Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwbq астатиа 80
  • Ҳалахь ианума ҳанԥсуа аамҭа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳалахь ианума ҳанԥсуа аамҭа?
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа иану
  • Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иаҳәозеи Абиблиа?
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иабаҟоу иԥсхьоу?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
ijwbq астатиа 80
Амҩасҩы ауаҩы ирласны ацхыраара аҭаразы амашьына дышҭарҵо дахәаԥшуеит

Ҳалахь ианума ҳанԥсуа аамҭа?

Абиблиа иану

Мап, ҳара ҳанԥсуа аамҭа ҳалахь ианӡам. Абиблиа алахьынҵа ыҟоуп ҳәа аҳәаӡом. Уа иануп аԥсра лассы-лассы «аамҭеи амашәыри» ишахҟьо (Екклезиаст [Экклезиаст] 9:11).

Аха ианӡами Абиблиа аԥсразгьы аамҭа ыҟоуп ҳәа?

Ааи, Екклезиаст 3:2 иануп: «Иҟоуп аамҭа аиразы, иара убасгьы аԥсразы, аиҭаҳаразы аамҭа, насгьы еиҭауҳаз аҵхразы». Аконтекст излаҳнарбо ала, ара зыӡбахә цо аԥсҭазаара злашьақәгыло ахҭысқәа роуп (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:1—8). Анцәа ауаҩы мчыла идицалаӡом иалкаау аамҭазы ак алаҵара, убасҵәҟьа иара ҳанԥсуа амш ҳалахь ианиҵаӡом. Ари ацыԥҵәаха хықәкыс иамоу есыҽнытәи аусқәа ирыхҟьаны, Ҳазшаз даҳхамышҭларц шхадоу ҳаилыркаара ауп (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:11; 12:1, 13).

Ҳанҵыра иацаҳҵар ҳалшоит

Аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәар алшо шаҳзымдыруагьы, иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылозар, ҳанҵыра иацаҳҵар ҳалшоит. Абиблиаҿы иануп: «Ауаҩ ҟәыӷа изакәан — аԥсҭазаара иахыҵхырҭоуп, аԥсра аҟынтә уахьчоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 13:14). Моисеи израильаа иреиҳәеит Анцәа изакәанқәа ирықәныҟәалар, рынҵыра ишацырҵо (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:2). Аха ус акәымкәа иҽеим аусқәа ҳаҽраҳҭозар, насгьы хшыҩдарала ҳхы мҩаԥаҳгозар, ҳаԥсынҵры ҳаркьаҿуеит (Екклезиаст [Экклезиаст] 7:17).

Аха иагьа аҟәыӷара ҳамазаргьы, агәҽанызаара ааҳарԥшуазаргьы, аԥсра уиезгьы ҳзацәцом (Римаа рахь 5:12). Аха иаарласны аҭагылазашьаа аҽаԥсахуеит, Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит уаҳа аԥсра аныҟамло аамҭа шааиуа (Аатра 21:4).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра