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи уи!

20. Иарбан мзызқәоу Иегова имаҵзуҩы агәырӷьаразы имоу?

20 Уара Иегова имаҵ ууеит аҟынтә, бзиа уахьырбо иҭаацәара ду уахәҭакуп. Иегова ихаҭагьы ҷыдала дузыҟоуп. Иегова дуҩызахарц зиҭаххаз егьырҭ уахьреиӷьу азы акәӡам, аха аҟәымшәышәра ахьулоу, насгьы иара иҿы аҵара аҵареи аҽыԥсахреи уахьазхиоу азы ауп (Аԥсал. 25:9). Агәра ганы уҟаз иара имаҵ аураҿы иубо аџьабаа ахә шишьо. Иааурԥшуа ахачҳареи азиашареи угәы шыразу ушуаҩ бзиоу аадырԥшуеит (Лука 8:15). Убри аҟынтә Иегова имаҵ аураҿы анаҩсгьы иулшо ҟаҵала. Убасҟан иҟауҵо аихьӡарақәа уреигәырӷьалоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ирыцхраалар шԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа рхатә доуҳатә еихьӡарақәа рылагәырӷьара?

  • Ирыцхраалар шԥарылшо аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы бзиа ишырбо, насгьы рыхә шыршьо абара?

  • Избан ҳгәырӷьалар зҳалшо Иегова изы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо?

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

a Иегова аӡәгьы ҳиҿирԥшӡом. Аха ҳара егьырҭ ҳхы рҿырԥшра шьцыларас иҳамазар ауеит. Уи иахҟьаны акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбалар алшоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит егьырҭ зхы зыҿзырԥшуа ауаҩы ихы иазеицәо шыҟаиҵо. Уи адагьы еилаҳкаауеит ҳҭаацәареи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова ихәаԥшышьала рхы ахәаԥшра ҳрыцхраар шҳалшо.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c Ара зыӡбахә ҳәоу ахацәа шракәугьы арҭ апринципқәа аҳәса рахьгьы иаҵанакуеит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан аҭаацәа рхәыҷқәа зегь дырҽхәоит аковчег хәыҷ дыргыларц азы иҟарҵо азы.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ашкол ахь имцац ахәыҷы зхала дзааӡо ан ицхырааҩу пионерс дҟаларц лыӡбоит. Уи ахьлылшаз деигәырӷьоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра