АҴАРАЗЫ АСТАТИА 52
Иҳацхраауазеи агәкаҳара аиааира?
«Уеидара Иегова идҵа, нас иара дуцхраауеит» (АԤСАЛ. 55:22).
АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа
АХҲӘААa
1. Изшәарҭоузеи агәкаҳара?
ЕСЫҼНЫ ҳара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Ҳәарада, урҭ рыӡбаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, аха, шәақәшаҭха, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу уи аҟаҵара еиҳа иаҳцәыцәгьоуп. Агәкаҳара агәымшәареи агәырӷьареи ҳцәызӷьычуа аӷьыч иҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ажәамаанақәа 24:10 аҿы иануп: «Угәы каҳама арыцҳара амш азы? Ус анакәха умч кәадахоит». Ааи, агәкаҳара ауадаҩрақәа рыӡбаразы иаҳҭаху амч ҳамнахыр ауеит.
2. Избан ҳгәы каҳар залшо? Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ҳара ҳгәы каҳар ауеит ииашамкәа ҳхы ҳахьазыҟоу, агхақәа ахьыҟаҳҵо, ҳахьычмазаҩу, иаҳҭахыз аҭакԥхықәрақәа ахьаҳмоуз, мамзаргьы ауаа иаҳҳәо ажәабжь иахьазымӡырҩуа иахҟьаны. Ари астатиаҿы агәкаҳара ҳаиааирц азы иҟаҵалатәу еилҳаргоит.
ҲАГХАҚӘЕИ ҲАԤСЫҼРАҚӘЕИ ИРЫХҞЬАНЫ ҲГӘЫ АНКАҲАУА
3. Иҳацхраар алшозеи агхақәа ахьыҟаҳҵо, насгьы аԥсыҽрақәа ахьҳало азы ҳгәы анкаҳауа?
3 Ҳара агхақәа ахьыҟаҳҵо, насгьы аԥсыҽрақәа ахьҳало азы ииашамкәа ҳхы ҳазыҟазар алшоит. Иегова адунеи ҿыц аҿы ҳаибар иҭахым ҳәа ҳхәыцуазаргьы ауеит. Аха ус ахәыцра шәарҭоуп. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу нас ҳагхақәа? Абиблиаҿы иануп «агәнаҳа иаҵам уаҩы дыҟам» ҳәа (Рим. 3:23). Аха Иегова ҳагхақәа ихы рзишьҭӡом, иара ҳара ҳҟынтә анаӡара дазыԥшӡам. Иара бзиа ҳазбо, насгьы ҳацхраара иазхиоу Ҳаб иоуп. Иара ачҳара илоуп. Иара ибоит ҳаԥсыҽрақәа ҳариааирц азы, насгьы ииашам ҳхәыцшьа ҳаԥсахырц азы шаҟа аџьабаа ҳбо. Иара ҳацхраара дазхиоуп (Рим. 7:18, 19).
Иегова ибоит уаанӡа иҟаҳҵоз абзиарақәагьы, иахьа иҟаҳҵогьы. (Шәахәаԥш абзац 5.)e
4, 5. Ишԥарыцхрааи Дебореи Мариеи 1 Иоанн 3:19, 20 иану агәкаҳара аиааира?
4 Абар Дебореи Мариеи рҿырԥштәыb. Дебора даныхәыҷыз лҭаацәа рҟынтә хаарак ахьылымбоз иахҟьаны акгьы даԥсамшәа лбон. Шамахамзар, лара ддырҽхәаӡомызт. Убри аҟынтә гха хәыҷык анлыхьуазгьы лгәы даараӡа икаҳауан. Мариагьы убри аҩыза ауадаҩра лыман. Лара лҭаацәа дахьладырҟәуаз иахҟьаны акгьы даԥсамшәа лбон. Иегова имаҵ аура даналага ашьҭахьгьы, ихьӡ аныҟәгара даԥсамшәа лбон!
5 Ус шакәызгьы, урҭ аиҳәшьцәа Иегова имаҵ аура иаҟәымҵӡеит. Ирыцхраазеи дара? Дара гәык-ԥсыкала Анцәа иҳәон, насгьы реидара иара идырҵеит (Аԥсал. 55:22). Дара еилыркааит бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ишидыруа анкьа иаҳхаҳгаз иахҟьаны акгьы ҳаԥсамшәа ҳбалар шалшо. Иара убас еилыркааит ҳхаҭа иаҳамбо, иҳалоу аҟазшьа бзиақәа шибо. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20c.)
6. Ихы ибалар шԥалшо ауаҩы дызҿагыло аԥсыҽра анииааиуа?
6 Шьоукы ирылаҽны иҟоу ашьцылара бааԥс ишаҿагылогьы, зны-зынла уи аныриааиуа ыҟоуп. Уи ргәы канажьуеит. Ҳәарада, агәнаҳа ахьыҟаҳҵаз иахҟьаны ҳаламыс ҳаргәаҟуазар, уи бзиоуп (2 Кор. 7:10). Аха ҳхы мыцхәы ахара адҳамҵалароуп, акгьы ҳаԥсам, насгьы Анцәа ахаан иҳанаижьуам ҳәа ҳамхәыцлароуп. Ас ахәыцра иашам, уи иахҟьаны Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵыргьы алшоит. Ишәхашәмыршҭын: ҳгәы каҳар, ҳамч кәадахоит (Ажәам. 24:10). Уи аҭыԥан Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара еиҭашьақәҳаргыларц азы Анцәа ҳагха ҳанаижьырц ҳиҳәалароуп (Ис. 1:18). Иегова иҟаҳҵаз гәыкала ҳшахьхәуа ибар, иҳанаижьуеит. Иара убас аизара аиҳабацәа ацхырааразы ҳрыҳәароуп. Дара ачҳара аарԥшны доуҳала аиҭашьақәгылара иҳацхраауеит (Иак. 5:14, 15).
7. Избан ҳгәы каҳмыжьлар зҳалшо зны-зынла агхақәа ҟаҳҵозаргьы?
7 Абар Франциа инхо Жан-Лиук зыхьӡу аизара аиҳабы ԥсыҽрак иаҿагыло иреиҳәо: «Иегова уаҩ иашаны ииԥхьаӡо ахаангьы агха ҟазымҵо иакәӡам, аха зыгхақәа ирыхьхәуа, аҽыриашарагьы зҽазызшәо иоуп» (Рим. 7:21—25). Ԥсыҽрақәак ахьшәыло азы акгьы шәаԥсам ҳәа шәымхәыцлан. Агха змыхьуа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, убри азоуп Иегова ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны Христос ила ҳазҿихыз (Еф. 1:7; 1 Иоанн 4:10).
8. Ҳабашьҭазар акәу ацхыраара ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу?
8 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы ацхыраара шәашьҭаз! Ҳгәы ак аныҵхо дара ҳзыӡырҩыр, насгьы ҳгәы шьҭызхша ак ҳарҳәар рылшоит (Ажәам. 12:25; 1 Фес. 5:14). Агәкаҳара аиааира зҽазызшәоз Џьои зыхьӡу Нигериа инхо аиаҳәшьа илҳәоит: «Сабаҟалоз сара сашьцәеи саҳәшьцәеи рыда! Дара рыла Иегова сыҳәарақәа рҭак ҟаиҵон. Дара сгәы шышьҭырхуаз иснарбеит саргьы згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭысхларц азы иҟасҵар сылшо». Аха ҳара еилаҳкаалароуп ҳашьцәа ҳгәы каҳаны ҳшыҟоу рзымдыруазар шалшо. Убри аҟынтә ҳара ҳхаҭа доуҳала ишәу ақьырсианцәа ацхырааразы ҳрыҳәалароуп.
АГӘАМБЗИАРА ИАХҞЬАНЫ ҲГӘЫ АНКАҲАУА
9. Ҳгәы шԥашьҭырхуеи Аԥсалом 41:3, насгьы 94:19 иану ажәақәа?
9 Иегова иҿы ацхыраара шәашьҭаз. Ҳгәы анбзиам, еиҳарак хәышәтәышьа змам ачымазара ҳанаргәаҟуа, агәазыҟашьа бзиа аарԥшра ҳцәыцәгьазар ауеит. Иегова иахьа џьашьахәыла ауаа ихәышәтәӡом, аха иара ҳгәы ирҭынчуеит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгаразы амч ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 41:3; 94:19.) Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳацхраарц ргәазҭеиҵар илшоит, иаҳҳәап, дара ҩын уск ҳзыҟарҵар, адәқьан ахь иҳазцар, мамзаргьы Анцәа иҳациҳәар рылшоит. Иара убас Иегова Иажәа иану ҳгәы шьҭызхуа ажәақәа ҳгәалаиршәар илшоит, иаҳҳәап, ачымазареи ахьааи ахьыҟамло адунеи ҿыц аҿы ҳшынхало, насгьы ҳшынаӡахо (Рим. 15:4).
