Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 февраль ад. 20—25
  • Иегова шәгәы арҭынчра илшәырша

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова шәгәы арҭынчра илшәырша
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АННА ЛҾЫРԤШТӘЫ ИАҲНАРҴО
  • АПОСТОЛ ПАВЕЛ ИҾЫРԤШТӘЫ ИАҲНАРҴО
  • ДАВИД ИҾЫРԤШТӘЫ ИАҲНАРҴО
  • Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Анна Анцәа диҳәоит аԥа длиҭарц
    Учимся на примерах из Библии
  • Иегова улаӷырӡқәа зегь игәалашәоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Шәыгәҭыхақәа зегьы Иегова изшәырха
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 февраль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9

Иегова шәгәы арҭынчра илшәырша

«Схьаақәа анырацәахалак, гәыжьжьаҩыс исымаз Уара уакәын» (АԤСАЛ. 93:19, АԤ).

АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо

АХҲӘААa

1. Иҳазцәырызгар алшозеи агәҭынчымра, насгьы иаҳнырыр шԥалшо уи?

ИШӘЫЗЦӘЫРҴХЬОУМА шәара зныкыр агәҭынчымра ӷәӷәа?b Иҟалап аӡәы ииҳәаз ма иҟаиҵаз иахҟьаны агәҭынчра шәцәыӡзар, мамзаргьы шәхаҭа ишәҳәаз ма иҟашәҵаз иахҟьаны шәгәы ҭынчымзар. Иаҳҳәап, шәара агха шәыхьит, насгьы Иегова ахаангьы уи шәанеимыжьыр ҳәа шәшәоит. Уи инеиҳангьы, агәҭынчра ҭаха ахьышәнамҭо иахҟьаны шәыгәрахаҵара ԥсыҽхеит ҳәа шәхәыцуеит, насгьы акгьы шәаԥсамшәа жәбоит. Аха иашоума уи?

2. Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо агәҭынчымра ҳиааиуазар, ҳагәрахаҵара ԥсыҽхеит ҳәа ахәыцра шиашам?

2 Шәааи еилҳаргап Абиблиа иану ҿырԥштәқәак. Аԥааимбар Самуил иан Анна агәрахаҵара ду лыман, ус шакәызгьы, лара лҭаацәараҿы ииашамкәа иахьлызныҟәоз азы даараӡа лгәы каҳауан (1 Сам. 1:7). Апостол Павелгьы игәрахаҵара ӷәӷәан, аха аизарақәа зегьы гәхьаас иман аҟынтә, агәҭынчымра ӷәӷәа даргәаҟуан (2 Кор. 11:28). Аҳ Давид агәрахаҵара ду иман аҟынтә, Иегова уи даара бзиа дибон (Аус. 13:22). Ус шакәызгьы, иара агәҭынчра имызхыз агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит (Аԥсал. 38:4). Иегова урҭ имаҵзуҩцәа рыхҩыкгьы ргәы ирҭынчит. Шәааи ҳахәаԥшып урҭ рҿырԥшы иаҳнарҵар алшо.

АННА ЛҾЫРԤШТӘЫ ИАҲНАРҴО

3. Избан ҳгәы ҳзырхьуа ажәақәа анҳарҳәо ҳгәы каҳар залшо?

3 Ихжәаны ианҳацәажәо, мамзаргьы патуқәҵарада ианҳазныҟәо ҳгәы каҳар ауеит, еиҳараӡак ҳгәы ҳзырхьыз ҳҩыза гәакьа ма ҳауа иакәзар. Ҳаизыҟазаашьақәа ахьбжьысыз гәнаҳгозар ауеит. Зны-зынла ауаҩы ҳгәы ҳирхьырц иҭахымзар ҟалоит, аха дымхәыцӡакәа дахьцәажәо иахҟьаны ҳгәы ҳахьыр алшоит (Ажәам. 12:18). Иҟоуп цасҳәа ҳгәы ҳзырхьуа ажәақәа ҳазҳәогьы. Иқәыԥшу иаҳәшьак уи дақәшәеит. Лара илҳәоит: «Шықәсқәак раԥхьа сҩыза леиԥш сызхәаԥшуаз ӡӷабк аинтернет аҿы иҟам-ианым сзылҳәо далагеит. Уи даараӡа сгәы снархьит. Сара исзеилкаауамызт убас зысзылуз». Шәҩыза гәакьа, ма шәыуа шәгәы шәирхьзар, Анна лҿырԥштәы шәыцхраар алшоит.

4. Иарбан уадаҩрақәоу Анна илымаз?

4 Анна лҭагылазаашьа даара ицәгьан. Акыршықәса рыҩныҵҟа лара ахшара длоуамызт (1 Сам. 1:2). Израильаа рхаан ахшара дызмоуаз аҳәса шәиуп ҳәа иԥхьаӡан. Убри аҟынтә дара уи хьымӡӷыршьон (Аҟаз. 30:1, 2). Аха Анна лгәы лзырхьуаз уи мацара акәмызт. Анна лхаҵа Феннана зыхьӡыз даҽа ԥҳәыскгьы диман, уи лҟынтә ахәыҷқәагьы иман. Феннана Анна длыҵашьыцуан аҟынтә, «дҵәылылхуан лгәы ллырхьырц азы» (1 Сам. 1:6). Раԥхьа Анна уи лгәы даараӡа иканажьуан. Лара уи гәнылгон аҟынтә «дҵәыуон, акрагьылфомызт». Лгәы даараӡа илыхьуан (1 Сам. 1:7, 10). Илызҭазеи Анна агәҭынчра?

5. Ишԥалыцхрааи Анна Анцәа дахьиҳәоз?

5 Анна лгәы ҭыӷьӷьаа Иегова диҳәон. Анцәа даниҳәа ашьҭахь, лара ԥхьаԥшьаҩыс иҟаз Или лҭоурых изеиҭалҳәеит. Иара ҭакс илеиҳәеит: «Бгәы рҭынчны бца, ибиҭааит Израиль Анцәа бзызиҳәаз зегьы». Иҟалазеи анаҩс? Анна «лымҩа днықәлеит», «акрыфара далагеит, лылахьгьы уаҳа еиқәымызт» (1 Сам. 1:17, 18). Анцәа даниҳәа Анна агәҭынчра лоуит.

Ишԥаҳалшо Анна леиԥш агәҭынчра аиура, насгьы уи ахьчара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—10.)

6. Иаҳнарҵозеи Анцәа иҳәара иазкны Анна лҿырԥштәы, насгьы Филиппаа рахь 4:6, 7 иану?

6 Ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәозар, агәҭынчра ҳауеит. Анна жәҩантәи Лаб акыраамҭа диацәажәон (1 Сам. 1:12). Ҳаргьы Иегова акыраамҭа ҳиҳәалар ҳалшоит. Ҳара Ҳаб изеиҭаҳҳәалар ауеит ҳгәы иҵхо, ҳзыршәо, насгьы ҳаԥсыҽрақәа рыӡбахә. Анцәа ҳаниҳәо ҳажәақәа ажәеинраала ԥшӡа иеиԥшзар акәӡам. Зны-зынла ҳлаӷырӡышо Анцәа ҳиҳәозаргьы алшоит. Аха Иегова ахаангьы ҳзыӡырҩра дааԥсаӡом. Анцәа ҳауадаҩрақәа анизеиҭаҳҳәо ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Филиппаа рахь 4:6, 7 (шәаԥхьа) иану алабжьара. Павел иналкааны иҳәеит Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәара шҳахәҭоу. Уи азы ҳара имаҷымкәа амзызқәа ҳамоуп. Иаҳҳәап, Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәалар ҳалшоит аԥсҭазааразы, иџьашьахәу ишамҭақәа рзы, ибзиабара ӷәӷәа азы, насгьы иҳаиҭаз зеиԥшыҟам агәыӷразы. Иаҳнарҵозеи иҵегьы Анна лҿырԥштәы?

7. Иҟарҵози Анна лхаҵеи лареи иааиԥмырҟьаӡакәа?

7 Анна лыуадаҩрақәа дырмыхәаԥшӡакәа, есымша лхаҵа дицны Иегова имҵахырхәаразы Силомҟа дцон (1 Сам. 1:1—5). Иԥшьоу ақьалаҿы ауп аԥхьаԥшьаҩы Или Анна лгәы ахьирӷәӷәаз, насгьы Иегова лыҳәара аҭак шыҟаиҵо агәра шиго ахьлеиҳәаз (1 Сам. 1:9, 17).

8. Ишԥаҳацхраауеи аизарақәа? Иҳаилшәыркаа.

8 Еснагь аизарақәа рахь ҳныҟәалар, агәҭынчра ҳауеит. Аизара алагамҭазы аиашьа Анцәа даниҳәо, ишаԥу еиԥш, Анцәа идоуҳа даҳәоит. Аҭынчра уи адоуҳа иалҵшәоуп (Гал. 5:22). Ауадаҩрақәа анҳамоугьы аизарақәа ҳарҭаауазар, Иеговеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳгәы шьҭырхырц азы алшара раҳҭоит. Урҭ рыцхыраарала ҳара агәҭынчра ҳаур ауеит. Даараӡа ихадоуп Анцәа иҳәара, насгьы аизарақәа рҭаара, избанзар уи Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы ихы иаирхәо знеишьақәоуп (Аур. 10:24, 25). Шәааи ҳахәаԥшып Анна лҿырԥштәы еиҭа иаҳнарҵо.

9. Зҽызмыԥсахзеи Анна лҭагылазаашьаҿы, аха илыцхраазеи лара?

9 Анна агәҭынчымра лызцәырызгоз ауадаҩра иаразнак имыӡбахаӡеит. Иԥшьоу ақьала аҟынтә даныхынҳә ашьҭахьгьы Феннанеи лареи ҩнык еицыҩнан. Уи адагьы, Абиблиаҿы ианӡам Феннана лҽылыԥсахит ҳәа, убри аҟынтә иҟалап Анна анаҩсгьы лгәы лзырхьуаз ажәақәа лаҳауазҭгьы. Аха Анна урҭ уаҳа лгәы иалырсуамызт. Аус Иегова инапы иананылҵа нахыс лара лгәы ҭынчхеит. Анна Иегова лгәы ирҭынчыртә иллыршеит. Ԥыҭрак ашьҭахь лара ахшара лоуит, убас ала Иегова дылзылԥхеит! (1 Сам. 1:19, 20; 2:21).

10. Иҳаилнаркаауазеи Анна лҿырԥштәы?

10 Ҳауадаҩра ӡбашьак амамкәа инхазаргьы, агәҭынчра ҳаур ҳалшоит. Ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәозаргьы, аизарақәа бжьаҳмыжьуазаргьы, уадаҩрақәак шҳамац иаанхозар ауеит. Аха Анна лҿырԥштәы иаҳнарбоит Иегова уеизгьы ҳгәы ширҭынчуа. Иара ахаангьы ҳаихашҭӡом, насгьы ҳизиашаны ҳахьаанхо азы знымзар-зны азылԥхара ҳаиҭоит (Аур. 11:6).

АПОСТОЛ ПАВЕЛ ИҾЫРԤШТӘЫ ИАҲНАРҴО

11. Изцәырызгози Павел агәҭынчымрақәа?

11 Павел игәы иҵхоз даараӡа ирацәан. Иаҳҳәап, иара иашьцәеи иаҳәшьцәеи зықәшәоз ауадаҩрақәа даараӡа игәы иҵхон, избанзар урҭ бзиа ибон (2 Кор. 2:4; 11:28). Уи адагьы, ажәабжь аниҳәоз, лассы-лассы ауаа иҿагылон, дрыпҟон, абахҭагьы дҭаркуан. Павел егьырҭ ауадаҩрақәагьы ддыргәаҟуан, иаҳҳәап, амамзаара (Флп. 4:12). Иара убас Павел дзықәтәаз аӷбақәа хынтә иадамзаргьы иӡааҟәрылахьан. Шәазхәыц шаҟа игәы ҭынчмыз еиҭах ӷбала џьара ацара аниқәшәоз (2 Кор. 11:23—27). Ицхраазеи Павел арҭ агәҭынчымрақәа риааира?

12. Ицхраауази Павел агәҭынчымра аиааира?

12 Павел иашьцәа зықәшәоз ауадаҩрақәа игәы иҵхон, аха иара ихала урҭ рыӡбара далагомызт. Иара идыруан уи имч шақәымхоз. Убри аҟынтә аизара аусқәа рынагӡараҿы егьырҭ ицхрааларц дрыҳәон. Иаҳҳәап, иара Тимофеии Тити реиԥш иҟаз агәрагара иаԥсаз аишьцәа имаҷымкәа аҭакԥхықәрақәа рыдиҵеит. Ҳәарада, урҭ аишьцәа рыцхыраара Павел агәҭынчымра аиааира ицхраауан (Флп. 2:19, 20; Тит 1:1, 4, 5).

Иҟаҳҵар ҳалшозеи Павел иеиԥш агәҭынчымрақәа ҳариааирц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—15.)

13. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Павел иҿыԥшлар?

13 Ацхыраара шәаҳәала. Иахьагьы Павел иеиԥш ақьиара аазырԥшуа аизара аиҳабацәа ргәы иҵхоит ауадаҩрақәа ирҭагылоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Аха аизара аиҳабы ихала зегь изыҟаҵом. Иара уи еиликаауазар, агәрагара иаԥсоу егьырҭ аишьцәа ацхырааразы дрыҳәалоит, насгьы иқәыԥшу аишьцәа адҵақәа рынагӡашьа дирҵалоит. Усҟан Анцәа иԥсаса аиҷаҳараҿы ацхырааҩцәа имазаауеит (2 Тим. 2:2).

14. Дызцәыԥхамшьози Павел, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара иҿырԥшы?

14 Агәышьҭыхра ахьышәҭаху шәацәыԥхамшьалан. Павел ахынраалара илан аҟынтә, еиликаауан агәышьҭыхра шиҭахыз. Иара иҩызцәа игәы ахьышьҭырхуаз азы, дыԥсыҽуп ҳәа изырҳәар ҳәа дшәомызт. Филимон изиҩыз асаламшәҟәаҿы Павел иҳәеит: «Сара гәахәас, гәырҭынчгас иҟасҵоит иумоу абзиабар[а]» (Флм. 7). Иара убас Павел иҳәеит егьырҭ аишьцәагьы аамҭа цәгьақәа раан игәы шышьҭырхуаз (Кәал. 4:7—11). Ахынраалара аарԥшны ҳгәы шьҭырхырц шаҳҭаху ҳҳәозар, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи гәырӷьаҵәа иҳацхраауеит.

15. Иҟаиҵазеи Павел даараӡа ицәгьаз аҭагылазаашьаҿы?

15 Анцәа Иажәаҿы ацхыраара шәыԥшаала. Павел идыруан Иԥшьоу Аҩыра игәы арҭынчыр шалшоз (Рим. 15:4). Иара убас уа иара ауадаҩрақәа рыхгара ицхраауаз аҟәыӷара иԥшаар илшон (2 Тим. 3:15, 16). Павел аҩынтәраан Рим данҭакыз еиликаауан иаарласны дшыршьуаз. Иҟаиҵазеи Павел имариамыз уи аҭагылазаашьаҿы? Иара Тимофеи диҳәеит иаарласны дизнеирц, насгьы ашәҟәқәа изнеигарц (2 Тим. 4:6, 7, 9, 13). Избан? Иҟалап урҭ ашәҟәқәа Ауриатә Ҩырақәа ирыхәҭакызҭгьы, насгьы Павел ихатә ҭҵаараҿы ихы иаирхәозҭгьы. Павел иеиԥш ҳаргьы иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҭаҳҵаауазар, ҳзықәшәо ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы уи ихы иаирхәоит.

ДАВИД ИҾЫРԤШТӘЫ ИАҲНАРҴО

Иҳацхраар алшозеи Давид иеиԥш агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16—19.)

16. Иарбан уадаҩрақәоу Давид дзықәшәаз, агәнаҳа ахьыҟаиҵаз иахҟьаны?

16 Давид иламыс дафон, уи азы амзызгьы ыҟан. Иара Вирсавиа длыцышьҭалеит, лхаҵа дыршьырц адҵа ҟаиҵеит, насгьы уи иҵәахырц иҽазишәеит (2 Сам. 12:9). Азныказы Давид иламыс абжьы дазымӡырҩӡеит. Уи иахҟьаны Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьысит, агәҭынчра ицәыӡит, дагьахычмазаҩхеит (Аԥсал. 32:3, 4). Ицхраазеи иара агәнаҳа ӷәӷәа изцәырнагаз агәҭынчымра аиааира, насгьы иҳацхраар алшозеи ҳаргьы, агха ӷәӷәа ҟаҳҵар?

17. Ишԥаҳдырбо Аԥсалом 51:1—4 иану ажәақәа Давид иҟаиҵаз гәыкала дшахьхәыз?

17 Анцәа ишәанаижьырц шәиҳәала. Аҵыхәтәаны Давид Иегова диҳәеит. Иара иҟаиҵаз гәык-ԥсыкала дахьхәит, насгьы акгьы мӡаӡакәа зегьы Иегова изеиҭеиҳәеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 51:1—4.) Уи абзоурала иара ҩаԥхьа агәҭынчреи агәырӷьареи иоуит (Аԥсал. 32:1, 2, 4, 5). Агәнаҳа ҟашәҵазар, уи шәҵәахырц шәашьҭамлан. Уи аҭыԥан, иаартны зегьы Иегова изеиҭашәҳәа. Усҟан еиҳа шәгәы ҭынчхоит, шәыламысгьы уиаҟара шәаргәаҟлаӡом. Аха Иеговеи шәареи шәеиҩызара еиҭашьақәшәыргыларц шәҭахызар, Анцәа иҳәара мацара шәыхәаӡом.

18. Ишԥаидикылеи Давид ариашара?

18 Ариашара шәыдышәкыл. Иегова Давид игәнаҳа ааиртырц азы аԥааимбар Нафан данынаишьҭ, Давид ихы ариашара даламгаӡеит, насгьы иҟаиҵаз агәнаҳа уиаҟара ихьанҭаӡам ҳәа имҳәаӡеит. Иара иаразнак иҳәеит Вирсавиа лхаҵа иҿаԥхьа адагьы, Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа шыҟаиҵаз, насгьы уи еиҳагьы ишеицәаз. Иара Иегова иҟынтә ариашара ахьидикылаз азы Иегова уи игәнаҳа ианаижьит (2 Сам. 12:10—14). Ҳара агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, Иегова иаҳхаиргылаз ахьчацәа уи рзеиҭаҳҳәароуп (Иак. 5:14, 15). Уи адагьы, ҳхы ариашара ҳаламгароуп. Ариашара шаҟа ирласны иҳадаҳкыло аҟара убриаҟара ирласны агәҭынчреи агәырӷьареи ҳауеит.

19. Ҳҽыззаҳшәалар ҳахәҭоузеи ҳара?

19 Шәҽазышәшәа иҟашәҵаз агха уаҳа ахаангьы аҟамҵара. Аҳ Давид еиликаауан иҟаиҵаз агха уаҳа ахаан иҟаимҵарц азы Иегова ицхыраара шиҭахыз (Аԥсал. 51:7, 10, 12). Иегова Давид игәнаҳа анианаижь ашьҭахь, Давид илшоз зегь ҟаиҵон ииашам агәазыҳәарақәа изцәырымҵларц азы. Уи абзоурала агәҭынчра иоуит.

20. Ишԥаҳалшо Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа ахә шаҳшьо ааҳарԥшыр?

20 Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц ҳиҳәозар, ариашара ҳадаҳкылозар, насгьы ҳагха еиҭах иҟаҳамҵарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит. Абарҭ ашьаҿақәа ҟаҳҵозар, ҩаԥхьа агәҭынчра ҳауеит. Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз Џьеимс уи ус шакәу ихатә ԥышәала агәра игеит. Абар иара ииҳәо: «Сыгәнаҳа аизара аиҳабацәа ианырзеиҭасҳәа, сҟәаҟәа аидара ықәырхызшәа збеит. Хәыҷы-хәыҷла ҩаԥхьа агәҭынчра соуит». «Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу дырзааигәоуп, насгьы урҭ еиқәирхоит» (Аԥсал. 34:18). Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи уи ахьаҳдыруа!

21. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иегова ҳгәы ирҭынчларц азы?

21 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа, агәҭынчымра ҳазцәырызго ауадаҩрақәа еиҳа-еиҳа ирацәахалоит. Убри аҟынтә агәҭынчымра аншәызцәырҵуа, иаразнак Иегова шәиҳәала. Инарҵауланы Абиблиа ҭышәҵаала. Аннеи, Павели, Давиди шәырҿыԥшла. Шәиҳәала жәҩантәи Ҳаб агәҭынчымра шәызцәырызго аилкаара дшәыцхраарц (Аԥсал. 139:23). Шәыуадаҩрақәа иара инапы ианышәҵа, еиҳарак шәымч зқәымхо. Усҟан шәаргьы аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш абарҭ ажәақәа шәҳәар шәылшоит: «Схьаақәа анырацәахалак, гәыжьжьаҩыс исымаз Уара уакәын» (Аԥсал. 93:19, АԤ).

ИАҲҴОЗЕИ ИЕГОВА...

  • Анна лгәы ширҭынчуаз аҟынтә?

  • Павел игәы ширҭынчуаз аҟынтә?

  • Давид игәы ширҭынчуаз аҟынтә?

АШӘА 4 Иегова — сара сыхьчаҩ

a Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳара зегьы агәҭынчра анаҳцәыӡуа ыҟоуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит абиблиатә аамҭақәа рзы инхоз Иегова имаҵзуҩцәа хҩык рҿырԥштәқәа, даргьы ргәы змырҭынчуаз ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәон. Иара убас ҳара еилҳаргоит Иегова урҭ ргәы ширҭынчуаз.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Агәҭынчымра ҳазцәырҵыр ауеит аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, агәамбзиара, аҭаацәаратә уадаҩрақәа, уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа, мамзаргьы иаҳзыԥшуп ҳәа ҳгәы иаанаго ауадаҩрақәа, иара убас даҽа мзызқәак ирыхҟьаны.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра