Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 декабр ад. 30
  • Ишәгәалашәома шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәгәалашәома шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аԥсҭазаара угәы ахшәазар
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Моисеи иашәа иалаз аиҿырԥшрақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Саул раԥхьа ахӡырымгара илан, насгьы ихы ҳареикуамызт
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
  • Иегова иаҳҭаз ажәа еснагь инаҳагӡалароуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 декабр ад. 30

Ишәгәалашәома шәара?

Шәыхшыҩ азышьҭны шәрыԥхьозма ари ашықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа? Шәааи игәаҳҭап анаҩстәи азҵаарақәа рҭак шыҟашәҵо:

Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу доуҳала иалху ақьырсианцәа?

Ҳара урҭ рыгәрахаҵара ҳаҿыԥшлар ҳҭахуп, аха иҳараҳкӡом (Иуда 16). Иара убас жәҩантәи ргәыӷра иадҳәалоу азҵаарақәа раҳҭаӡом (w20.01, адаҟьа 29).

Агәра шәзыргозеи Иегова хаҭала шәара шәшидыруа?

Абиблиа ишаҳнарбо ала, Иегова шәара шәиаанӡагьы шәидыруан. Иара шәаниҳәо зҿлымҳарала дышәзыӡырҩуеит. Иара ибоит шәгәы иҭоу, шәзызхәыцуа. Иара изы шәхы шымҩаԥыжәго акраҵанакуеит (1 Аш. 28:9; Ажәам. 27:11). Иара ихаҭа иара ишҟа шәааиԥхьеит (w20.02, адаҟьа 12).

Ианбаамҭоу ацәажәара, ианбаамҭоу аҿымҭра?

Ҳара Иегова иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара ҳгәаԥхоит. Иара убас ҳара ҿымҭӡакәа ҳтәаӡом аӡәы ишәарҭоу амҩа дшаныло ҳбозар. Аизара аиҳабацәагьы аӡәы алабжьара шиҭатәу рбозар, ҿымҭкәа итәом. Ҳара ашьҭашәарыцарақәа ахьыҟоу атәылаҿы Анцәа имҵахырхәара иадҳәалоу аусқәа шымҩаԥырго ҳазҵааӡом, ҳхаҭагьы уи еиҭаҳҳәаӡом. Иара убас имаӡоу аинформациа егьырҭ ирзеиҭаҳҳәаӡом (w20.03, адаҟьақәа 20—21).

Излеиԥшымзеи Иоиль ишәҟәы 2-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу амаҵеи, Аатра 9-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу амаҵеи?

Иоиль 2:20—29 аҿы иануп Анцәа амаҵа наҟ ишықәицо, уи иаанагаз аԥхасҭагьы шириашо, анаҩс имаҵзуҩцәа идоуҳа шриҭо. Ари аԥааимбаражәа наӡеит вавилонаа Израиль ианақәла, иара убас ԥыҭрак ашьҭахьгьы. Аатра 9:1—11 аҿы зыӡбахә ҳәоу амаҵа иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа аанарԥшуеит. Дара гәымшәарала ауаа ирыларҳәоит Анцәа ицәгьоу ари адунеи дшақәыӡбаз, аӡәырҩы уи шыргәамԥхогьы (w20.04, адаҟьақәа 3—6).

Дызусҭада иахьа «аҩадатәи аҳ»?

Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи. Дара Анцәа ижәлар ирышьҭашәарыцоит, насгьы ажәабжьҳәаразы азин рырҭом. Убасала уи шырцәымӷу аадырԥшуеит. Аҩадатәи аҳ аладатәи аҳ диҿагылоуп (w20.05, адаҟьа 13).

Иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа Галаҭаа рахь 5:22, 23 рҿы зыӡбахә ҳәоу рымацара роума?

Мап. Иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит егьырҭ аҟазшьақәагьы раарԥшра, иаҳҳәап, ахачҳара (1 Тим. 6:11) (w20.06, адаҟьа 17).

Избан аинтернет ак анҭаҳгало агәҽанызаара ааҳарԥшлар закәу?

Аинтернет иҭажәгало апатреҭқәеи авидеоқәеи аҽхәара бзиа ижәбошәа, насгьы ахынраалара шәзымхошәа удырбар ауеит (w20.07, адаҟьақәа 5—7).

Иҿырҵаар рылшозеи ақьырсианцәа аԥсыӡкҩы бзиа?

Аԥсыӡкҩы бзиа идыруеит аԥсыӡ аныклатәу, насгьы иахьыклатәу. Иара амыругақәа рхархәашьа бзианы идыруеит. Амш аныцәгьоугьы дымшәаӡакәа аԥсыӡ икуеит. Ҳаргьы ҳмаҵзураҿы аԥсыӡкҩы бзиа ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит (w20.09, адаҟьақәа 4, 5).

Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Иегова иахь абзиабара аизырҳара ҳрыцхраар?

Ҳара урҭ есыҽны Абиблиа иаԥхьаларц, насгьы изыԥхьо иазхәыцларц ргәазҭаҳҵалароуп. Иара убас Анцәа иҳәашьа дҳарҵалароуп (w20.11, адаҟьа 4).

Зыӡбахә имадаз Павел «Христос иҿы зегьы рыԥсы ҭалоит» ҳәа аниҳәаз? (1 Кор. 15:22).

Павел иԥсхьоу зегь рыԥсы ҭалоит ҳәа имҳәаӡеит. Иара зыӡбахә иҳәоз рахь иаҵанакуан иԥшьоу адоуҳала иалху «Христос Иисус ила ирлашоу» ақьырсианцәа (1 Кор. 1:2; 15:18) (w20.12, адаҟьа 6).

Иарбан усу жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵахо ақьырсианцәа ирзыԥшу? (1 Кор. 15:51—53).

Дара Иисус ивагыланы «аихатә лабакьаҿ аанкыланы» ажәларқәа ирхагылоит (Аат. 2:26, 27) (w20.12, адаҟьақәа 12—13.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра