Имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы ахӡырымгара аашәырԥшла
«...Хӡырымгарала у-Нцәа уицзарц» (МИХ. [МИХ.] 6:8).
1—3. Иҟаимҵазеи Иуда инхоз аԥааимбар, насгьы иалҵшәахазеи уи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ЗНЫ Иегова Иуда инхоз аԥааимбар ихьаҵыз израильтәи аҳ Иеровоам иахь дишьҭит, ақәыӡбаратә жәабжь иеиҳәарц азы. Ахынраалара аазырԥшуаз аԥааимбар Иегова идҵа зиашарыла инаигӡеит. Убри аҟынтә Анцәа зыԥсахы еибакны иҟаз аҳ иҟынтә имаҵзуҩы дихьчеит (1 Аҳ. [1 Цар.] 13:1—10).
2 Аԥааимбар аҩныҟа даныхынҳәуаз, ааигәа иҟаз ақалақь Вефиль аҿы инхоз аҭаҳмада дибеит. Уи аҭаҳмада Иегова иԥааимбар соуп иҳәеит. Иара Иуда инхоз аԥааимбар дижьеит, убри аҟынтә уи Иегова ииҭаз адҵа дазымӡырҩӡеит: «Уа [израильтәи адгьыл аҿы] ача умфан, аӡгьы умжәын, иара убас узланеиз амҩала ухнымҳәын». Аԥааимбар иааирԥшыз азымӡырҩра Иегова даара илахь еиқәнаҵеит. Уи аҩныҟа дандәықәла алым иԥыланы деимнажәжәеит (1 Аҳ. [1 Цар.] 13:11—24).
3 Избан ари аԥааимбар ихы дзақәгәыӷцәаз, насгьы игызмалыз аҭаҳмада иааԥхьара зидикылаз? Абиблиаҿы уи аӡбахә анӡам. Аха иҟалап иара ихашҭзар и-Нцәа дицны хӡырымгарала дыҟазарц шихәҭаз. (Уаԥхьа Михеи [Михей] 6:8.) Абиблиаҿы Анцәа ицзаара иаанагоит иара игәра агара, имчра адгылара, иара убас инапхгара азыӡырҩра. Ахӡырымгара злоу ауаҩы ибзиаҵәҟьаны еиликаауеит бзиа дызбо, зегьзымчу Иаб еснагь иацәажәара шихәҭоу. Уи аԥааимбар Иегова идҵа иԥсаху-имԥсаху еиликаар илшон, аха Абиблиаҿы ианӡам иара уи аҟаҵара иҽазишәеит ҳәа. Зны-зынла ҳаргьы имариам аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ауп, насгьы Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу ибзиаҵәҟьаны иаҳзеилымкаауазар ауеит. Аха ахӡырымгара ааҳарԥшуазар, иара убас Иегова инапхгара ҳашьҭазар, агха ӷәӷәақәа ҳҽырцәаҳахьчоит.
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ҳазхысыз астатиа аҟынтә еилаҳкааит ахӡырымгара иаҵанакуа, насгьы уи аарԥшра даара изхадоу. Аха избан уи аарԥшра зны-зынла имариамзар залшо? Насгьы ишԥаарԥшлатәу зыхә ҳараку ари аҟазшьа имариам аҭагылазаашьақәа рҿы? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаурц азы еилҳаргап ахӡырымгара аарԥшра анымариам х-ҭагылазаашьак. Иара убас еилаҳкаауеит арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы аҟәыӷара аарԥшра шҳалшо (Ажәам. [Прит.] 11:2).
АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҼАНЫРЫԤСАХУА
5, 6. Ишԥааирԥши Верзелли ахӡырымгара?
5 Ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа, мамзаргьы иҿыцу аҭакԥхықәрақәа анҳауа ахӡырымгара аарԥшра мариамхар ауеит. Зны Давид 80 шықәса зхыҵуаз Верзелли аҳ иҿы дынхаларц идигалеит, ари ааԥхьара Верзелли даара игәы иахәазар ҟалап. Иара уи идикылазҭгьы, анаҩсгьы аҳ диҩызазар илшон. Аха Верзелли дақәшаҳаҭымхеит. Избан? Иара иқәрахь днеихьан, насгьы аҳ ауадаҩра далеиҵар шиҭахым иеиҳәеит. Убри аҟынтә Верзелли Давид диҳәеит иара иҭыԥан Кимгам дигарц, иҟалап уи иара иԥа иакәызҭгьы (2 Сам. [2 Сам.] 19:31—37).
6 Ахӡырымгара Верзелли иҟәыӷоу аӡбара адкылара ицхрааит. Иара Давид иааԥхьара мап зацәикыз еиҳаны аҭакԥхықәрақәа ргара ахьиҭахымыз, насгьы шьҭа ҭынч дынхаларц ахьиҭахыз азы акәӡам. Иара еиликаауан иҭагылазаашьақәа рыҽшырыԥсахыз, насгьы имч зқәымхоз далагар иҭахымызт. (Уаԥхьа Галаҭаа рахь 6:4, 5.) Аҭыԥ ду аанкылареи хьӡи-ԥшеи ҳрышьҭазар, уи ахбзиабацәареи егьырҭ рацлабреи ҳгәазҭанаҵар алшоит. Аҵыхәтәаны уи ҳгәы канажьуеит (Гал. 5:26). Ахӡырымгара ҳгәазҭанаҵоит ҳажәҩахыр еибыҭаны Анцәа хьӡи-ԥшеи шиаҳҭаша азхәыцра, насгьы егьырҭ рыцхрааразы иҳалшо зегь аҟаҵара (1 Кор. 10:31).
7, 8. Ишԥаҳацхраауеи ахӡырымгара ҳхы мацара ақәымгәыӷра?
7 Еиҳаны аҭакԥхықәрақәа зауа лассы-лассы еиҳаны амчра иоуеит, уи ахӡырымгара илоу-иламу аанарԥшуеит. Неемиа Иерусалим инхоз ажәлар зҭагылаз арыцҳара анеиликаа, гәык-ԥсык ала Иегова диҳәо далагеит (Неем. [Неем.] 1:4, 11). Анцәа уи аҳәара аҭак ҟаиҵеит, иара Артаксеркс Неемиа аиудеиаа рнапхгаҩыс далихырц игәазҭеиҵеит. Неемиа аҭыԥ дуи, амали, амчреи иман, аха иара ахаан илшарақәеи имаз аԥышәеи дрықәгәыӷуамызт. Иара еснагь Иегова дицын, насгьы анапхгара Анцәа Изакәан аҿы дашьҭан (Неем. [Неем.] 8:1, 8, 9). Неемиа амчра ду иман, аха уи афеида иоурц азы, мамзаргьы цәгьашақә ихы иаирхәомызт. Иара ауаа дрыцхраарц азы имазара аныхра дазхиан (Неем. [Неем.] 5:14—19).
8 Неемиа иҿырԥштәы иаанарԥшуеит ахӡырымгара ахақәгәыӷцәара аҽацәыхьчара ишҳацхраауа, адҵа ҿыц, ма еиҳаны аҭакԥхықәра анҳауа. Аизара аиҳабы ихатә ԥышәа мацара дақәгәыӷуазар, аизараҿы иду адҵақәа рынагӡара Иегова димыҳәаӡакәа далагар алшоит. Даҽаӡәы раԥхьа аӡбара идикылар, анаҩс Иегова уи дазылԥхарц диҳәалар ауеит. Аха иаҳҳәар ҳалшома ус зхы мҩаԥызго ахӡырымгара рылоуп ҳәа? Ахӡырымгара злоу ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа, насгьы иорганизациаҿы иааникыло аҭыԥ еснагь еиликаауеит. Ҳара ҳалшарақәа ракәӡам зегь раасҭа ихадоу. Ахақәгәыӷра даара ишәарҭоуп, зныкымкәа ҳзықәшәахьоу аҭагылазаашьа, ма ауадаҩра ҳанақәшәо. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 3:5, 6.) Анцәа иҭаацәара ду иахәҭаку реиԥш, ҳара ҳзышьҭоу аҭыԥ ду аанкылара акәӡам, аха ҳҭаацәараҿы, насгьы аизараҿы иаҳзалху ароль еиӷьны анагӡара ауп (1 Тим. 3:15).
АКРИТИКА АНҲЗЫРУА, МАМЗАРГЬЫ ҲАНДЫРҼХӘО
9, 10. Ишԥаҳацхраауеи ахӡырымгара, ииашамкәа аӡәы ахара анҳадиҵо?
9 Даара ицәгьоуп ацәаныррақәа раанкылара аӡәы ииашамкәа ахара анудиҵо. Ҳахәаԥшып Анна лҿырԥштәы. Анна илацлабуаз Фенанна дааҟәымҵӡакәа ҭаха лылҭомызт аҟынтә, лассы-лассы дҵәуон. Анна лхаҵа даара бзиа дибон, аха лара ахшара длоуамызт. Зны иԥшьоу ақьалаҿы Анна Анцәа даниҳәоз, аԥхьаԥшьаҩы Или ижәны дыҟоуп ҳәа ахара лыдиҵеит, аха уи иашамызт. Иааџьоушьаша, Анна ахӡырымгара аалырԥшит, лцәаныррақәа лыҽрылымҭеит, насгьы патуқәҵарала Или аҭак илҭеит. Угәаҵанӡа инеиуа лынцәаиҳәара Абиблиаҿы иануп. Уи анцәаиҳәараҿы Анна Анцәа длырҽхәоит, иара иахь илымаз агәрахаҵара аалырԥшуеит, насгьы аџьшьара илҭоит (1 Сам. [1 Сам.] 1:5—7, 12—16; 2:1—10).
10 Ахӡырымгара иара убас Абиблиа иану ааԥхьара ақәныҟәара иҳацхраауеит: «Ацәгьара... хирла, гәыбылрала шәаиааила» (Рим. 12:21). Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳара лассы-лассы аиашамра ҳԥылоит. Ииашам ауаа русқәа ҳгәы ԥыржәалар ауеит, аха иҽеим ацәаныррақәа ҳарҿагылалар ауп (Аԥсал. 36:1 [37:1, АдҾ]). Аха ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳандыргәаауа, уи иаҳзаанаго ахьаа еиҳагьы еиҳауп. Ахӡырымгара Иисус ҳаиҿыԥшларц ҳгәазҭанаҵоит. Абиблиаҿы иануп: «Иара даныладырҟәуаз, данҵәылырхуаз — уаҩ длаимырҟәит... игәы-иԥсы зегьы Иашала Аӡбара мҩаԥызго имаданы дыҟан» (1 Пиотр 2:23). Иисус еиликаауан ашьоура Иегова ишизааныжьтәу (Рим. 12:19). Иисус ишьҭанеицәагьы ахынраалара аадырԥшлароуп, насгьы ацәгьара цәгьарала аҭак ҟарымҵалар ауп (1 Пиотр 3:8, 9).
11, 12. а) Ишԥаҳацхраауеи ахӡырымгара, аӡәы феидак иоурц азы ҳанирҽхәо, ма мыцхәы ҳанирҽхәо? б) Ишԥарнырлар акәу ахӡырымгара ҳҽеилаҳәашьеи, ҳҭеиҭыԥши, ҳхымҩаԥгашьеи?
11 Ахӡырымгара аарԥшра мариамхар ауеит аӡәы феидак иоурц азы ҳанирҽхәо, ма мыцхәы ҳанирҽхәо. Шәазхәыц Есфирь лыԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽанаԥсах лхы шымҩаԥылгаз. Лара даара дыԥшӡан, насгьы шықәс дуӡӡак дырқьынцыцны дрыман ҳҳәар алшоит: уи зыхә ҳараку акосметикатә процедурақәеи амассажи лзыҟарҵон. Есыҽны Есфирь Аџьамтә империа зегь аҟынтәи иаагаз аҭыԥҳацәа дрыцын. Дара зегьы аҳ ибзиабара иашьҭан. Аха Есфирь аҽынкылареи апатуқәҵареи аалырԥшуан. Аҳ лара даналихгьы, дԥагьамхаӡеит, ахӡырымгарагьы лцәымӡӡеит (Есф. [Эсф.] 2:9, 12, 15, 17).
Иаанарԥшуазеи ҳҽеилаҳәашьеи ҳҭеиҭыԥши: Иеговеи егьырҭ ауааи пату шрықәаҳҵо аума, мамзаргьы ахӡырымгара шҳамам акәу? (Шәахәаԥш абзац 12.)
12 Ахӡырымгара ааҳарԥшуазар, ҳхымҩаԥгашьеи, ҳҽеилаҳәашьеи, ҳҭеиҭыԥши еснагь иаадырԥшлоит ҳхы пату шақәаҳҵо, насгьы егьырҭгьы убас ҳшырзыҟоу. Ҳара мыцхәы ҳхы ҳарҽхәаӡом, насгьы ауаа ҳаршанхарц ҳашьҭаӡам. Уи аҭыԥан ҳара ҭынч, хирла, раҳаҭрала аҟазаара ҳҭахуп. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:3, 4; Иер. [Иер.] 9:23, 24.) Мыцхәы ҳхы бзиа иаҳбозар, насгьы егьырҭ ҳреиӷьуп ҳәа ҳаԥхьаӡозар, знымзар-зны уи ҳусқәа рҿы иааԥшуеит. Иаҳҳәап, аӡәы ҳаниацәажәо инықәырԥшшәа иаҳҳәар ҳалшоит иҷыдоу дҵак шҳаду, имаӡоу аинформациа шаҳдыруа, ма аҭакԥхықәра зду аишьцәа ҩызцәас ишҳамоу. Мамзаргьы уск ҳхала иҟаҳҵеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, уи аҿы егьырҭ ацхыраара шҳарҭазгьы. Арагьы Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Иара ауаа данрацәажәоз, Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ажәеинраалақәа ааигон, мамзаргьы урҭ дрызхьаԥшуан. Уи абзоурала ауаа ирбон Иисус иажәақәа ихатә дыррақәа ракәымкәа, Иегова иҟәыӷара шырныԥшуаз (Иоанн 8:28).
ԤХЬАҞАТӘИ ҲԤЕИԤШ ИАҲЗААНАГО АНҲЗЫМДЫРУА
13, 14. Ишԥаҳацхраауеи ахӡырымгара, аӡбарақәа анҳадаҳкыло?
13 Иара убас ахӡырымгара аарԥшра мариамхар ауеит аӡбарақәа анҳадаҳкыло. Апостол Павел Кесариа даныҟаз, аԥааимбар Агав иҳәеит уи Иерусалимҟа дцар дышҭаркуа, мамзаргьы дшыршьуа. Убри аҟынтә аишьцәа дымцарц иҳәо иалагеит. Аха иара уеизгьы дцарц иӡбеит. Павел мыцхәы ихы дақәгәыӷуамызт, аха ашәарагьы иҽаимҭеит. Уи аҵыхәтәанынӡа Иегова диқәгәыӷуан, насгьы Анцәа идҵа анагӡаразы иахьаҭаххоз ацара дазхиан. Аишьцәа уи еилкааны ахӡырымгара аадырԥшит, насгьы Павел идикылаз аӡбара аԥсахра рҽазырымшәеит (Аус. 21:10—14).
14 Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иаҳзаанаго анҳзымдыруа, ма уи анҳзымԥсахуа, ахӡырымгара ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, ҳаамҭа зегь амаҵзура иазаҳкыр ҳҭахуп. Аха иҳазцәырҵыр алшоит абарҭ азҵаарақәа: «Иҟасҵозеи сычмазаҩхар? Ишԥаҟасҵо зықәрахь инеихьоу сҭаацәа ацхыраара рҭаххар? Исхылаԥшуада сара санажәлак?» Арҭ азҵаарақәа ирызкны ирацәаны Анцәа ҳиҳәозаргьы, даара ҳрызхәыцуазаргьы, рҭак аҟаҵара ҳалымшар ҟалап (Еккл. [Эккл.] 8:16, 17). Иегова иахь иҳамоу агәрагара ҳацхраауеит иҳалымшо аусқәа шыҟоу аилкаара, насгьы уи аҽанраалара. Аҭҵаара анымҩаԥаҳга, егьырҭ алабжьара ҳарҭарц ҳанрыҳәа, насгьы Иегова ацхырааразы ҳаниҳәа ашьҭахь, ҳара иԥшьоу адоуҳа иҳаҵанаҳәо ҟаҳҵалар ауп. (Уаԥхьа Екклезиаст [Экклезиаст] 11:4—6.) Усҟан Иегова ҳџьабаа дазылԥхоит, мамзаргьы ҳхықәкқәа рыԥсахра дҳацхраауеит (Ажәам. [Прит.] 16:3, 9).
АХӠЫРЫМГАРА ААРԤШЫШЬА ҲҴОИТ
15. Ишԥаҳацхраауеи Иегова изхәыцра хӡырымгарала аҟазаара?
15 Ишаҳбаз еиԥш, даара ихадоуп ахӡырымгара аарԥшра. Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: иҳацхраауазеи анаҩсгьы ари аҟазшьа аизырҳара? Еилҳаргап ԥшь-знеишьак. Актәи, ахӡырымгара ҳамазарц, насгьы ҳаҭырқәҵарала Иегова ҳаизыҟазарц азы, зеиԥшыҟам иҟазшьақәеи ихьӡ-иԥшеи ҳрызхәыцлар ауп (Ис. [Ис.] 8:13). Ишәхашәмыршҭлан, ҳара ҳазцу амаалықь, мамзаргьы ауаҩ иакәӡам, аха Зегьзымчу Анцәа иоуп. Абри аҩыза аилкаара ахынраалара аарԥшны «Анцәа инапымчхара аҵаҟа» ҳаҟазарц ҳгәазҭанаҵоит (1 Пиотр 5:6).
16. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа ибзиабара азхәыцра ахӡырымгара аарԥшра?
16 Аҩбатәи, Иегова ҳара ҳахь ибзиабара шааирԥшуа азхәыцра ахӡырымгара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит. Апостол Павел иҩуан усҟак ҳаҭырла ҳаззыҟам ҳцәеижь ахәҭақәа еиҳа хӡыӡаарала ҳарзыҟоуп ҳәа (1 Кор. 12:23, 24). Убас еиԥш Иегова ҳара зегьы, ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, бзиа ҳаибоит. Иара егьырҭ ҳарҿирԥшуам, агхақәа анҳахьуагьы бзиа ҳбара даҟәыҵуам. Иегова иорганизациаҿы инаҳагӡо ароль зеиԥшразаалакгьы, ибзиабара абзоурала агәҭынчра ҳамоуп, насгьы акгьы ҳацәшәаӡом.
17. Иарбан лҵшәақәоу иҳауа, егьырҭ рҿы аҟазшьа бзиақәа рбара ҳашьҭазар?
17 Ахԥатәи, Иегова ҳаиҿыԥшны егьырҭ рҿы аҟазшьа бзиақәа ргәаҭара ҳашьҭазар, иара иорганизациаҿы иаҳзалихыз аҭыԥ еиҳа ахә ҳшьалоит. Уи ҳацхраауеит еснагь зегь раԥхьа агылареи егьырҭ иҟарҵаша рыҵаҳәареи агәаҳәара аҿагылара. Уи аҭыԥан ҳара еиҳа лассы-лассы егьырҭ алабжьара ҳарҭарц ҳрыҳәалоит, насгьы иҳарҳәо ҳазыӡырҩлоит (Ажәам. [Прит.] 13:10). Аӡәы аҭакԥхықәрақәа иоуазар, ҳара ҳгәырӷьалоит. Ҳара Иегова дҳарҽхәалоит, адунеи зегь аҿы ҳашьцәа дшырзылԥхо анаҳбо (1 Пиотр 5:9).
18. Ишԥаҳааӡалар акәу ҳаламыс, егьырҭ рцәаныррақәа пату рықәаҳҵаларц азы?
18 Аԥшьбатәи, егьырҭ рцәаныррақәа пату рықәаҳҵалоит, ҳаламыс абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны иҳааӡозар. Ҳара ахынраалара аарԥшны Иегова ихәаԥшышьала зегьы ҳрыхәаԥшуазар, ҟәышрала ахәыцра ҳалшоит. Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭаҳҵаауазар, Анцәа ҳиҳәозар, насгьы еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәозар, хәыҷы-хәыҷла ҳаламыс ҳааӡалоит (1 Тим. 1:5, АдҾ). Ҳара ҳхы акәымкәа, раԥхьаӡа иргыланы егьырҭ рызхәыцра ҳҵоит. Усҟан, Иегова ажәа шҳаиҭаз еиԥш, ҳарҵара аҵыхәтәанынӡа инаигӡоит, насгьы ахӡырымгареи егьырҭ игәы иақәшәо аҟазшьақәеи раарԥшра дҳацхраауеит (1 Пиотр 5:10, 11, АдҾ).
19. Иҳацхраауазеи хӡырымгарала наӡаӡа Иегова ицзаара?
19 Иуда инхоз аԥааимбар знык ауп ихы данақәгәыӷ, аха иара иԥсҭазаареи Анцәа иразреи ицәыӡит. Аха уеизгьы, ҳара ахӡырымгара ааҳарԥшлар ҳалшоит, уи анымариамгьы. Уи ус шакәу ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа, иара убас иахьа инхо ахӡырымгара аазырԥшуа ақьырсианцәа рҿырԥштәы иаҳнарбоит. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи аамҭа еиҳахацыԥхьаӡа, ахӡырымгара аарԥшуа еиҳаны ҳиқәгәыӷлар ауп (Ажәам. [Прит.] 8:13). Иегова иорганизациаҿы инаҳагӡо аус зеиԥшразаалакгьы, Анцәа ҳахьицу ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп. Ахә ҳаракны ишәшьала уи аҳаҭыр, насгьы хӡырымгарала наӡаӡа Иегова шәицзарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала.