Ижәдыруама шәара?
Ирурызма римтәи анапхгаҩцәа, ашьаҟа икыдҵаны иршьуаз ауаҩы ауаа шыржуаз еиԥш дыржырц?
АӠӘЫРҨЫ ишырдыруа еиԥш, Иисус ҩыџьа ацәгьаҟаҵаҩцәа рыбжьара дкыдҵаны дыршьит (Матф. 27:35—38). Аха шьоукы агәра ргаӡом анаҩс Иисус ицәеижь ажра иазыҟаҵаны адамра ишҭарҵаз (Марк 15:42—46).
Аевангелиеқәа рыкритикцәа шьоукы ирҳәоит ашьаҟа икыдҵаны иршьуаз ауаҩы ауаа шыржуаз еиԥш ижра азин ыҟаӡамызт ҳәа. Дара изларҳәо ала, урҭ зынӡа даҽакала акәын ишырзыруаз. Абар ажурналист Ариель Сабар ажурнал «Смитсониан»a аҿы ииҩыз: «Ашьаҟа икыдҵаны иршьуаз иатәарымбоз ауаа ракәын, убас урҭ ахьдырхәуан. Убри аҟынтә аекспертцәа шьоукы агәра ргаӡом римаа, ашьаҟа икыдҵаны иршьыз ауаҩы ауаа шыржуаз еиԥш ижра азин рырҭарын ҳәа». Ашьаҟа икыдҵаны иршьуаз ауаа римаа уа иаанрыжьуан. Убас дара урҭ ладырҟәуан, избанзар рцәеижь агыгшәыгқәа ирфон. Уи ашьҭахь иаанхоз рыбаҩқәа зегь еицырзеиԥшыз анышәынҭрахь иҭарыжьуан.
Аха археологцәа ирыԥшааз ишьақәнарӷәӷәеит ус есымша ишыҟамыз. 1968 шықәсазы ирыԥшааит актәи ашәышықәсазы ашьаҟа икыдҵаны иршьыз хаҵак ибаҩқәа. Урҭ Иерусалим азааигәара иҟаз ауриатә ҭаацәарақәа ахьыржлоз адамраҿы ирыԥшааит, оссуариа захьӡу абаҩқәа зҭарҵоз аиашьыкь иҭаны. Урҭ абаҩқәа ауаҩы ишьхәабаҩ рылан. Уи 11,5 см иҟаз аҵәымӷ ала амҿы иадчаԥалан. Сабар иҳәоит: «Акыршықәса аекспертцәа Иисус адамраҿы дшыржыз ала аимак рыбжьан. Аха Иехоханан зыхьӡыз ахаҵа ишьхәабаҩ уи аимак аӡбеит. [...] Уи ишьақәнарӷәӷәоит Иисус ихаан римаа, ашьаҟа икыдҵаны иршьуаз ауаҩы адамра иҭаҵара ауриацәа азин шрырҭоз».
Иехоханан ишьхәабаҩ анҭуҵаауа Иисус ицәеижь ашьаҟа аҟны кыдшьас иамаз иазкны агәаанагарақәа рацәахар ауеит. Аха ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар ҳалшоит ашьаҟа икыдҵаны иршьуаз ацәгьаҟаҵаҩцәа шьоукы, зегьы еицырзеиԥшыз анышәынҭра иҭажьны акәымкәа, ауаа шыржуаз еиԥш иржуан ҳәа. Ус анакәха, Иисус ицәеижь адамра ишҭарҵаз иазкны Абиблиа иану агәра ҳгар ҳалшоит.
Абасала, археологиа Абиблиа иану шиашоу шьақәнарӷәӷәоит. Аха зегь раасҭа иӷәӷәоу ашьақәырӷәӷәара — Иегова ихаҭа иажәа ауп. Анцәа заа иҳәахьан Иисус ибеиоу ауаҩы идамраҿы дшыржуа. Уи иажәа анаӡара аӡәгьы дзаԥырхагахаӡом (Ис. 53:9; 55:11).
a Сабар А. Открывая мир Иисуса // Смитсониан. 2016. Атом 46. № 9. Ианвар / февраль. Ад. 48. Англ. быз.