АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32
Аҿар, аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала
«Ҳабзиабара ҵаула иабзоураны... ҳаизҳа-зыӷьауеит» (ЕФ. 4:15).
АШӘА 56 Цқьа аҵабырг ҭҵаа
АХҲӘААa
1. Иарбан еихьӡарақәоу иҟарҵахьоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы, ақьырсиантә мҩа ианылеижьҭеи?
ЕСЫШЫҚӘСА зықьҩыла иқәыԥшу ақьырсианцәа аӡы рыҽӡаархуеит. Уара урҭ уреиуазар, Иеговеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи уеигәырӷьоит! (Ажәам. 27:11). Уааи иаҳгәалаҳаршәап, еихьӡарас иҟауҵахьоу. Уара угәы ақәкны Абиблиа ҭуҵаауан, иҟалап, уи шықәсқәак рыҩныҵҟа иҟауҵозҭгьы. Уи агәра унаргеит Абиблиа — Анцәа Иажәа шакәу. Уи адагьы, иԥшьоу ари ашәҟәы Автор деилкааны бзиа дубеит. Уи зегь раасҭа ихадоуп. Уажәшьҭа уԥсҭазаара Иегова изукит, насгьы уҽӡааухит. Уара ииашоу амҩа алухит!
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ҳәарада, уҽӡааухаанӡагьы Иегова гәыкала ушизыҟоу ԥызшәоз ауадаҩрақәа урықәшәон. Аԥхьаҟагьы, иузҳацыԥхьаӡа, иҿыцу ауадаҩрақәа урықәшәалоит. Аҩсҭаа иҭахуп Анцәа иахь убзиабара хьшәашәарц, насгьы даанужьырц. Уи азы иара илшо зегь ҟаиҵалоит (Еф. 4:14). Аха иуулакгьы, уи илумыршан! Иуцхраауазеи Иегова гәыкала ушизыҟоу аанхара, насгьы иуҭаз ажәа нагӡаны уԥсы ахьынӡаҭоу Иегова имаҵ аура? Иҟауҵахьоу аҿы уаанымгылакәа, анаҩсгьы доуҳала уеизҳала (Аур. 6:1). Уааи, еилҳаргап уи азы иҟаҵалатәу.
ИҞАҴАЛАТӘУЗЕИ ДОУҲАЛА ШӘЫӶӘӶӘАХАРЦ АЗЫ?
3. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи ақьырсианцәа зегьы, аӡы рҽанӡаархлак ашьҭахьгьы?
3 Ҳара зегьы аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахь, апостол Павел Ефес инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ириҭаз алабжьара ҳақәныҟәалароуп. Иара урҭ еизҳаларц ргәазҭеиҵеит (Еф. 4:13). Даҽакала иуҳәозар, урҭ анаҩсгьы доуҳала аизҳара иаҟәымҵлар акәын. Павел доуҳала аизҳара ахәыҷы дшеизҳауа иаҿирԥшит. Аҭаацәа рхәыҷы бзиа дырбоит, насгьы уи изгәдууп. Аха ахәыҷы иԥсы ахьынӡаҭоу дшыӡҟу даанхаӡом. Деизҳацыԥхьаӡа иара данхәыҷыз имаз ашьцыларақәа каижьлароуп (1 Кор. 13:11). Ақьырсианцәа рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахь ҳара џьарак ҳаанымгылакәа ԥхьаҟа ҳцалароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Шәааи лабжьарақәак еилҳаргап.
4. Иуцхраар алшозеи доуҳала аизҳара? (Филиппаа рахь 1:9, АдҾ). Иҳаилыркаа.
4 Иегова иахь убзиабара рӷәӷәала. Уара Иегова даараӡа бзиа дубоит, аха убзиабара иҵегь иурӷәӷәар улшоит. Ишԥа? Ари азҵаара аҭак апостол Павел иҳаиҭоит Филиппаа рахь 1:9 (АдҾ) аҿы (шәаԥхьа). Иара Анцәа диҳәон Филиппқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа рыбзиабара «еиҳа-еиҳа еизҳаларц». Уи иаанагоит ҳаргьы Иегова иахь иҳамоу абзиабара ҳарӷәӷәар шҳалшо. Уи азы адырреи аилкаара бзиеи еизҳарҳалароуп. Иегова шаҟа еиӷьны деилаҳкаауа аҟара, убриаҟара бзиа даҳбалоит, иҟазшьақәеи иҟаиҵо шыҟаиҵои ахә ҳшьалоит. Уи адагьы, Анцәа иргәырӷьареи ахаан игәы имырхьреи еиҳа-еиҳа иаҳҭаххалоит. Иара убас, иара ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аилкаареи ҳаԥсҭазаашьала иргәырӷьареи ҳҽазаҳшәалоит.
5, 6. Ишԥаҳалшо Иегова иахь ҳабзиабара еиҳагьы иҳарӷәӷәалар? Иҳаилыркаа.
5 Иара убас Иегова иахь ҳабзиабара ӷәӷәахалоит Иԥа еиӷьны деилаҳкаалар, избанзар уи Иаб иҟазшьақәа нагӡаны иааирԥшуан (Аур. 1:3). Иисус деилаҳкаарц азы зегьы иреиӷьу алшара — уи Аевангелиеқәа ԥшьба рыҭҵаара ауп. Уара есыҽны Абиблиа аԥхьара шьцыларас ишьҭумххьацзар, иахьарнахыс уи уалагар улшоит. Иисус изку ахҭысқәа Абиблиаҿы уанрыԥхьо, ухшыҩ азышьҭны иҟазшьақәа урызхәыцла. Иисус иацәажәара мариан. Ахәыҷқәа анизнаргоз иара урҭ игәыдиҳәҳәалон, насгьы ишьҭихуан (Марк 10:13—16). Иҵаҩцәагьы иацәажәара рзымариан. Урҭ ргәы иҭаз иаҳәара иацәшәаӡомызт (Матф. 16:22). Уи аҿы Иисус жәҩантәи Иаб диҿыԥшуан. Иеговагьы иацәажәара мариоуп. Иара ихшыҩ азышьҭны ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. Ҳара ҳгәы иҭоу изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит, насгьы дышҳақәмыӡбо агәра ганы ҳаҟоуп. Жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳаибоит, дагьҳаиҷаҳауеит (1 Пиотр 5:7).
6 Иисус ауаа рыцҳаишьон. Апостол Матфеи иҩит: «Ирыцҳаишьеит иибаз ажәлар рацәа, урҭ уаҳа нарылымшо иааԥсаны, икараханы, ахьча-ԥыза дызмамкәа зҽыԥсаҟьаны идәықәу ауасақәа иахьреиԥшыз азы» (Матф. 9:36). Аха дышԥаҳзыҟоу Иегова? Иисус иҳәеит: «Жәҩан иҟоу Шәаб гәаҳәара имам, урҭ, иреиҵоу рахьтә аӡә дҭахаразы» (Матф. 18:14). Арҭ ажәақәа ҳгәы дырԥхоит! Иисус шаҟа еиӷьны деилаҳкаауа аҟара, убриаҟара Иегова бзиа даҳбалоит.
7. Избан зыгәрахаҵара ӷәӷәоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны урабадырыр зыбзиоу?
7 Иуцхраауазеи иҵегьы Иегова иахь иумоу абзиабара арӷәӷәареи доуҳала аизҳареи? Уеизараҿы иҟоу зыгәрахаҵара ӷәӷәоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны урабадыр. Уахәаԥш урҭ шаҟа агәырӷьара рымоу. Дара Иегова имаҵ аура ахьырыӡбаз зныкгьы иахьымхәӡацт. Урыҳәала ақьырсиантә ԥсҭазаараҿы изықәшәоз ахҭысқәа узеиҭарҳәаларц. Акрызҵазкуа ӡбарак удукылар анакәу, алабжьара урҭарц урыҳәала. Избанзар Абиблиаҿы ишану еиԥш, «абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит» (Ажәам. 11:14).
Уҽазыҟауҵар шԥаулшо аеволиуциа агәра зумго ашкол аҿы ирзеиҭоуҳәарц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
8. Иҟаҵатәузеи, Абиблиаҿы иану иазкны алакҩакрақәа узцәырҵыр?
8 Алакҩакрақәа узцәырҵзар, урҭ ӡбала. Аҩбатәи абзац аҿы ишҳәаз еиԥш, Аҩсҭаа угәрахаҵара арӷәӷәара дуԥырхагахалоит. Ишԥа? Иара абиблиатә ҵарақәа шиашоу ала алакҩакрақәа узцәыригалар алшоит, иаҳҳәап, аеволиуциа атеориа ихы иархәаны. Уанхәыҷыз уи аӡбахә умаҳахьацызҭгьы ҟаларын. Аха иҟалап уажәы уи ашкол аҿы иудырҵозар. Уи атеориа иазкны арҵаҩцәа ирҳәо ахшыҩ аҵоушәа, насгьы агәра агара иаԥсоушәа убар ауеит. Аха иҟалап дара Ҳазшаз дшыҟоу шьақәзырӷәӷәо афактқәа зныкгьы иҭырымҵаахьацзар. Иугәаларшәа Ажәамаанақәа 18:17 аҿы иану: «Аусӡбарҭаҿы раԥхьа ицәажәо диашоушәа убар алшоит, уи иҿагылоу дааины азҵаарақәа иҭара далагаанӡа». Ашкол аҿы иуаҳауа зегьы агәра агара аҭыԥан, Анцәа Иажәа, Абиблиаҿы, иану бзианы иҭҵаа. Иара убас ари атема иазкны ҳлитература иану уаԥхьа. Анкьа аеволиуциа агәра згоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи урацәажәа. Урҭ Ҳазшаз дшыҟоу, насгьы дышҳаиҷаҳауа агәра дзыргаз уразҵаа. Урҭ рҩызцәа аицәажәарақәа Анцәа дшыҟоу узырбо еиҳаны ашьақәырӷәӷәарақәа узаадыртуеит.
9. Иунарҵозеи Мелисса лҿырԥшы?
9 Мелиссаb Ҳазшаз дшыҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа ҭылҵааит, уи илымаз алакҩакрақәа рыӡбара илыцхрааит. Лара еиҭалҳәоит: «Ашкол аҿы аеволиуциа агәра угартә еиԥш иалацәажәоит. Раԥхьа сара аҭҵаара амҩаԥгара сҭахӡамызт, избанзар агәрахаҵара сзымхар ҳәа сшәон. Аха нас убас схәыцит: „Иегова иҭахӡам ҳамхәыцӡакәа имаҵ ҳаулар“. Убри аҟынтә ари атема инарҵауланы иҭысҵаарц сыӡбеит. Сара саԥхьеит ашәҟәы «Существует ли заботливый Творец?», иара убас аброшиурақәа «Была ли жизнь создана?», насгьы «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа». Уи исҭахыҵәҟьаз акәын! Уи уаанӡа иахьыҟасымҵаз сгәы иалоуп».
10, 11. Иуцхраар алшозеи Иегова иҿаԥхьа уцқьаны аанхара? (1 Фессалоникаа рахь 4:3, 4).
10 Агәнаҳа уҽацәыхьчала. Уанқәыԥшу цәеижьла аизааигәахаразы иумоу агәаҳәара ӷәӷәазар ауеит. Уи адагьы, ацәеижьтә еизааигәахара иаартны иудыргалалар ауеит. Угәаҳәарақәа уҽруҭар, Аҩсҭаа дургәырӷьоит. Аха иуцхраар алшозеи Анцәа иҿаԥхьа уцқьаны аанхара? (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 4:3, 4.) Уцәаныррақәа аартны Иегова изеиҭаҳәала, насгьы амч уиҭарц уиҳәала (Матф. 6:13). Иухоумыршҭлан, Иегова дуцхраарц ауп ииҭаху, уқәыӡбара акәымкәа (Аԥсал. 103:13, 14). Иара убас Абиблиа амч унаҭар алшоит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Мелисса иҽеим агәаҳәарақәа лызцәырҵуан. Лара илҳәоит: «Есыҽны Абиблиа самыԥхьозҭгьы, иҽеим урҭ агәаҳәарақәа рҿагылара сылшарымызт. Абиблиа исгәаланаршәон Иегова сшитәу, имаҵ аурагьы шысҭаху» (Аԥсал. 119:9).
11 Ауадаҩра ухала аӡбара уаламган. Уадаҩрас иумоу уҭаацәа ирзеиҭаҳәа. Ҳәарада, ус еиԥш иҟоу атемақәа рылацәажәара мариаӡам, аха уи даара ихадоуп. Мелисса илҳәоит: «Сара Иегова агәымшәара сиҭарц сиҳәеит, нас саб зегь изеиҭасҳәеит. Ҳаицәажәара ашьҭахь еидарак саҵыҵызшәа збеит. Сара издыруан Иеговагьы уи игәы шыҟанаҵаз».
12. Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?
12 Абиблиатә принципқәа ухы иархәала. Уара иузҳацыԥхьаӡа еиҳа ахақәиҭра уоулоит, насгьы умацара аӡбарақәа удукылалар улшоит. Аха макьана уара аԥсҭазаараҿы аԥышәа умаӡам. Ишԥаулшо Иеговеи уареи шәеиҩызара бжьызхыр алшо агхақәа уҽырцәухьчар? (Ажәам. 22:3). Кари зыхьӡу аиаҳәшьа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара илыцхрааз лҳәоит. Лара еилылкааит доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан дзықәшәо аҭагылазаашьақәа зегь рзы аԥҟарақәа шиҭахым. Лара илҳәоит: «Абиблиатә принципқәа реилкаара хадоуп, аԥҟарақәа рыԥшаара аасҭа». Абиблиа уанаԥхьо ухы уазҵаала: «Исеилнаркаауазеи сзыԥхьаз ацыԥҵәаха, Иегова дышхәыцуа иазкны? Иагәылоума уи ииашаны ахымҩаԥгара исыцхраауа апринципқәа? Хәарҭас исзаанагозеи, урҭ схы иасырхәалар?» (Аԥсал. 19:7; Ис. 48:17, 18). Уара Абиблиа уаԥхьозар, насгьы уа иаагоу апринципқәа урызхәыцуазар, Иегова дзыргәырӷьо аӡбарақәа рыдкылара еиҳа иузымариахоит. Доуҳала иузҳацыԥхьаӡа Иегова дышхәыцуа еиҳа еиӷьны еилукаалоит. Усҟан аҭагылазаашьақәа зегь рзы аԥҟарақәа уҭаххалаӡом.
Иарбан ҩызцәоу иқәыԥшу аиаҳәшьа илыԥшааз? (Шәрыхәаԥш абзац 13.)
13. Иуцхраар шԥарылшо аҩызцәа бзиақәа? (Ажәамаанақәа 13:20).
13 Иегова бзиа дызбо ҩызцәас ишьҭыхла. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ҳҩызцәа доуҳала аизҳара иҳацхраар ма иаҳԥырхагахар алшоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:20.) Сара зыхьӡу аиаҳәшьа Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара лцәыӡуа далагеит. Аха убри аамҭазы аҩызцәа бзиақәа лыԥшааит. Лара илҳәоит: «Сара доуҳала иӷәӷәаз аҩызцәа ианаамҭаз исыԥшааит. Иқәыԥшу иаҳәшьаки сареи есымчыбжьа „Ахьчаратә бааш“ ҭаҳҵаауан. Даҽа иаҳәшьак лыцхыраарала аизараҿы аҭакқәа рыҟаҵара салагеит. Урҭ рыбзоурала сара еилыскааит схатә ҭҵаареи Анцәа иҳәареи шаҟа ихадоу. Иеговеи сареи ҳаиҩызара ӷәӷәахеит, насгьы имаҵ аураҿы дырҩегь агәырӷьара соуит».
14. Ишԥеиԥшааи Џьулиен аҩызцәа бзиақәа?
14 Ишԥаулшо доуҳала аизҳара иуцхраауа аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара? Џьулиен зыхьӡу аизара аиҳабы иқәыԥшра аамҭақәа игәаларшәаны абас иҳәоит: «Узықәгәыӷыртә иҟоу аҩызцәа ажәабжь зцысҳәоз рыбжьара исыԥшааит. Урҭ ргәацԥыҳәара ажәабжьҳәара шаҟа агәырӷьара узаанаго аилкаара исыцхрааит. Убасҟан саамҭа зегьы ажәабжьҳәара иазыскларц сыӡбеит. Уи адагьы, сара еилыскааит сықәлацәа мацара ҩызцәас ишьҭысхлар, исцәыӡуа шырацәахо. Ԥыҭрак ашьҭахь, Вефиль аҿы амаҵ аура саналага, уаҟагьы аҩызцәа бзиақәа соуит. Урҭ рҿырԥшы сыцхрааит агәырҿыхагақәа ииашаны ралхра. Уи Иеговеи сареи еиҳагьы ҳаизааигәанатәит».
15. Иеиҳәазеи Павел Тимофеи, аҩызцәа ралхра иазкны? (2 Тимофеи иахь 2:20—22).
15 Иҟауҵар улшозеи, аизараҿы аӡәы иҽеим анырра шуиҭо гәоуҭазар? Актәи ашәышықәсазгьы ақьырсиантә еизараҿы доуҳала иӷәӷәамыз ақьырсианцәа ыҟан. Апостол Павел уи еиликаауан, убри азоуп Тимофеи урҭ дрыцымларц зиеиҳәоз. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:20—22.) Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә даара иҳаракуп. Ҳара уи аџьабаа адбаланы еизҳарҳаит. Убри аҟынтә шәеиҩызара аӡәы ибжьихыртә илумыршан (Аԥсал. 26:4).
ИЗБАН АДОУҲАТӘ ХЫҚӘКҚӘА РЫҚӘЫРГЫЛАРА ЗХАДОУ?
16. Иарбан хықәкқәоу иқәургылар улшо?
16 Хәарҭа узаазго ахықәкқәа ықәыргылала. Угәрахаҵара арӷәӷәареи аҟазшьа бзиақәа реизырҳареи иуцхраауа ахықәкқәа ықәыргылала (Еф. 3:16). Иаҳҳәап, хаҭалатәи аҭҵаареи Абиблиа аԥхьареи еиҳаны аамҭа рзуклар улшоит (Аԥсал. 1:2, 3). Даҽа хықәкык — уи лассы-лассы, насгьы гәыкала Анцәа иҳәара ауп. Мамзаргьы иҟалап иалухуа агәырҿыхагақәеи аамҭа шнухуеи урызхәыцыр акәзар (Еф. 5:15, 16). Доуҳала аизҳара гәыкала ушашьҭоу Иегова ибар, уи игәы ҟанаҵоит.
Иарбан хықәку уи иқәыԥшу аиаҳәшьа иқәлыргылаз? (Шәрыхәаԥш абзац 17.)
17. Избан егьырҭ рыцхраара заԥсоу?
17 Уара егьырҭ ауаа урыцхраалар, доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан уакәны уҟалоит. Уи иазкны Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аус. 20:35). Уԥсҭазаара гәырӷьарала иҭәызаауеит, уаамҭеи умчқәеи егьырҭ рзы урмеигӡалар. Иаҳҳәап, уара хықәкыс иқәургылар улшоит аизараҿы зықәрахь инеихьоу, ма згәабзиара уашәшәыроу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара. Урҭ даара ргәы иахәоит адәқьан ахь уцаны ирҭаху рзааугар, ма аелектронтә хархәагақәа рхархәашьа дурҵар. Уара уиашьазар, хықәкыс иқәургылар улшоит аизара ацхырааҩыс аҟалара, аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа урыцхрааларц азы (Флп. 2:4). Аха ишԥаулшо Иегова имаҵ зымуа ауаа рахьгьы абзиабара аарԥшра? Аҳра иазку агәырӷьажәабжь рзеиҭаҳәала (Матф. 9:36, 37). Уаамҭа зегьы амаҵзура иазукырц азы иуԥырхагоу акрыҟоума? Мап акәзар, уи ибзианы уазхәыц.
18. Уаамҭа зегь Анцәа имаҵ аура иазуклар, ишԥауцхраауеи уи доуҳала аизҳара?
18 Уаамҭа зегь амаҵзура иазуклар, ирласны доуҳала уеизҳауеит. Ухаҿы иааг уи шаҟа лшара узаанартуа! Пионерс амаҵ аура уалагар, уара иулшоит Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара уахысыр, Вефиль аҿы амаҵ уулар, ма ҳорганизациа имҩаԥнаго аргыларатә проектқәа уҽрылаурхәлар. Кеитлин зыхьӡу, пионерс амаҵ зуа иқәыԥшу аиаҳәшьа илҳәоит: «Доуҳала аизҳара исыцхрааз аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ ахьрыцызуаз ауп. Урҭ рҿырԥшы сгәазҭанаҵеит еиҳа инарҵауланы Абиблиа аҭҵаара, насгьы аҟазара злоу рҵаҩны аҟалара исыцхрааит».
19. Иарбан ҳамҭақәоу Иегова иузирхиаз?
19 Иегова уара узы аҳамҭақәа рацәаны ирхиеит. Аха уи азы, анаҩсгьы доуҳала уеизҳалароуп. Убасҟан уқәыԥшра ашықәсқәа баша имҩасӡом (1 Иоанн 2:17). Ииашам аӡбарақәа иузааргар алшо агәҭынчымрақәагьы уҽырцәухьчоит. Аԥсҭазаараҿы анасыԥҵәҟьеи ақәҿиареи умазаауеит (Ажәам. 16:3). Уара уҿырԥшы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭнахуеит, иқәыԥшу реиԥш, зықәрахь инеихьоугьы (1 Тим. 4:12). Аха еиҳа ихадоу: уара агәҭынчреи агәырӷьареи умазаауеит, избанзар Иегова уҩыза бзиа иакәзаауеит (Ажәам. 23:15, 16).
АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт
a Иқәыԥшу аӡәы иҽанӡааихлак Иегова имаҵзуҩцәа зегь гәырӷьоит. Ҳәарада, аӡӡаахра — Анцәа имаҵзураҿы раԥхьатәи шьаҿоуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит, ааигәа зыҽӡаазхыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи доуҳала еизҳаларц азы иҟарҵалар рыхәҭоу. Избанзар доуҳала еизҳалар, уи рхаҭагьы аизарагьы ахәарҭа рзаанагалоит.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.