АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
Иегова улаӷырӡқәа зегь игәалашәоит
«Сылаӷырӡқәа еизганы, аҳаҭа иҭаҵа. Урҭ зегьы ушәҟәаҿы ианӡами?» (АԤСАЛ. 56:8).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова ҳцәаныррақәа еиликаауеит, ацхыраарагьы ҳаиҭоит.
1, 2. Иарбан ҭагылазаашьақәоу ҳзырҵәыуар алшо?
АԤСҬАЗААРАҾЫ знык иадамзаргьы имҵәыуац аӡәгьы ҳаҟаӡам. Хҭыс бзиак аныҟало, ҳара уи ҳаигәырӷьаны ҳамхаҵәыуар ауеит. Иаҳҳәап, ахәыҷы даниуа, мамзаргьы акыршықәса иҳамбацыз ҳҩыза гәакьа данаҳбо. Зны-зынла хҭыс бзиак ахьаҳгәалашәаз мацаразгьы ҳалаӷырӡқәа хажжылоит.
2 Аха еиҳарак гәаҟрак анҳамоу ауп ҳанҵәыуо. Иаҳҳәап, аӡәы ҳгәы анҳирхьуа, уи ҳарҵәыуар ауеит, мамзаргьы ачымазара иахҟьаны иҳамоу ахьаа ҳарҵәыуар алшоит. Ҳәара аҭахума, иаҳзааигәоу аӡәы даныԥсуа ҳалаӷырӡқәа ҳзынкылом. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы вавилонаа Иерусалим анхдырбгала, Иеремиа ихы шибоз еиԥш ҳхы ҳбозар ауеит. Иара иҳәеит: «Сылаӷырӡқәа аӡиас еиԥш иаауеит... Сара сӷызыӷызлоит, сҵәыуабжьгьы еихсыӷьӡом...» (Аҵә. 3:48, 49).
3. Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа, имаҵзуҩцәа шгәаҟуа анибо? (Исаиа 63:9).
3 Иегова идыруеит ауадаҩрақәа ирыхҟьаны шаҟантә ҳҵәыуахьо. Абиблиа агәра ҳнаргоит гәаҟрак ҳанақәшәо иара иаҳхаҳго шидыруа, ацхыраара ҳанаҳәо ҳабжьгьы шиаҳауа (Аԥсал. 34:15). Иегова Ҳаб иоуп, бзиагьы ҳаибоит, убри аҟынтә ҳанҵәыуо иара игәы ихьуеит, ҳацхраарагьы дазхиоуп. (Шәаԥхьа Исаиа 63:9.)
4. Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу еилҳарго, насгьы иҳаилдыркаауазеи урҭ Иегова изкны?
4 Анцәа Иажәаҿы иануп имаҵзуҩцәа анҵәыуо иара уи дшазыҟоу, насгьы дрыцхраарц азы иҟаиҵо. Ҳара ҳахәаԥшуеит Аннеи, Давиди, Езекиеи рыԥсҭазаараҿы изықәшәаз. Избан дара зҵәыуоз, насгьы ргәы шԥаирҭынчи Иегова? Анаҩс еилаҳкаауеит иаҳзааигәоу аӡәы даныԥсуа, ҳанырҭиуа, мамзаргьы иузмыриашо аҭагылазаашьақәа рҿы ҳанҵәыуо Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы иҟаиҵо.
ИАҲЗААИГӘОУ АӠӘЫ ДАХЬЫԤСЫЗ АЗЫ ҲАНҴӘЫУО
5. Иарбан уадаҩрақәоу Анна илымаз, насгьы лхы шԥалбоз уи иахҟьаны?
5 Анна акымкәа-ҩбамкәа дзырҵәыуоз ауадаҩрақәа лыман. Лыԥшәма Пенинна зыхьӡыз даҽа ԥҳәыскгьы диман, лара Анна дылцәымӷын. Уи Анна ахьаа ӷәӷәа лзаанагон. Аха Анна лгәы лзырхьуаз даҽа уадаҩракгьы лыман — лара ахшара лымаӡамызт, Пенинна илыман (1 Сам. 1:1, 2). Уи дахырҟьаны Пенинна дааҟәымҵӡакәа Анна дҵәылылхуан. Шәхы шԥажәбарыз, Анна лҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы? Абиблиаҿы иануп лара «лгәы хьанҭаӡа иҟан», насгьы «дҵәыуон, акрагьылфаӡомызт» ҳәа (1 Сам. 1:6, 7, 10).
6. Лгәы зырҭынчзеи Анна?
6 Лгәы зырҭынчзеи Анна? Лара Иегова иахьимҵахырхәоз иԥшьоу ақьалахь дцеит. Уаҟа, иҟалап иԥшьоу ақьала аҿаԥхьа, лара «Иегова иҳәареи еимаҭәаны аҵәыуареи далагеит». Анна Иегова диҳәон лгәаҟрақәа ибарц, дагьлыцхраарц (1 Сам. 1:10б, 11). Лара лыгәҭыхақәа Иегова изеиҭалҳәеит. Анна дышгәаҟуаз анибоз Иеговагьы дгәаҟуан. Лылаӷырӡ каҭәацыԥхьаӡа игәы ҵәыуон.
7. Ишԥалыцхрааи Анна Иегова лыуадаҩрақәа ахьизеиҭалҳәаз?
7 Аԥшьаҩ хада Или Анна агәра лиргеит Иегова лыҳәара аҭак шыҟаиҵо. Ишԥалыцхрааи лара уи? Абиблиа аҿы иануп: «Лара дцан акрылфеит, лылахьгьы уаҳа еиқәӡамызт» (1 Сам. 1:17, 18). Анна лҭагылазаашьа аҽшамԥсахызгьы, агәҭынчра лоуит, избанзар лхьаақәа зегьы Иегова инапы ианылҵеит. Иҟаиҵазеи Иегова? Иара Анна лыҳәара дазыӡырҩит, лхьаа ибеит, анаҩс дылзылԥхан, ахшарагьы лоуит (1 Сам. 1:19, 20; 2:21).
8, 9. Избан аизарақәа рахь ҳныҟәалар зхадоу? (Ауриацәа 10:24, 25). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иҟалап уажәы шәыԥсҭазаараҿы имариам аамҭазар. Иҟалап шәыуа ма шәҩыза дыԥсызар. Маҷк шәхала шәаанхар шәҭахызар, уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аха иаҳгәалаҳаршәап Анна иҟалҵаз. Лара иԥшьоу ақьалахь дцеит, уаҟа Иегова лгәы ирҭынчит. Убри аҟынтә шәгәы каҳаӡаны шәыҟазаргьы, аизарахь шәцар, уаҟа Иегова шәгәы шьҭихуеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25.) Ҳаизарақәа рҿы абиблиатә жәеинраалақәа анҳаҳауа, ҳанрызхәыцуа, ҳхьаақәа ҳхашҭуеит. Убас Иегова ибзиоу акы азхәыцра дҳацхрааует. Убри аҟынтә ҳҭагылазаашьа еиӷьымхацзаргьы, ҳгәалаҟазаара еиҳа еиӷьхоит.
9 Уи адагьы, ҳаизарақәа рҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳбоит, ҳрацәажәоит. Дара бзиа ҳарбоит. Рааигәара ҳаныҟоу, ҳгәалаҟазаара еиҳа еиӷьхоит (1 Фес. 5:11, 14). Абар зыԥҳәыс дыԥсыз иҷыдоу пионерс амаҵ зуа иашьак ицәаныррақәа дышрыхцәажәо: «Сыԥшәма даара дыгәхьаазгоит. Зны-зынла сҽысзнымкылаӡакәа сҵәыуоит, убри аҟынтә схала саанхалар сҭахуп, аха аизарахь санцо сгәы шьҭыҵуеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы иҟарҵо аҭакқәеи ражәа ҟәандақәеи схьаа дыртәоит. Аизарахь сцаанӡа агәҭынчымра сымазаргьы аизара ашьҭахь сгәалаҟазаара еиӷьхоит». Аизарақәа рахь ҳанцо, Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла дҳацхраауеит.
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ражәа ҟәандақәа ҳгәы шьҭырхыр ауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
10. Ҳалҿыԥшлар шԥаҳалшо Анна, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу?
10 Иҟалҵазеи Анна иҵегьы Иегова иҟынтә агәырҭынчра лоурц азы? Лара лыгәҭыхақәа зегь Иегова изеиҭалҳәеит. Ҳаргьы ҳгәы иҵхо зегь инапы ианаҳҵар бзиоуп (1 Пиотр 5:7). Избанзар иаҳдыруеит иара дшаҳзыӡырҩуа, дагьшҳацхраауа. Иаҳәшьак лхаҵа ақәылаҩцәа дыршьит. Лара еиҭалҳәоит: «Сгәы убриаҟара икаҳаны иҟан, уаҳа ахаан аԥсҭазаара салагәырӷьалоит ҳәа сгәы иаанагомызт. Аха бзиа сызбо Саб Иегова саниҳәоз, агәҭынчра соуан. Зны-зынла Анцәа саниҳәоз, исҳәарагьы сыздыруамызт, аха иара сеиликаауан. Сгәы каҳаӡаны саныҟаз, Иегова агәҭынчра сиҭарц сиҳәон. Уи ашьҭахь агәҭынчра соуан, даҽа мышкы схызгарц азгьы амч соуан». Ҳанҵәыуо ҳгәы иҵхо Анцәа изеиҭаҳҳәозар, иара ибзианы ҳаиликаауеит, дагьҳацҵәыуоит. Ҳауадаҩра макьана иӡбамзаргьы, Иегова агәҭынчра ҳаиҭоит (Аԥсал. 94:19; Флп. 4:6, 7). Иегова ҳахьизиашоу азы, насгьы ачҳара аарԥшны зегь ахьаҳхаҳго азы даҳзылԥхоит (Аур. 11:6).
ҲАХЬЫРҬИИЗ АЗЫ ҲАНҴӘЫУО
11. Иарбан уадаҩрақәоу Давид дзықәшәаз, насгьы ихы шԥеибоз уи иахҟьаны?
11 Давидгьы дзырҵәыуоз ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәон. Аӡәырҩы ауаа дырцәымӷын. Уи адагьы, зыгәра игоз ауаа дырҭиит (1 Сам. 19:10, 11; 2 Сам. 15:10—14, 30). Ауадаҩра данҭагылаз абас иҩит: «Сқәыԥсычҳара сарааԥсеит, иаашаанӡа сышьҭаларҭа лаӷырӡыла искәабон, сиарҭа лаӷырӡыла исырбааӡон». Избан Давид убас изицәыцәгьаз? Иара иҳәеит: «Саӷацәа ирыхҟьаны» (Аԥсал. 6:6, 7). Ауаа Давид убриаҟара игәы идырхьит, иара аҵәыуара дзаҟәыҵуамызт.
12. Ииҩызеи Давид Иегова изкны Аԥсалом 56:8 аҿы?
12 Давид иԥсҭазаара уадаҩрала ишҭәызгьы, Иегова иара бзиа дшибоз гәыҩбаракгьы имаӡамызт. Зны иара иҳәеит: «Иегова сҵәыуабжь иаҳауеит» (Аԥсал. 6:8). Аԥсалом 56:8 аҿы иара Иегова изкны аинтерес зҵоу ак иҩит (шәаԥхьа). Уа иану ажәақәа иаҳдырбоит Иегова ахаара аарԥшны имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа. Давид иҩит Анцәа илаӷырӡқәа зегь еизганы аҳаҭа ишҭеиҵо, насгьы урҭ ашәҟәы ишаниҵо. Иара агәра ганы дыҟан иԥсҭазаараҿы ихигаз ауадаҩрақәа зегь рыӡбахә Иегова ишидыруа, насгьы урҭ шихамышҭуа. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб Давид ихигаз адагьы, уи шиныԥшызгьы идыруан.
13. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи аӡәы ӷәӷәала ҳгәы ҳирхьзар, мамзаргьы ҳаиҭиизар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иҟалап зыгәра угоз аӡәы ӷәӷәала угәы уирхьзар, мамзаргьы уиҭиизар. Иаҳҳәап, аӡәы аҭаацәара уицалаларц азы иабадырра уаҿызҭгьы, аха иаалырҟьаны шәеиԥырҵзар, мамзаргьы аҭаацәара уалазҭгьы, аха ухатә ҩыза укаижьзар. Мамзаргьы иузааигәоу аӡәы Иегова имаҵ аура даҟәыҵзар. Иашьак иԥҳәыс данылыԥсах, насгьы данкалыжь, ус иҳәеит: «Сара уи сызхаҵомызт, акгьы саԥсамызшәа схы збон, сгәы ԥжәон, сыхгьы заҵәны избон». Аӡәы уиҭиизар, мамзаргьы ӷәӷәала угәы уирхьзар, Иегова ахаан ушкаимыжьуа ухоумыршҭлан. Иашьак иҳәеит: «Сара еилыскааит ауаа урҭиир шрылшо, аха Иегова ахаан ушиимҭиуа. Иара Ҳацаҟьа иоуп. Иҟалалакгьы, иара есымша ҳааигәара дыҟоуп. Иара ахаан изиашоу аанижьӡом» (Аԥсал. 37:28). Иухоумыршҭлан Иегова аӡәгьы бзиа ушимбо еиԥш бзиа ушибо. Узықәшәаз Иегова иҿаԥхьа уаҳаҭыр ланарҟәӡом (Рим. 8:38, 39). Ахаан иухоумыршҭлан ауаа шузныҟәозаалакгьы, жәҩантәи Уаб бзиа убара дшаҟәымҵуа.
Аԥсаломқәа агәра ҳдыргоит Иегова згәы хьаала иҭәу дшырзааигәоу. (Шәахәаԥш абзац 13.)
14. Зыгәра ҳдыргозеи Аԥсалом 34:18 иану ажәақәа?
14 Ҳаргьы ҳарҭиизар, Аԥсалом 34:18 иану Давид иажәақәа ҳгәы дырҭынчуеит (шәаԥхьа). Еилыркаагак аҿы иануп «згәы каҳаӡаны» иҟоу ҳәа ара зыӡбахә цо «бзиарак иақәымгәыӷуа» ракәзар шалшо. Дышԥарыцхраауеи урҭ Иегова? Иара урҭ «дырзааигәоуп». Зхәыҷы бзиа дызбо ан ма аб ахәыҷы данҵәыуо дышьҭыхны дыргәыдрыҳәҳәалоит. Иегова урҭ анацәеи абацәеи дреиԥшуп. Ҳахьырҭииз ма ҳахькарыжьыз иахҟьаны ҳгәы анҳахьуа, иаргьы игәы ихьуеит, ҳацхраарагьы дазхиоуп. Ҳгәы ахьаа ҭазар, насгьы акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар, Иегова ҳгәы ирҭынчуеит. Ҳазҭагылоу ауадаҩра ахгара дҳацхраарц азы аԥхьаҟа шаҟа абзиара ҳзыԥшу ҳгәалаиршәоит (Ис. 65:17).
ИУЗМЫРИАШО АҬАГЫЛАЗААШЬА ҲАХЬАҚӘШӘАЗ АЗЫ ҲАНҴӘЫУО
15. Избан Езекиа дызҵәыуоз?
15 Иуда аҳ Езекиа 39 шықәса анихыҵуаз, хәышәтәышьа змам ачымазара шимоу еиликааит. Аԥааимбар Исаиа Иегова ихьӡала иеиҳәеит ичымазара дшаго (2 Аҳ. 20:1). Уи ажәабжь бааԥс аниаҳа, Езекиа инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Нас иара дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәара далагеит (2 Аҳ. 20:2, 3).
16. Ишԥаҟаиҵеи Иегова Езекиа иҳәара аҭак?
16 Езекиа иҳәара Иегова игәаҵанӡа инеит. Иара ақьиара аарԥшны иҳәеит: «Сара уҳәара саҳаит, улаӷырӡқәагьы збеит. Сара усхәышәтәуеит». Иегова аҳ дрыцҳаишьеит, насгьы Исаиа ила агәра ииргеит ишықәсқәа ишрыциҵо, насгьы Иерусалим ассириаа рҟынтә ишеиқәирхо (2 Аҳ. 20:4—6).
17. Дышԥаҳацхраауеи Иегова ҳанычмазаҩу? (Аԥсалом 41:3). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иҟалап уара ачымазара бааԥск удырбалазар. Ухьаа Иегова изеиҭаҳәа. Улаӷырӡқәа узнымкылозаргьы, Анцәа уиҳәа. Иара дузыӡырҩуеит. Абиблиа агәра ҳнаргоит «арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи» ҳауадаҩрақәа зегьы рҿы ҳгәы ширҭынчуа (2 Кор. 1:3, 4). Иахьа ҳара ҳазыԥшӡам Иегова џьашьахәыла ҳауадаҩрақәа зегь ҳԥыригоит ҳәа, аха дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 41:3.) Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭоит амчи, аҟәыӷареи, агәҭынчреи ҳамазарц азы (Ажәам. 18:14; Флп. 4:13). Иара убас ҳаԥхьаҟа аӡәгьы дшычмазҩымхо ахьаҳдыруа ҳгәы арӷәӷәоит (Ис. 33:24).
Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит, насгьы амчи, аҟәыӷареи, агәҭынчреи ҳаиҭоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)
18. Иарбан жәеинраалоу аамҭа цәгьақәа раан ишәыцхраауа? (Шәахәаԥш арамка «Ҳанҵәыуо ҳгәы зырҭынчыр алшо ажәеинраалақәа».)
18 Иегова иажәақәа Езекиа игәы дырҭынчит. Анцәа ҳаргьы Абиблиа ала ҳгәы ирҭынчыр илшоит. Уа иара ианиҵеит иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы ҳгәы дырӷәӷәар, насгьы ҳгәы зырҭынчыр алшо ажәақәа рацәаны (Рим. 15:4). Мраҭашәаратәи Африка инхо ҳаҳәшьа акьыба чымазара шлымоу анеилылкаа, акыраамҭа дҵәыуон. Лара илҳәоит: «Исаиа 26:3 иану ажәеинраала сара сзы акраҵанакуеит. Аԥсҭазаараҿы иаҳзымԥсахуа аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәалар алшоит. Аха арҭ ажәақәа агәра сдыргоит Иегова агәҭынчра шсиҭо, насгьы сзықәшәо аԥышәара зеиԥшразаалакгьы, уи ахгара дышсыцхраауа». Иумоума уара иуадаҩу аамҭақәа раан амч узҭо бзиа иубо абиблиатә жәеинраала?
19. Иаҳзыԥшузеи аԥхьаҟа?
19 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳзырҵәыуо аҭагылазаашьақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Ҳара еилҳаргеит Аннеи, Давиди, Езекиеи ирхыргаз, насгьы еилаҳкааит Иегова имаҵзуҩцәа анҵәыуо шибо, насгьы рхьаа шихьаау. Иара улаӷырӡқәагьы ибоит, игәгьы ихьуеит. Убри аҟынтә иуадаҩу аҭагылазаашьа уанақәшәо, иаразнак ухьаа Иегова изеиҭаҳәала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә ухы ԥхьоумклан, избанзар урҭ бзиа урбоит. Иара убас Абиблиа уаԥхьала, уа Иегова ҳгәы зырҭынчуа ажәақәа рацәаны ианиҵеит. Анцәа ачҳара аарԥшны зегь ахьухуго азы хымԥада дузылԥхоит. Иара ҳалаӷырӡқәа зегь ирыцқьоит. Уаҳа иаҳзааигәоу ауаа ԥслаӡом, аӡәгьы ҳаиҭилаӡом, иузмыриашо аҭагылазаашьақәагьы ҳрықәшәалаӡом (Аат. 21:4). Ҳҵәыуаларгьы, ҳалаӷырӡ аазго агәырӷьара акәхоит.
АШӘА 4 Иегова — сара сыхьчаҩ