Ижәдыруама шәара?
Ишԥеилыркаауаз абиблиатә аамҭақәа раан ашықәс ҿыци амза ҿыци аналагоз?
ИЗҚӘЫРГӘЫӶЫЗ адгьыл аҿы инхоз ауриацәа рзы иаабац ашықәс ацәаӷәареи алаҵареи рыла иалагон. Уи иахьатәи сентиабри — октиабри роуп.
29 ма 30 мшы змаз 12 амзатә амзақәа рыла ишьақәгылаз ашықәс амратә ашықәс аасҭа икьаҿын. Амзатәии амратәии амзарқәа еиқәдыршәарц азы еиуеиԥшым азнеишьақәа рхы иадырхәон. Уи азы амзақәа амшқәа рыцырҵон, мамзаргьы ашықәс мызкы ацырҵон, иҟалап, уи ашықәс алагамҭазы акәызҭгьы ианыҟарҵоз. Убас ала, амзари ақыҭанхамҩатә усурақәа рымҩаԥгара аамҭеи еиқәдыршәон.
Моисеи ихаан Анцәа ижәлар иреиҳәеит иԥшьоу ашықәс ааԥын, авив, мамзаргьы нисан зыхьӡу амзала ишалагало (Ақәҵ. 12:2; 13:4). Уи амзазы имҩаԥысуаз аныҳәа аан израильаа ачаԥшь раԥхьатәи аҿаҳәарақәа Иегова изнаргон (Ақәҵ. 23:15, 16).
Аҭоурыхҭҵааҩ Емиль Шиурер иҳәоит: «Ашықәс мызкы ацҵатәу-иацҵатәыму зларыӡбоз ԥҟара мариак ыҟан. Нисан мзазы (нисан 14) амзаҭәымҭа аан имҩаԥысуаз Амшаԥы ааԥын амши-аҵхи анеиҟароу ашьҭахь акәын ианазгәаҭалатәыз. [...] Убри аҟынтә ашықәс анҵәамҭазы игәарҭозҭгьы иааиуа ашықәс азы Амшаԥы амши-аҵхи еиҟарахаанӡа ишақәшәоз, нисан аԥхьа даҽа мызкы [13-тәи] ацырҵон»a.
Иегова ишаҳаҭцәа уи аҩыза азнеишьа рхы иадырхәоит ааԥын, ауриатә мзар ала нисан 14 азы имҩаԥысуа Иҳақәиҭу иуаххьа зықәшәо амш анеилыркаауа. Уи арыцхә аизарақәа зегьы заа ирыларҳәоитb.
Аха ишԥеилыркаауаз ауриацәа амза ҿыц аналагоз? Иахьа уи зынӡа имариоуп. Иаҳҳәап, аҭӡамц аҿы икыду, ма ҳҭел аҿы иҟоу амзар ҳахәаԥшыр ауеит. Аха ажәытәан уи ус имариаӡамызт.
Нои ихаан амзақәа зегьы 30 мшы рыман (Аҟаз. 7:11, 24; 8:3, 4). Аха ԥыҭрак ашьҭахь ауриацәа амзақәа шаҟа мшы рымазаауа шьақәырӷәӷәаны ирымаӡамызт. Ауриатә мзар ала амзаҿа ангылоз акәын амза ҿыц аналагоз. Убри аҟынтә уи 29 ма 30 мшы аман.
Абиблиаҿы иануп Давиди Ионафани ахьеицәажәоз амза ҿыц ишалагоз иазкны абас шырҳәаз: «Уаҵәы амзаҿа гылоит» (1 Сам. 20:5, 18). Ус анакәха, XI ашәышықәса ҳ. ҟ. азы амза ҿыц аналагоз заа ирдыруан. Ишԥарылшоз израильаа амза ҿыц ишалагаз аилкаара? Уи иазкны аинформациа аагоуп Мишна́ захьӡу аиудеиатә ҿаԥыцтә закәанқәеи аҳәамҭақәеи реизга аҿы. Уа иануп вавилонтәи атҟәара ашьҭахь уи азҵаара Асинедрион (аиудеиатә иреиҳаӡоу аӡбарҭа) ишаӡбоз. Аныҳәақәа аназгәарҭоз амзақәа быжьба раан аӡбаҩцәа амза 30-тәи амш аҽны ашьжьымҭан шаанӡа еизон. Урҭ хықәкыс ирымаз амза ҿыц аналагоз аилкаара акәын. Ишԥеилыркаауаз уи дара?
Иерусалим иаакәыршаны иҟаз ахәқәа рҿы заа ауаа дыргылон. Урҭ ажәҩан аҿы амзаҿа ангылоз иазыԥшын. Уи анырбалак иаразнак Асинедрион ахь ицаны аӡбаҩцәа ирарҳәон. Аӡбаҩцәа рызхара ашаҳаҭцәа анроулак ашьҭахь, уи 30-тәи амш, амза ҿыц актәи амш ауп ҳәа ауаа ирыларҳәон. Аха иҟарҵози аԥсҭҳәа, ма анаҟә иахҟьаны амза рымбозҭгьы? Усҟан изҭаз амза 30 мшы аман ҳәа рыԥхьаӡон, насгьы амза ҿыц адырҩаҽны иалагоит ҳәа ауаа ирыларҳәон.
Мишна аҿы иануп ақалақь азааигәара иҟаз Ахәша шьхаҿы амца шеиқәырҵоз, Иерусалим инхоз ауаа Асинедрион ирыӡбаз еилыркаарц азы. Егьырҭгьы уи еилыркаарц азы атәыла ахьынӡанаӡааӡоз аҳаракырақәа рҿы амца еиқәырҵон. Ԥыҭрак ашьҭахь уи ажәабжь ауаа ирыларҳәарц азы ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭуа иалагеит. Убри аҟынтә ауриацәа ахьынхозаалакгьы — Иерусалим акәзаргьы, Израиль егьырҭ ахәҭақәа рҿы ма, ихароу аҭыԥқәа рҿы акәзаргьы — амза ҿыц шалагаз раҳауан. Ус анакәха, зегьы есышықәсатәи аныҳәақәа еицазгәарҭалар рылшон.
Ауриатә мзар иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит атаблица аҟынтә.
a Ацитата: Шиурер Е. История еврейского народа в эпоху Иисуса Христа (175 до н. э. — 135 н. э.). Единбург, 1973. Атом 1. Ад. 593. Англ. быз.
b Шәахәаԥш аброшиура № 2 «Статьи для изучения из английских изданий „Сторожевой башни“ 1990 года», адаҟьа 17, абзацқәа 25, 26, насгьы 1978 шықәса, маи 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» (аурыс).