Ахӡырымгара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
«Аҟәыӷара змоу зхы ӡырзымго роуп» (АЖӘАМ. [ПРИТ.] 11:2)
1, 2. Избан Анцәа Саул мап зицәикыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
АЖӘЫТӘАН израильтәи аҳ Саул напхгара аҟаҵара даналага ахӡырымгара аазырԥшуаз, ҳаҭыр зқәырҵоз уаҩын (1 Сам. [1 Сам.] 9:1, 2, 21; 10:20—24). Аха маҷк аамҭа анца ашьҭахь, иара ихы дақәгәыӷцәо далагеит. Анцәа иԥааимбар Самуил ианаамҭаз Галгал данымнеи, иара ачҳара ааимырԥшӡеит. Филистимаа ақәылара рҽазыҟарҵон, убри аҟынтә израильаа Саул дааныжьны ицо иалагеит. Иҟалап усҟан иара дхәыцуазҭгьы: «Сара иаарласны ак сыӡбароуп». Убри аҟынтә акәырбан ихала инеигеит, уи аҟаҵара азин шимамызгьы. Уи Иегова даара игәы инархьит (1 Сам. [1 Сам.] 13:5—9).
2 Самуил Галгал даннеи, Саул иҟаиҵаз азы диқәыӡбеит. Аха Саул Самуил иажәақәа дырзымӡырҩӡеит, насгьы ихы ариашара далагеит. Иара идыз ахара егьырҭ ирыдиҵеит, иара убас иҟаиҵаз агха усҟак иӷәӷәам ҳәа аҳәара далагеит (1 Сам. [1 Сам.] 13:10—14). Убри инаркны еишьҭагыланы еиҭа ахҭыс бааԥсқәа ҟалеит, урҭ ирыхҟьаны Саул аҳра ҭыԥи Иегова иразреи ицәыӡит (1 Сам. [1 Сам.] 15:22, 23). Шаҟа ибзианы иалагазеи Саул иԥсҭазаара, аха шаҟа иҽеимхазеи уи аҵыхәтәа! (1 Сам. [1 Сам.] 31:1—6).
3. а) Иарбан гәаанагароу ирымоу аӡәырҩы ахӡырымгара иазкны? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
3 Ари адунеи аҿы ауаа ӷәӷәала еицлабуеит, насгьы аӡәырҩы ақәҿиара уоурц азы егьырҭ уреиԥшымзар ауп ҳәа рыԥхьаӡоит. Уи азы дара ахӡырымгара мап ацәкра иазхиоуп. Абар аполитика знапы алазкыз еицырдыруаз актиор ииҳәаз: «Ахӡырымгара сара истәым, еснагь ус сыҟазаауеит ҳәа сгәыӷуеит». Избан ахӡырымгара даара изхадоу? Иаҵанакуазеи ахӡырымгара, насгьы иаҵанамкуазеи уи? Ишԥаарԥшлатәу уи аҟазшьа имариам аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәо, ма егьырҭ анҳақәыӷәӷәо? Ари астатиаҿы ҩ-зҵаарак рҭак еилҳаргоит, анаҩстәи аҿы ахԥатәи азҵаара аҭак ҳауеит.
ИЗБАН АХӠЫРЫМГАРА ДААРА ИЗХАДОУ?
4. Ихы шԥамҩаԥиго зхы иақәгәыӷцәо ауаҩы?
4 Абиблиа ахӡырымгареи ахақәгәыӷцәареи шеиҿагылоу аанарԥшуеит. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 11:2.) Давид Иегова диҳәон: «Идырны аиакәым зуазар саанкыл сара» (Аԥсал. 18:14 [19:13, АдҾ]). Излааԥшуазеи ауаҩы ихы дшақәгәыӷцәо? Хшыҩдарала, дымхәыцӡакәа зхы мҩаԥызго, насгьы ззинқәа ирхыԥо ауаҩы ихы дақәгәыӷцәоит ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара зегьы агәнаҳа ҳҭынхеит, убри аҟынтә зны-зынла ҳхы ҳақәгәыӷцәоит. Аха Саул иҿырԥштәы ишаҳнарбо еиԥш, ахақәгәыӷцәара шьцыларас ишьҭаҳхзар, знымзар-зны уи Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Аԥсалом 119:21 (АдҾ) аҿы Иегова изкны иануп: «Уара... зхы иақәгәыӷцәоу урықәыӡбоит». Аха избан?
5. Иарбан лҵшәақәоу иаанаго ахақәгәыӷцәара?
5 Ахақәгәыӷцәара зныԥшуа ахымҩаԥгашьа еиҳа ишәарҭоуп имаҷу агхақәа раасҭа. Актәи, ахӡырымгара ааҳмырԥшуазар, Зегьирхаку Иегова хьӡи-ԥшеи ҳазиҭаӡом. Аҩбатәи, ҳара иҳамоу азинқәа ҳархыԥозар, егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьаҳхуеит (Ажәам. [Прит.] 13:10). Ахԥатәи, ахақәгәыӷцәара шҳалоу егьырҭ ианырбалак ҳарԥхашьар, насгьы ҳланарҟәыргьы ҟалоит (Лука 14:8, 9). Ахақәгәыӷцәара ахаангьы абзиарахь унанагом. Ахӡырымгара, Абиблиа ишаҳнарбо ала, еснагь алҵшәа бзиақәа аанагоит.
ИЗАКӘЫЗЕИ АХӠЫРЫМГАРА?
6, 7. Изакәызеи ахынраалара, насгьы ишԥеидҳәалоу ахӡырымгареи иареи?
6 Ахӡырымгареи ахынраалареи даара еидҳәалоуп. Абиблиаҿы ахынраалара иаҵанакуа ауаҩы аԥагьареи ахарҳаракреи анилам ауп (Флп. 2:3). Ахынраалара аазырԥшуа ауаҩы ахӡырымгара илоуп. Уи илшарақәеи иҟаиҵо ақәҿиарақәеи ииашаны дрыхәаԥшуеит, агхақәа шыҟаиҵо еиликаауеит, насгьы егьырҭ ирҭо алабжьарақәеи иҿыцу аидеиақәеи рыдкылара дазхиоуп. Иегова ахынраалара ахә ҳаракны ишьоит.
7 Абиблиаҿы ахынраалара иаҵанакуа ауаҩы ихы ииашаны данахәаԥшуа, насгьы илшарақәа аҳәаа шрымоу анеиликаауа ауп. Уи аилкаара егьырҭ рахь апатуқәҵареи ақьиареи раарԥшра ицхраауеит.
8. Иузырбозеи ауаҩы ихәыцшьеи иусқәеи рҿы ахӡырымгара шааимырԥшуа?
8 Ҳанбалагар алшо ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи рҿы ахақәгәыӷцәара аарԥшра? Шәааи ҳгәаҳҽанызҵо ҿырԥштәқәак еилҳаргап. Ҳара ҳхы егьырҭ раасҭа иҳаракны иаҳбо ҳалагар ҳалшоит, ҳхаҭа ма ҳҩызцәа аизараҿы аҭакԥхықәрақәа ахьынарыгӡо азы (Рим. 12:16). Ма егьырҭ ҳгәарҭарц азы ииашамкәа ҳхы мҩаԥаҳго ҳалагоит (1 Тим. 2:9, 10). Иара убас ҳаилкаареи, иҳамоу аҭакԥхықәреи, ма ҳҩызцәеи ҳхы иархәаны, ҳхатә гәаанагарақәа рыларҵәара ҳашьҭазар ауеит (1 Кор. 4:6). Ус еиԥш ҳхы анымҩаԥаҳго, ҳара лассы-лассы иаҳзеилкаауам ахӡырымгареи ахақәгәыӷцәареи ирыбжьоу аҳәаа ҳшахысхьоу.
9. Избан ауаа шьоукы рхы ақәгәыӷцәара изалагаз? Иаажәга Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы.
9 Ауаҩы ииашам агәазыҳәарақәа рыҽриҭозар, уи ихы дшақәгәыӷцәо аанарԥшуеит. Ахӡыргареи, ахьӡ-аԥша рышьҭазаареи, ашьыцреи, нкылашьа змам агәыԥжәара аарԥшреи аӡәырҩы ахақәгәыӷцәара зныԥшуаз аусқәа рахь икылнагеит. Авессаломи, Озиеи, Навуходоносори ус еиԥш иҟаз ацәеижь аусқәа рыҽрырҭон, аха Иегова урҭ лаирҟәит (2 Сам. [2 Сам.] 15:1—6; 18:9—17; 2 Аш. [2 Лет.] 26:16—21; Дан. [Дан.] 5:18—21).
10. Избан ауаа ииашамкәа рыхцәажәара ҳҽацәаҳахьчалар закәу? Иаажәга Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы.
10 Шьоукы ахӡырымгара заадмырԥшуа даҽа мзызқәакгьы ыҟоуп. Шәрызхәыц абиблиатә цыԥҵәахақәа рҿы зыӡбахә ану абарҭ аҿырԥштәқәа: Аҟазаара (Бытие) 20:2—7, насгьы Матфеи 26:31—35. Раԥхьа ҳгәы иаанагар алшоит Авимелехи Пиотри рхы иақәгәыӷцәон ҳәа. Аха игәнаҳау агәазыҳәарақәа роума изыхҟьаз урҭ рхымҩаԥгашьа? Иҟалап аӡәы аҭагылазаашьақәа зегьы изымдыруазҭгьы, егьи агәҽанызаара изымхазҭгьы. Ҳара ауаа ргәы иҭоу ҳбаӡом аҟынтә, рмотивқәа ҽеиӡам ҳәа аҳәара ҳахыццакӡом. Ус ҟаҳҵозар, абзиабара ааҳарԥшуеит. (Уаԥхьа Иаков 4:12.)
АНЦӘА ИОРГАНИЗАЦИАҾЫ ИНАШӘЫГӠО АРОЛЬ АХӘ ҲАРАКНЫ ИШӘШЬАЛА
11. Избан ахӡырымгара злоу ауаҩы Анцәа иорганизациаҿы инаигӡо ароль ахә ҳаракны изишьо?
11 Ахӡырымгара аарԥшра ҳҭахызар, Анцәа иорганизациаҿы иҳамоу ароль ахә ҳшьалар ауп. Иегова аиҿкаара Анцәа иоуп, иара иеиҿкаараҿы дасу зеиԥшыҟам ароль ҳзалихит. Аизараҿы инаҳагӡо аусқәа еиԥшӡам, аха зегьы иаҳбо аџьабаа даара ихадоуп. Иегова дасу иалкаау аҟазшьақәеи, алшарақәеи, абаҩхатәреи ҳалеиҵеит, уи ала ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Ҳара урҭ Анцәа дҳараҳкларц, насгьы егьырҭ ҳрыцхрааларц азы ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит (Рим. 12:4—8). Иегова ҳзыԥсам ақьиара ҳаҭәеишьеит, уи ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп, иара убасгьы аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 4:10.)
Иаҳнарҵар алшозеи Иисус Христос иҿырԥштәы, аҭакԥхықәра ҿыц анҳауа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12—14.)
12, 13. Избан изџьашьатәым ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа имҵахырхәара ианырыр алшо аԥсахрақәа ахьыҟало?
12 Анцәа иорганизациаҿы инаҳагӡо ароль аҽаԥсахыр алшоит. Ҳахәаԥшып Иисус Христос иҿырԥштәы. Иара Иегова раԥхьатәи ишамҭа иакәын (Ажәам. [Прит.] 8:22). Анаҩс иара егьырҭ адоуҳатә шамҭақәеи, Жәҩантәылеи, ауааи ршараҿы Анцәа дицхраауан (Кәал. 1:16). Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус ироль еиҭа аҽаԥсахит: раԥхьа иара зхы ахьчара злымшо асаби иакәын, анаҩс изҳаит (Флп. 2:7). Иисус иԥсҭазаара анҳахҭниҵа ашьҭахь еиҭа доуҳатә хаҭараны дҟалеит, насгьы ажәҩан ахь дхынҳәит. 1914 шықәсазы иара Анцәа Иаҳраҿы Аҳас дҟалеит (Аур. 2:9). Ари ала Иисус иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа нымҵәаӡеит. Зқьышықәсатәи анапхгара ашьҭахь Иисус Аҳра Иегова ииҭоит, Анцәа зегьы рзы зегь иакәхарц азы (1 Кор. 15:28, АдҾ).
13 Ҳаргьы аԥсҭазаараҿы зны-зынла иҟало аԥсахрақәа ҳрызхиазар ауп. Лассы-лассы урҭ иҳадаҳкыло аӡбарақәа ирыхҟьоит. Иаҳҳәап, шәара аҭаацәара шәалаларц, ма ахшара шәоурц шәыӡбеит. Мамзаргьы шәаамҭа зегь Анцәа имаҵзура иазышәкарц азы шәыԥсҭазаара шәырмариарц шәыӡбеит. Арҭ аӡбарақәа зегьы агәырӷьара ҳзааргоит, уи аамҭазгьы аҭакԥхықәра ҳадырҵоит. Зны-зынла ҳаԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахыр алшоит, уи Анцәа имаҵ аураҿы шаҟа ҟаҳҵо ианыруеит. Ҳара ҳқәыԥшзаргьы, ма ҳақәрахь ҳнеихьазаргьы, ҳамч ҭазаргьы, мамзаргьы ҳгәабзиара ҽеимзаргьы, зегь акоуп Иегова еиҳа еиӷьны идыруеит имаҵ аураҿы ихы ҳшаирхәаша. Иара иҳалымшо дазыԥшӡам, насгьы иҟаҳҵо зегь ахә ҳаракны ишьоит (Аур. 6:10).
14. Ишԥаҳацхраауеи ахӡырымгара еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы иҳамоу ҳзырхареи агәырӷьара аарԥшреи?
14 Иисус инаигӡоз адҵақәа зегьы агәырӷьара ду изааргон, ҳаргьы уи ацәанырра ҳаур ҳалшоит (Ажәам. [Прит.] 8:30, 31). Ахӡырымгара злоу ауаҩы аизараҿы имоу аҭакԥхықәрақәа рыхә ҳаракны ишьоит. Иара еиҳаны аҭакԥхықәрақәа иоуоу-имоуоу ҳәа агәҭынчымра ааирԥшӡом, насгьы егьырҭ ианроуа игәы каижьӡом. Уи аҭыԥан иара уажәы имоу адҵа гәырӷьарала анагӡара иҽазишәоит, избанзар уи Иегова иҟынтә шакәу еиликаауеит. Уи адагьы, Иегова иорганизациаҿы дасу рхатә роль ахьырзалихыз агәырӷьара изаанагоит. Ахӡырымгара егьырҭ пату рықәҵареи рыцхраареи ҳгәазҭанаҵоит (Рим. 12:10).
АХӠЫРЫМГАРА ИААНАМГО
15. Иаҳнарҵар алшозеи Гедеон иҿырԥштәы ахӡырымгара аганахь ала?
15 Ахӡырымгара аарԥшраҿы Гедеон аҿырԥштә бзиа ҳаиҭеит. Иара Иегова имаалықь даниба ахӡырымгара аарԥшны ихи ихылҵшьҭреи дрыхцәажеит (Аӡб. [Суд.] 6:15). Иегова Гедеон акрызҵазкуаз адҵа ииҭеит, иара уи анагӡара далагаанӡа Анцәа иара иҟынтә дыззыԥшыз ииашаны ишеиликаауа агәра игеит. Иара анапхгаразы Анцәа диҳәеит (Аӡб. [Суд.] 6:36—40). Гедеон аха́ҵареи агәымшәареи илан, аха уеизгьы иара агәҽанызаареи аҟәыӷареи ааирԥшуан (Аӡб. [Суд.] 6:11, 27). Иара аҭыԥ ду аанкыларазы ааԥхьара мап ацәикит, насгьы алшара шиоуз еиԥшҵәҟьа, дгәырӷьаҵәа уаанӡа дызҿыз аусқәа рахь дхынҳәит (Аӡб. [Суд.] 8:22, 23, 29).
16, 17. Еиликаауазеи ахӡырымгара злоу ауаҩы адоуҳатә қәҿиарақәа рганахь ала?
16 Ахӡырымгара аарԥшра иаанагаӡом Иегова иорганизациаҿы еиҳаны аҭакԥхықәрақәа риура ҳашьҭамзар ауп ҳәа. Абиблиа ҳара зегьы адоуҳатә қәҿиарақәа ҟаҳҵаларц ҳгәазҭанаҵоит (1 Тим. 4:13—15). Аха еидҳәалоума еснагь иҿыцу аҭакԥхықәреи ақәҿиареи? Мап. Иегова изылԥхара абзоурала ҳара доуҳала ҳаизҳалар, насгьы иҳаду аҭакԥхықәра наҳагӡалар ҳалшоит. Ҳара Анцәа иҳалаиҵаз аҟазара анаҩсгьы еизҳарҳалар, иара убас еиҳаны аус қьиақәа ҟаҳҵалар ҳалшоит.
17 Ахӡырымгара злоу ауаҩы иҿыцу адҵа идикылаанӡа, иҟаиҵар акәу ибзианы еиликаауеит. Уи ашьҭахь иара уи илшоу-илымшоу дазхәыцуеит. Иаҳҳәап, илшома иара иҿыцу аҭакԥхықәрақәа ргара, уи аамҭазгьы иду егьырҭ ихадоу аусқәагьы ибзианы рынагӡара? Илшома уажәы иду адҵақәа руак егьырҭ ирыдиҵар, иҿыцу аҭакԥхықәрақәа рынагӡаразы аамҭа иоурц азы? Арҭ азҵаарақәа руак, ма рыҩбагьы рҭак мап акәзар, уи иаанагоит ари адҵа даҽаӡәы еиҳа еиӷьны инаигӡар шилшо. Анцәа ҳиҳәозар, насгьы аҭагылазаашьа ишыҟаҵәҟьоу ҳахәаԥшуазар, иҳалымшо аусқәа шыҟоу еилаҳкаалоит, насгьы аҳәаақәа шҳамоу ҳгәалашәалоит. Ахӡырымгара «мап» аҳәара иҳацхраауеит.
18. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи ахӡырымгара, иҿыцу аҭакԥхықәра анҳауа? б) Ишԥаанарԥшуеи Римаа рахь 12:3 ахӡырымгара закәу?
18 Аҭакԥхықәра ҿыц анагӡара ҳаналаго, Гедеон иҿырԥштәы иаҳгәаланаршәоит Иегова ицхыраареи изылԥхареи рыда ақәҿиара шаҳмоуа. Абиблиа хынрааларала ҳ-Анцәа ҳицзарц ҳаанаԥхьоит (Мих. [Мих.] 6:8). Убри аҟынтә иҿыцу аҭакԥхықәрақәа анҳадырҵо, ҳара еснагь Иегова ҳиҳәалар, насгьы Иажәеи иорганизациеи рыла иҳаиҳәо ҳазхәыцлар ауп. Ҳара Иегова имҩақәҵарақәа рықәныҟәашьа ҳҵалар ауп, насгьы урҭ ҳаҽрықәҳаршәалар ауп. Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап ҳҳаразкуа ҳхатә лшарақәа ракәымкәа Иегова иааирԥшуа ахынраалара шакәу (Аԥсал. 17:36 [18:35, АдҾ]). Ахӡырымгара аарԥшны ҳ-Анцәа ҳицзар, иҳалымшо ҳалшоит ҳәа ҳаԥхьаӡалаӡом, иҳалшогьы ҳалшом ҳәа ҳгәы иаанагалаӡом. (Уаԥхьа Римаа рахь 12:3.)
19. Избан ҳара ахӡырымгара ааҳарԥшлар закәу?
19 Ахӡырымгара аазырԥшуа ауаҩы Иегова дҳареикуеит, избанзар еиликаауеит Зегьзшаз, насгьы Зегьирхаку иеиԥш иара уи дшаԥсоу (Аат. 4:11). Ахӡырымгара ҳацхраауеит Иегова иорганизациаҿы иаҳзалихыз ароль ахә ашьара, иара убас иҳаду адҵақәа гәык-ԥсык ала рынагӡара. Ари аҟазшьа егьырҭ рахь апатуқәҵара аарԥшреи Иегова ижәлар рҿы акзаара ахьчареи иуцхраауеит. Ахӡырымгара зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳхы акәымкәа, егьырҭ рызхәыцра иҳацхраауеит. Иара убас агәҽанызаара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит, уи абзоурала агха ӷәӷәақәа ҳҽырцәаҳахьчоит. Ари зегь иаҳнарбоит Анцәа имаҵзуҩцәа рзы ахӡырымгара аарԥшра даара ишхадоу, насгьы уи аҟазшьа аазырԥшуа Иегова даара бзиа ишибо. Аха ахӡырымгара аарԥшра еснагь имариаӡам. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит имариам аҭагылазаашьақәа рҿы ахӡырымгара ааҳарԥшлар шҳалшо.