ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА
Асахьақәа рыла аҵара шәҵала
Ҳпубликациақәа рҿы ирацәаны асахьақәа аагоуп, урҭ иаҳдырҵо рацәоуп. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, асахьақәа ахәарҭа ҳзааргарц азы?
- Астатиа аԥхьара шәалагаанӡа уа иаагоу асахьақәа шәрыхәаԥш. Уи аинтерес шәызцәырнагоит, астатиақәа рыԥхьарагьы шәгәанарԥхоит. Уи афатә хаа иаҿҳарԥшыр ауеит: раԥхьа блала ауп «ишаҳфо». Убри аҟынтә шәхы шәазҵаа: «Избои асахьаҿы?» (Ам. 7:7, 8). 
- Астатиа шәанаԥхьо, шәазхәыц: «Избан арҭ апатреҭқәеи асахьақәеи заагоу?». Асахьа иаҵаҩу шәахәаԥш. Шәазхәыц асахьақәеи атемеи шеидҳәалоу, насгьы уи шәыԥсҭазаара ишадҳәалоу. 
- Астатиа шәаԥхьаны шәаналгалак ашьҭахь, даҽазнык асахьақәа шәрыхәаԥшны ихадоу азхәыцрақәа шәгәалашәыршәа. Анаҩс шәыблақәа аркны шәызхәаԥшыз асахьақәа шәхаҿы иаажәг, насгьы урҭ ишәдырҵаз шәгәалашәыршәа. 
- «Ахьчаратә бааш» ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу асахьақәа шәеиҭарыхәаԥш. Ишәгәалашәыршәар шәылшома урҭ ишәдырҵо?