Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 август ад. 20—24
  • Еилышәкаауама шәара доуҳала аизҳара шхадоу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Еилышәкаауама шәара доуҳала аизҳара шхадоу?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДОУҲАЛА АИЗҲАРА ИАА́НАГО
  • ДОУҲАЛА АИЗҲАРА АНАҨСГЬЫ ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА
  • ШӘХЫҚӘКЫ АНАГӠАРА ШӘАШЬҬАЗ, НАСГЬЫ ШӘГӘЫ КАШӘМЫЖЬЛАН
  • АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ МАҴЗУРАҾЫ АҚӘҾИАРАҚӘА ААШӘЫРԤШЛА
  • АДОУҲАТӘ ҚӘҾИАРАҚӘА ҞАҴО, АНЦӘА ДҲАРАШӘКЛА
  • Аҿар, аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи рынагӡареи иҳацхраауа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Еилышәкаауама егьырҭ рырҵара шхадоу?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иқәыԥшу аишьцәа, шәҽазышәшәома шәара аҭакԥхықәра шәоурц?
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 август ад. 20—24

Еилышәкаауама шәара доуҳала аизҳара шхадоу?

«Аԥхьарақәа, амҩақәҵарақәа, аҵара дырҵарақәа урҿыз» (1 ТИМ. 4:13).

АШӘАҚӘА: 45, 70

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥашәылшо доуҳала аизҳара?

  • Иҟаҵатәузеи, адоуҳатә хықәкқәа анынаҳагӡо ҳгәы камҳаларц?

  • Иҳаԥсахыр ҳалшозеи, амаҵзураҿы еиҳа ақәҿиара ҳамазарц азы?

1, 2. а) Ишԥанаӡо Исаиа [Исаия] 60:22 иану ажәақәа аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан? б) Иарбан ҭахроу Иегова адгьылаҿтәи иеиҿкаараҿы иахьа иҟоу?

«ИМАҶУ агәыԥ аҟынтәи зықьҩык ҟалоит, имаҷӡоу аҟынтә — иӷәӷәоу ажәлар» (Ис. [Ис.] 60:22). Ари аԥааимбаражәа иахьа, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, анаӡара иаҿуп. 2015-тәи амаҵзуратә шықәсазы адунеи зегь аҿы Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа 8 220 105-ҩык ыҟан! Иегова ижәлар реизҳара иазкны иҳәеит: «Сара, Иегова, ианаамҭоу уи аус сырццакуеит». Еиҳа-еиҳа иццакны ицо адәыӷба иақәтәоу ауаа реиԥш, ҳара иаҳбоит аҵаҩцәа разыҟаҵара аус еиҳа-еиҳа иццакны ишцо. Ишԥаҳнырыр акәу ҳара ари аццакра? Иааҳарԥшуама Аҳра иазку ажәабжь аларҵәараҿы агәацԥыҳәара? Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы пионерс ма ицхырааҩу пионерс амаҵ руеит. Шьоукы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рахь ииасуеит, егьырҭ аргыларақәа рҿы рхы аладырхәуеит!

2 Аха уеизгьы еиҳаны аусуҩцәа аҭахуп. Есышықәса 2 000-ҟа еизара еиҿыркаауеит. Аизарақәа зегь рҿы хәҩык аизара аиҳабацәа ыҟазарц азы, есышықәса 10 000-ҩык амаҵзуратә цхырааҩцәа хылаԥшыҩцәаны иҟалар ауп. Уи иаанагоит зықьҩыла аишьцәа маҵзуратә цхырааҩцәаны иҟаларц азы аҭахрақәа ирықәшәозар шакәу. Уи адагьы, аишьцәагьы, аиаҳәшьцәагьы «Иҳақәиҭу имаҵура» аҿы иҟарҵаша рацәоуп (1 Кор. 15:58).

ДОУҲАЛА АИЗҲАРА ИАА́НАГО

3, 4. Иарбан доуҳатә хықәкқәоу иқәшәыргыларц ишәҭаху?

3 Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 3:1. «Иазгәышьуа» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба иаанарԥшуеит аӡәы ааигәа акәымкәа, хара иҟоу ак аҟынӡа анаӡара шиҭаху. Ари ажәа ихы иархәаны Павел иааирԥшит доуҳала аизҳаразы аџьабаа шбатәу. Шәхаҿы даажәг макьана маҵзуратә цхырааҩс амаҵ зымуа, аха уи иазхәыцуа аиашьа. Иара еиликаауеит адоуҳатә ҟазшьақәа шеизирҳалар акәу. Раԥхьа амаҵзуратә цхырааҩцәа рзы иҟоу аҭахрақәа рыҽрықәыршәаразы ахықәкы ықәиргылоит, анаҩс уи наигӡоит. Аамҭа цоит, уажәшьҭа иара дгәыӷуеит хылаԥшҩыс дҟаларц азы доуҳала дшәит ҳәа. Ишаҳбо еиԥш, аизараҿы еиҳаны аҭакԥхықәрақәа иоурц азы, уи еснагь аџьабаа ибалар ауп.

4 Иара убас арҽхәара иаԥсоуп пионерс аҟалара, Вефиль амаҵ аура, мамзаргьы Аҳратә залқәа рыргылара зҭаху, насгьы арҭ ахықәкқәа рынагӡара зҽазызшәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Шәааи еилҳаргап Анцәа имаҵ аураҿы Иажәа ақәҿиарақәа риура ишҳацхраауа.

ДОУҲАЛА АИЗҲАРА АНАҨСГЬЫ ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА

5. Ишԥарылшо арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рымч-рылшара Аҳра аус иазыркыр?

5 Иқәыԥшу ақьырсианцәа рымч ҭоуп, убри аҟынтә Иегова имаҵ аураҿы ирылшо рацәоуп. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 20:29.) Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы Вефиль амаҵ руеит, урҭ Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи ркьыԥхьреи ацәахҟьареи рхы аладырхәуеит. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы Аҳратә залқәа рыргылареи рхылаԥшреи рҿы рҽаладырхәуеит. Аԥсабаратә рыцҳара аныҟало, иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭцәа еиҳа аԥышәа змоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирыцхраауеит агәаҟра иақәшәаз ацхыраара рыҭараҿы. Иқәыԥшу апионерцәа аӡәырҩы атәым бызшәала ицәажәо ажәабжь рзеиҭарҳәарц азы абызшәа рҵоит, мамзаргьы даҽа ҭыԥк аҿы амаҵ ауразы уахь ииасуеит.

6—8. а) Аҽшԥаԥсахи иқәыԥшу иашьак Анцәа имаҵ аура дшазыҟаз, насгьы иалҵшәахазеи уи? б) Ишԥаҳалшо ҳара иԥаҳшәар, насгьы иаҳбар Иегова ибзиарақәа заҟароу?

6 Шәара еилышәкаауазар ауеит гәык-ԥсык ала Анцәа имаҵ аура шаҟа ихадоу. Ус акәзаргьы, аиашьа Ерон зны имаз ацәаныррақәа еилышәкаауазар ауеит. Иара иқьырсианыз аҭаацәараҿы изҳаит. Ерон иҳәоит: «Аизараҿы, насгьы амаҵзураҿы сгәы ҿыӷьуан». Уи иҭахын Анцәа имаҵ аура агәырӷьара изаанагаларц, аха изеилкаауамызт ус изыҟамыз. Иҟаиҵазеи иара?

7 Ерон адоуҳатә усқәа рзы ишахәҭаз иаамҭа еихишеит: иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьара, насгьы аизарақәа рҽырзыҟаҵареи рыҽрылархәреи иҽазишәеит. Еиҳа ихадоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа иҳәара далагеит. Анцәа иахь ибзиабара еизҳауа иалагеит аҟынтә, адоуҳатә қәҿиарақәа иоуит. Иара дгәырӷьаҵәа пионерс амаҵ иуан, аԥсабаратә рыцҳара аан ааха зауз ацхыраара риҭон, насгьы даҽа тәылак аҿы амаҵ иуан. Иахьа иара аизара деиҳабуп, Вефиль амаҵ иуеит. Иахиҳәаауазеи уажәы иԥсҭазаара? «Сара иԥысшәеит, иагьызбеит Нцәа Ҳазшаз ибзиарақәа заҟароу. Иҿаԥхьа ауал шсыду еилыскаауеит аҟынтә, имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара сҽазысшәоит. Уи азылԥхарақәа еиҳаны исзаанагоит!»

8 Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәон: «Нцәа Ҳазшаз ишьҭоу дзыԥшаауа ракәзар, акгьы иазгәаҟуам, акгьы рыгым». (Уаԥхьа Аԥсалом 33:9—11 [34:8—10, АдҾ].) Гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ ҳуазар, ахаангьы уи ҳахьхәуам. Ҳара Анцәа имаҵ аураҿы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо, ажәақәа «иԥышәшәа, иагьыжәбап Нцәа Ҳазшаз ибзиарақәа заҟароу» шиашоу агәра ҳгоит. Гәык-ԥсык ала Анцәа имаҵ анаҳуа, ҳара ииашаҵәҟьаны насыԥ ҳамазаауеит.

ШӘХЫҚӘКЫ АНАГӠАРА ШӘАШЬҬАЗ, НАСГЬЫ ШӘГӘЫ КАШӘМЫЖЬЛАН

9, 10. Избан «ачҳара аарԥшны аԥшра» зхадоу?

9 Шәхықәкахьы шәанцо, зны-зынла «ачҳара аарԥшны аԥшра» аҭахуп (Мих. [Мих.] 7:7). Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа еснагь дрыцхраауеит. Аха уеизгьы урҭ зны-зынла аҭакԥхықәрақәа роуаанӡа, ма рҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахаанӡа аԥшра рықәшәоит. Иегова Авраам аԥа дышиоуа ала ажәа ииҭеит, аха апатриарх агәрахаҵареи ачҳареи аарԥшуа дыԥшыр акәхеит (Аур. 6:12—15). Авраам Исаак иира акыр шықәса дшазыԥшызгьы, игәы каижьӡомызт. Иегова Авраам димжьеит (Аҟаз. [Быт.] 15:3, 4; 21:5).

10 Аԥшра зны-зынла даара имариаӡам (Ажәам. [Прит.] 13:12). Иҽеим ҳҭагылазаашьа еснагь ҳазхәыцуазар, ҳгәы каҳар ауеит. Еиҳа еиӷьуп аамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәар. Анцәа иорганизациаҿы аҭакԥхықәрақәа риуразы иҟоу аҭахрақәа ҳрықәшәозарц азы, анаҩсгьы доуҳала аизҳара ҳахәҭоуп. Еилҳаргап уи аҟаҵара шҳалшо узырбо азнеишьақәа хԥа.

11. Иарбан доуҳатә ҟазшьақәоу еизҳарҳалар ҳахәҭоу, насгьы избан уи зхадоу?

11 Адоуҳатә ҟазшьақәа еизшәырҳала. Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа, ҳара аҟәыӷареи, аилкаареи, агәеилых бзиеи, адырреи, азхәыцра алшареи ҳауеит. Анцәа имаҵ аураҿы анапхгара зхахьы изго арҭ аҟазшьақәа рыда ихәарҭам (Ажәам. [Прит.] 1:1—4; Тит 1:7—9). Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ҳанрыԥхьо, хәыҷы-хәыҷла Анцәа ихәаԥшышьа ҳауеит. Есыҽны ҳара агәырҿыхагақәеи, амаҭәеи, ҳҭеиҭԥши, аԥареи, егьырҭ ҳшырзыҟоуи рганахь ала аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәозар, усҟан ҳаӡбарақәа рыла Иегова дҳаргәырӷьалоит.

12. Ишԥарылшо ақьырсианцәа урықәгәыӷыртә ишыҟоу аадырԥшыр?

12 Агәрагара шәшаԥсоу аашәырԥшы. Аишьцәагьы аиаҳәшьцәагьы Анцәа иеиҿкаараҿы ироуа адҵақәа зегьы еиҳа еиӷьны рынагӡара рҽазыршәалароуп. Анапхгаҩы Неемиа Анцәа ижәлар рыбжьара аҭакԥхықәра назыгӡалаша алихыр акәын. Иалихда уи? Анцәа ицәшәоз, азиашара аазырԥшуаз, насгьы узықәгәыӷыртә иҟаз ауаа (Неем. [Неем.] 7:2; 13:12, 13). Иахьагьы «аҩныргылара [«напхгара аҟаҵара», АдҾ] заҭәашьоу дарбанзаалакь агәрагара иаԥсоу аӡәы иакәны дыҟазароуп» (1 Кор. 4:2). Аус қьиақәа улаԥш рықәымшәар залшом. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:25.)

13. Ишԥашәылшо Иосиф иҿыԥшра, егьырҭ ииашамкәа ишәызныҟәозар?

13 Иегова шәиқәгәыӷла. Иҟаҵатәузеи егьырҭ ииашамкәа ишәызныҟәозар? Иҟалап шәара иаразнак зегь аӡбара шәылшар. Ҭагылазаашьақәак рҿы мыцхәы шәҽадцаланы шәхы ариашара шәалагар, еиҳагьы еицәахар ауеит. Иосиф иашьцәа ииашамкәа ишизныҟәазгьы, иара урҭ дырзымгәааӡеит. Иара Иегова диқәгәыӷуан. Иосиф Иегова иқәыргәыӷрақәа дрызхәыцуан, насгьы азиашара ааирԥшуан (Аԥсал. 104:19 [105:19, АдҾ]). Имариамыз ари аамҭазы иара адоуҳатә ҟазшьақәа еизирҳаит. Урҭ ԥыҭрак ашьҭахь акрызҵазкуаз адҵа аниҭаз ицхрааит (Аҟаз. [Быт.] 41:37—44; 45:4—8). Имариам аҭагылазаашьақәа шәанрықәшәо, Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала, егьырҭ шәанрацәажәо аҟәымшәышәра аашәырԥшла, Анцәа амч шәиҭарц шәиҳәала. Иегова хымԥада дшәыцхраауеит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 5:10.)

АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ МАҴЗУРАҾЫ АҚӘҾИАРАҚӘА ААШӘЫРԤШЛА

14, 15. а) Избан ажәабжь бзиа аҳәараҿы ҳԥышәа еснагь изеизҳарҳалар акәу? б) Ишԥаҳалшо аҭагылазаашьақәа ҳаҽрықәыршәаны амаҵзураҿы ҳазнеишьақәа рыԥсахра? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа, насгьы арамка «Ишәылшома даҽа знеишьак шәхы иашәырхәар?».)

14 Павел Тимофеи иеиҳәон: «Аԥхьарақәа, амҩақәҵарақәа, аҵара дырҵарақәа урҿыз... ирылаурҵәо аҵараҿы уҽырҵаулала» (1 Тим. 4:13, 16). Тимофеи аԥышәа змоу жәабжьҳәаҩны дҟалахьан. Аха избан уи иԥышәа зеизирҳалар акәыз? Тимофеи идыруан ауаа рҭагылазаашьақәа рыҽшырыԥсахуаз. Ииҳәо ауаа ргәаҵанӡа инеирц азы, иара ауаа рҭагылазаашьақәа иҽрықәыршәаны, ажәабжьҳәараҿы изнеишьақәа иԥсахлар акәын. Ҳаргьы иахьа ажәабжь анаҳҳәо, убас ҟаҳҵалар ауп.

15 Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо, зны-зынла ауаа рыҩны иҳақәшәаӡом. Ҭыԥқәак рҿы аҩнеихагылақәеи ирыхьчо аҩнқәеи рахь ҳазнеиӡом. Шәара шәтерриториаҿгьы убас иҟазар, ишәылшома даҽа знеишьак шәхы иашәырхәар?

16. Избан ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара алҵшәа замоу?

16 Ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара ажәабжь бзиа аларҵәаразы зеиԥшыҟам азнеишьақәа ируакуп. Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ишырҳәо ала, ари амаҵзура ахкы аҽалархәра алҵшәа бзиақәа амоуп, насгьы агәырӷьара ду узаанагоит. Дара ажәабжь рҳәоит авокзалқәеи, автостанциақәеи, аџьармыкьақәеи, апаркқәеи рҿы, уҳәа убас иҵегьы. Ари амаҵзураҿы агәеилых бзиа аарԥшра хадоуп. Ауаҩы иацәажәара уалагарц азы раԥхьа ихәыҷы дурҽхәар ауеит, жәабжьк уалацәажәар улшоит, мамзаргьы аусура даҿызар, иусура иазкны акы уиазҵаар ҟалоит. Ауаҩы ацәажәара дазхиазар, библиатә зхәыцрак иоуҳәар, насгьы игәаанагара еилукаар улшоит. Ас еиԥш иҟоу аицәажәарақәа рышьҭахь, лассы-лассы ауаа Абиблиа иазкны еиҳаны еилыркаарц рҭаххоит.

17, 18. а) Ишԥашәылшо ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аҳәаразы еиҳа шәхы шәақәгәыӷуа шәҟалар? б) Избан ажәабжьҳәара шәҽаналашәырхәуа, Иегова дҳаразкуаз Давид игәазыҟашьа аҿыԥшра зышәҭаху?

17 Ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аҳәара шәцәыцәгьазар, шәгәы кашәмыжьын. Ниу-Иорк инхо пионерс амаҵ зуа аиашьа Едди ауаа ишырбо аӡә иацәажәара изыгәаӷьуамызт. Аха ԥыҭрак ашьҭахь еиҳа ихы дақәгәыӷуа дҟалеит. Ицхраазеи уи? Иара иҳәоит: «Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан схатә ҩызеи сареи ажәаҿархьрақәа ишыриааилатәу, насгьы ауаҩы игәаанагара ишазхәыцтәу ҭаҳҵаауеит. Уи адагьы, егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәа рԥышәа ҳацеиҩыршарц ҳрыҳәоит». Уажәы Едди ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара даараӡа бзиа ибоит.

18 Амаҵзураҿы шәԥышәа еизҳацыԥхьаӡа, насгьы еиҳа шәхы шәақәгәыӷуа шәҟалацыԥхьаӡа, ишәоуа ақәҿиарақәа зегьы ирбарҭахоит. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:15.) Уи адагьы, хымԥада, жәҩантәи Ҳаб дшәырҽхәалоит. Уи аҿы Давид шәиҿыԥшлоит, иара иҳәон: «Ныҳәаԥхьыӡ игсырхом Нцәа Ҳазшаз ианакәызаалак; сааҟәымҵӡакәа иҽхәаԥхьыӡ сҳәалоит. Сгәи-сыԥси Нцәа Ҳазшаз илаҽхәалоит; асыс мҟаа иаҩызоу ари раҳар иеигәырӷьоит» (Аԥсал. 33:2, 3 [34:1, 2, АдҾ]). Иҟалап шәажәабжьҳәара абзоурала гәыкала иҟоу ауаа ажәабжь бзиа рыдыркылар, насгьы иҵабыргу Анцәа игәырӷьаҵәа дҳарарклар.

АДОУҲАТӘ ҚӘҾИАРАҚӘА ҞАҴО, АНЦӘА ДҲАРАШӘКЛА

19. Избан Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа насыԥзарц зрылшо, урҭ рҭагылазаашьақәа мариамзаргьы?

19 Давид иҳәон: «Иа, убзырӡы рҳәааит Нцәа Ҳазшаз, Уара уусқәа зегьы, Иа урныҳәалааит Уара уцқьақәа зегьы. Иа, ирҳәааит Уара уаҳра абзырӡы, иа ирҳәааит Уара умч-улшара атәы. Ауаа иреиуоу зегьы ирызнагатәуп Уара умч улшареи, иссиру Уара уаҳра дуӡӡеи ртәы» (Аԥсал. 144:10—12 [145:10—12, АдҾ]). Арҭ ажәақәа Иегова ишаҳаҭцәа зегьы рцәаныррақәа аадырԥшуеит. Аха иҟаҵатәузеи шәықәра, ма шәчымазара ирыхҟьаны амаҵзураҿы ирацәаны ишәзыҟамҵозар? Ишәхашәмыршҭын: иахьынӡалшо зегьы ажәабжь рзеиҭашәҳәозар, иаҳҳәап, амедиаҳәшьцәеи аҳақьымцәеи, усҟан иԥшьоу шәмаҵзура Анцәа ду дҳаранакуеит. Шәыгәрахаҵара иахҟьаны абахҭа шәҭакызар, иҟалап алшара аншәоуа аҵабырг шәалацәажәозар. Уи ала шәара Иегова дшәыргәырӷьоит (Ажәам. [Прит.] 27:11). Шәҭаацәараҿы зегьы Анцәа имаҵ рымуазаргьы, шәара адоуҳатә усқәа ааншәмыжьуазар, уигьы Иегова даргәырӷьоит (1 Пиотр 3:1—4). Даараӡа имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы Иегова ирҳаракреи доуҳала аизҳареи шәылшоит.

20, 21. Шәара Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәрақәа рацәаны ишәыдзар, ишԥашәылшо егьырҭ рзы зылԥхараны аҟалара?

20 Шәара анаҩсгьы доуҳала шәеизҳауазар Иегова, хымԥада, дышәзылԥхоит. Иҟалап шәыграфик, ма шәышьцыларақәа рҿы ак шәыԥсахыр, ауаа Анцәа иқәыргәыӷрақәа ртәы рзеиҭаҳәаразы еиҳаны аҟаҵара шәылшар. Уи адагьы, шәдоуҳатә қәҿиарақәеи иаашәырԥшуа ахамеигӡареи егьырҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ахәарҭа рзаанагоит. Иара убас ахынраалара аарԥшуа аизараҿы амаҵ ахьыжәуа иабзоураны, Иегова бзиа дызбо бзиа шәшырбо жәбоит, насгьы иҭабуп ҳәа шәарҳәалоит.

21 Ҳара зегьы Иегова имаҵ шаҟа аамҭа иаҳуазаалакгьы — акыр шықәса, мамзаргьы мызқәак ракәзаргьы — доуҳала аизҳара ҳалшоит. Аха ишԥарылшо доуҳала ишәхьоу ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара ирыцхаар? Уи атәы анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит.

ИШӘЫЛШОМА ДАҼА ЗНЕИШЬАК ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАР?

ВЕНЕСУЕЛА инхо аиаҳәшьа Венесиа илҳәоит: «Схаҿгьы исзаагомызт ҭелла ажәабжьҳәара сылшоит ҳәа». Аха зны лара илдыруаз аӡәы дылзасырц лыӡбеит, насгьы иааркьаҿны Абиблиа аҟынтә темак далацәажәеит. Уи аԥҳәыс еиҳаны еилылкаарц лҭаххеит, убри аҟынтә Венесиа Абиблиа лырҵара далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аԥҳәыс аӡы лыҽӡаалхит. Уажәы Венесиа илҳәоит: «Ҭелла ажәабжьҳәара зеиԥшыҟам ак ауп!»

Либериа инхо Питер еснагь ашкол ахь ҳпубликациақәа игон. Зны класск аҿы аҵара ицызҵоз абуклет «Молодежь, чему вы посвятите свою жизнь?» рбеит, насгьы убри аҩызаҵәҟьа иаҳәеит. Питер абуклет ианыз даналацәажәа ашьҭахь, дразҵааит: «Иззышәкрызи шәара шәыԥсҭазаара?» Руаӡәк иҳәеит: «Сара Анцәа имаҵ аура сҭахуп». Питер уи Абиблиа ирҵара далагеит.

Польша инхо хаҵеи-ԥҳәыси ргәабзиара ахьҽеимыз иахҟьаны, асаламшәҟәқәа рхы иархәаны ажәабжь рҳәаларц рыӡбеит. Зны хаҵак иҟынтә аҭак рзааит. Иара иҩуан: «Шәысаламшәҟәы даараӡа сгәы арҭынчит. Хышықәса раԥхьа схатә ҩыза дыԥсит, ҵыԥх сԥа машәырла дҭахеит». Абар егьи асаламшәҟәы ианыз: «Шәысаламшәҟәы абзоурала сара аҵабырг еилыскааит. Уи аахижьҭеи ҩышықәса ҵит, уажәы сара шәаҳәшьа соуп».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра