Ижәдыруама шәара?
Дыҟаҵәҟьазма Мардохеи?
МАРДОХЕИ зыхьӡыз ауриа ихадоу аҭыԥ ааникылоит Есфирь захьӡу абиблиатә шәҟәы иану ахҭысқәа рҿы. Иара итҟәаны иргахьаз ауриацәа дырхылҵит, насгьы Персиатәи аимпериа аҳ иаҳҭынраҿы амаҵ иуан. Уи V ашәышықәса алагамҭа ҳ. ҟ. азы Ахашверош ихаан акәын. (Иахьа уи Ксеркс I иакәын ҳәа рыԥхьаӡоит.) Мардохеи аҳ иҟынӡа инеигеит, аҳ дыршьырц шырҭахыз. Ахашверош уи пату ақәҵаны адҵа ҟаиҵеит, Мардохеи ажәлар зегь рҿаԥхьа ҳаҭыр иқәырҵарц. Ԥыҭрак ашьҭахь Мардохеи, насгьы егьырҭ ауриацәа зегь раӷа, Аман, даныршь ашьҭахь, аҳ Ахашверош Мардохеи актәи аминистр иакәны дҟаиҵеит. Мардохеи уи аҩыза аҭыԥ ду ахьааникылоз абзоурала, Персиатәи аимпериаҿы иҟаз ауриацәа еиқәзырхаз адҵа аҟаҵара илшеит (Есф. 1:1; 2:5, 21—23; 8:1, 2; 9:16).
XX ашәышықәса алагамҭазы аҭоурыхҭҵааҩцәа шьоукы ирҳәон, ашәҟәы Есфирь иану зегь хыҭҳәаауп, насгьы Мардохеи ахаан дыҟаӡамызт ҳәа. Аха 1941 шықәсазы археологцәа Мардохеи дшыҟаҵәҟьаз узырбар алшоз ак рыԥшааит. Изакәызеи уи?
Аҭҵааҩцәа ирбеит Мардука зыхьӡыз ауаҩы иӡбахә ахьаныз аџьамтә ҩыра. Иара аҭыԥ ду аанызкылоз уаҩын, иҟалап Сузақәа рҿы иҟаз аказначеи иакәызҭгьы. Мрагылара аҭоурых бзианы издыруа Артур Унгнад иҩуан, усҟантәи аамҭазы «уи аҩыра заҵәык аҿы шакәыз, Абиблиа ада, Мардохеи иӡбахә ахьаҳәоз».
Унгнад иусумҭа анҭрыжь ашьҭахь, аҵарауаа зқьыла егьырҭ аџьамтәи аҩырақәагьы еиҭаргеит. Урҭ иреиуоуп Персеполь аҿы ақалақь аҭӡамцқәа рзааигәара иҟаз ахазынаҭра аилабгарақәа рҿы ирыԥшааз анышәаԥшь ианҵаны иҟаз аҩырақәа. Урҭ Ксеркс I аҳра аниуаз аамҭазы иҩын ҳәа иԥхьаӡоуп. Урҭ еламтәи абызшәала иҩын, насгьы ашәҟәы Есфирь аҟынтә хьыӡқәак рнынa.
Ахьӡ Мардохеи (Мардука) персиатәи аҩыраҿы
Персепольтәи ҩырақәак рҿы Мардука зыхьӡу ауаҩы иӡбахә ануп. Уи Ксеркс I аҳра аниуаз аамҭазы Сузақәа рҿы иҟаз аҳҭынраҿы аҳ имаӡаныҟәгаҩыс амаҵ иуан. Ҩырак излаҳәо ала, иара деиҭагаҩын. Уи Абиблиаҿы Мардохеи изкны иану иеиԥшуп. Иара аҳ Ахашверош (Ксеркс I) иҿы аҭыԥ ду аанызкылоз уаҩын, насгьы ҩ-бызшәак иадамзаргьы идыруан. Мардохеи Сузақәа рҿы иҟаз аҳҭынраҿы агәашәқәа рҿы дтәан (Есф. 2:19, 21; 3:3). Урҭ агәашәқәа идууз ргыларақәан. Уа ачынуаа аус руан.
Персепольтәи аҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу Мардукеи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Мардохеии еицырзеиԥшу шаҟа ирацәоу џьоумшьар залшом. Дара анынхоз аамҭеи, иахьынхоз аҭыԥи, аус ахьыруази еиқәшәоит. Убас ала, археологиатә ԥшаамҭақәа иаадырԥшуазар ауеит, Мардукеи Мардохеии аӡә шракәыз.
a 1992 шықәсазы апрофессор Едвин Иамаучи астатиа иҩит. Уа иара иааигеит персепольтәи аҩырақәа рҟынтә жәа-хьӡык, урҭ ашәҟәы Есфирь аҿгьы иуԥылоит.