АҴАРАЗЫ АСТАТИА 31
Анцәа иҳәара алшара ахә ҳаракны ишәшьала
«Сыҳәара иузнарго афимиам иаҩызазааит» (АԤСАЛ. 141:2).
АШӘА 47 Есыҽны Иегова уиҳәала
АХҲӘААa
1. Ҳашԥазыҟазар ҳахәҭоузеи анцәаиҳәара?
ИЕГОВА аҳаҭыр ду ҳаҭәеишьеит — иара, ажәҩани адгьыли зшаз, иҳәара. Ҳара ҳаҳәарақәа Анцәа изааҳартлар ҳалшоит ианааҳҭаххалак, иарбан бызшәазаалакгьы ала, насгьы уи азы заа џьаргьы ҳҽанаҳҵар акәӡам. Ҳахьыҟазаалакгьы — ахәышәтәырҭаҿы ҳашьҭоума, абахҭа ҳҭакума — бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ҳабжьы иаҳауеит. Ҳара ари аҳамҭазы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит!
2. Ишԥааирԥши аҳ Давид Анцәа иҳәара алшара ахә ҳаракны ишишьоз?
2 Аҳ Давид Анцәа иҳәара алшара ахә ҳаракны ишьон. Иара Иегова абас ашәа изиҳәон: «Сыҳәара иузнарго афимиам иаҩызазааит» (Аԥсал. 141:1, 2). Давид ихаан аԥшьаҩцәа Анцәа имаҵ аураҿы рхы иадырхәоз афимиам аҟаҵара ҭакԥхықәрала иазнеиуан (Ақәҵ. 30:34, 35). Давид афимиам ус баша даламцәажәаӡеит. Иҟалап, иара жәҩантәи Иаб иеиҳәаша заа ибзианы дазхәыцуазҭгьы. Ҳәарада, ҳаргьы ус ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Ҳара ҳаҳәарақәа Иегова игәы иахәалар ҳҭахуп.
3. Ҳашԥаиҳәалар ҳахәҭоу Анцәа, насгьы избан?
3 Ҳара Анцәа ҳаниҳәо ҳаҳәарақәа иара иахь апатуқәҵара ду рныԥшуазар ауп. Ишәгәалашәыршәа Исаиеи, Иезекиильи, Даниили, Иоанни ирбаз узыршанхоз абарақәа. Урҭ шеиԥшымызгьы, еицырзеиԥшызгьы ак ыҟан. Урҭ зегь рҿы Иегова зегь иреиҳау Аҳ иеиԥш даарԥшын. Исаиа Иегова атәарҭа ҳарак дшықәтәаз дибеит (Ис. 6:1—3). Иезекииль ибараҿы Иегова жәҩантәи иҽыуардын дақәтәан, насгьы иааикәыршаны зегьы ацәаҟәа еиԥш илашон (Иез. 1:26—28). Даниил иаԥхьа «Жытәнатә Аахыс Иҟоу» дгылан. Уи амаҭәа шкәакәа ишәын, насгьы итәарҭа ҭыԥ амца еилашыра иаҩызан (Дан. 7:9, 10). Иоаннгьы Иегова итәарҭаҿы дыштәаз ибеит. Уи иааикәыршаны «ԥштәы иаҵәала еилыԥхаауа ацәаҟәа» ыҟан (Аат. 4:2—4). Иегова имоу ахьӡ-аԥша акгьы иузаҿырԥшуам. Уи ҳаназхәыцуа иацәажәара алшара ахьҳамоу еиҳагьы ахә ҳаракны иаҳшьоит. Уи адагьы, уи иаҳгәаланаршәоит, Иегова ҳаниҳәо апатуқәҵара ааҳарԥшлар шҳахәҭоу. Аха ҳзызиҳәалар акәзеи Анцәа?
«ШӘИҲӘАЛА АНЦӘА АБАС»
4. Иаҳдырҵозеи Иисус иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа андирҵоз дызлалагаз ажәақәа? (Матфеи 6:9, 10).
4 Шәаԥхьа Матфеи 6:9, 10. Иисус Ашьха ашьапаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа дирҵон. Насгьы рыҳәарақәа Анцәа игәаԥхаларц азы, уи шыҟаҵалатәу реиҳәеит. «Шәиҳәала Анцәа абас» ҳәа аниҳәа ашьҭахь Иисус Иегова игәҭакы иадҳәалоу еиқәиԥхьаӡеит. Уи Анцәа ихьӡ арыцқьареи, Иегова иаӷацәа ықәызго Аҳра ааиреи, насгьы ауаатәыҩса аԥхьаҟа ирзыԥшу аҳамҭеи роуп. Ҳара урҭ рзы Анцәа иҳәара ҳхаҳмыршҭуазар, Анцәа игәаԥхара ҳара ҳзы ишхадоу ааҳарԥшуеит.
5. Даҳзыӡырҩуама Анцәа ҳхатә ҭахрақәа рзы ҳаниҳәо?
5 Анаҩс Иисус иҳәеит ҳхатә ҭахрақәа рзгьы Анцәа иҳәара цәгьарак шаҵам. Ҳара иҳалшоит Иегова иахьатәи амш азы афатә ҳаиҭарц, ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц, акгьы ҳахнамхырц, насгьы Аџьныш иҟынтә ҳихьчарц азы ҳиҳәалар (Матф. 6:11—13). Урҭ рҩызцәа аҳәарақәа иаадырԥшуеит Иегова ида ԥсыхәа шҳамам шеилаҳкаауа, насгьы игәы аҟаҵара шаҳҭаху.
Дзызиҳәалар илшозеи ахаҵа Иегова, иԥҳәыси иареи Анцәа ианиҳәо? (Шәахәаԥш абзац 6.)b
6. Иахәҭоума Иисус ишьҭанеицәа идирҵаз анцәаиҳәара ҿырҳәала иҵаны аҳәара? Иҳаилшәыркаа.
6 Иисус дазыԥшӡамызт ишьҭанеицәа идирҵаз анцәаиҳәара ишиҳәаҵәҟьаз еиԥш ҿырҳәала иҵаны ирҳәалар акәын ҳәа. Ихаҭагьы Анцәа даниҳәоз, аҭагылазаашьа инақәыршәаны игәы иҵхоз иҳәон (Матф. 26:39, 42; Иоанн 17:1—26). Убас еиԥш ҳаргьы Анцәа ҳаниҳәо ҳгәы иҵхо зегьы ҳҳәалар ҳалшоит. Аӡбара ҳадаҳкылар акәзар, Иегова аҟәыӷара ҳаиҭарц азы ҳиҳәалароуп (Аԥсал. 119:33, 34). Иҿыцу уск ҳаналаго Иегова уи шынагӡатәу аилкаара дҳацхраарц ҳзимыҳәарызеи? (Ажәам. 2:6). Аҭаацәа рхәыҷқәа рзы Анцәа иҳәалар рылшоит, ахәыҷқәагьы — рҭаацәа рзы. Ҳәараҭахума, ҳара зегьы Абиблиа аҵара иаҿу рзы, насгьы ажәабжь ззеиҭаҳҳәо рзы Анцәа ҳиҳәалароуп. Еилкаауп, Анцәа ҳаниҳәо иаҳҭаху мацара акәӡам иаҳҳәо.
Изакәазы дҳарҽхәалар ҳалшозеи Иегова ҳаниҳәо, насгьы ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалар акәзеи? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7—9.)c
7. Избан ҳаҳәарақәа рҿы Иегова дҳарҽхәалар зҳахәҭоу?
7 Анцәа шәаниҳәо Иегова ирҽхәара шәхашәмыршҭлан. Ҳанцәа иеиԥш арҽхәара иаԥсоу аӡәгьы дыҟаӡам. Иегова дқьиоуп, насгьы анажьра дазхиоуп. Иара убас уи «арыцҳашьара злоу, згәы ҭбаау, ачҳара злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп» (Аԥсал. 86:5, 15). Иегова иҟазшьақәеи иусқәеи убриаҟара иԥшӡоуп, даҳмырҽхәалар залшом!
8. Ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалар ҳалшозеи Иегова? (Аԥсалом 104:12—15, 24).
8 Иегова ирҽхәара адагьы ирацәаны аҳамҭақәа ахьҳаиҭо азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит ашәҭ ԥшӡақәеи, афатә хааи, аҩызцәа бзиақәеи ахьҳамоу азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар. Бзиа ҳазбо Ҳаб арҭ реиԥш егьырҭ аҳамҭақәагьы аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц азы ауп изҳаиҭо. (Шәаԥхьа Аԥсалом 104:12—15, 24.) Аха еиҳараӡак Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәо, меигӡарахда адоуҳатә фатә ахьҳаиҭо, насгьы ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара бзиа ҳахьақәиргәыӷуа азы ауп.
9. Иҟаҵалатәузеи Иегова ҭабуп ҳәа иаҳәара ҳхамышҭларц азы? (1 Фессалоникаа рахь 5:17, 18).
9 Аха зны-зынла Иегова ҭабуп ҳәа иаҳәара ҳхашҭуеит. Иҟаҵалатәузеи ус ҳмыхьларц азы? Иегова шәзызиҳәаз џьара ианышәҵа, насгьы аамҭа-аамҭала уи шәеиҭахәаԥшла, Иегова шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵаз жәбарц азы. Нас Анцәа дахьшәыцхрааз азы ҭабуп ҳәа иашәҳәала. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:17, 18.) Шәазхәыц: аӡәы ҭабуп ҳәа анҳаиҳәо, уи ҳгәы ҟанаҵоит. Иеговагьы ҭабуп ҳәа аниаҳҳәо, уи игәы ҟанаҵоит (Кәал. 3:15). Аха иҟоуп Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалаша ихадоу даҽа мзызкгьы.
ИЕГОВА БЗИА ИИБО ИԤА ИЗЫ ҬАБУП ҲӘА ИАШӘҲӘАЛА
10. Избан Иегова Иисус адгьыл ахь дахьааишьҭыз азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар зҳахәҭоу? (1 Пиотр 2:21).
10 Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:21. Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп, бзиа иибо Иԥа аҵара ҳирҵаларц азы адгьыл ахь дахьааишьҭыз. Иисус иԥсҭазаара анҭаҳҵаауа жәҩантәи Ҳаб еиӷьны деилаҳкаауеит, дышҳаргәырӷьалашагьы ҳбоит. Ҳара Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ҳгалар, Иегова иҩызцәа гәакьақәа ҳакәзаауеит, насгьы иареи ҳареи аҭынчра ҳабжьазаауеит (Рим. 5:1).
11. Избан ҳара Иисус Христос ихьӡала Анцәа ҳазиҳәо?
11 Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Иԥа ила ҳиҳәалар ахьҳалшо. Уи ила ауп Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо. Иисус Христос ихьӡала Анцәа ҳиҳәозар, иара ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, ҳзызиҳәогьы ҳаиҭоит. Абар уи иазкны Иисус ииҳәаз: «Сара сыхьӡала Саб шәызиҳәауазаалакь Сара иҟасҵоит, Аб Аԥа иҟны дҳаракхаразы» (Иоанн 14:13, 14).
12. Иарбан мзызу иҵегьы иҟоу, Иегова Иԥа изы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар зҳахәҭоу?
12 Иегова Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Абиблиаҿы Иисус Аԥхьаԥшьаҩы иеиԥш даарԥшуп, «уи ажәҩан аҿы Зегьзымчу иарӷьараҿ дтәоуп» (Аур. 8:1). Иисус Иегова иааигәара иҟоу ҳацхырааҩ иоуп (1 Иоанн 2:1). Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, арыцҳашьара ду злоу Аԥхьаԥшьаҩы дахьҳаиҭаз. Иисус ҳаԥсыҽрақәа реилкаара мацара адагьы, ҳара ҳзы Анцәа диҳәоит (Рим. 8:34; Аур. 4:15). Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә Христос иԥсҭазаара ҳахҭнимҵазҭгьы, Анцәа иҳәара алшара зынӡагьы иҳауӡомызт. Ҳәарада шәара шәақәшаҳаҭхоит, Иегова иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа — акыр изаԥсоу Иԥа иԥсҭазаара ахьҳахҭниҵаз — ахаан аҵыхәтәанынӡа ахә шаҳзымшәо!
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РЗЫ АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА
13. Ишԥааирԥши Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа бзиа ишибоз?
13 Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа рзы акыраамҭа Иаб диҳәон, урҭ Аџьныш иҟынтә ихьчаларц азы (Иоанн 17:15). Анцәа Иԥа аԥышәара ӷәӷәақәа шизыԥшызгьы ихы дазхәыцуамызт, хьаас имаз иапостолцәа ракәын. Уи иаанарԥшит урҭ шаҟа иӷәӷәаны бзиа ибоз.
Ҳзызиҳәалар ҳалшозеи Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ҳаниҳәо? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)d
14. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо?
14 Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп, убри аҟынтә ҳхы мацара ҳазхәыцӡом. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы лассы-лассы Анцәа ҳиҳәоит. Убас инаҳагӡоит Иисус иԥҟара: «Аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала» (Иоанн 13:34). Ҳәараҭахума, Иегова игәы ҟанаҵоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала ҳшырзыҟоу анибо. Ҳаҳәарақәа урҭ даара ирыцхраар алшоит, избанзар Анцәа Иажәаҿы иануп: «Ауаҩ иаша игәцаракратә ныҳәара иалшо шьарда ирацәоуп» (Иак. 5:16).
15. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәалар зхадоу?
15 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәалар хадоуп, избанзар урҭ ирацәаны аԥышәарақәа ирықәшәоит. Ҳара Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит аԥсабаратә рыцҳарақәа, аибашьрақәа, ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо, иара убас ичмазаҩу, мамзаргьы даҽа гәаҟрак иақәшәаз дрыцхрааларц. Уи адагьы, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо агәаҟрақәа ианрықәшәо, зхы иамеигӡаӡакәа урҭ ирыцхраауа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәалар хадоуп. Иҟалап шәара урҭ хаҭала ижәдыруазар. Ишәылшома рыхьӡ ҳәаны дара рзы Анцәа шәиҳәалар? Убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишыжәбо аашәырԥшуеит.
16. Избан аҭакԥхықәра зду аишьцәа рзы Анцәа ҳиҳәалар зхадоу?
16 Ақьырсиантә еизараҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа ахә ҳаракны иршьоит дара рзы Анцәа ҳахьиҳәо. Урҭ рзы Анцәа ҳаимыҳәозҭгьы, дара ирыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара еиҳагьы ирцәыцәгьахон. Абар апостол Павел уи иазкны ииҳәаз: «Шәныҳәала сара сызгьы — иахәҭоу ажәақәа сҿашәаларазы, сымшәа-смырҳа агәырӷьажәа маӡас иаҵоу рыласырҵәаларазы» (Еф. 6:19). Иахьагьы Павел иеиԥшу зхы иамеигӡо аишьцәа рацәаҩны Иегова имаҵ ҳацыруеит. Абзиабара ҳгәазҭанаҵоит Иегова урҭ дрыцхрааларц азы иҳәара.
ЕГЬЫРҬ ИШРАҲАУА АНЦӘА ҲАНИҲӘО
17, 18. Ианбаҳаҳәар алшо егьырҭ ишраҳауа Анцәа ҳиҳәарц, насгьы иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи?
17 Зны-зынла егьырҭ ишраҳауа Анцәа ҳиҳәарц иҳаҳәоит. Иаҳҳәап, иаҳәшьак Абиблиа аҵарахьы даҽа иаҳәшьак даалыԥхьоит, насгьы Анцәа диҳәарц длыҳәоит. Иаарыԥхьаз аиаҳәшьа Абиблиа зҵо лҭагылазаашьа усҟак ибзианы илзымдыруазар алшоит, убри аҟынтә Абиблиа аҵара ашьҭахь Анцәа диҳәар еиҳа еиӷьуп ҳәа лыԥхьаӡар ауеит. Усҟан лара Анцәа даниҳәо Абиблиа зҵо ауаҩы лҭахрақәа рыӡбахәгьы лҳәар лылшоит.
18 Аиашьа ажәабжьҳәаратә еиԥылараҿы, ма аизараҿы Анцәа диҳәарц иарҳәар ауеит. Усҟан, раԥхьаӡа иргыланы аиашьа ихеимыршҭроуп аизара хықәкыс иамоу. Уи адагьы Анцәа даниҳәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьарақәа римҭалароуп, ма алаҳәарақәа ҟаимҵалароуп. Иара убас ихеимыршҭлароуп ашәаҳәареи анцәаиҳәареи хә-минуҭк шакәу ирзалху. Ус анакәха, Анцәа иҳәо аиашьа изыӡырҩуа ажәа иаимыршьыроуп, еиҳараӡак, аизара аналаго акәзар Анцәа даниҳәо (Матф. 6:7).
АНЦӘАИҲӘАРА ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ ИХАДОУ АК АКӘНЫ ИҞАЗААИТ
19. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова иӡбара амш ҳазхиазарц азы?
19 Иегова иӡбара амш ааигәахацыԥхьаӡа анцәаиҳәара ҳаԥсҭазаараҿы еиҳагьы ихадазароуп. Убри азоуп Иисус изиҳәаз: «Шәҷаԥшьала, шәныҳәала, абарҭ арыцҳарақәа зегьы рахьтә ахцәнырхара шәаҭәахаразы» (Лука 21:36). Ҳара Иегова есымша ҳиҳәозар, ҳагәрахаҵара ӷәӷәазаауеит, насгьы иӡбара амш ҳазхиазаауеит.
20. Ианбеиԥшхо ҳанцәаиҳәарақәа афимиам афҩы хаа?
20 Еилҳаргазеи ари астатиаҿы? Ҳара Анцәа иҳәара алшара ахьҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьалароуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳаҳәарақәа Иегова игәҭакы анаӡара иадҳәалазароуп. Уи адагьы Анцәа Иԥа изы, насгьы Христос инапаҿы иҟоу Аҳра азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәалароуп. Иҵегьы Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит, аԥсҭазааразы иаҳҭаху зегьы есыҽны иҳамазарц азы, насгьы ҳагәрахаҵара арӷәӷәара дҳацхрааларц азы. Анцәа ҳаниҳәо иаҳҳәарц иаҳҭаху заа ҳазхәыцлар, Анцәа иацәажәара алшара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшлоит. Усҟан ҳаҳәарақәа афимиам афҩы хаа еиԥш Иегова игәы ҟанаҵалоит (Ажәам. 15:8).
АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа
a Анцәа иҳәара алшара — Иегова иҳаиҭаз хәы змам ҳамҭоуп. Ҳара иаҳҭахуп ҳаҳәарақәа афимиам афҩы хаа еиԥш Иегова игәы иахәаларц. Ари астатиа иҳаилнаркаауеит Анцәа ҳзызиҳәалар ҳалшо. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит егьырҭ ишраҳауа Анцәа ҳиҳәарц иҳаҳәазар изызхәыцтәу.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ахаҵа иԥҳәыси иареи Анцәа иҳәоит рыԥҳа ашкол аҿы акгьы лмыхьырц, иабхәа дыбзиахарц, насгьы Абиблиа здырҵо доуҳала дыӷәӷәахарц.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиашьа Иегова ҭабуп ҳәа иеиҳәоит Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵаразы, ҳазқәынхо Адгьыл ԥшӡа азы, насгьы афатә хаа азы.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа Анцәа диҳәоит Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа иԥшьоу адоуҳа риҭаларц, насгьы аԥсабаратә рыцҳарақәеи ашьҭашәарыцарақәеи ирықәшәо дрыцхрааларц.