Аҵакы
ОКТИАБР 29, 2018 — НОИАБР 4, 2018
3 «Абри дырны ианынашәыгӡауа — бзазара шәымоуп»
Иҳамоу адыррақәа ахәарҭа анаҳзаарго урҭ ҳхы ианаҳархәо ауп. Аха еилаҳкаауа ҳақәныҟәаларц азы ахынраалара ҳамазароуп. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа ҳарҿыԥшлар, ахынраалара аарԥшра шҳалшо ауаа зегь ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо, егьырҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо, насгьы ачҳара аарԥшны Иегова ҳанизыԥшу.
НОИАБР 5—11, 2018
8 Анаҩсгьы иаашәырԥшла егьырҭ ргәы зырӷәӷәо абзиабара
Ҳара ҳанхоит иуадаҩу аамҭақәа раан, насгьы лассы-лассы ҳгәы каҳауеит, агәыӷрагьы анаҳцәыӡуа ыҟоуп. Иеговеи Иисуси ҳацхраалоит, аха ҳаргьы ҳгәы шьҭибахлар ҳахәҭоуп. Ари астатиа иаҳнарбоит абзиабара аарԥшны егьырҭ ргәы шьҭаҳхлар шҳалшо.
НОИАБР 12—18, 2018
15 Насыԥ рымоуп «насыԥшара змоу Анцәа» имаҵ зуа
Иегова «насыԥшара змоу Анцәа» иоуп, иара иҭахуп имаҵзуҩцәагьы анасыԥ рымазарц. Аха ишԥалшо насыԥ ҳамазарц Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳшынхогьы, насгьы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы? Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә иаҳнарҵоит иахьа, насгьы наӡаӡа насыԥ ҳамазарц азы иҟаҵатәу.
НОИАБР 19—25, 2018
21 Зегьзымчу аиҷаҳара ааирԥшуеит
НОИАБР 26, 2018 — ДЕКАБР 2, 2018
27 Аиҷаҳареи ақьиареи аарԥшуа Иегова шәиҿыԥшла
Иахьа ауаа еиҳа-еиҳа рхы иазхәыцуеит. Аха ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ус иҟам, дара ииашаҵәҟьаны ауаа бзиа ирбоит. Дара ауаа иреиҷаҳауеит, убас ала рыбзиабара аадырԥшуеит. Арҭ аҩ-статиак рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова ҳара зегьы дышҳаиҷаҳауа, насгьы иара ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.