АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА
Ишԥасылшо иҽеим ахәыцра аҽацәыхьчара?
Узеиԥш уаҩузеи уара?
Аоптимист
«Сара иахьынӡасылшо насыԥ сыманы, ҭынч анхара сҽазысшәоит. Сызнымхалар акәзеи сара есымша сҿаԥха-ҿаччо?» (Валери).
Апессимист
«Хҭыс бзиак аныҟало раԥхьаӡа исҳәо: „Исызхаҵом, ари зегь мыцхәы ибзиацәоуп, цәгьарак аҵамкәа иҟаӡам!“» (Ребекка).
Ареалист
«Аоптимистцәа агәкаҳара рзыԥшуп, апессимистцәа рхы иаԥырхагоуп. Сара излагәасҭаз ала уреалистзар еиҳа еиӷьуп, уи уцхраауеит иҟоу ишыҟаҵәҟьоу абара» (Анна).
Изхадоузеи уи?
Абиблиаҿы иануп: «Згәы ҭгәырӷьаауа ауаҩы иакәзар, уи изы еснагь чароуп» (Ажәамаанақәа 15:15). Иҽеим ахәыцрақәа зҽырцәызыхьчо ауаа, насгьы абзиа агәаҭара зҽазызшәо, еиҳа насыԥ рымоуп. Иара убас, аҩызцәагьы рацәаны идырҳар рылшоит. Ииашаҵәҟьаны, еснагь зылахь еиқәу ауаҩы аамҭа ицыхгара аӡәгьы иҭаххаӡом.
Аха уеизгьы аоптимистгьы аԥсҭазаараҿы иҟоу ишыҟаҵәҟьоу идимкылар ада ԥсыхәа ыҟам. Абар ҿырԥштәқәак:
Ажәабжьқәа рҿы аибашьрақәеи, атерроризми ма ацәгьоурақәеи ирызку аацҳарақәа рыда акгьы уаҳаӡом.
Аҭаацәараҿы ауадаҩрақәа цәырҵыр алшоит.
Зны-зынла ҳара ҳхатә гхақәа ҳамоуп, урҭ ирыхҟьаны ҳгәы каҳалар алшоит.
Иҟалар алшоит иаҳзааигәоу ауаа, насгьы ҳҩызцәа ҳгәы ндырхар.
Арҭ аудаҩрақәа мыцхәы хьаас рыҟаҵара аҭахым, ма урҭ зынӡа иҟамызшәа ҳрыхәамԥшлароуп. Иаарԥштәуп аҭышәынтәалара. Ареалист ииашам ахәыцрақәа иҽриҭаӡом, уи агәҭынчра имоуп, избан акәзар адунеи аҿы иҟоу ишыҟаҵәҟьоу идикылоит.
Агәра ганы уҟаз: аԥсҭазааратә цәқәырԥақәа рыхгара улшоит, избанзар афырҭын ашьҭахь хымԥада амра цәырҵуеит
Иҟауҵар улшо
Иҟауҵо агхақәа ииашаны урызнеила.
Абиблиаҿы иануп: «Дыҟаӡам адгьыл аҿы гәнаҳак ҟамҵакәа, абзиара мацара ҟазҵо уаҩ иашак» (Екклезиаст 7:20). Убри аҟынтә уара зны-зынла агхақәа ҟауҵозар, уи иаанагаӡом уара акгьы зқәым уоуп ҳәа. Уи иаанаго уара зыԥсы ҭоу ауаҩ шуакәу ауп.
Уреалистыз: угхақәа аус рыдулала, аха анаӡара уазымԥшын. «Сара сҽазысшәоит сыгхақәа схы рзысмышьҭларц,— иҳәоит Кеилеб зыхьӡу арԥыс.— Уи аҭыԥан схазы алкаақәа ҟасҵоит, иҟасҵаз агхақәа уаҳа иҟасымҵаларц азы».
Егьырҭ ухы рҿумырԥшлан.