10. Ицхраазеи Исанг агәкаҳара аиааира?
10 Нигериа инхо Исанг зыхьӡу ҳашьа амашәыр данақәшәа ашьҭахь дзеиҭамҵуа дҟалеит. Аҳақьым Исанг ахаан дышзымныҟәало иеиҳәеит. «Сара сгәы каҳаӡаны сыҟан» — иҳәоит иара. Аха Исанг агәкаҳара даиааит. Ицхраазеи иара? Исанг иҳәоит: «Сыԥҳәыси сареи Анцәа иҳәареи Абиблиа аҭҵаареи ҳаҟәыҵуамызт. Иара убас иҳамаз азылԥхарақәа ҳрызхәыцуан, адунеи ҿыц аҿы анхаразы иҳамоу агәыӷрагьы уахь иналаҵаны».
Згәабзиара ҽеимгьы ажәабжьҳәаразы алшарақәа рыԥшаауеит, уи агәырӷьара рзаанагоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—13.)
11. Илыцхраазеи Синди агәырӷьара ахьчара?
11 Мексика инхо Синди ачымазара бааԥс лыдырбалеит. Илыцхраазеи уи ахгара? Лара илыӡбеит лҽахьынӡалхәышәтәло есыҽны ауаа шаҳаҭра рылҭаларц. Лара илҩит: «Уи абзоурала сара исхызгараны иҟаз аоперациеи, исымаз ахьааи, счымазареи акәымкәа, егьырҭ ауаа срызхәыцлар сылшон. Сҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи санрацәажәоз шәҭаацәа шԥаҟо ҳәа сразҵаауан. Анаҩс абас имариам азанааҭ залышәхзеи ҳәа сразҵаауан. Уи сыцхраауан дара еиҳа ирзааигәаз атема аилкаара. Аӡәырҩы ирҳәон иаҳхәышәтәуа ауаа шамахамзар шәышԥаҟоу ҳәа иҳазҵааӡом ҳәа, насгьы иҭабуп ҳәа сарҳәон. Шьоукы рҭел аномергьы сырҭон, ма иахьынхоз сарҳәон. Сара издыруан Иегова аамҭа цәгьақәа рзы сышнимыжьуаз, аха абриаҟара агәырӷьара сиҭоит ҳәа сыҟамызт!» (Ажәам. 15:15).
12, 13. Ишԥарылшо ичмазаҩу, мамзаргьы зықәрахь инеихьоу ажәабжь аҳәара? Иарбан лҵшәақәоу уи иаанаго?
12 Ичмазаҩу ма зхы иамыхәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имаҵ аураҿы ирҭаху зегь ахьырзыҟамҵо азы ргәы каҳауазар ауеит. Ус шакәугьы, дара шаҳаҭра бзиа руеит. Еиду Аштатқәа рҿы инхоз Лорел аихатә рыԥҳақәа ҳәа изышьҭоу аппарат 37 шықәса дҭан. Уи адагьы, лара акьыба лыман, имаҷымкәа аоперациа ӷәӷәақәа лхылгеит, насгьы лцәа иузымхәышәтәуаз ачымазара аман. Арҭ ауадаҩрақәа зегь дырмыхәаԥшӡакәа, лара ажәабжьҳәара даҟәыҵуамызт. Лара лыҩны инеиуаз амедиаҳәшьцәеи егьырҭ ауааи ажәабжь бзиа рзеиҭалҳәон. Убас ала лара 17-ҩык раҟара аҵабырг аилкаара дрыцхрааит!d
13 Абар Франциа инхо Ришар зыхьӡу аизара аиҳабы аҩны издәылымҵуа, ма абыргцәа рыҩнаҿы инхо ирабжьеиго: «Сара урҭ ҳашәҟәқәеи ҳжурналқәеи ауаа иахьырбо аҭыԥқәа рҿы иқәырҵаларц расҳәоит. Избанзар ауаа уи аинтерес рызцәырнагар, насгьы ак иазҵаар ауеит. Урҭ аицәажәарақәа ҩнаҭацыԥхьаӡа изымныҟәо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭырхуеит». Иара убас аҩны издәылымҵуа ирылшоит асаламшәҟәқәа рыҩлар, насгьы ҭелла ажәабжь рҳәалар.
ИАҲҬАХЫЗ АҬАКԤХЫҚӘРА АХЬАҲМОУЗ ИАХҞЬАНЫ ҲГӘЫ АНКАҲАУА
14. Иарбан ҿырԥш бзиоу Давид иаҳзынижьыз?
14 Ҳақәра, ҳгәамбзиара, ма егьырҭ амзызқәа ирыхҟьаны ҳара ҭакԥхықәрак анагӡара ҳалымшар ауеит. Уи аҩыза ҳақәшәазар, аҳ Давид иҿырԥштәы ҳацхраар алшоит. Давид даараӡа иҭахын Анцәа изы аныҳәарҭа иргыларц. Аха уи аргыларазы Анцәа даҽаӡәы дшалихыз анеиликаа, иара уи дидгылеит, дагьицхрааит. Иара уи аргыларазы ахьгьы араӡынгьы дамеигӡеит. Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи Давид иаҳзынижьыз! (2 Сам. 7:12, 13; 1 Аш. 29:1, 3—5).
15. Ицхраазеи Анри агәкаҳара аиааира?
15 Франциа инхо Анри зыхьӡу аиашьа игәамбзиара иахҟьаны уаҳа аизара аиҳаб иеиԥш амаҵ изуамызт. Иара имариаз аҩн усқәагьы изынагӡомызт. Анри иҳәоит: «Раԥхьа даараӡа сгәы каҳаит, акгьы саԥсамшәагьы збо салагеит. Аха нас еилыскааит сҭагылазаашьа сҽақәсыршәар шсыхәҭаз. Уи сыцхрааит Иегова имаҵ аураҿы иҟасҵалар сылшо аусқәа реигәырӷьара. Сара агәкажьра сгәы иҭаӡам. Ааԥсара иамыхәаԥшӡакәа ԥхьаҟа ицоз Гедеон ируааи иареи реиԥш ԥхьаҟа сцалоит!» (Аӡб. 8:4).
16. Иарбан ҿырԥшу амаалықьцәа иҳарҭо?
16 Аҿырԥш бзиа Анцәа изиашоу амаалықьцәагьы иҳарҭоит. Аҳ Ахав ихаан Иегова амаалықьцәа еизганы Ахав дышԥаҳжьари ҳәа дразҵааит. Дасу ргәаанагарақәа рҳәеит. Аха Иегова маалықьк ииҳәаз игәаԥхеит, уара Ахав дузжьоит ҳәагьы иеиҳәеит (1 Аҳ. 22:19—22). Ргәы каҳама егьырҭ амаалықьцәа, ирҳәама схы баша изсыргәаҟзеи ҳәа? Ҳәарада, мап. Амаалықьцәа ахынраалара рылаҵәҟьоуп, дара ахьӡ-аԥша зегьы Иегова ирҭалар рҭахуп (Аӡб. 13:16—18; Аат. 19:10).
17. Иҟаҳҵар акәзеи ҭакԥхықәрак ахьаҳмоуз азы ҳгәы каҳазар?
17 Ишәхашәмыршҭлан зегь иреиҳау аҳаҭыр Иегова ихьӡ ахьныҟәаҳго, насгьы Иаҳра аӡбахә ауаа иахьрылаҳҳәо шакәу. Иахьа ҳара ҭакԥхықәрак наҳагӡозар ауеит, аха уаҵәы уи ҳцәыӡыр алшоит. Аха Иегова изы ихадоу уи акәӡам. Иара еиҳараӡак зыхә ишьо иҳалоу ахынраалара ауп. Уи аҟазшьа ҳалазар ҳашьцәагьы бзиа ҳарбалоит. Убри аҟынтә шәиҳәала Иегова ахынраалареи ахӡырымгареи реизырҳара дшәыцхрааларц азы. Шәрызхәыцла ахынраалареи ахӡырымгареи аазырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа. Излашәылшо ала шәашьцәа рымаҵ жәула (Аԥсал. 138:6; 1 Пиотр 5:5).
АУАА АЖӘАБЖЬ БЗИА ИАХЬАЗЫМӠЫРҨУА АЗЫ ҲГӘЫ АНКАҲАУА
18, 19. Ишәыцхраар алшозеи амаҵзура аҟынтә агәырӷьара аиура, ауаа уиаҟара имӡырҩуазаргьы?
18 Шәгәы каҳауама шәахьынхо аҭыԥ аҿы ажәабжь иазыӡырҩуа ахьмаҷу, мамзаргьы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анышәҳәо ауаа рықәшәара ахьыцәгьоу иахҟьаны? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ари аҩыза аҭагылазаашьа иахҟьаны агәырӷьара ҳцәымӡырц азы? Арамка «Амаҵзура ишәзаанаго агәырӷьара аизырҳара ишәыцхраауа» аҿы иану алабжьарақәа шәыхәар ауеит. Иара убас ҳара ҳмаҵзура ииашаны ҳазыҟазароуп. Иаанагозеи уи?
19 Ишәхашәмыршҭлан ҳара ажәабжь заҳҳәо ауаа Анцәа ихьӡ раҳарц, насгьы Иаҳра аӡбахә еилыркаарц азы шакәу. Иисус иҳәеит аԥсҭазааратә мҩа ианыло шырацәамхоз (Матф. 7:13, 14). Ажәабжь анаҳҳәо ҳара Иеговеи, Иисуси, амаалықьцәеи аус рыцаҳуеит. Уи ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп (Матф. 28:19, 20; 1 Кор. 3:9; Аат. 14:6, 7). Иегова имаҵ аура зҭаху ауаа иԥшаауеит (Иоанн 6:44). Иахьа ауаҩы даҳзымӡырҩызар ҳгәы каҳмыжьроуп, избанзар уаҵәы даҳзыӡырҩыр алшоит.
20. Ишԥаҳацхраауеи Иеремиа 20:8, 9 иану агәкаҳара аиааира?
20 Аԥааимбар Иеремиа иҿырԥштәы ҳара иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Иара ажәабжь зеиҳәоз ауаа зынӡаскгьы изыӡырҩуамызт, уи азмырхаӡакәа, дара ихыччон, дагьыладырҟәуан. (Шәаԥхьа Иеремиа 20:8, 9.) Зны иара даараӡа игәы каҳаит, уаҳа ажәабжь имҳәаларцгьы иӡбеит. Аха игәы иамуит. Избан? «Иегова иажәа» Иеремиа амца еиԥш иӷран, убри аҟынтә иара ҿымҭкәа дызтәомызт! Ҳаргьы ҳгәи-ҳахшыҩи Анцәа Иажәа иану аҵабырг ала иҳарҭәлар, Иеремиа ҳиеиԥшхоит. Убри азоуп есыҽны Абиблиа аҭҵаареи азхәыцреи убас изхадоу. Уи ҳацхраауеит ҳгәырӷьара аизырҳара, иара убас ҳмаҵзура аиӷьтәра (Иер. 15:16).
21. Иҳацхраауазеи агәкаҳара аиааира?
21 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Дебора илҳәоит: «Аҩсҭаа агәкаҳара бџьарҵас ихы иаирхәоит». Аха Иегова Аҩсҭаа ибџьарқәеи иареи раасҭа дыӷәӷәоуп. Убри аҟынтә шәгәы казыжьузаалакгьы, Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Иара дшәыцхраауеит шәыгхақәеи шәыԥсыҽрақәеи ииашаны рыхәаԥшра, шәчымазарақәа рыхгара, аизараҿы аҭакԥхықәрақәа шәымамзаргьы агәкаҳара аҽамҭара, насгьы ауаа ажәабжь иазымӡырҩуазаргьы агәырӷьара ахьчара. Жәҩантәи Шәаб шәгәы иҵхо зегь изеиҭашәҳәала. Иара ицхыраарала агәкаҳара шәаиааир шәылшоит!
АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл
a Ҳара зегьы зны-зынла ҳгәы каҳауеит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит агәкаҳара аиааира иҳацхраауа алабжьарақәа. Ҳара еилаҳкаауеит Иегова ицхыраарала уи ҳаиааир шҳалшо.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c 1 Иоанн 3:19, 20, АдҾ: «Убас ала еилаҳкаауеит ҳара аҵабырг ҳшатәу, насгьы иара дшаҳзыразу ҳгәы агәра аҳаргоит, уи аказы иҳақәыӡбозаргьы, избанзар Анцәа ҳара ҳгәы аҵкыс деиҳауп, насгьы зегь идыруеит».
d Лорел лбиографиа ануп ианвар 22, 1993 шықәсазы иҭыжьыз ажурнал «Пробудитесь!» аҿы (англыз).
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиаҳәшьа азныказы лгәы каҳаит, аха нас илгәалашәеит уаанӡа амаҵзураҿы иҟалҵоз, насгьы Иегова диҳәеит. Лара агәра ганы дыҟоуп Иегова уаанӡа иҟалҵозгьы, уажәы иҟалҵогьы ахаан ишихамышҭуа.