«Абри дырны ианынашәыгӡауа — бзазара шәымоуп»
«Сара фатәыс исымоу Саазышьҭыз игәаԥхара аҟаҵареи иусқәа рынагӡареи ауп» (ИОАНН 4:34).
1. Иарбан нырроу зхы мацара иазхәыцуа ауаа иҳарҭар алшо?
ИЗБАН Анцәа Иажәа аҟынтә еилаҳкаауа ақәныҟәара зыцәгьоу? Избанзар ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы раԥхьаӡа иргыланы ахынраалара ҳамазароуп. Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан ахынраалара аарԥшра цәгьоуп, избанзар аӡәырҩы ауаа рхы-рыԥсы иашьҭоуп, есааира акы абаҳарҳари ҳәа идәықәуп, ахамаԥагьара аадырԥшуеит, рыбз хәаԥсоуп, насгьы аҽынкылара рымам (2 Тимофеи иахь 3:1—3). Ҳара, Анцәа имаҵзуҩцәа, иаҳдыруеит ари ахымҩаԥгашьа шҽеим, аха ҳгәы иаанагалар ҟалоит абас еиԥш зхы мҩаԥызго ауаа ақәҿиара рымоуп, насгьы рыԥсҭазаара ииашаҵәҟьаны агәахәара рзаанагоит ҳәа (Аԥсалом 36:1 [37:1, АдҾ]; 72:3 [73:3, АдҾ]). Иҟалап ҳара ҳхы ҳазҵаауазаргьы: «Иаԥсаҵәҟьоума егьырҭ рҭахрақәа сара сҭахрақәа раԥхьа аргылара? Ахынраалара аасырԥшлар пату сықәырҵалома сара ауаа?» (Лука 9:48). Зхы мацара иазхәыцуа ауаа ҳнырлартә рылҳаршозар, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа бжьаҳхыр алшоит, насгьы егьырҭ ҳашқьырсианцәоу рбарҭахом. Аха ахӡырымгара аазырԥшуаз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа ҭаҳҵаауазар, насгьы урҭ ҳарҿыԥшуазар ақәҿиара ҳамазаауеит.
2. Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа?
2 Ирыцхраауази ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа иҩызцәаны аҟазаара? Изларылшазеи дара Анцәа игәы аҟаҵара? Ирызҭози амч ииашаны ахымҩаԥгаразы? Урҭ рыӡбахә Абиблиаҿы ҳанаԥхьо, насгьы ҳзыԥхьо ҳаназхәыцуа ҳагәрахаҵара еиҳа иӷәӷәахоит.
ИЗЫРӶӘӶӘОЗЕИ ҲАГӘРАХАҴАРА?
3, 4. а) Ишԥаҳирҵо аҵара Иегова? б) Избан адыррақәа рымацара заҳзымхо, ҳагәрахаҵара ӷәӷәазарц ҳҭахызар?
3 Ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәаларц азы Иегова иаҭаху зегь ҳаиҭоит. Ҳара Абиблиеи, апубликациақәеи, ҳсаити, ҳтелехәаԥшреи, аизарақәеи, аконгрессқәеи рыла алабжьара бзиа ҳауеит, насгьы аҵара ҳҵоит. Аха Иисус иҳәеит адыррақәа рымацара шаҳзымхо. Иара иациҵеит: «Сара фатәыс исымоу Саазышьҭыз игәаԥхара аҟаҵареи иусқәа рынагӡареи ауп» (Иоанн 4:34).
4 Анцәа игәаԥхара анагӡара Иисус изы афатә иаҩызан. Ихырҳагоу афатә ҳгәы ишахәо, насгьы амч шаҳнаҭо еиԥш Анцәа игәаԥхара анынаҳагӡо, уи ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит. Иаҳҳәап, шәақәшәахьома зныкыр абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа: ажәабжьҳәаратә еиԥыларахь шәааԥсаха шәцеит, аха амаҵзура ашьҭахь шәгәырӷьаҵәа шәымчқәа ҭаны аҩныҟа шәхынҳәит?
5. Иарбан хәарҭоу аҟәыӷара иаҳзаанаго?
5 Ҳара Иегова иҳаиҳәо аныҟаҳҵо аҟәыӷара ааҳарԥшуеит (Аԥсалом 106:43 [107:43, АдҾ]). Аҟәыӷара змоу ауаа ақәҿиара рымоуп. Аҟәыӷара «зыхә ушьо акы иузадкылом... Уи аиура иашьҭоу рзы аԥсҭазаара аҵла иаҩызоуп, иара иацәхьамҵуа насыԥ змоу ҳәа рзырҳәалоит» (Ажәамаанақәа 3:13—18). Иисус иҳәеит: «Абри дырны ианынашәыгӡауа — бзазара шәымоуп» (Иоанн 13:17). Иисус иҵаҩцәа иҳәатәы нарыгӡонаҵы насыԥ рымазаауан. Дара Иисус идирҵоз, насгьы идирбоз аҿырԥшы инақәыршәаны инхон.
6. Избан еилаҳкаауа анаҩсгьы ҳхы иаҳархәалар зҳахәҭоу?
6 Иахьагьы ҳара еилаҳкаауа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәалароуп. Шәизхәыц амыругақәеи, амаҭәахәқәеи, адырреи змоу анапҟаза. Иара днапҟаза бзиазарц азы ари зегьы ихы иаирхәалар ауп. Иҟалап иара аԥышәа ду имазар, аха иидыруа зегь ихамышҭырц азы еиликааз анаҩсгьы ихы иаирхәалар ауп. Убас еиԥш раԥхьаӡакәны аҵабырг анеилаҳкаа ҳара насыԥ ҳаман, избанзар Абиблиаҿы ҳзыԥхьоз ҳхы иаҳархәон. Аха анаҩсгьы насыԥ ҳамазарц азы ҳара Иегова иаҳирҵо есыҽны ҳхы иаҳархәалар ауп.
7. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи Абиблиа иану аҿырԥштәқәа ахәарҭа ҳзааргаларц азы?
7 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ахынраалара аарԥшра ҳцәыцәгьахар ахьалшо ҭагылазаашьақәак. Ҳара еилаҳкаауеит ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа ахынраалара шаадырԥшуаз. Аха астатиа аԥхьара мацара адагьы, ҳара еилаҳкаауа ҳазхәыцлар, насгьы ҳхы иаҳархәалар ауп.
ЕГЬЫРҬ ҲРЕИӶЬУП ҲӘА ҲАԤХЬАӠАӠОМ
8, 9. Еилаҳкаауазеи Павел ахынраалара шааирԥшуаз иазкны Аусқәа 14:8—15 аҟынтә? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
8 Анцәа иҭахуп ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг еилыркаарц (1 Тимофеи иахь 2:4). Шәышԥарзыҟоу шәара аҵабырг макьана иззымдыруа ауаа? Апостол Павел ауриацәа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон. Урҭ Иегова изкны акгьы рыздыруамызт ҳәа узҳәом. Уи иара убас амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаагьы ажәабжь реиҳәон. Урҭ ажәабжь рзеиҭаҳәара ихынраалара аԥышәара иҭанаргылон. Ишԥа?
9 Павел раԥхьатәи имиссионертә ныҟәараан Варнавеи иареи Листраҟа ицеит. Уа инхоз ауаа Павели Варнавеи ҳараркуан, насгьы рынцәахәқәа Зевси Гермеси рыхьӡқәа рырҭеит. Иргәаԥхама уи Павели Варнавеи? Еигәырӷьама дара ари ақалақь аҿы абас ибзианы иахьрыдыркылаз, иахьрышьҭашәарыцоз егьырҭ ҩ-қалақьк рҿы еиԥш акәымкәа? Ргәы иаанагозма дара уи абзоурала ауаа рацәа ажәабжь бзиа раҳар ауеит ҳәа? Мап! Дара уи ргәы канажьит, убри аҟынтә ирҳәеит: «Изакәызеи мшәан шәызҿу, ҳара шәара ишәеиԥшу ҳауп, ҳуааԥсыроуп» (Аусқәа 14:8—15).
10. Избан Павели Варнавеи Листра инхоз раасҭа еиӷьуп ҳәа рхы зырмыԥхьаӡоз?
10 Павели Варнавеи ҳаргьы «шәара ишәеиԥшу ҳауп, ҳуааԥсыроуп» ҳәа анырҳәа, даргьы шынаӡамыз ауп ирҳәарц ирҭахыз. Уи иаанагомызт Листра инхоз ауааи дареи еиԥшны Анцәа имҵахырхәон ҳәа. Анцәа Павели Варнавеи уахь амиссионерцәа реиԥш ишьҭит (Аусқәа 13:2). Дара Анцәа иԥшьоу идоуҳала иалхын, насгьы зеиԥшыҟам агәыӷра рыман. Аха дара егьырҭ раасҭа еиӷьуп ҳәа ахәыцразы амзызқәа рымамызт. Павели Варнавеи еилыркаауан урҭ ауаагьы жәҩантәи ааԥхьара роур шрылшоз, ажәабжь бзиа рыдыркылазҭгьы.
11. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараҿы апостол Павел иеиԥш ахынраалара аарԥшра?
11 Павел аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит ахынраалара аарԥшраҿы. Ишԥаҳалшо уи иҿыԥшра? Актәи, Иегова ицхыраарала ҳара амаҵзураҿы иҳамоу аихьӡарақәа, мамзаргьы ҳҭакԥхықәрақәа рзы ҷыдала иҳазныҟәалоит ҳәа ҳазымԥшлар ауп. Ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сышԥарзыҟоу сара сахьынхо аҭыԥ аҿы инхо ауаа? Иаасмырԥшӡои иалкаау гәыԥк ахь атәамбара?» Адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова ишаҳаҭцәа рҽазыршәоит ажәабжь бзиа иазыӡырҩуа ауаа рыԥшаара. Иара убас аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы ирҵеит егьырҭ иатәарымбо ауаа рбызшәа, мамзаргьы ркультура. Аха дара ажәабжь ззеиҭарҳәо раасҭа еиӷьуп ҳәа рхы рыԥхьаӡом. Дара хаҭала ауаа зегьы реилкаара рҽазыршәоит, Аҳра иазку ажәабжь адкылара ирыцхраарц азы.
ЕГЬЫРҬ РЗЫ АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА
12. Ишԥааирԥши Епафрас ииашаҵәҟьаны егьырҭ дышреиҷаҳауаз?
12 Ҳара еиҭа ахынраалара шҳалоу ааҳарԥшуеит, ҳара ҳаиԥш агәрахаҵара еиззырҳаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәозар (2 Пиотр 1:1). Убас ҟаиҵон Епафрас. Уи иӡбахә Абиблиаҿы хынтә роуп иахьҳәоу. Павел Рим ақалақь аҿы аҩны данҭакыз Кәаласаа асаламшәҟәы рзиҩит, уа Епафрас изкны иҳәеит: «Уи еснагь шәара шәныҳәа-ныԥхьара даҿуп» (Кәаласаа рахь 4:12). Епафрас аишьцәа ибзианы идыруан, насгьы урҭ гәык-ԥсыкала дрыхӡыӡаауан. Павел уи изкны иҳәеит иара «сара сеиԥш... дҭакуп» ҳәа, ус анакәха иара ихатә уадаҩрақәа иман (Филимон иахь 23). Аха иара уеизгьы егьырҭ рҭахрақәа дреиҷаҳауан, насгьы дрыцхраарц азы илшоз ҟаиҵон. Епафрас аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рзы хьыӡҳәала Анцәа диҳәон, ҳаргьы ус ҟаҳҵалар ҳалшоит. Абас еиԥш иҟоу анцәаиҳәарақәа амч ду рымоуп (2 Коринфаа рахь 1:11; Иаков 5:16).
13. Шәиҿыԥшлар шԥашәылшо Епафрас Анцәа шәаниҳәо?
13 Шәазхәыц, шәзызиҳәалар шәылшода Анцәа хьыӡҳәала? Иаҳҳәап, уи аизараҿы шәҩызцәа, ма ауадаҩрақәа змоу аҭаацәарақәа ракәзар ауеит. Иҟалап урҭ имариам аӡбара рыдыркылар акәзар, мамзаргьы ахыхрақәа ирықәшәозар. Иара убас шәара ишәылшоит зыгәрахаҵаразы иҭаку аишьцәа рзы Анцәа шәиҳәалар, урҭ рыхьӡқәа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы иаагоу астатиа «Страны, где Свидетели Иеговы находятся в заключении за веру» аҟны. (Шәахәаԥш аҟәша НОВОСТИ > ЮРИДИЧЕСКАЯ СИТУАЦИЯ.) Иара убас ишәылшоит аӡәы дызцәыԥсыз, ааигәа арыцҳарақәеи, аибашьрақәеи зхызгаз, насгьы аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа змоу рзы Анцәа шәиҳәалар. Ааи, ҳаҳәарақәа ирызгәаҟуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи даара ирацәоуп. Урҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо ҳхатә ҭахрақәа мацара ракәымкәа, егьырҭгьы ҳашрызхәыцуа ааҳарԥшуеит (Филиппаа рахь 2:4). Иегова ас еиԥш иҟоу аҳәарақәа иаҳауеит!
«АӠЫРҨРА ШӘАЗЫХИАЗААИТ»
14. Избан Иегова аӡырҩраҿы зегьы иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
14 Ҳара еиҭа ахынраалара ааҳарԥшлар ҳалшоит егьырҭ зҿлымҳарала ҳанырзыӡырҩуа. Иаков 1:19 аҿы иануп «аӡырҩра шәазыхиазааит» ҳәа. Иегова уи аҿы зегьы иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит (Аҟазаара 18:32; Иисус Навин 10:14). Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 32:11—14 (шәаԥхьа) аҿы иану аиҿцәажәара. Иегова уи уалны ишидмызгьы, Моисеи игәаанагара иҳәартә алшара ииҭеит. Шәизыӡырҩрызма шәара ачҳара аарԥшны уаанӡа агха ҟазҵахьаз ауаҩы, насгьы шәықәныҟәарызма иара илабжьара? Иегова гәык-ԥсыкала и́ҳәо зегьы ачҳара аарԥшны дырзыӡырҩуеит.
15. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иегова егьырҭ ҳаҭыр рықәҵараҿы?
15 Шәхы шәазҵаа: «Иегова абриаҟара ахынраалара аарԥшны ауаа дырзыӡырҩуазар Авраами, Рахильи, Моисеии, Иисус Навини, Маноии, Илиеи, Езекиеи дшырзыӡырҩуаз еиԥш, саргьы убасҵәҟьа аҟаҵара сҽазысшәалар акәӡами? Исылшома сара сашьцәа еиҳаны аҳаҭыр рықәҵара, иаҳҳәап, ргәаанагара сазыӡырҩыр, насгьы иалшозар урҭ рылабжьара сықәныҟәар? Дыҟоума сеизараҿы, ма сҭаацәараҿы еиҳаны зеиҷаҳара сылшо аӡәы? Сҽазысшәома уи аганахь ала ак аҟаҵара?» (Аҟазаара 30:6; Аӡбаҩцәа 13:9; 1 Аҳцәа 17:22; 2 Ашықәсынҵа 30:20).
ИЕГОВА ШӘГӘАҞРАҚӘА РЫХГАРА ДШӘЫЦХРААУЕИТ
Давид иҳәеит: «Шәиҟәаҵ!». Ишәҳәарызи шәара иара иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
16. Ихы шԥамҩаԥигеи аҳ Давид, Шимеи иҽеимкәа данизныҟәа?
16 Ахынраалара иара убас иҳацхраауеит иҽеимкәа ианҳазныҟәо аҽынкылара аарԥшра (Ефесаа рахь 4:2). Уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит аҳ Давид. Уи атәы ҳаԥхьар ҳалшоит 2 Самуил 16:5—13 (шәаԥхьа) аҿы. Аҳ Саул иуа Шимеи Давид имаҵзуҩцәеи иареи ахаҳәқәеи асабеи ргәыдиҵон. Давид Шимеи дааникылар илшон, аха уи аҭыԥан иара ачҳара ааирԥшит. Ишԥаилшеи Давид абас еиԥш аҽынкылара аарԥшра? Уи аҭак ҳаԥшаар ҳалшоит ахԥатәи Аԥсалом аҿы.
17. Ицхраауази Давид аҽынкылара аарԥшра, насгьы ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо уи ҳара?
17 Давид ахԥатәи Аԥсалом иҩит иԥа Авессалом иара дишьырц данашьҭаз. Убри аамҭазы ауп Шимеи Давид даниҿагыла, аха Давид уеизгьы аҭынчра ахьчаразы амч иԥшааит. Ишԥа? Аԥсалом 3:5 (3:4, АдҾ) аҿы Давид иажәақәа аагоуп: «Нцәа Ҳазшаз, сыбжьы ҭганы сиашьапкуеит, Иара ишьха ԥшьа аҟынтә сара сыбжьы иаҳауеит». Ҳаргьы иҽеимкәа ианҳазныҟәо, Давид иеиԥш Анцәа ҳиҳәалар ауп. Усҟан Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭоит зегь ҳхаҳгарц азы. Ишәылшарызма шәара иҽеимкәа ианшәызныҟәо аҽынкылара аашәырԥшыр, мамзаргьы иранашәыжьыр? Агәра ганы шәыҟоума шәара Иегова шәгәаҟрақәа рыхгара дышшәыцхраауа, насгьы азылԥхарақәа шшәиҭо?
ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДОУ АҞӘЫӶАРА АУП
18. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Иегова инапхгара ақәныҟәара?
18 Ҳхы ииашаны ианымҩаԥаҳго аҟәыӷара ааҳарԥшлоит, насгьы Иегова азылԥхарақәа ҳаиҭалоит. Ажәамаанақәа 4:7 аҿы иануп: «Зегь раасҭа ихадоу аҟәыӷара ауп». Аҟәыӷара шьаҭас иамоу адыррақәа шракәугьы, раԥхьаӡа иргыланы уи зныԥшуа иҳамоу адыррақәа ракәӡам, аха иҳадаҳкыло аӡбарақәа роуп. Ашышкамсқәаҵәҟьагьы аҟәыӷара аадырԥшуеит, дара аӡынразы афатә еизыргоит (Ажәамаанақәа 30:24, 25). Христос Анцәа иҟәыӷара ҳәа изҳәоуп, иара еснагь Иаб игәы иахәоз ҟаиҵон (1 Коринфаа рахь 1:24; Иоанн 8:29). Анцәа ҳаргьы даҳзылԥхалоит аҟәыӷара аарԥшуа ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар, насгьы ахынраалара ааҳарԥшлар. (Шәаԥхьа Матфеи 7:21—23.) Убри аҟынтә ишәылшо зегь ҟашәҵала аизара зегьы хынрааларыла Иегова имаҵ аура ахьрылшо ҭыԥны ирзыҟаларц азы. Ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц, насгьы иҳамоу адыррақәа ҳхы иаҳархәаларц азы аамҭеи ачҳареи аҭахуп. Аха уи иаанарԥшуеит ахынраалара шҳамоу, уи иахьа, насгьы наунагӡа анасыԥ ҳзаанагалоит.