Абиблиаҿы иануп: «Хамаԥагьарала ҳхы мҩаԥаҳамгалап, аӡәи-аӡәи ҳҵәылеибамхлап, ҳаиҵамшьыцлап» (Галаҭаа рахь 5:26). Ааԥхьара ахьурымҭаз ахәылԥаз иазку апатреҭқәа аинтернет аҿы рыхәаԥшра угәы унархьлар алшоит. Уара уи убас угәы канажьуеит уҩызцәа бзиақәа уаӷацәа ракәызшәагьы унарбоит.
Уреалистыз: идырны иумаз аиԥыларақәа зегь рахь ааԥхьара шурымҭо. Аинтернет иҭаргало апатреҭқәа рыла зегь узеилкаауам. «Асоциалтә каҭақәа рҿы иҭаргало зегь иреиӷьу ауп,— еиҭалҳәоит Алексис зыхьӡу аӡӷаб,— иҟаз зегьы аадырԥшӡом».
Аҭынчра аарԥшла, еиҳараӡак уҭаацәараҿы.
Абар Абиблиаҿы иану: «Шәара шәганахьтә ала ишәзалыршараны иҟазар, бзиарала, еизыразрала зегьы шәырзыҟаз» (Римаа рахь 12:18). Уара егьырҭ рхымҩаԥгашьа узыԥсахӡом, аха уара ухымҩаԥгашьа уԥсахыр ауеит. Уара аҭынчра аарԥшра улшоит.
Уреалистыз: аҭаацәараҿы иҟалар алшо ауадаҩрақәа еицәоумтәын, еснагь зегь рыла аҭынчра аарԥшла. «Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә зны-зынла ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла аӡәы дҳаргәаар алшоит,— лҳәоит Мелинда зыхьӡу аӡӷаб.— Ҳара иҳаӡбароуп уи ҳшазнеиуа: аҭынчра ааҳарԥшуоу, ма иааҳмырԥшуоу».
Аџьшьара аарԥшла.
Абиблиаҿы иаҳәоит: «Аџьшьарагьы аашәырԥшла» (Кәаласаа рахь 3:15). Аџьшьара аазырԥшуа ауаҩы иԥсҭазаараҿы ацәгьа акәымкәа, абзиа ауп ихы ззишьҭуа.
Уреалистыз: уԥсҭазаараҿы узықәшәо ауадаҩрақәа рыдагьы абзиарақәагьы азгәаҭала. «Сара сыԥсҭазаараҿы сзықәшәо абзиарақәа есыҽны сымшынҵа ианысҵоит,— еиҭалҳәоит Ребекка.— Исгәаласыршәалар сҭахуп сыԥсҭазаараҿы исоуа абзиарақәа зегьы!».
Уазхәыц, уҩызцәа зусҭцәоу.
Абиблиаҿы иануп аҟәыӷара зҵоу агәҽанҵара: «Иҽеим аиҿцәажәара ашьцылара бзиақәа бжьнахуеит» (1 Коринфаа рахь 15:33). Узыҿцәажәо ауаа ацәгьа иацәыԥхамшьо, ихжәоу, акритика ҟазҵо ракәзар, усҟан урҭ рҟазшьа цәгьақәа уаргьы ишьҭухыр алшоит.
Уреалистыз: ҳҩызцәа ауадаҩрақәа рацәаны ианрымоу ргәы каҳауеит, уи адепрессиагьы рызцәырнагоит. Урыцхраала дара, аха ирымоу ауадаҩрақәа уԥырхагахартә алумыршалан. Мишель зыхьӡу аӡӷаб илҳәоит: «Еснагь зыԥсҭазаара иахашшаауа ауаа аамҭа рыцыхгара аԥырхага унаҭар алшоит».
Уи иазкны еиҳаны уаԥхьа
Абиблиаҿы ҳара ҳаамҭа иазкны «ихьанҭоу аамҭақәахоит» ҳәа аҳәоит (2 Тимофеи иахь 3:1). Иуцәыцәгьоума абзиа азхәыцра ари адунеи аҿы ацәгьара ахьырацәоу азы? Ааи акәзар, уаԥхьа атема «Придет ли конец страданиям?».