Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 декабр ад. 30
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа изиашоу амаалықьцәа шәырҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 декабр ад. 30

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Изусҭцәада 1 Тимофеи 5:21 аҿы зыӡбахә ану «Анцәа иалихыз амаалықьцәа»?

Апостол Павел иара иеиԥш аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуаз Тимофеи изиҩит: «Анцәеи, Христос Иисуси, Анцәа иалихыз амаалықьцәеи рҿаԥхьа суҳәоит, иусҭаз амҩақәҵарақәа урықәныҟәаларц, аӡбара удукылаанӡа зегь бзианы иҭуҵааларц, аӡә далымкааӡакәа, зегь еиԥшны урзыҟазарц» (1 Тим. 5:21).

Раԥхьа еилаҳкаап урҭ амаалықьцәа рахь иаҵанамкуа. Урҭ 144 000-ҩык ракәӡам. Павел Тимофеи иахь асаламшәҟәы аниҩуаз иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рҟынтә аӡәгьы ажәҩан аҿы анхаразы иԥсы ҭамлаӡацызт. Апостолцәеи иԥшьоу адоуҳала иалху егьырҭ ақьырсианцәеи доуҳатә шамҭақәаны иҟамлаӡацызт, ус анакәха «Анцәа иалихыз амаалықьцәа» дара ракәӡам (1 Кор. 15:50—54; 1 Фес. 4:13—17; 1 Иоанн 3:2).

Адунеизегьтәи аӡхыҵра ҟалаанӡа Анцәа изыӡырҩра иаҟәыҵыз амаалықьцәагьы «Анцәа иалихыз амаалықьцәа» рахь иаҵанакӡом. Дара Аҩсҭаа иган ааныркылеит, иагьдемонцәахеит, убасала Иисус иаӷацәа ракәхеит (Аҟаз. 6:2; Лука 8:30, 31; 2 Пиотр 2:4). Аԥхьаҟа дара 1 000 шықәса атымитыша аҿы иҟалоит, анаҩс Аџьныши дареи ықәгахоит (Иуда 6; Аат. 20:1—3, 10).

Павел зыӡбахә иҳәаз «Анцәа иалихыз амаалықьцәа» Анцәеи Иисус Христоси ирызиашоу ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәа ракәзар ҟалап.

Анцәа изиашоу амаалықьцәа даара ирацәоуп — рхыԥхьаӡара зқьыла иҟоуп (Аур. 12:22, 23). Амаалықьцәа дасу рхатә дҵақәа рымазар ҟалап (Аат. 14:17, 18). Иаҳҳәап, маалықьк Иегова дҵас ииҭеит 185 000-ҩык ассириатәи аруаа нирҵәарц (2 Аҳ. 19:35). Ԥыҭҩык амаалықьцәа адҵа рымоуп «ауаа агәнаҳа дзырҟаҵо, насгьы ацәгьара ҟазҵо зегьы [Иисус] Иаҳра аҟынтә иқәыргарц» (Матф. 13:39—41). Даҽа шьоукы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа еизыргоит (Матф. 24:31). Шьоукы ҳрыхьчаларц Анцәа дҵас ириҭеит (Аԥсал. 91:11; Матф. 18:10; иаҿшәырԥш Матфеи 4:11; Лука 22:43).

Хаҵеи-ԥҳәыси ажәабжь бзиа рҳәоит, амаалықь аҩнахьы инеирц имҩақәиҵоит. Ахаҵа аҩны Анцәа диҳәоит.

1 Тимофеи 5:21 аҿы зыӡбахә ҳәоу «Анцәа иалихыз амаалықьцәа» рыдҵақәа ақьырсиантә еизара иадҳәалазар ҟалап. Ари ахаҿы Павел иҩит аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара ахылаԥшыҩцәа пату рықәырҵаларц азы аизара ахылаԥшыҩцәа ирыду аҭакԥхықәрақәа шынарыгӡалаша. Дара аӡәы далкааны, даҽаӡәы драҭәарымшьо иҟамзароуп, насгьы имхәыцӡакәа аӡбарақәа рыдрымкылалароуп. Аизара ахылаԥшыҩцәа Павел имҩақәҵарақәа ирықәныҟәалароуп, избанзар дара «Анцәеи, Христос Иисуси, Анцәа иалихыз амаалықьцәеи рҿаԥхьа» амаҵ руеит. Убасала амаалықьцәа шьоукы аизарақәа рыцхраара дҵас ирыдуп. Дара Анцәа имаҵзуҩцәа рыхьчоит, ажәабжьҳәаратә ус аҿы ирыцхраауеит, насгьы ирбаз-иазгәарҭаз Иегова изеиҭарҳәоит (Матф. 18:10; Аат. 14:6).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра