Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 август ад. 8—13
  • Ахынраалара аарԥшуа Иегова имаҵ жәула

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахынраалара аарԥшуа Иегова имаҵ жәула
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАҲНАРҴОЗЕИ ИЕГОВА ИҾЫРԤШТӘЫ?
  • ИАҲДЫРҴОЗЕИ ЕГЬЫРҬ АҾЫРԤШТӘҚӘА?
  • АХЫНРААЛАРА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
  • Ахӡырымгара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы ахӡырымгара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 август ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32

Ахынраалара аарԥшуа Иегова имаҵ жәула

Хӡырымгарала Унцәа уицыз (МИХ. 6:8).

АШӘА 31 Анцәа уицыз!

АХҲӘААa

1. Ииҳәазеи Давид Иегова ихынраалара иазкны?

ИАҲҲӘАР ҳалшаҵәҟьома Иегова ахынраалара илоуп ҳәа? Ааи. Давид зны иҳәеит: «Уара сеиқәзырхо аԥырак суҭоит, иулоу ахынраалара сҳаранакуеит» (2 Сам. 22:36; Аԥсал. 18:35). Давид арҭ ажәақәа аниҳәоз игәалашәозҭгьы ҟаларын аԥааимбар Самуил рыҩныҟа дышнеиз. Анцәа Самуил Израильаа рзы аҳ ҿыц далихырц иеиҳәеит. Давид ааҩык аишьцәа дышреиҵбызгьы, Иегова Саул иҭыԥан аҳас иалихыз иара иоуп (1 Сам. 16:1, 10—13).

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Давид аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова изкны ииҳәаз дақәшаҳаҭхар ҟаларын: «Иара ажәҩани адгьыли дрыхәаԥшырц азы ихы лаирҟәуеит, иӷару асаба далигоит, ирыцҳау... дышьҭихуеит, ауаа дуқәа дрыдиртәаларц азы» (Аԥсал. 113:6—8). Ари астатиаҿы раԥхьа ҳара еилҳаргоит Иегова ахынраалара шааирԥшуаз, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо. Иара убас еилаҳкаауеит аҳ Саули, аԥааимбар Даниили, Иисуси рҿырԥштәқәа ахынраалара аарԥшра ишҳацхраауа.

ИАҲНАРҴОЗЕИ ИЕГОВА ИҾЫРԤШТӘЫ?

3. Дышԥаҳзыҟоу Иегова, насгьы иаанарԥшуазеи уи?

3 Иегова инаӡам имаҵзуҩцәа дшырзыҟоу иаанарԥшуеит ахынраалара шилоу. Иара имаҵзуҩцәа реиԥш мацара акәымкәа, иҩызцәа реиԥш ҳиԥхьаӡоит (Аԥсал. 25:14). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызцәахарц азы раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵаз иара иоуп. Иара ҳагәнаҳақәа ҳхихырц азы Иԥа иԥсы ҳахҭниҵеит. Иегова ииашаҵәҟьаны агәшаҭареи агәрыцҳашьареи илоуп!

4. Иҳаиҭазеи Иегова, насгьы избан?

4 Ҳазхәыцып Иегова еиҭа ахынраалара шааирԥшуа. Иегова ауаҩы данишоз алхра ахақәиҭра иимҭаргьы ауан. Аха иара ус ҟаимҵаӡеит. Иегова иара ҳиеиԥшны ҳаишеит, насгьы ишаҳҭаху ҳанхаларц алшара ҳаиҭеит. Иара ҳаиҿурԥшуазар, ҳара ҳхәыҷӡақәоуп, иҳалшогьы маҷуп, аха иара изы даараӡа ихадоуп иҳадаҳкыло аӡбарақәа. Иара иҭахуп бзиа дбаны гәык-ԥсыкала имаҵ ҳауларц, насгьы изыӡырҩра ахәарҭа шаҳзаанаго еилаҳкааларц (Ҩынтә. 10:12; Ис. 48:17, 18). Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Иегова абри аҩыза ахынраалара ахьааирԥшуа!

Ари асахьаҿы Иисус ажәҩан аҿы даҳбоит. Иара аҳра ицызуа шьоукы ивагылоуп. Дара хыԥхьаӡара змам амаалықьцәа ирыхәаԥшуеит. Амаалықьцәа шьоукы адгьыл ахь рхы дырхеит рыдҵақәа нарыгӡарц азы. Ари асахьаҿы иарбо зегьы Иегова амчра риҭеит. (Шәахәаԥш абзац 5.)

5. Ишԥаҳирҵо Иегова ахынраалара аарԥшышьа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

5 Иегова ихатә ҿырԥшала ахынраалара аарԥшышьа ҳирҵоит. Иегова иеиԥш иҟәыӷоу аӡәгьы дшыҟамгьы, иара егьырҭ ргәаанагара азыӡырҩра дазхиоуп. Иаҳҳәап, иара адунеи зегь анишоз Иԥа дицирхыраауан (Ажәам. 8:27—30; Кәал. 1:15, 16). Иара убас Иегова зегь шимчугьы, егьырҭгьы усқәак рыдиҵоит. Иаҳҳәап, иара Иисус Аҳас дҟаиҵеит, уи адагьы Иисус аҳра ицзуло 144 000-ҩык ахацәеи аҳәсеи амчра риҭеит (Лука 12:32). Ҳәарада, Иегова Иисус дазыҟаиҵеит Аҳас, насгьы Ԥхьаԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы (Аур. 5:8, 9). Иегова убасҵәҟьа Иисус аҳра ицзуло азыҟаиҵоит, аха рыдҵақәа ибзианы инарыгӡаларц азы еснагь ирыцклаԥшлатәуп ҳәа иԥхьаӡаӡом. Иара урҭ рыгәра игоит (Аат. 5:10).

Ҳара Иегова ҳаиҿыԥшуеит егьырҭ ак аныдҳарҵо, насгьы аҭакԥхықәрақәа анрыдаҳҵо. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)b

6, 7. Иҿаҳҵаар ҳалшозеи жәҩантәи Ҳаб?

6 Зегь зылшо жәҩантәи Ҳаб егьырҭ аҭакԥхықәрақәа рыдиҵозар, ҳара еиҳагьы ус ҟаҳҵалароуп! Иаҳҳәап, шәара аизара аиҳабыс амаҵ жәуазар, ма аҭаацәара шәахадазар, Иегова шәиҿыԥшлар шәылшоит. Егьырҭгьы адҵақәа рышәҭала, насгьы урҭ ибзианы инарыгӡаларц азы ирыцклаԥшлатәуп ҳәа шәымхәыцлан. Усҟан аусгьы нагӡахоит, егьырҭгьы аҵара дшәырҵоит, акы ишаԥсоугьы дшәырбоит (Ис. 41:10). Уаҳа ишԥарылшо аҭакԥхықәрақәа зду ақьырсианцәа Иегова иҿыԥшлар?

7 Абиблиа иаҳнарбоит Иегова имаалықьцәа ргәаанагара дшазыӡырҩуа (1 Аҳ. 22:19—22). Аҭаацәа, шәиҿыԥшлар шԥашәылшо Иегова? Иаҳҳәап, ҭагылазаашьақәак рҿы шәхәыҷқәа шәразҵаар шәылшоит: «Ишԥаҟасҵари абри?» Ирҳәо шәнаалозар, убас иагьыҟашәҵа.

8. Ишԥааирԥши Иегова ачҳара Авраами Сарреи рахь?

8 Иегова ачҳара ахьааирԥшуагьы иаҳнарбоит ахынраалара шилоу. Иаҳҳәап, Иегова ачҳара ааирԥшуеит имаҵзуҩцәа шиқәшаҳаҭым патуқәҵарала ианиарҳәо. Иегова Содоми Гоморреи ықәихырц аниӡба, Авраам уи диқәшаҳаҭмызт. Аха Иегова ачҳара аарԥшны уи дизыӡырҩит (Аҟаз. 18:22—33). Иара убас иаҳгәалаҳаршәап Иегова Авраам иԥҳәыс Сарра дышлызныҟәаз. Иегова Сарра аԥа дышлоуа анлеиҳәа, Сарра дамхаччеит, избанзар лара лықәрахь днеихьан. Аха Иегова дымгәааӡеит, игәгьы ԥымжәаӡеит (Аҟаз. 18:10—14). Иара Сарра лаҳаҭыр ибеит.

9. Иднарҵозеи аҭаацәеи аизара аиҳабацәеи Иегова иҿырԥшы?

9 Аҭаацәеи аизара аиҳабацәеи, ишәнарҵозеи шәара Иегова иҿырԥшы? Иҟашәҵозеи шәхәыҷы ма аизараҿы аӡәы ишәыдышәкылаз аӡбара дақәшаҳаҭымзар? Иаразнак ириашара шәалагома? Мамзаргьы ус дызхәыцуа еилышәкаарц шәҭаххоу? Аҭакԥхықәрақәа зду ақьырсианцәа Иегова ианиҿыԥшуа, рҭаацәарақәеи аизарақәеи азылԥхарақәа роуеит. Ҳара еилҳаргеит Иегова иҿырԥшы ахынраалара аарԥшра ишҳацхраауа. Уажәы еилҳаргоит Абиблиа иану аҿырԥштәқәагьы уи аҿы ишҳацхраауа.

ИАҲДЫРҴОЗЕИ ЕГЬЫРҬ АҾЫРԤШТӘҚӘА?

10. Аҵара шԥаҳирҵо Иегова Иажәа ала?

10 «Ҳамҩақәҵаҩ ду» Иегова Иажәа иану аҿырԥштәқәа рылагьы аҵара ҳирҵоит (Ис. 30:20, 21). Абиблиаҿы ҳара ҳаԥхьоит ахынраалара еиԥш иҟоу Анцәа игәаԥхо аҟазшьа бзиақәа аазырԥшуаз ауаа рыӡбахә. Иара убас уи ҳанаԥхьо, еилаҳкаауеит урҭ аҟазшьақәа аазмырԥшуаз ауаа ирыхьыз (Аԥсал. 37:37; 1 Кор. 10:11).

11. Иаҳнарҵозеи ҳара Саул игха?

11 Ҳазхәыцып аҳ Саул ихьыз. Данқәыԥшыз иара ахынраалара илан, илшози-илымшози идыруан. Уи адагьы, иара еиҳаны аҭакԥхықәрақәа ргара изыгәаӷьуамызт (1 Сам. 9:21; 10:20—22). Аха ԥыҭрак ашьҭахь Саул ихы дақәгәыӷцәо далагеит. Уи убарҭахеит иара аҳас даныҟала ашьҭахь дук мырҵыкәа. Зны иара аԥааимбар Самуил изыԥшразы ачҳара изымхеит. Саул ахынраалара ааирԥшыр акәын, насгьы Иегова ижәлар шихьчо агәра ганы дыҟазар ихәҭан. Аха иара азин шимамызгьы абылразы акәырбан Иегова изнеигеит. Уи иахҟьаны Саул Иегова иразра ицәыӡит, аҵыхәтәангьы Иегова уи аҳра имихит (1 Сам. 13:8—14). Саул иҿырԥшы ҳгәаҳҽаннаҵоит. Уи иаҳнарбоит ҳхы ҳақәгәыӷцәалар шҳахәҭам.

12. Ишԥааирԥши Даниил ахынраалара шилаз?

12 Шәааи Саул зынӡа иеиԥшмыз аԥааимбар Даниил иҿырԥштәы еилҳаргап. Даниил еснагь ахынраалара ааирԥшуан, насгьы Иегова инапхгара дашьҭан. Зны Даниил Иегова ицхыраарала Навуходоносор иԥхыӡ ҵакыс иамаз еиҭеиҳәеит. Аха Даниил уи азы ахьӡ-аԥша ихахьы имгаӡеит. Ахынраалара аарԥшны иара ахьӡ-аԥша Иегова ииҭеит (Дан. 2:26—28). Иаҳнарҵозеи ҳара уи? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳажәахәқәа ргәаԥхозар ма амаҵзураҿы ақәҿиара ҳамазар, уи азы ахьӡ-аԥша Иегова иоуп изаҳҭалаша. Ҳара еилаҳкаалароуп уи зегьы Иегова ицхыраарада ишаҳзыҟамҵоз (2 Кор. 4:7). Убас ала ҳара Иисус Христос ҳаиҿыԥшлоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?

13. Иаҳнарҵозеи Иисус иҿырԥштәы, Иоанн 5:19, 30 иану инақәыршәаны?

13 Иисус Анцәа диԥан, днаӡан, аха ус шакәызгьы, иара Иаб диқәгәыӷуан. (Шәаԥхьа Иоанн 5:19, 30.) Иара жәҩантәи Иаб иҭыԥ ааникыларц дашьҭаӡамызт. Филиппаа рахь 2:6 иануп иара «Анцәа диаҟараны ихы иԥхьаӡомызт» ҳәа. Иисус еиликаауан зегьы дышрықәиҭымыз, насгьы Иаб имчра дадгылан.

Иисус еиликаауан зегьы дышрықәиҭымыз. (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус, иҵаҩцәа ззин имамыз ак рзыҟаиҵарц ианиҳәа?

14 Зны Иакови Иоанни ран дрыманы Иисус инаидгылан, ззин имамыз ак рзыҟаиҵарц иҳәеит. Аха Иисус иаразнак иҳәеит Аҳраҿы иарӷьарахь, насгьы иармарахь иватәо зыӡбо жәҩантәи Иаб шиакәу (Матф. 20:20—23). Иисус еиликаауан уи азҵаара аӡбара дшақәиҭымыз. Иисус ахынраалара илан. Иара ахаангьы Иегова иҟаҵа ҳәа иеимҳәаз ҟаиҵомызт (Иоанн 12:49). Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра?

Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш ахынраалара аарԥшра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)c

15, 16. Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳалшо 1 Коринфаа рахь 4:6 иану абиблиатә лабжьара?

15 1 Коринфаа рахь 4:6 иҳанаҳәоит «аҩыра иану иаԥганы» акгьы шыҟаҳамҵалаша. Ари абиблиатә лабжьара ҳақәныҟәалар, Иисус иеиԥш ахынраалара ааҳарԥшлоит. Аӡәы алабжьара иаҳҭарц данҳаҳәо, ҳгәаанагара идаҳцалаӡом, мамзаргьы иаразнак ҳхы иҭашәаз иаҳҳәаӡом. Ҳара ауаҩы Абиблиа иану, мамзаргьы ҳпубликациақәа ирҳәо иҳарбоит. Убас ҳара ахынраалара шҳалоу, насгьы зегь шаҳзымдыруа ааҳарԥшуеит, уи адагьы Иегова ииҳәо ҳара иаҳҳәо аасҭа еснагь ишеиӷьу дҳарбоит (Аат. 15:3, 4).

16 Ахынраалара анааҳарԥшуа ҳара Иегова дҳараҳкуеит. Аха уи азы мацара акәӡам ахынраалара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу. Шәааи ҳахәаԥшып ахынраалара агәырӷьара шаҳзаанаго, насгьы егьырҭ раабра ишҳацхраауа.

АХЫНРААЛАРА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО

17. Избан ахынраалара злоу ауаа згәырӷьо?

17 Ахынраалара ааҳарԥшуазар, агәырӷьара ахьчара ҳзымариахоит. Избан? Зегь шҳалымшо еилаҳкаауазар, егьырҭ ацхыраара анҳарҭо, ҳаигәырӷьалоит. Зны Иисус ацәеилабаара змаз жәаҩык ахацәа ихәышәтәит. Аха Иисус иҭабуп ҳәа иеиҳәарц азы ихынҳәыз аӡәызаҵәык иоуп. Иара еиликаауан уи ачымазара бааԥс ихала дшазымиааиуаз. Ахынраалара злаз уи ауаҩы иоуз ацхырааразы Анцәа дҳареикит (Лука 17:11—19).

18. Ишԥаҳацхраауеи ахынраалара ауаа раабра? (Римаа рахь 12:10).

18 Ахынраалара злоу ауаа егьырҭ раабреи аҩызцәа бзиақәа рырҳареи еиҳа ирзымариоуп. Избан? Избанзар аӡәы аҟазшьа бзиақәа анааирԥшуа, дара уи иеигәырӷьоит. Уи адагьы, дара егьырҭ рыгәра ргоит. Ахынраалара злоу ауаа егьырҭ рықәҿиарақәа иреигәырӷьоит. Дара ирцәыцәгьаӡам аӡәы ирҽхәара, насгьы ҳаҭыр иқәҵара. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:10.)

19. Избан ҳара аԥагьара ааҳарԥшлар заҳҭахым?

19 Иԥагьоу ауаа егьырҭ рырҽхәара рцәыцәгьоуп. Есымша дара дырҽхәалар рҭахуп. Дара лассы-лассы рхы егьырҭ ирыҿдырԥшуеит, иагьрацлабуеит. Дара аӡәы уск анагӡашьа ирҵара, насгьы аҭакԥхықәрақәа иҭара рҭахӡам, избанзар ргәанала, уи дара реиԥш аӡәгьы изыҟаҵом. Иԥагьоу ауаҩы еснагь зегь раасҭа деиӷьзарц иҭахуп, аӡәы иара иаасҭа дшеиӷьу ибозар, диҵашьыцуеит (Гал. 5:26). Ус еиԥш иҟоу ауаа рҩызцәа рцәыӡыр ауеит. Аԥагьара шҳалоу гәаҳҭазар, Иегова ҳхәыцшьа аԥсахра дҳацхраарц азы ҳӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ҳиҳәалароуп, уи аҟазшьа цәгьа шьцыларас ишьҭаҳамхырц азы (Рим. 12:2).

20. Избан ахынраалара аарԥшра зҳахәҭоу?

20 Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова аҿырԥш бзиа ахьҳаиҭо! Иара имаҵзуҩцәа дшырзыҟоу иаҳнарбоит ахынраалара шилоу, ҳаргьы иара ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп. Уи адагьы, ҳара иаҳҭахуп ахынраалара аарԥшны ажәытәан Иегова имаҵ зуаз ҳарҿыԥшлар. Шәааи еснагь Иегова хьӡи-ԥшеи иаҳҭалап, иара уи даԥсоуп (Аат. 4:11). Усҟан Иеговеи ҳареи наӡаӡа ҳаиҩызцәазаауеит, избанзар иара ахынраалара аазырԥшуа ауаа бзиа ибоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан ҿырԥшу Иегова иҳаиҭо егьырҭ аҭакԥхықәрақәа рыҭара аганахь ала?

  • Иарбан ҿырԥш бзиоу Иисус иҳаиҭо?

  • Иарбан хәарҭоу ахынраалара иаҳзаанаго?

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

a Ахынраалара злоу агәшаҭареи агәрыцҳашьареи раарԥшра рзымариоуп. Убри аҟынтә Иегова ахынраалара илоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ари астатиа иаҳнарбоит Иегова иеиԥш ахынраалара аарԥшра шҳалшо. Иара убас еилаҳкаауеит аҳ Саули, аԥааимбар Даниили, Иисуси рҿырԥштәқәа ахынраалара иазкны иаҳдырҵо.

b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аизара аиҳабы иқәыԥшу аиашьа аизара атерриториа аус шадулатәу иирҵоит. Анаҩс иара уи шынаигӡо дацклаԥшӡом. Иду аус ихала инаигӡаларц алшара ииҭоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиаҳәшьа аизара аиҳабы диазҵаауеит ауахәамаҿы имҩаԥгахо ачарахь ацара ҟалоу-иҟамлоу ҳәа. Аизара аиҳабы ихатә гәаанагара акәымкәа, абиблиатә принципқәа лирбоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра